Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа азылԥхарақәа риҭоит
«Зыгәрахаҵареи зычҳареи рыла изқәыргәыӷыз аиура заҭәашьахо ауаа ҿырԥштәыс иҟашәҵаразы» (АУР. 6:12).
1, 2. Иарбан ҭагылазаашьоу Иеффаи иԥҳаи иареи зықәшәаз?
АГӘҬЫНЧЫМРА цәырызгоз аԥшра аамҭа нҵәеит. Аԥҳәызба даараӡа деигәырӷьоит аиааира ду ганы, аибашьра аҟынтәи ихынҳәыз лаб ибара. Лара дкәашо, дшәаҳәо лаб диԥылоит. Аха иара иԥҳа лгәырӷьара лыцеиҩшара аҭыԥан, дшеибашьуаз зныԥшуаз имаҭәа ишәхаԥжәаны, ҿааиҭуеит: «О, сыӡӷаб! Ҟалашьа амам! Сгәы еиҟәыбжәеит». Анаҩс ииҳәо ажәақәа лыԥсҭазаара зынӡаск ирыԥсахуеит. Аҭаацәалазаара иазкны аҭыԥҳа илымаз лгәыхәтәқәа минуҭк ала илцәыӡит. Аха дымлак-ҩаккәа лаб агәра илыргеит Иегова ииҭаз ажәа наигӡар шакәу. Лажәақәа агәрахаҵара ӷәӷәа рныԥшит. Уи агәра ганы дыҟан Иегова лара лзы еиӷьу шиҭаху. (Аӡб. [Суд.] 11:34—37). Шаҟа длызгәдуузеи аб иԥҳа! Иара идыруеит идикылаз аӡбара лара анагӡара дахьазхиоу Иегова дшаргәырӷьо.
2 Иеффаи Анцәа ицәшәоз иԥҳаи иареи гәык-ԥсык ала Иегова игәра ргон. Урҭ агәра ганы иҟан Анцәа имҩала ацара дара рзы ишеиӷьу, уи аҟаҵара мариамзаргьы. Дара ирдыруан Анцәа иразра еиҳа ахә шыҳараку, иаадырԥшуаз ахамеигӡара аасҭа.
3. Избан Иеффаи иԥҳаи иареи рҿырԥшы иахьа ҳара ҳзы изхәарҭоу?
3 Ҳара ибзианы иаҳдыруеит Иегова изиашаны аанхара еснагь ишымариам. Аха Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ӷәӷәала ҳагәрахаҵара ҳазықәԥаларц (Иуда 3, АдҾ). Ари ааԥхьара ақәныҟәаразы шәааи еилҳаргап Иеффаи иԥҳаи иареи зықәшәоз ауадаҩрақәа, насгьы урҭ ишыриааиуаз. Ишԥарылшеи дара Иегова изиашаны аанхара?
АДУНЕИ АНЫРРА ШАҲНАҬОГЬЫ, АНЦӘА ИАХЬ АЗИАШАРА ААҲАРԤШУЕИТ
4, 5. а) Иарбан дҵоу Иегова израильаа ириҭаз, Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеиуаз? б) Ирыхьзеи израильаа иаадырԥшыз аиашамра иахҟьаны, Аԥсалом 105 (106, АдҾ) иаҳәо инақәыршәаны?
4 Иеффаи иԥҳаи иареи ирбон Иегова изиашамра иаанагоз алҵшәа бааԥсқәа. 300-ҟа шықәса раԥхьа Анцәа израильаа ирыдиҵеит Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы амурҭаҭтә нцәахәқәа ирымҵахырхәоз ажәларқәа зегьы ршьырц (Ҩынтә. [Втор.] 7:1—4). Аха урҭ уи адҵа нармыгӡаӡеит. Аҵыхәтәаны урҭ рахьтә аӡәырҩы ханаанаа рҵасқәа рҿырҵааит, насгьы аныхамҵахырхәареи агәаԥхашәадареи рылаҵәеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 105:34—39 [106:34—39, АдҾ].)
