Еилышәкаауама егьырҭ рырҵара шхадоу?
«Сара ахәарҭа злоу амҩақәҵара шәысҭоит» (АЖӘАМ. [ПРИТ.] 4:2).
1, 2. Избан егьырҭ атеократиатә ҭакԥхықәрақәеи адҵақәеи шынарыгӡалаша зыдҳарҵалар акәу?
АҲРА иазку ажәабжь бзиа аларҵәара Иисус изы зегь раасҭа ихадаз усын. Аха уи иара убас егьырҭ доуҳатә хьчаҩцәаны, насгьы рҵаҩцәаны аҟалара дрыцхраауан (Матф. 10:5—7). Филиппгьы ажәабжьҳәара ирацәаны иҽалаирхәуан, аха, ҳәарада, иара ԥшьҩык иԥҳацәа ауаа абиблиатә ҵабырг рзеиҭаҳәашьа дирҵон (Аус. 21:8, 9). Шаҟа ихадоузеи иахьа ари аҩыза арҵара амҩаԥгара?
2 Адунеи зегь аҿы ажәабжь бзиа здызкыло ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахоит. Макьана зыҽӡаазымхыц еилыркаалар ауп хаҭала Абиблиа аҭҵаара шаҟа ихадоу. Иара убас урҭ ажәабжь бзиа аҳәареи егьырҭ аҵабырг дырҵареи рҿы ирыцхраатәуп. Аизарақәа рҿы аишьцәа амаҵзуратә цхырааҩцәеи аизара аиҳабацәеи рзы иҟоу аҭахрақәа ирықәшәаларц азы, рхы аус адулара ргәазҭаҵалатәуп. «Ахәарҭа злоу амҩақәҵара» абзоурала, доуҳала ишәхьоу ақьырсианцәа ааигәа аҵабырг здызкылаз доуҳала аизҳара ирыцхраар рылшоит (Ажәам. [Прит.] 4:2).
ЕГЬЫРҬ АНЦӘА ИАЖӘА ШЫҬҴААЛАТӘУ ДШӘЫРҴАЛА
3, 4. а) Ишԥааирԥши Павел Аҩыра аҭҵаареи амаҵзураҿы ақәҿиареи шеидҳәалоу? б) Иҟаҳҵалар акәзеи, Абиблиа зҳарҵо рхаҭа уи аҭҵаара ргәазҭаҳҵар ҳҭахызар?
3 Шаҟа ихадоузеи ахатә ҭҵаара? Абар апостол Павел Кәаласаа ирзиҩыз: «Ҳарҭ есааира шәара шәзы ҳныҳәа-ныԥхьоит, ҳаҳәоит Иара игәаҳәаратә жәдырразы, зегьы збарҭоу ахшыҩи адоуҳатә ҟәыӷареи шәаҭәеишьаразы. Аныҳәаԥхьыӡ шәзаҳкуеит шәыԥсҭазаара, шәхымҩаԥгашьа Анцәа иаҳаҭыр иаԥсахарц, иҟашәҵо зегьы рҿы Иара игәы шәақәшәаларц, убри ала лҵшәа шәоуларазы, еиҳа-еиҳа Анцәа шәҽизааигәатәуа, деилкаауа» (Кәал. 1:9, 10). Анцәа изку аҵабырг урҭ ақьырсианцәа ирыцхраауан Анцәа иаҳаҭыр иаԥсахарц, иҟарҵо зегьы рҿы Иара игәы иақәшәаларц. Ус дара алҵшәа бзиа роур рылшон, еиҳарак ажәабжь бзиа аларҵәараҿы. Ақьырсиан амаҵзураҿы ақәҿиара иоурц азы, иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьара шьцыларас ишьҭихыр ихәҭоуп. Ҳара уи Абиблиа зҳарҵо идеилҳаркаар ауп.
