«Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ула»
«Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ула... иашарыла ухы мҩаԥгала» (АԤСАЛ. 37:3, АдҾ).
АШӘАҚӘА: 133, 63
1. Иарбан зеиԥшыҟам лшарақәоу Иегова ауаа ирылеиҵаз?
ИЕГОВА ауаа зеиԥшыҟам алшарақәа рылеиҵеит. Иаҳҳәап, ҳара ҳахшыҩтә лшарақәа ҳхы иархәаны ауадаҩрақәа ҳаӡбалар, насгьы ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазку апланқәа шьақәҳаргылалар ҳалшоит (Ажәам. [Прит.] 2:11). Анцәа ауаа рыпланқәеи рхықәкқәеи рынагӡара рылшартә еиԥш ишеит (Флп. 2:13). Иара убас ҳара иҳамоуп аламыс, уи ацәгьеи абзиеи закәу ҳаҵанаҳәоит, насгьы агхақәа рҽырцәыхьчареи урҭ рыриашареи иҳацхраауеит (Рим. 2:15).
2. Дыззыԥшузеи Иегова ҳара ҳҟынтә?
2 Иегова ҳалшарақәа ииашаны ҳхы иаҳархәалоит ҳәа дазыԥшуп. Избан? Иара бзиа ҳаибоит, насгьы идыруеит усҟан агәырӷьараҵәҟьеи агәахәареи шҳауа. Иара Иажәаҿы зныкымкәа ҳааиԥхьоит ҳалшарақәа ииашаны ҳхы иаҳархәаларц. Иаҳҳәап, Ауриатә Ҩырақәа рҿы иануп: «Згәы ақәкны аус зуа ипланқәа ақәҿиара роуеит»; «Унапы иҟанаҵо зегьы иахьынӡаулшо иҟаҵала» (Ажәам. [Прит.] 21:5; Еккл. [Эккл.] 9:10). Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы ҳаԥхьоит: «Макьана, аамҭа ҳаманаҵы, зегьы абзиара рзыҟаҳҵалап»; «Шәара-шәара шәымаҵ еибаула, доусы Анцәа иахьтә ишәаҭәашьоу ҵҩа змам доуҳатә беиарала, баҩхатәрала» (Гал. 6:10; 1 Пиотр 4:10). Ишаҳбо ала, Иегова иҭахуп ҳара иҳахәаша, насгьы егьырҭ ирзеиӷьхаша ҟаҳҵаларц азы ҳамч зегь ҳхы иаҳархәаларц.
3. Иҳалымшозеи ҳара?
3 Даҽа ганкахьала Иегова идыруеит ҳалшарақәа аҳәаа шрымоу. Ҳара анамӡареи, агәнаҳаи, аԥсреи рықәгара ҳалшом. Иара убас ауаа рхымҩаԥгашьа аԥсахра ҳалшом, избанзар зегьы алхра ахақәиҭра рымоуп (1 Аҳ. [1 Цар.] 8:46). Адырреи аԥышәеи ирацәаны иҳамазаргьы, уи акгьы аанагаӡом,— Иегова ҳиҿурԥшуазар, ҳара еснагь ахәыҷқәа ҳреиԥшзаауеит (Ис. [Ис.] 55:9).
Ауадаҩрақәа шәанрықәшәо Иегова шәиқәгәыӷла, насгьы абзиара ҟашәҵала
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ҳҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳара иҳахәҭоуп Иегова иқәгәыӷра. Иара убас ӷәӷәала агәра ҳгалар ауп иара дышҳацхраауа, насгьы ҳамч зқәымхо ҳара ҳзы ишыҟаиҵо. Аха уеизгьы ҳауадаҩрақәа рыӡбареи егьырҭ рыцхраареи азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. (Уаԥхьа Аԥсалом 36:3 [37:3, АдҾ].) Ажәакала, ҳара иҳахәҭоуп Иегова иқәгәыӷра, иара убас абзиара аура. Ҳара иара убас аҵабырггьы ҳахьчалароуп. Шәааи ҳахәаԥшып Ноии, Давиди, Иегова изиашаз егьырҭ имаҵзуҩцәеи рҿырԥштәқәа иаҳдырҵар алшо. Урҭ Иегова иқәгәыӷуан, насгьы ирылшоз ҟарҵон. Ишаҳбо еиԥш, дара ирылшози-ирылымшози ибзианы еилыркаауан, уи инақәыршәангьы рхы мҩаԥыргон.