5 Израильаа иаадырԥшыз азиашамра Иегова даараӡа игәы инархьит, убри аҟынтә урҭ уаҳа раӷацәа рҟынтә ихьчомызт (Аӡб. [Суд.] 2:1—3, 11—15; Аԥсал. 105:40—43 [106:40—43, АдҾ]). Иегова изиашаны иаанхоз израильтәи аҭаацәарақәа рзы урҭ ашықәсқәа даара ихьанҭазар ауан. Аха Иеффаи иԥҳаи иареи, иара убас Елкана, Анна, Самуил реиԥш иҟаз Анцәа ицәшәоз ауаа иразра рцәымӡырц азы, ирылшо зегь аҟаҵара иазхиан.
6. Иарбан хәыцшьоу, насгьы хымҩаԥгашьоу иахьа адунеи иалаҵәоу, аха ҳхы шԥамҩаԥаҳгалар акәзеи ҳара?
6 Ҳара ажәытә ханаанаа рхәыцшьеи рхымҩаԥгашьеи змоу ауаа ҳрыланхоит. Урҭ агәаԥхашәадареи, ақәымчреи, аматериализми ӡырыргоит. Ажәытәан Иегова израильаа ишриҭоз еиԥш, иахьагьы еилыкка иҟоу агәҽанҵарақәа ҳаиҭоит. Урҭ ҳацхраауеит ицәгьоу анырра аҿагылара. Иаҳнарҵозеи ҳара израильаа иҟарҵаз агха? (1 Кор. 10:6—11). Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалар ауп, ханаанаа рхәыцшьа зныԥшуа ахәыцрақәа ҳхаҿы имааиларц азы (Рим. 12:2). Ҳҽазаҳшәалома ус аҟаҵара, уи ала азиашара аарԥшуа?
ҲГӘЫ ШКАҲАУАГЬЫ, АНЦӘА ИАХЬ АЗИАШАРА ААҲАРԤШУЕИТ
7. а) Ишԥаизныҟәеи Иеффаи иашьцәеи израильтәи аԥхьагылаҩцәеи? б) Дышԥазнеи уи иара?
7 Иеффаи ихаан израильаа иаадырԥшуаз азымӡырҩра иахҟьаны, филистимааи аммонитааи рхәура иҭашәеит (Аӡб. [Суд.] 10:7, 8). Аха Иеффаи ауадаҩрақәа изцәырызгоз урҭ рымацара ракәӡамызт; иашьцәеи израильтәи аԥхьагылаҩцәеи ииашамкәа изныҟәон. Иашьцәа ахьиҵашьыцуаз, насгьы дахьырцәымӷыз азы иҩны ддәылырцеит, иара убас аԥа еиҳабы еиԥш закәанла иоураны иҟаз адгьыл имырхит (Аӡб. [Суд.] 11:1—3). Иеффаи иалимыршеит урҭ иаадырԥшуаз агәымбылџьбарара иара дшырзыҟаз ианырырц. Ажәлар реиҳабацәа ацхырааразы ианиҳәа, Иеффаи урҭ цхыраарада иаанимыжьит (Аӡб. [Суд.] 11:4—11). Избан Иеффаи доуҳала ишәу ауаҩ иеиԥш ихы зымҩаԥигаз?
8, 9. а) Иарбан принципқәоу Моисеи изакәан аҟынтәи Иеффаи ихы иаирхәар алшоз? б) Ихадази Иеффаи изы зегь раасҭа?
8 Иеффаи баша иӷәӷәаз, агәымшәара аазырԥшуаз еибашьҩымызт. Уи инарҵауланы дазхәыцуан Анцәа ижәлар дышрызныҟәоз, насгьы израильаа рҭоурых ибзиаӡаны идыруан, убри аҟынтә Анцәа иҿаԥхьа ацәгьеи абзиеи закәу еиликаауан (Аӡб. [Суд.] 11:12—27). Моисеи изакәан ианыԥшуаз Анцәа ипринципқәа Иеффаи ихәыцшьа ианыруан, насгьы игәаҵанӡа инеиуан. Иара идыруан Иегова имаҵзуҩцәа ргәы шазҭеиҵоз аӡәы изымгәааларц, аха бзиа еибабаларц. Азакәан иаҳәон ацхыраара зҭаху мап ицәумкларц, уи «уара узцәымӷу» иакәзаргьы. (Урыԥхьа Ақәҵымҭа [Исход] 23:5; Алевит [Левит] 19:17, 18.)