4 Абиблиа аҭҵаара иаанаго ахәарҭа егьырҭ ирбарц азы, уи шаҟа ихадоу ҳхаҭа еилаҳкаалар ауп. Ааи, ҳара Абиблиа аҭҵаара шьцыларас иҳамазар ауп. Шәхы шәазҵаа: «Абиблиа иаҿагыло афактқәа рыгәра зго ауаҩы саниацәажәо, ма иуадаҩу азҵаара ансырҭо, исылшома Абиблиа схы иархәаны аҭак аҟаҵара? Иисус, Павел, насгьы егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа амаҵзураҿы иаадырԥшуаз ахачҳара атәы санаԥхьо, сазхәыцуама сара урҭ рхачҳара смаҵзура ианырыр шахәҭоу?» Ҳара зегьы иаҳҭахуп Анцәа Иажәа аҟынтә адыррақәеи алабжьарақәеи. Ҳхатә ҭҵаара иаҳнаҭо ахәарҭа атәы егьырҭ ианырзеиҭаҳҳәо, даргьы убри аҩыза ацәаныррақәа роурц азы, ргәақәкны Аҩыра аҭҵаара ргәазҭаҳҵар ҳалшоит.
5. Иаҳзеиҭашәҳәа Абиблиа зҳарҵо рхатә ҭҵаара амҩаԥгара ргәазҭаҳҵар шҳалшо.
5 Иҟалап шәхы шәазҵаауазар: «Ишԥасылшо сара ауаҩы иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҭҵаашьа исырҵар?» Раԥхьа шәара имҩаԥыжәго абиблиатә ҵара иҽшазыҟаиҵаша ишәырбар шәылшоит. Абиблиа аҵаразы ихадоу ацхыраагӡа аҿы иаагоу ацҵа иану аматериали абиблиатә жәеинраалақәеи дрыԥхьарц иашәҳәа. Аизарақәа ихы рылаирхәларц азы аҽазыҟаҵара шәицхраала. Аброшиура ҿыцқәа зегьы рыԥхьара игәазҭашәҵала. Шәара шәбызшәала аелектронтә библиотека, ма «Ахьчаратә бааш онлаин-библиотека» ыҟазар, уи ихы иаирхәар, насгьы уа абиблиатә зҵаарақәа рҭак иԥшаар шилшо ишәырбар ауеит. Ас еиԥш иҟоу азнеишьа абзоурала, Абиблиа зшәырҵо Анцәа Иажәа аҭҵаара бзиа ибар ауеит.
6. а) Ишԥашәылшо Абиблиа зшәырҵо Анцәа Иажәа бзиа абара шәицхраар? б) Иҟаиҵар илшозеи Абиблиа зҵо, Аҩыра гәык-ԥсык ала бзиа ибар?
6 Ҳәарада, ауаҩы Абиблиа аԥхьара, ма аҭҵаара мчыла идцалара ҟалом. Ауаҩы Анцәа Иажәа еиҳа иӷәӷәаны бзиа абара шәицхраарц азы, еиӷьуп Иегова иорганизациа иаҳнаҭо шәхы иашәырхәар. Ԥыҭрак ашьҭахь гәыкала иҟоу ауаҩы аԥсаломшәаҳәаҩ имаз ацәаныррақәа иоур илшоит: «Сара сзы Анцәа изааигәахара аиҳа еиҳау бзиара ыҟам! Нцәа Ҳазшаз инапы сҽанысҵеит» (Аԥсал. 72:28 [73:28, АдҾ]). Анцәа изааигәахара зҭаху ауаҩы Иегова идоуҳа анырра инаҭалоит.
ААИГӘА АҴАБЫРГ ЗДЫЗКЫЛАЗ АЖӘАБЖЬ ШЕИҬАРҲӘАЛАША, НАСГЬЫ ЕГЬЫРҬ ШАЗЫҞАРҴАЛАША ДШӘЫРҴАЛА
7. Ишԥадирҵоз Иисус иҵаҩцәа ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәашьа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
7 Матфеи ииҩыз Аевангелие 10-тәи ахаҿы Иисус 12-ҩык иапостолцәа ириҭаз амҩақәҵарақәа ануп. Иисус урҭ ирыхәашаз алабжьарақәа риҭон1. Уи иҵаҩцәа ажәабжь бзиа ауаа қәҿиарала ишырзеиҭарҳәалаша дирҵон, дара зҿлымҳарыла изыӡырҩуан. Уи ашьҭахь, зегьы амаҵзурахьы еиццеит. Иисус иҵаҩцәа иара ихы иаирхәоз аметодқәа рбон, иаарласны рхаҭагьы Анцәа Иажәа ҟазарыла егьырҭ дырҵара иалагеит (Матф. 11:1). Ҳаргьы Абиблиа зҳарҵо ҟазарыла ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәашьа дҳарҵалар ҳалшоит. Шәааи еилҳаргап уи аҟаҵара шҳалшо узырбо ҩ-знеишьак.
