Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 февраль ад. 13—17
  • Иегова иҩызцәаз шәырҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова иҩызцәаз шәырҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЛАРА АЗИАШАРА ЗНЫԤШУА АБЗИАБАРА ААЛЫРԤШУАН
  • «ИАРА ИЕГОВА ДААНИЖЬУАМЫЗТ»
  • «САРА ИҲАҚӘИҬУ ИТӘЫ ҲӘА СШЬОУП»
  • «Бара бахьцо саргьы сцоит»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • «Пату зқәу аԥҳәыс»
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Сара Иегова итәы соуп!
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Гәыкала бзиа шәеибабала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 февраль ад. 13—17
Руфь Ноеминь лҿы дынҿасуеит, Орфа дцоит

Иегова иҩызцәаз шәырҿыԥшла

«Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа змоу ицәшәо роуп» (АԤСАЛ. 25:14, АдҾ).

АШӘАҚӘА: 106, 118

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҳнарҵозеи ҳара Руфьи Иеговеи реиҩызара?

  • Избан иаҳҳәар зҳалшо Езекиа Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа иман ҳәа?

  • Иарбан ҟазшьақәоу Мариа Анцәа иҩызахара илыцхрааз?

1—3. а) Избан ҳара агәра заҳго Анцәа иҩызахара шалшо? б) Зыӡбахә еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

АБИБЛИАҾЫ Авраам Анцәа иҩыза ҳәа изҳәоуп (Иак. 2:23). Иазгәаҭатәуп Иԥшьоу Аҩыраҿы ус зыӡбахә ҳәоу иара заҵәык шиакәу. Иаанагома уи Иегова иҩызаз Авраам заҵәык иоуп ҳәа? Мап. Абиблиа иаҳнарбоит ҳара зегьы Анцәа ҳаиҩызахар шҳалшо.

2 Анцәа Иажәаҿы ирацәоуп иара ицәшәоз ахацәеи аҳәсеи рҿырԥштәқәа. Урҭ Иегова иахь агәрахаҵара аадырԥшуан, насгьы иҩызцәа гәакьақәаны иҟалеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 25:14a.) Апостол Павел «арымӡааҩык ашаҳаҭцәа» рыӡбахә иҩуан. Урҭ еиуеиԥшымыз ауаа зегьы, ҳәарада, Анцәа иҩызцәан ҳәа рзуҳәар ауеит (Аур. 12:1).

3 Шәааи инарҭбааны еилҳаргап Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу хҩык Иегова иҩызцәа гәакьақәа рҿырԥшы. Ҳара ҳрыхцәажәоит: 1) Иегова изиашаз, дышқәыԥшыз еибахаз моавтәи аԥҳәыс Руфь; 2) ииашаз Иуда аҳ Езекиа; 3) Иисус иан Мариа. Иаҳҵар ҳалшозеи ҳара урҭ Анцәеи дареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа шеиздырҳауаз аҟынтә?

ЛАРА АЗИАШАРА ЗНЫԤШУА АБЗИАБАРА ААЛЫРԤШУАН

4, 5. Илыӡбар акәзи Руфь, насгьы избан уи аӡбара зымариамыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

4 Шәхаҿы иаажәг Моав акаршәрақәа ирылганы игоу амҩа иану хҩык аҳәса. Арҭ аҳәсеибацәа роуп. Руаӡәк Ноеминь лыхьӡуп, егьырҭ ҩыџьа лҭацацәа Руфьи Орфеи роуп. Аха абар Орфа дгьежьуеит, уи илыӡбеит лыҩныҟа, Моавҟа, дхынҳәырц. Ноеминь ишыҟазаалакгьы лтәыла Израильынӡа днеирц лгәы иҭоуп. Илыӡбозеи Руфь? Иҟалап лара лыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу аӡбара лыдылкылар акәзар: дахьатәу аҭыԥ Моавҟа агьежьра, мамзаргьы ланхәа Ноеминь Вифлеемҟа лыццара (Руфь [Руфь] 1:1—8, 14).

5 Руфь илдыруан Моав иҟоу лҭаацәа — лан, иара убас егьырҭ лыуацәа рахь дгьежьыр, лара, иқәыԥшу аԥҳәысеиба, ишлеиҷаҳало. Лара Моав илызҳаит, уа иҟаз зегь лзааигәан: абызшәа, акультура, ауаа. Вифлеем зынӡа даҽакын. Убри аҟынтә Ноеминь Руфь илабжьалгеит лыҩныҟа дхынҳәырц. Ноеминь дшәон Руфь илықәнагоу ахаҵеи дахьынхалашеи лзыԥшаара лылымшар ҳәа. Иҟалҵозеи Руфь? Ишаҳбаз еиԥш, Орфа «лыжәлари лынцәахәқәеи рахь дгьежьит» (Руфь [Руфь] 1:9—15). Аха Руфь илҭахӡамызт лыжәлар зымҵахырхәоз амцнцәақәа рахь агьежьра, убри аҟынтә лыҩныҟа дымхынҳәӡеит.