ИААҲАКӘЫРШАНЫ АЦӘГЬАРА АНЫҞОУ
5. Изеиԥшрази адунеи Нои ихаан?
5 Нои ихаан адунеи ақәымчреи агәаԥхашәадареи рыла иҭәын (Аҟаз. [Быт.] 6:4, 9—13). Нои идыруан Иегова уи ицқьам адунеи шықәигоз. Аха уеизгьы, Нои икәша-мыкәша иҟаз даара игәы инархьуазҭгьы ҟаларын. Иара еиликаауан ари аҭагылазаашьаҿы изымԥсахуаз шыҟаз, аха илшозгьы шыҟаз.
Иаҳҳәо ажәабжь ианазымӡырҩуа (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—9.)
6, 7. а) Илымшози Нои? б) Излеиԥшузеи Нои иҭагылазаашьеи ҳара ҳҭагылазаашьеи?
6 Нои зыԥсахра илымшоз. Нои иаарласны иҟалараны иҟаз арыцҳара иазкыз Анцәа иажәабжь ауаа цәгьақәа ирзеиҭеиҳәон, аха урҭ уи мчыла рыдцалара илшомызт. Иара убас Нои Аӡхыҵра иаарласны иҟалартә изыҟаҵомызт. Иара Иегова диқәгәыӷлар акәын, насгьы ацәгьара шықәиго ала иқәыргәыӷра ианаамҭоу ишынаигӡо агәра игалар ихәҭан (Аҟаз. [Быт.] 6:17).
7 Ҳаргьы ицқьам адунеи аҿы ҳанхоит, насгьы иаҳдыруеит Иегова уи ақәгара игәы ишҭоу (1 Иоанн 2:17). Аха ҳара еилаҳкаауеит ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа мчыла рыдцалара шҳалымшо. Иара убас «агәырҩа ду» иаарласны иааиртә ҳзыҟаҵом (Матф. 24:14, 21). Нои иеиԥш ҳаргьы агәрахаҵара ӷәӷәа ҳамазароуп, насгьы Анцәа иаарласны иус анагӡара дшалаго агәра ҳгозар ауп (Аԥсал. 36:10, 11 [37:10, 11, АдҾ]). Ҳара ӷәӷәала агәра ганы ҳаҟоуп: Иегова ари адунеи ыҟазарц ахьынӡалиршо, игәҭакы иахьынӡақәшәо ауп,— ҽнакгьы еиҳамкәа (Авв. [Авв.] 2:3).
8. Ихы ззишьҭуази Нои? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
8 Нои илшоз. Нои илымшоз азы игәы акажьра аҭыԥан, илшоз дазхәыцуан. Иара «аиаша-ҵабырг рылазырҵәоз» иеиԥш, ақәыӡбара иазкыз Анцәа иажәабжь зиашарала ауаа ирылеиҳәон (2 Пиотр 2:5). Ҳәарада, уи абзоурала иара игәрахаҵара шыӷәӷәаз иаанхон. Убри адагьы, Анцәа идҵа — аковчег аргылара — анагӡаразы иара игәы ақәкны аус иуан, насгьы ихшыҩтә лшарақәа ихы иаирхәон. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 11:7.)
9. Ишԥаҳалшо Нои иҿыԥшра?
9 Нои иеиԥш ҳаргьы Иҳақәиҭу иҿаԥхьа ирацәаны аџьабаа абара ҳҽазаҳшәоит (1 Кор. 15:58). Иҟалап ҳара Анцәа имҵахырхәара иазку аҭыԥқәа рыргылареи рхылаԥшреи ҳрылахәзар, аконгрессқәа рҿы хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟаҳҵозар, афилиал, мамзаргьы аиҭагаратә офис аҿы амаҵ ҳуазар. Аха зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара гәацԥыҳәарала ажәабжьҳәара ҳҽалаҳархәуеит, уи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазку ҳгәыӷра арӷәӷәоит. Абар Анцәа изиашоу иаҳәшьак илҳәо: «Анцәа Иаҳра иаҳзаанаго азылԥхарақәа ауаа ианырзеиҭауҳәо... еилукаауеит иузыӡырҩуа изықәгәыӷуа ҳәа акгьы шрымам, насгьы рыуадаҩрақәа ҵыхәаԥҵәара рымамшәа шырбо». Ажәабжь бзиа ауаа ианырзеиҭаҳҳәо, иҳамоу агәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахоит, уи ҳацхраауеит наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго амҩала анаҩсгьы ацара (1 Кор. 9:24).