8, 9. а) Дышԥарацәажәоз Иисус амаҵзураҿы иԥылоз ауаа? б) Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Иисус иҿыԥшны ауаа рацәажәашьа дҳарҵар?
8 Ауаа рацәажәара. Иисус ауаа хаҭала Аҳра аӡбахә рзеиҭеиҳәон. Зны ақалақь Сихарь азааигәара иҟаз Иаков иҵеџь авараҿы Иисус ԥҳәыск длацәажәон. Аинтерес зҵаз ари аицәажәара алҵшәа бзиақәа аанагеит (Иоанн 4:5—30). Даҽазны иара Матфеи, мамзаргьы Леви, зыхьӡыз аҳазалхҩы диацәажәон. Аевангелиеқәа рҿы уи аицәажәара иазкны иану маҷуп, аха Матфеи Иисус дишьҭанеиларц ааԥхьара идикылеит. Матфеи иҩны афара-ажәра аныҟаз, егьырҭ аҵаҩцәеи иареи Иисус асасцәа дышрацәажәоз иазыӡырҩуан (Матф. 9:9; Лука 5:27—39).
9 Зны Иисус Нафанаил хаала диацәажәеит. Нафанаил шьҭрала Назарет иатәыз тәамбашақә дырзыҟан. Аха уи Иисус даниацәажәа ашьҭахь, игәаанагара иԥсахит. Иара Назарет иатәыз Иисус ауаа идирҵоз иазкны еиҳаны еиликаарц иҭаххеит (Иоанн 1:46—51). Ари ахҭыс иаҳнарбоит Абиблиа зҳарҵо хаала ауаа ирацәажәаларц шыдҳарҵалар акәу. Ҳацхыраара абзоурала дара рхаҭа агәра ргоит ажәа хаақәа гәыкала иҟоу ауаа ргәаҵанӡа инеир шалшо.
10—12. а) Ишԥеизирҳауаз Иисус ажәабжь бзиа ахь ауаа иаадырԥшуаз аинтерес? б) Ишԥаҳалшо ҿыц жәабжьҳәаҩцәаны иҟалаз егьырҭ абиблиатә ҵабырг дырҵараҿы ақәҿиара аиура ҳрыцхраар?
10 Аинтерес аизырҳара. Иисус адгьыл аҿы аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҟаиҵашаз рацәан. Аха уеизгьы ауаа аҵабырг ахь иаадырԥшуаз аинтерес аизырҳара иҽазишәон. Зны иара ашхәаҿы ауаа аҵабырг дирҵон. Усҟан иара џьашьахәыла Пиотр ирацәаны аԥсыӡ акра дицхрааит, насгьы иҳәеит: «Аринахыс ауаа укуа уалагап». Ишԥарныри Пиотр иҩызцәеи иареи Иисус иажәақәеи иусқәеи? «Аҩ-шхәакгьы аҟәарахьы иааӡыхганы, Иара инаишьҭалт» (Лука 5:1—11).
11 Синедрион иалахәыз Никодим Иисус иҵарақәа рахь аинтерес ааирԥшит. Иара еиҳаны еиликаарц иҭахын, аха ауаа Христос дышицу рбар иахырҳәаауазеи ҳәа дшәон. Иисус Никодим изы иаамҭа дамеигӡаӡеит. Ауаа ирымбарц азы, урҭ ианылашьцаз еиқәшәеит (Иоанн 3:1, 2). Иаҳдырҵозеи арҭ ахҭысқәа? Анцәа Иԥа ауаа рыгәрахаҵара арӷәӷәаразы аамҭа иԥшаауан. Ҳаиҿыԥшуама ҳара Иисус, ажәабжь бзиа ахь аинтерес аазырԥшыз дара ианырзыманшәалоу аамҭазы ҳарҭаауа, насгьы абиблиатә ҵарақәа мҩаԥго?