6. а) Иарбан иҟәыӷоу ӡбароу Руфь илыдылкылаз? б) Избан Вооз изиҳәаз Руфь Иегова имҵәыжәҩақәа рыҵаҟа ахыҵакырҭа дашьҭан ҳәа?

6 Руфь Иегова иӡбахә лаҳахьазар ауан лхаҵа, ма ланхәа рҟынтәи. Иегова моавтәи анцәақәа дреиԥшмызт. Лара илдыруан лыбзиабареи лымҵахырхәареи иаԥсоу Иегова заҵәык шиакәу. Аха адырра мацара азхомызт. Уи аӡбара лыдылкылар акәын. Далылхуама лара Иегова? Руфь иҟәыӷаз аӡбара лыдылкылеит. Лара Ноеминь илалҳәоит: «Быжәлар сара исыжәлархоит, б-Нцәа дсынцәахоит» (Руфь [Руфь] 1:16). Руфь Ноеминь лахь илымаз абзиабара даараӡа иџьоушьартә иҟоуп, аха Иегова иахь иаалырԥшыз абзиабара еиҳагьы уаршанхоит. Ԥыҭрак ашьҭахь уи Вооз дирҽхәеит, Иегова имҵәыжәҩақәа рыҵаҟа ахыҵакырҭа ахьылыԥшаауаз азы. (Уаԥхьа Руфь [Руфь] 2:12.) Арҭ ажәақәа ҳхаҿы иааргоит зҭаацәа рымҵәыжәҩақәа рыҵаҟа ахыҵакырҭа иашьҭоу, зхы ззымыхьчо аҵысԥшқа (Аԥсал. 35:8 [36:7, АдҾ]; 90:1—4 [91:1—4, АдҾ]). Убас еиԥш Иегова Руфь абык иеиԥш дылзыҟалеит. Иаалырԥшыз агәрахаҵара азы Иегова дылзылԥхеит. Руфь илыдылкылаз аӡбара ахаангьы дахьымхәӡеит.

7. Изызхәыцыр бзиоузеи Иегова рыԥсҭазаара изкра ззымгәаӷьуа?

7 Аӡәырҩы Иегова изку адырра роуеит, аха иара иҿы ахыҵакырҭа иашьҭам. Дара рыԥсҭазаара Иегова изкра, насгьы аҽӡаахра рзыгәаӷьуам. Шәаргьы урҭ шәреиуазар, ишәԥырхагоу шәазхәыцхьоума? Дарбанзаалак ауаҩы нцәахәык димҵахырхәоит (Иис. Н. [Иис. Н.] 24:15). Изашьҭалатәымзеи нас амҵахырхәара иаԥсаҵәҟьоу Анцәа иҿы ахыҵакырҭа? Шәыԥсҭазаара Иегова изышәкыр, игәра шыжәго аашәырԥшуеит. Иара дшәыцхраауеит уи аӡбара инақәыршәаны анхара, насгьы шәыԥсҭазаараҿы ишәызцәырҵуа ауадаҩрақәа зегьы рыхгара. Убас ауп Иегова Руфь дышлыцхраауаз.

«ИАРА ИЕГОВА ДААНИЖЬУАМЫЗТ»

8. Иаҳзеиҭашәҳәа Езекиа даныхәыҷыз ихигаз.

8 Езекиеи Руфьи рҭагылазаашьақәа еиԥшымызт. Иара Анцәа зҽизызкыз ажәлар рҿы диит. Аха израильаа зегьы аҽазкра инақәыршәаны инхомызт. Урҭ дреиуан Езекиа иаб Ахаз. Ицәгьаз ари аҳ Иерусалим иҟаз Иегова иныҳәарҭа лаирҟәит. Иара ихҟьаны Иуда аҳра аныхамҵахырхәара алаҵәеит. Ҳхахьгьы иаҳзаагом Езекиа даныхәыҷыз ихигаз. Иашьцәа ԥсышьацәгьа роуит: амцнцәа кәырбанс изнаганы, рыԥсы шҭаз ирблит! (2 Аҳ. [2 Цар.] 16:2—4, 10—17; 2 Аш. [2 Лет.] 28:1—3).