АГӘНАҲА АНЫҞАҲҴО
10. Иаҳзеиҭашәҳәа иарбан ҭагылазаашьоу Давид дзықәшәаз.
10 Аҳ Давид изкны Иегова иҳәеит: «Сара дсыԥшааит Давид... абри ауаҩ Сара сгәы дақәшәоит» (Аус. 13:22). Давид ииашаны ихы мҩаԥигон ҳҳәар ҳалшоит. Аха агәнаҳа ӷәӷәақәа аныҟаиҵозгьы ыҟан. Иара Вирсавиа лҿы дкалҭшьҭаныҟәеит. Аха еиҳа еицәахаз, уи игәнаҳа иҵәахырц азы Вирсавиа лхаҵа Уриа аибашьраҿы дҭахартә ахьыҟаиҵаз ауп. Уи азы иара ар реиҳабы Иоав асаламшәҟәы изиҩит, уа Уриа дышҭадырхаша атәы анын, уи асаламшәҟәгьы Уриа инапала ауп ишишьҭызгьы (2 Сам. [2 Сам.] 11:1—21). Аха Давид игәнаҳақәа аатит (Марк 4:22). Ихы шԥамҩаԥигеи иара усҟан?
Уаанӡа иҟаҳҵаз агәнаҳақәа (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—14.)
11, 12. а) Илымшози аԥсахра Давид, агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь? б) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи, агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар?
11 Давид зыԥсахра илымшоз. Давид иҟаиҵаз изыриашомызт. Иара убас игәнаҳақәа рылҵшәақәа дызрыцәцомызт. Иԥсы ахьынӡаҭаз иныруаз алҵшәақәагьы ыҟан (2 Сам. [2 Сам.] 12:10—12, 14). Убри аҟынтә Давид агәрахаҵара имазар акәын. Иара Иегова диқәгәыӷлар ихәҭан, насгьы игәнаҳақәа гәык-ԥсык ала дрыхьхәит аҟынтә, Анцәа ишианаижьуа, иара убас урҭ рылҵшәақәа рыхгара дышицхраауа агәра игалар акәын.
12 Ҳара зегьы ҳнаӡам, насгьы агәнаҳа ҟаҳҵоит. Аха гәнаҳақәак егьырҭ раасҭа еиҳа ихьанҭоуп. Зны-зынла ҳагхақәа ҳзыриашом, убри аҟынтә урҭ рылҵшәақәа ҳазрыцәцом (Гал. 6:7). Аха ҳара Иегова ҳиқәгәыӷлар, насгьы ҳагәнаҳарақәа ҳрыхьхәлар иара ҳауадаҩрақәа рыхгара дышҳацхраауа агәра ҳгалар ҳалшоит, урҭ ауадаҩрақәа зыхҟьаз ҳхаҭа ҳакәзаргьы. (Урыԥхьа Исаиа [Исаия] 1:18, 19; Аусқәа 3:19.)
13. Ишԥеиҭашьақәиргылеи Давид Иеговеи иареи ирыбжьаз аизыҟазаашьақәа?
13 Давид илшоз. Давид Иегова дицхраартә еиԥш алшара ииҭеит. Иаҳҳәап, иара Иегова ихаҭарнак аԥааимбар Нафан иҟынтә ариашара идикылеит (2 Сам. [2 Сам.] 12:13). Иара убас Давид игәнаҳақәа дрыхьхәуа Иегова диҳәон, насгьы ҿыц Анцәа игәшаҭара иоурц шиҭаху ааирԥшуан (Аԥсал. 50:3—19 [51:1—17, АдҾ]). Давид иҟаиҵаз агәнаҳарақәа рзы имаз ахьаа зынӡа игәы канажьыртә алимыршеит, уи аҭыԥан иара игхақәа ахәарҭа рылихуан. Ииашаҵәҟьаны иара урҭ агәнаҳа ӷәӷәақәа уаҳа иҟаиҵомызт. Уи иԥсы ахьынӡаҭаз Анцәа дизиашан, насгьы Анцәа игәалашәараҿы азиашара аазырԥшуа амаҵзуҩы иеиԥш даанхеит (Аур. 11:32—34).