9 Иара убас Иеффаи инырыр алшон азиашара аазырԥшуаз Иосиф иҿырԥшы. Уи иашьцәа рахь агәшаҭара ааирԥшит, «урҭ иара дшырцәымыӷхазгьы» (Аҟаз. [Быт.] 37:4; 45:4, 5). Абас еиԥш иҟаз аҿырԥштәқәа рызхәыцра Иеффаи иусқәа рыла Иегова иргәырӷьара ицхраауазар ауан. Ҳәарада, Иеффаи иашьцәа шизныҟәаз даара игәы инархьит, аха уи азы иара Иегова ижәлари иареи рымаҵ аура даҟәымҵӡеит (Аӡб. [Суд.] 11:9). Иегова ихьӡ адгылара иара изы еиҳа ихадан ихатә цәаныррақәа раасҭа. Иеффаи Иегова дахьизиашаз иара имацара идагьы, егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагеит (Аур. 11:32, 33).
10. Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ақьырсианцәа раҳасабала ҳхы амҩаԥгара?
10 Ҳгәаҵанӡа инеиуама Иеффаи иҿырԥшы? Иҟалап ҳара акы ҳгәы канажьзар, мамзаргьы ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо аӡәы ииашамкәа дҳазныҟәазар. Ус иҟазаргьы, иалҳмыршароуп уи иахҟьаны аизарақәа рҭаареи, Иегова имаҵ ауреи, ақьырсиантә усқәа рыҽрылархәреи ҳаҟәыҵырц. Шәааи Иеффаи ҳаиҿыԥшлап, насгьы Анцәа ипринципқәа ҳрықәныҟәалап. Уи ҳацхраауеит иҽеим ацәаныррақәа риааира, насгьы ҳхымҩаԥгашьала ҳҿырԥшыганы аҟазаара (Рим. 12:20, 21; Кәал. 3:13).
АХАМЕИГӠАРА ААРԤШРА ҲАНАЗХИОУ, АГӘРАХАҴАРА ШҲАМОУ ШЬАҚӘҲАРӶӘӶӘОИТ
11, 12. Иарбан ажәоу Иеффаи Иегова ииҭаз, насгьы иаанагози уи?
11 Иеффаи еиликаауан израильаа аммонитаа рҟынтәи рхы иақәиҭитәырц азы Анцәа ицхыраара шиҭахыз. Иара Иегова ажәа ииҭеит, аиааира агара дицхраар, аҩныҟа дхынҳәны данааиуа раԥхьа иԥыло «абылразы» амҭас Иегова дышииҭо (Аӡб. [Суд.] 11:30, 31). Ииҳәарц ииҭахызи Иеффаи?
12 Ауаа амҭас рнагара Иегова изы ихәымгоуп аҟынтә, еилкаауп Иеффаи иҩнаҭа аҟынтәи аӡәы абылразы амҭас инагара игәы ишҭамыз (Ҩынтә. [Втор.] 18:9, 10). Моисеи изакәан ишаҳәоз ала, абылразы Иегова ирҭоз аԥстәы ишеибгоу изнаргон, убри аҟынтә Иеффаи ииҳәарц ииҭахыз уи ауаҩы иԥсҭазаара зегьы Анцәа имаҵ аура иазикуеит ҳәа акәзар ауан: иара еснагь иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ иулоит. Иегова Иеффаи ииҳәаз иаҳаит, насгьы аиааира ду изааигеит. Иеффаи иаӷацәа ԥыххааса иқәиҵеит (Аӡб. [Суд.] 11:32, 33). Аха дызусҭахода Иеффаи «абылразы» Анцәа амҭас ииҭо?
13, 14. Иҳанаҳәозеи Аӡбаҩцәа (Судей) 11:35 иану Иеффаи игәрахаҵара иазкны?