9, 10. а) Избан Езекиа игәы ԥжәар залшоз? б) Избан Анцәа изгәаара захәҭам? в) Избан иахьҳазҳауаз аҭагылазаашьа анаҩс ҳзакәытә уаҩны ҳҟало аанарԥшуеит ҳәа ахәыцра зиашам?

9 Ҳәарада, Езекиа Иегова игәы изыԥжәаны дицәхьаҵыр ауан. Шьоукы уи аҩызаҵәҟьа ишақәымшәогьы, ргәы иаанагоит Иеговеи иорганизациеи рызгәааразы амзызқәа рымоуп ҳәа (Ажәам. [Прит.] 19:3). Егьырҭ агәра ганы иҟоуп еиқәымшәаз аҭаацәараҿы ирызҳазар, даргьы уи шырзыԥшу, ма рҭаацәа иҟарҵоз агхақәа ҟарҵар шрылшо (Иез. [Иез.] 18:2, 3). Аха ииашоума уи?

10 Ҳәарада мап, уи Езекиа иҿырԥшы ишьақәнарӷәӷәоит. Ҳара Иегова изгәааразы амзызқәа ҳамаӡам, избанзар ицқьам ари адунеи аҿы иҟоу агәаҟрақәа иара иакәӡам изыхҟьо (Иак. 1:13). Ҳәарада, аҭаацәа рхәыҷқәа анырра ӷәӷәа рырҭоит, ицәгьоу ма ибзиоу (Еф. 6:4; Кәал. 3:21). Аха уи иаанагаӡом ауаҩы иахьизҳауаз аҭагылазаашьа анаҩс иԥсҭазаара зеиԥшрахо аанарԥшуеит ҳәа. Иегова зыхә ҳараку аҳамҭа ҳаиҭеит, ҳара иҳалшоит ҳхы шымҩаԥаҳго, насгьы ҳзакәытә уаҩны ҳҟало ҳхала иалаҳхыр (Ҩынтә. [Втор.] 30:19). Ихы ишԥаирхәеи Езекиа ари аҳамҭа?

Арԥыс аизара иҽазыҟаиҵоит, иҭаацәа рыԥсы ршьоит

Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы аҵабырг рыдыркылеит, изааӡаз рҭаацәа зеиԥшразаалакгьы (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)

11. Ицхраазеи Езекиа Иуда иҟаз аҳцәа зегьы дреиӷьны аҟалара?

11 Езекиа иаб Иуда аҳцәа рҟынтә зегь раасҭа дшеицәазгьы, иара уи диеиԥшымхеит, дуаҩ иашаны изҳаит. (Уаԥхьа 2 Аҳцәа [2 Царей] 18:5, 6.) Езекиа иаб дҿырԥшы бааԥсын, аха иааигәара иҟан зҿыԥшра иаԥсаз ауаа бзиақәагьы. Уи аамҭазы иҟан аԥааимбарцәа Исаиа, Михеи, Осиа. Иҟалап иара ииашаз арҭ ауаа ирҳәоз Анцәа иажәақәа инарҵауланы дрызхәыцуазҭгьы. Убас Иегова илабжьарақәеи имҩақәҵарақәеи игәаҵанӡа инеиуан. Убри аҟынтә Езекиа иаб иҟаиҵаз ацәгьарақәа зегьы гәацԥыҳәарала рықәгара далагеит. Иара аныҳәарҭа ирыцқьеит, ажәлар рыгәнаҳақәа рзы акәырбанқәа неигеит, насгьы Иуда иаҵанакуаз адгьыл зегь аҿы амурҭаҭтә ныхақәа ықәигеит (2 Аш. [2 Лет.] 29:1—11, 18—24; 31:1). Езекиа аԥышәара ӷәӷәақәа данрықәшәоз, иаҳҳәап, ассириатәи аҳ Сеннахирим Иерусалим дақәларц аниҭахыз, иара агәымшәара дуи агәрахаҵареи ааирԥшит. Уи аҵыхәтәанынӡа Анцәа диқәгәыӷуан, насгьы ажәалеи ихатә ҿырԥш алеи ижәлар ирӷәӷәон (2 Аш. [2 Лет.] 32:7, 8). Ԥыҭрак ашьҭахь Езекиа дԥагьахеит, аха ариашара идикылеит, ахынраалара ааирԥшит, насгьы иҟаиҵаз дахьхәит (2 Аш. [2 Лет.] 32:24—26). Иубарҭоуп иара уаанӡатәи иԥсҭазаара уажәтәи ианырырц, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш имнахырц шалимыршаз. Уи иааирԥшит Иегова иҩыза шиакәыз. Убас иара аҿырԥш бзиа ҳзаанижьит.