12 Ҿыц жәабжьҳәаҩцәаны иҟалаз амаҵзурахьы ҳрыццозар, дара егьырҭ аҵабырг дырҵараҿы еиҳа ирласны ақәҿиарақәа ҟарҵоит. Ҳара идҳарбар ҳалшоит уиаҟара аинтерес аазмырԥшызгьы еиҭа рҭаара шхадоу. Аиҭанеира аныҟаҳҵо, ма абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго, ҿыц жәабжьҳәаҩцәаны иҟалаз ҳгалар ҳалшоит. Абас ала уиаҟара аԥышәа змам аназыҟаҳҵо, насгьы ргәы анышьҭаҳхуа, хымԥада, ажәабжь ззеиҭарҳәо ринтерес аизырҳареи абиблиатә ҵарақәа рымҩаԥгареи ргәазҭаҳҵоит. Иара убас иаразнак ргәы акамыжьра, насгьы амаҵзураҿы ачҳара аарԥшышьа рҵоит (Гал. 5:22; шәахәаԥш арамка «Иаразнак шәгәы кашәмыжьлан»).
ААИГӘА АҴАБЫРГ ЗДЫЗКЫЛАЗ РЫГӘРАХАҴАРА РЫЦЕИҨЫЗШО ИШРЫЦХРААЛАША ДШӘЫРҴАЛА
13, 14. а) Ишәҳәар шәылшозеи Абиблиаҿы зыӡбахә ану егьырҭ рзы ахамеигӡара аарԥшра иазхиаз ирызкны? б) Ишԥашәылшо ҿыц жәабжьҳәаҩцәаны иҟалаз, насгьы иқәыԥшу ақьырсианцәа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь абзиабара аарԥшра дшәырҵалар?
13 Абиблиаҿы иануп аишьцәа бзиа рбара, насгьы урҭ рыцхраара шхадоу. (Урыԥхьа 1 Пиотр 1:22; Лука 22:24—27.) Анцәа Иԥа имаз зегьы, иԥсҭазаарагьы налаҵаны, егьырҭ рымаҵ ауразы дамеигӡеит (Матф. 20:28). Тавифа, мамзаргьы Дорка, «еснагь абзиа ҟазҵоз... игәыҳалалыз аӡә лакәын» (Аус. 9:36, 39). Рим инхоз Мариа зыхьӡыз қьырсианк егьырҭ рзы аџьабаа ӷәӷәа лбахьан (Рим. 16:6). Ишԥаҳалшо ааигәа аҵабырг здызкылаз егьырҭ аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхраара шхадоу деилҳаркаар?
Ааигәа аҵабырг здызкылаз рыгәрахаҵара рыцеиҩызшо рахь абзиабара аадырԥшларц дшәырҵала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
14 Доуҳала ишәхьоу ақьырсианцәа зықәрахь инеихьоу ма ичмазаҩцәоу рбара ианцо, ҿыц жәабжьҳәаҩцәаны иҟалаз ргалар рылшоит. Ҭагылазаашьақәак рҿы аҭаацәа рхәыҷқәагьы ргалар ауеит. Зықәрахь инеихьоу ирфо-иржәуа рымоу-ирымаму, насгьы ацхыраара рҭаху-ирҭахыму аилкааразы, аизара аиҳабацәа аизара аҟынтәи аӡә дрыманы ицалар рылшоит. Убас иқәыԥшу ақьырсианцәеи ааигәа аҵабырг здызкылази егьырҭ рахь ақьиара аарԥшышьа рҵоит. Ақыҭақәа рҿы ажәабжь зҳәоз аизара аиҳабык уа инхоз Иегова ишаҳаҭцәа рахь днеилон. Иара лассы-лассы иқәыԥшу иашьак дигалон. Уи абзоурала аиашьа ихадаз ак еиликааит: аизараҿы иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи зегьы бзиа ишырбо рбалар ауп (Рим. 12:10).
15. Избан аизара аиҳабацәа аизараҿы ахацәа доуҳала аизҳара ирыцхраалар зрыхәҭоу?
15 Иегова аизараҿы рҵаҩцәас ахацәа ахаиргылеит, убри аҟынтә аишьцәа рцәажәаратә лшарақәа еиӷьыртәлар ауп. Шәара аизара шәеиҳабызар, ишәылшарызма амаҵзуратә цхырааҩ иажәахә иҽшазыҟаиҵо шәазыӡырҩыр? Ишәҭо алабжьарақәа ицхраауеит Анцәа Иажәа ауаа дырҵараҿы иҟазара аиӷьтәра (Неем. [Неем.] 8:8).
16, 17. а) Дышԥаицхраауаз Павел Тимофеи доуҳала иеизҳараҿы? б) Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа аишьцәа доуҳатә хьчаҩцәаны иҟаларц азы қәҿиарала разыҟаҵара?