14. Иаҳнарҵар алшозеи Давид иҿырԥштәы?
14 Иаҳнарҵар алшозеи ҳара Давид иҿырԥштәы? Агәнаҳа ӷәӷәа ҟаҳҵазар, уи ҳахьхәыроуп, насгьы Иегова иҳанаижьырц ҳиҳәалароуп. Иҟаҳҵаз агәнаҳа аартны Анцәа иаҳҳәар ауп (1 Иоанн 1:9). Уи адагьы, иҟалаз зегьы аизара аиҳабацәа ирзеиҭаҳҳәар ауп, урҭ Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иҳацхраауеит. (Уаԥхьа Иаков 5:14—16.) Арҭ ашьаҿақәа зегь ҟаҳҵозар Иегова ҳшихәышәтәуа, насгьы ишҳанаижьуа ала иҳаиҭаз ақәыргәыӷра агәра шаҳго ааҳарԥшуеит. Иара убас ҳагхақәа ахәарҭа рылаҳхлароуп, насгьы Иегова ҳиқәгәыӷуа анаҩсгьы имаҵ ҳаулароуп (Аур. 12:12, 13).
ЕГЬЫРҬ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РҾЫ
Ҳгәабзиара иадҳәалоу ауадаҩрақәа (Шәахәаԥш абзац 15.)
15. Иаҳнарҵозеи Анна лҿырԥштәы?
15 Иҟалап шәхаҿы иааир Анцәа изиашаз егьырҭ имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәагьы. Урҭ Иегова иқәгәыӷуан, насгьы ицәгьоу аҭагылазаашьақәа рҿы ирылшоз зегь ҟарҵон. Иаҳҳәап, Анна ахшара длоуамызт, ари аҭагылазаашьа аԥсахрагьы лылшомызт. Аха лара Анцәа диқәгәыӷуан, насгьы лгәы ширҭынчуа агәра лгон. Убри аҟынтә лара Иегова имҵахырхәаразы иԥшьоу ақьалахь аныҟәара даҟәыҵуамызт, насгьы лгәы иҭаз зегь Анцәа изеиҭалҳәон (1 Сам. [1 Сам.] 1:9—11). Шаҟа иҿырԥштә бзиоузеи ари ҳара ҳзы! Ҳгәабзиара иадҳәалоу, мамзаргьы ҳамч зқәымхо даҽа уадаҩрақәак ҳазцәырҵуазар, ҳагәҭыхақәа Иегова изҳархароуп, уи дышҳаиҷаҳауагьы агәра ганы ҳаҟазар ауп (1 Пиотр 5:6, 7). Иара убас ҳара Иегова ҳамҩақәиҵаларц иҳаиҭо зегьы, аизарақәагьы уахь иналаҵаны, ҳхы иаҳархәаларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит (Аур. 10:24, 25).
Иегова имаҵ аура иаҟәыҵыз ахәыҷқәа (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Иднарҵар алшозеи аҭаацәа зықәрахь инеихьаз Самуил иҿырԥштәы?
16 Иаҳҳәар ҳалшозеи аиаша мҩа иацәыхҟьаз ахәыҷқәа змоу азиашара аазырԥшуа аҭаацәа ирызкны? Зықәрахь инеихьаз Самуил изызҳахьаз иԥацәа идирҵоз ииашоу апринципқәа инарықәыршәаны инхалартә мчыла рыдцалара илшомызт (1 Сам. [1 Сам.] 8:1—3). Иара зегьы Иегова инапы ианиҵар акәын. Аха Самуил ихаҭа Анцәа дизиашаны даанхалар, насгьы жәҩантәи Иаб диргәырӷьалар илшон (Ажәам. [Прит.] 27:11). Самуил дзықәшәаз аҩыза иқьырсиану аҭаацәа шьоукы ақәшәахьеит. Дара агәра ганы иҟоуп иҟьалаз аҷкәын изку ажәамаана аҟынтә аб иеиԥш, Иегова агәнаҳаҟаҵаҩцәа анахьхәуа, насгьы иара иахь ианыхынҳәуа дшазыԥшу (Лука 15:20). Уи аамҭазгьы урҭ Анцәа изиашаны иаанхаларц рҽазыршәоит, насгьы рҿырԥштәы рхәыҷқәа аизарахь ахынҳәра ргәазҭанаҵоит ҳәа иақәгәыӷуеит.
Аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Зыгәра ҳнаргозеи аԥҳәысеиба рыцҳа лҿырԥштәы?
17 Иара убас иаҳгәалаҳаршәар ҳалшоит Иисус ихаан инхоз аԥҳәысеиба рыцҳа лҿырԥштәы. (Уаԥхьа Лука 21:1—4.) Лара ауахәамаҿы иҟаз аиашамра аԥсахра лылшомызт (Матф. 21:12, 13). Насгьы уи лматериалтә ҭагылазаашьа лзеиӷьтәуамызт. Аха лара гәык-ԥсык ала «ҩ-лептак» — «хныҟәгагас илымаз зегьы ҭалыршәит». Анцәа изиашаз ари аԥҳәыс зегь рыла Иегова дышиқәгәыӷуаз аалырԥшит. Лара агәра ганы дыҟан лыԥсҭазаараҿы Анцәа имаҵ аура иадҳәалоу аусқәа зегь раԥхьа илыргылалар, Иегова дышлеиҷаҳауа. Уи Анцәа игәра лгон, убри аҟынтә ииашоу амҵахырхәара дадгыларц лыӡбеит. Ҳаргьы агәра ганы ҳаҟоуп ҳаԥсҭазаараҿы Анцәа Иаҳра иадҳәалоу аусқәа зегь раԥхьа иҳаргылалар, иара иаҳҭаху зегь шҳаиҭо (Матф. 6:33).
18. Иаҳзеиҭашәҳәа иашьак ииашоу агәазыҟашьа шааирԥшуаз.
18 Ҳаамҭазгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аӡәырҩы Иегова ишиқәгәыӷуа, насгьы ирылшо зегь шыҟарҵо аадырԥшуеит. Урҭ дреиуоуп Малком зыхьӡу аиашьа, иара иԥсы ахьынӡаҭаз Иегова дизиашан. Уи 2015 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Малком иԥшәмеи иареи жәашықәсала Иегова имаҵ руан, урҭ рыԥсҭазаараҿы имаҷымкәа агәырӷьарақәеи агәаҟрақәеи рхыргахьан. Малком иҳәон: «Аԥсҭазаараҿы узқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәа анцәырҵуа, насгьы ицәгьоу аамҭақәа уанрықәшәо ыҟоуп. Аха Иегова иқәгәыӷуа дырзылԥхоит...». Иарбан лабжьароу ари аиашьа иҳаиҭаз? Иара иҩуан «активла, насгьы ибзианы Иегова имаҵ аура ҳалшарц азы иҳәара» даара ишхадоу, иара убас «ҳхы ззаҳашьҭыша иҳалымшо акәымкәа, иҳалшо» шакәуa.
19. а) Избан 2017-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала азхәыцра зхадоу? б) Шәхы иашәырхәар шԥашәҭаху 2017-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала?
19 Адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахоит, уи иаанагоит ҳара иӷәӷәоу ауадаҩрақәа еиҭа ҳашрықәшәо (2 Тим. 3:1, 13). Ауадаҩрақәа ҳгәы карыжьыртә рылҳмыршар ауп! Шәааи гәык-ԥсыкала Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵалап, насгьы иҳалшо зегь ҟаҳҵалап. Уи аҟаҵара ҳара иҳацхраауеит 2017-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала: «Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ула»! (Аԥсал. 37:3, АдҾ).
2017-тәи ашықәс иазалху ажәеинраала: «Иегова уиқәгәыӷла, абзиара ула» (Аԥсал. 37:3, АдҾ).
a Шәахәаԥш аброшиура «Творения свидетельствуют о живом Боге» (bw539), адаҟьақәа 17—20.