13 Иаҳгәалаҳаршәап астатиа алагамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз ахҭысқәа. Иеффаи аибашьра аҟынтәи даныхынҳә, раԥхьа иԥылаз даараӡа бзиа иибоз иԥҳазаҵә лоуп! Абар имариам аӡбара адкылара аамҭа ааит. Инаигӡома Иеффаи иажәа? Дииҭома иԥҳа Иегова, лыԥсы ахьынӡаҭоу иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ луларц?
14 Иеффаи ииашоу аӡбара адкылараҿы еиҭа Анцәа ипринципқәа ицхрааит. Иҟалап иара игәалашәазар Ақәҵымҭа (Исход) 23:19 иану ажәақәа. Урҭ ажәақәа израильаа ргәазҭарҵон Иегова зегь иреиӷьу иҭара иазхиазарц. Иара убас Азакәан ауаа уалс ирыднаҵон ражәа анагӡара. Ахыԥхьаӡарақәа (Числа) 30:2 аҿы иануп: «Ауаҩы Анцәа ажәа ииҭазар... иажәа еилеимгар ауп. Иҿы иаҳәаз зегьы наигӡар ауп». Азиашара аазырԥшуаз Анна леиԥш, Иеффаи идыруан ииҳәаз ажәа наигӡар шакәыз. Иҟалап урҭ аамҭак азы инхозҭгьы. Иара еиликаауан уи иԥҳаи иареи рзы иаа́нагоз. Иеффаи уаҳа ахшара имамызт, убри аҟынтә лара заҵәык лакәын изылшоз ихьӡи иҭынхеи зыхьчоз ихылҵшьҭра аизырҳара (Аӡб. [Суд.] 11:34). Аха Иеффаи иҳәеит: «Сара Иегова иҿаԥхьа сҿы еихысхит, уажәшьҭа сышьҭахьҟа сызхьаҵӡом» (Аӡб. [Суд.] 11:35). Иеффаи Иегова дизиашаны даанхар иҭахын, уи даара ишыцәгьазгьы. Убри аҟынтә Иегова уи дизыразхеит, насгьы азылԥхарақәа ииҭеит. Ишәыдышәкыларызма шәаргьы убри аҩыза аӡбара?
15. Иарбан ажәоу ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы Анцәа ирҭаз, насгьы ишԥаҳалшо азиашара аарԥшра?
15 Иегова ҳҽанизаҳкыз ажәа иаҳҭеит еснагь игәаԥхара шынаҳагӡало. Ҳара еилаҳкаауан ари амҩаҿы ахамеигӡара шаарԥшлатәхо. Аха иааҳарԥшуа азиашара ԥышәахоит, усҟак иаҳгәамԥхо ак аҟаҵара ианҳаҳәо. Ахамеигӡара аарԥшра ҳаназхиоу, насгьы ауадаҩрақәа шаҳԥылогьы Анцәа имаҵ анаҳуа, ҳара Анцәа аҵыхәтәанынӡа ҳашиқәгәыӷуа ааҳарԥшуеит. Усҟан ҳара азылԥхара дуқәа ҳауеит. Урҭ ахамеигӡара аарԥшны мап зцәаҳкыз зегьы, мап зыцәкра мариамызгьы уахь иналаҵаны, иреиҳауп (Мал. [Мал.] 3:10). Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иеффаи иԥҳа лзы?