16 Ақьырсиантә еизарақәа жәпакы рҿы адоуҳатә хьчаҩцәа маҷуп, убри аҟынтә даара ихадоуп аишьцәа аизара еиҳабацәас иҟаларц азы разыҟаҵара. Павел Тимофеи изиҩыз асаламшәҟәаҿы ус еиԥш иҟоу арҵара шымҩаԥгалатәу иҳәеит: «Акыр исзаԥсоу сԥа, Иисус Христос иҳаиҭо алыԥхала уҽырӷәӷәала. Сара сахьтә иуаҳаз, зхыԥхьаӡара рацәоу ашаҳаҭцәа змаз ажәабжь уазҳәарала ирыларҵәала, иԥшаала убри ажәабжь дырҵара, уазҳәара азыҟаҵара зылшаша агәрахаҵара змоу ауаа» (2 Тим. 2:1, 2). Тимофеи аԥышәа змаз аизара аиҳабы аус ицуа, егьырҭ рыцхраашьа иҵон. Уи Павел иметодқәа ихы иаирхәон ажәабжьҳәараҿы, насгьы иԥшьоу амаҵзура егьырҭ аганқәа рҿы (2 Тим. 3:10—12).
17 Павел Тимофеи иазыҟаҵара баша дазнеиуамызт, уи иара изы ихадан. Убри аҟынтә дахьцоз дигарц иӡбеит (Аус. 16:1—5). Аизара аиҳабацәа Павел иҿыԥшуеит. Дара агәышьҭыхразы аҭаарақәа аныҟарҵо, зны-зынла ианаало амаҵзуратә цхырааҩцәа ргоит. Убас амаҵзуратә цхырааҩцәа аизара аиҳабацәа ирҿырҵаауа рацәоуп. Дара ирбоит егьырҭ шазыҟарҵалаша, агәрахаҵареи, ачҳареи, абзиабареи шаадырԥшлаша, насгьы «Анцәа иԥсаса» ахьчараҿы Иегова ишиқәгәыӷлаша (1 Пиотр 5:2).
ЕГЬЫРҬ РАЗЫҞАҴАРА ЗХАДОУ
18. Избан изхадоу егьырҭ Иегова имаҵ аура разыҟаҵара?
18 Аҵыхәтәахьы инеиуа ари аамҭазы ҿыц аҵабырг здызкылаз аӡәырҩы ажәабжьҳәараҿы ирымоу аҟазара аиӷьтәраҿы ацхыраара рҭахуп. Иара убас аишьцәа аизараҿы аҭакԥхықәра нарыгӡаларц азы иазыҟаҵалатәуп. Иисуси Павели рхы иадырхәоз аметодқәа иахьагьы аус руеит. Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа нарыгӡаларц азы ибзианы иазыҟаҵазарц. Уиаҟара аԥышәа змам рыцхраара — ари Иегова иҳаҭәеишьаз ҳаҭыр дууп. Ҳара иҳалшоит урҭ рҟазара аиӷьтәраҿы ҳрыцхраар, аизараҿы иҟоу аус рацәа нарыгӡаларц азы. Адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа еицәахоит, аха ажәабжьҳәаратә ус аҿы иҟаҵатәу рацәоуп, убри аҟынтә аамҭа мгакәа егьырҭ разыҟаҵара даара ихадоуп.
19. Избан егьырҭ разыҟаҵараҿы ижәбо аџьабаа лҵшәада изаанымхо?
19 Ҳәарада, егьырҭ разыҟаҵаразы аамҭеи амчи аҭахуп. Аха ари аус аҿы Иегова бзиа иибо Иԥеи иареи ҳацхраауеит, насгьы аҟәыӷара ҳарҭоит. Шаҟа ҳаигәырӷьозеи ҳзыцхыраауа рымч иамеигӡаӡакәа Анцәа имаҵ шыруа анаҳбо! (1 Тим. 4:10). Убри аамҭазгьы ҳаргьы иԥшьоу ҳмаҵзура нагӡо, анаҩсгьы доуҳала ҳаизҳалар ауп.
^ 1 Абзац 7. Абар Иисус илабжьарақәа: 1) Аҳра иазку ажәабжь аиҭаҳәара; 2) Анцәа иҳаиҭо ҳзырхара; 3) аимак-аиҿак аҽаламгалара; 4) аҿагыларақәа ҳанрықәшәо, Анцәа иқәгәыӷра; 5) ашәара аҽамҭара.