12. Ишԥаҟалеи иахьа аӡәырҩы, Езекиа иеиԥш, Иегова иҩызцәаны?

12 Ҳара игәымбылџьбароу адунеи аҿы ҳанхоит аҟынтә, ахәыҷқәа аӡәырҩы аҭаацәа рыбзиабареи рхылаԥшреи ахьрыгу џьаҳшьом (2 Тим. 3:1—5). Еиқәымшәаз аҭаацәарақәа рҿы изызҳаз ақьырсианцәа маҷым, аха урҭ ирылшеит Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа реизырҳара. Езекиа иеиԥш, урҭ рҿырԥшы ишьақәнарӷәӷәоит ауаҩы уаанӡатәи иԥсҭазаара ԥхьаҟатәи иԥеиԥш зеиԥшрахо еснагь ишаанамырԥшуа. Иегова ҳхатә алхра аҟаҵара азин ҳаиҭеит. Ҳара уи аҳамҭа ҳхы иаҳархәалар ҳҭахуп Иегова даанҳмыжьларц, насгьы, Езекиа иеиԥш, дҳараҳкларц азы.

«САРА ИҲАҚӘИҬУ ИТӘЫ ҲӘА СШЬОУП»

13, 14. Избан Мариа илоуз адҵа уадаҩуп ҳәа лгәы иаанагар залшоз, аха ҭакс илҭазеи Гавриил?

13 Езекиа данынхоз аахыс ашәышықәсақәа рышьҭахь, Назарет ақалақь аҿы дынхон Мариа зыхьӡыз ахынраалара аазырԥшуаз аԥҳәызба. Уи Илиа диԥҳан, лара Иегова иҿы ҷыдала еизааигәаз аизыҟазаашьақәа лыман. Анцәа Мариа ак иузадымкылоз, акрызҵазкуаз адҵа лиҭеит. Лара лцәалтәымкәа дҟалар акәын, ахшара длыхшар, насгьы длааӡар акәын. Шаҟа лыгәра игози Иегова ари ауриа ԥҳәызба, абри аҩыза адҵа лиҭазар! Шәгәы ишԥаанаго, иарбан цәаныррақәоу Мариа илызцәырҵыз, абас еиԥш иҟаз адҵа анлоу?

Амаалықь Гавриил Мариа длызцәырҵуеит

«Сара Иҳақәиҭу итәы ҳәа сшьоуп» (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)

14 Ҳәарада, Мариа аҳаҭыр ду лаҭәашьан. Аха мзызқәак ирыхҟьаны, ари адҵа узыцәшәо ак акәны илбар алшон. Амаалықь Гавриил илеиҳәеит џьашьахәыла лцәалтәымкәа дшыҟало, ахаҵа иҿы ацәеижьтә еизааигәахара шлымамызгьы. Гавриил Мариа лҭаацәеи лгәылацәеи лцәалтәымкәа дшыҟало атәы рзеиҭеиҳәоит ҳәа дақәимыргәыӷит. Аха ргәы иаанагозеи дара? Иара убас Мариа гәҭыхас илымазар ауан хаҵа дзыццараны дыҟоу иахиҳәаауа. Агәра шԥеилыргари дизиашаны дшыҟаз? Уи адагьы, шаҟа ҭакԥхықәра дуузеи Зегьирхаку Анцәа ихшаазаҵәу Иԥа иааӡара! Ҳхаҿы иаҳзаагом Гавриил Мариа длацәажәонаҵы илхәыцуаз. Аха ҳара иаҳдыруеит ҭакс иҟалҵаз: «Сара Иҳақәиҭу итәы ҳәа сшьоуп; ишуҳәаз ала исзыҟалааит» (Лука 1:26—38).

15. Изыбзоурази Мариа агәрахаҵара ӷәӷәа ахьлымаз?

15 Шаҟа иӷәӷәази Мариа илымаз агәрахаҵара! Лара аҵыхәтәанынӡа Иегова игәра лгон, насгьы гәык-ԥсык ала игәаԥхара анагӡара лҭахын, дагьазхиан идҵақәа зегьы рынагӡара. Аха иабантәилоуи лара абри аҩыза агәрахаҵара? Ауаҩы агәрахаҵара шимоу диӡом. Агәрахаҵара — ари ауаҩы иџьабааи Анцәа иԥшьоу идоуҳаи ирылҵшәоуп (Гал. 5:22; Еф. 2:8). Избан ҳара агәра ганы ҳзыҟоу Мариа лыгәрахаҵара лырӷәӷәон ҳәа? Шәааи уи дшыӡырҩуаз, насгьы илҳәоз ҳазхәыцып.