Ишԥаҳалшо Иеффаи иԥҳаи иареи рыгәрахаҵара аҿыԥшра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
16. Дышԥазнеи Иеффаи иԥҳа лаб Анцәа ииҭаз ажәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
16 Иеффаи иԥҳа еилылкаауан лаб идикылаз аӡбара лара лзы иаанаго. Иҟалап уи иаразнак адкылара лзымариамызҭгьы. Лаб Анцәа ииҭаз ажәа Анна лажәа иеиԥшымызт. Анна Анцәа ажәа илҭеит лԥа назореис иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ иуларазы дышилҭо (1 Сам. [1 Сам.] 1:11). Аназореи аҭаацәара далалар илшон. Аха Иеффаи иԥҳа Анцәа «абылразы» амҭас Иегова дииҭеит, уи иаанагон аҭаацәара алалара мап ацәылкыр шакәу (Аӡб. [Суд.] 11:37—40). Лара Израиль аԥхьагылаҩ, насгьы агәымшәара злаз аибашьҩы диԥҳан аҟынтә, хьӡи-ԥшеи змаз, зегь иреиӷьыз арԥыс диццар лылшон. Аха уажәшьҭа лара лхы ӡырымгакәа иԥшьоу ақьалаҿы Анцәа имаҵ лулар акәын. Дышԥазнеи уи лара? Абар иҟалҵаз аҭак: «Саб, Иегова иҿаԥхьа уҿы еихухзар, уҿы ишаурҳәаз еиԥш усызныҟәа» (Аӡб. [Суд.] 11:36). Иеффаи иԥҳа лажәақәа рыла иаалырԥшит Иегова имаҵ аура лара лзы зегь реиҳа ишхадаз. Лара хаҵа ацареи ахшара аиуреи алшара мап ацәылкит, ииашоу Анцәа имҵахырхәара дадгыларц азы. Ишԥаҳалшо ҳара уи иаалырԥшыз ахамеигӡара аҿыԥшра?
17. а) Ишԥаҳалшо Иеффаи иԥҳаи иареи рыгәрахаҵара аҿыԥшра? б) Ҳгәы шԥазҭарҵо Ауриацәа рахь 6:10—12 ирну ажәақәа ахамеигӡара аарԥшра?
17 Иахьа зықьҩыла иқәыԥшу ақьырсианцәа рымч зегь Иегова имаҵ аура иазырклар рҭахуп. Убри азы дара аҭаацәара иаламларц рыӡбоит, мамзаргьы ахшара ауира мап ацәыркуеит, уи аамҭала акәзаргьы. Зықәра неихьоу ақьырсианцәагьы рхәыҷқәеи рмаҭацәеи ирзыркыр рылшоз аамҭа иамеигӡаӡакәа адоуҳатә усқәа ирзыркуеит. Дара атеократиатә ргыларақәа рыҽрыладырхәуеит, Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол иахысуеит, насгьы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рҿы амаҵ руеит. Егьырҭ рхатә усқәа ирнахоит, Ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан ажәабжьҳәаратә кампаниақәа рыҽрыладырхәырц азы. Ахамеигӡара зныԥшуа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рмаҵзура Иегова даргәырӷьоит, иара рџьабааи рыбзиабареи ахаангьы ихашҭраны дыҟам. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 6:10—12.) Ишәылшарызма шәара шәыԥсҭазаараҿы ак аԥсахра, еиҳаны Иегова имаҵ ауразы?
АУРОК ХАДАҚӘА
18, 19. Иаҳнарҵазеи Иеффаи иԥҳаи иареи ирызкны Абиблиа иану ахҭыс, насгьы ишԥаҳалшо урҭ рҿыԥшра?
18 Иеффаи иԥсҭазаара ауадаҩрақәа шрыцызгьы, аӡбарақәа анидикылоз Иегова игәаанагара дазхәыцуан. Иара адунеи анырра даҿагылон, насгьы игәы казыжьуаз ахҭысқәа Анцәа дизиашаны аанхара иԥырхагахар рылиршомызт. Иԥҳаи иареи иаадырԥшыз ахамеигӡара Иегова изылԥхарақәа рзаанагеит, насгьы уи ицқьоу амҵахырхәара иацхраауан. Иеффаи иԥҳаи иареи рыкәша-мыкәша инхоз Анцәа изакәанқәа ишрызхьамԥшуазгьы, дара урҭ хьаҵрада ирықәныҟәон.
19 Абиблиа ҳаанаԥхьоит «зыгәрахаҵареи зычҳареи рыла изқәыргәыӷыз аиура заҭәашьахо ауаа ҿырԥштәыс» иҟаҳҵарц (Аур. 6:12). Иеффаи иԥҳаи иареи рҿырԥшы иаҳнарҵоит ҿагылашьа змам аҵабырг инақәыршәаны анхара: Анцәа иахь азиашара аазырԥшуа азылԥхарақәа риҭоит.