16. Иаазырԥшуазеи Мариа аӡырҩра шлылаз?

16 Мариа дшыӡырҩуаз. Абиблиа ҳаанаԥхьоит ацәажәара ахыццакра аасҭа, аӡырҩра ҳазхиазарц (Иак. 1:19). Илылазма Мариа аӡырҩра? Хымԥада. Лука иҟынтә ажәабжь бзиа аҟны ҩынтә иҳәоуп Мариа иҵаулоу адоуҳатә ҵакы змоу ажәақәа зҿлымҳарыла дырзыӡырҩуан, насгьы дрызхәыцуан ҳәа. Иисус дани ашьҭахьҵәҟьа ахынраалара аазырԥшуаз ахьшьцәа Мариа амаалықьцәа рҟынтә ажәабжь лзеиҭарҳәеит. 12-ҟа шықәса рышьҭахь, ихбыџыз Иисус ихадаз адоуҳатә ҵакы змаз ажәақәа иҳәеит. Арҭ аҩ-хҭыск рҿы Мариа дӡырҩуан, ажәақәа гәынкылауа лгәы иҭалҵәахуан, насгьы инарҵауланы дрызхәыцуан. (Уаԥхьа Лука 2:16—19, 49, 51.)

17. Еилаҳкаауазеи Мариа дышцәажәоз аҟынтәи?

17 Мариа дышцәажәоз. Абиблиаҿы иану Мариа лажәақәа рацәам. Лажәақәа зну зегь раасҭа идуу ацыԥҵәаха аагоуп Лука 1:46—55 аҿы. Уи ацыԥҵәаха аҟынтәи иубарҭоуп Мариа Иԥшьоу Аҩыра ибзианы ишылдыруаз. Лажәақәа Самуил иан Анна лынцәаиҳәара ҳгәаладыршәоит (1 Сам. [1 Сам.] 2:1—10). Ҭҵааҩык ишиҳәо ала, Мариа лмонолог аҿы 20-нтә инареиҳаны Иԥшьоу Аҩыра дазхьаԥшуеит. Еилкаауп лара бзиа ишылбоз лҩыза ду Иеговеи Анцәа Иажәеи рҟынтә еилылкааз аҵабырг алацәажәара.

18. Ишԥаҳацхраауеи Мариа лҿырԥшы агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара?

18 Мариа леиԥш, ҳаргьы зны-зынла ҳгәы иаанагар ауеит Иегова иҳаиҭо адҵақәа рынагӡара ҳцәыцәгьоуп ҳәа. Шәааи ахынраалара аазырԥшуаз ари аԥҳәызба ҳалҿыԥшлап, иара убас Иегова дышҳацхраауа, насгьы иҳадиҵо зегьы ахәарҭа шаҳзаанаго агәра ҳгалап. Ҳаргьы иҳалшоит агәрахаҵара ӷәӷәа аизырҳара, Иегова игәҭакқәеи иареи ирызкны еилаҳкаауа ҳазҿлымҳазар. Уи азы ҳара адоуҳатә ҵабыргқәа инарҵауланы ҳрызхәыцлароуп, насгьы егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалар ауп (Аԥсал. 76:12, 13 [77:11, 12, АдҾ]; Лука 8:18; Рим. 10:15).

19. Зыгәра ҳгалар ҳалшозеи ҳара, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу агәрахаҵара аазырԥшуаз ҳарҿыԥшуазар?

19 Ҳәарада, Руфь, Езекиа, Мариа, иара убас ииашаз Авраам Иегова иҩызцәа ракәын. Еизааигәаз аизыҟазаашьақәа ииашаз егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәагьы ирыман. Абиблиаҿы урҭ «арымӡааҩык ашаҳаҭцәа» ҳәа рыӡбахә ҳәоуп. Шәааи агәрахаҵара аазырԥшуаз арҭ аҿырԥш бзиақәа ҳарҿыԥшлап (Аур. 6:11, 12). Убас ҳара Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа еизҳарҳауеит, насгьы наӡаӡа иҩызцәа ҳакәхоит. Уи ҳамҭа дууп!

[Албаага]

a Аԥсалом 25:14 (АдҾ): «Иегова иҿы еизааигәоу аизыҟазаашьақәа змоу ицәшәо роуп, иара убас урҭ иеиқәшаҳаҭра рзааиртуеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра