Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 февраль ад. 31—ад. 32, абз. 3
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иегова аԥышәарақәа ҳанрықәшәо дҳацхраауеит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иҳацхраауазеи аԥышәарақәа раан агәырӷьара ахьчара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иегова имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахачҳара инагӡаны иааԥшааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 февраль ад. 31—ад. 32, абз. 3

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

1 Коринфаа рахь 10:13 аҿы иануп: «Анцәа ианакәзаалакь иԥсҭыхгоу ԥышәара шәахижьзом». Иаанагома уи Иегова иаҳхаҳгартә иҟоу аԥышәарақәа заа идыруеит, насгьы убри инақәыршәаны иарбан ԥышәарақәоу урҭ рҟынтә иаҩжьтәу иӡбоит ҳәа?

Аҭак ааи акәызҭгьы, иаанагар алшози уи ҳара ҳзы? Иашьак иԥа иҽишьит. Иара изцәырҵит азҵаара: «Идыруазма Иегова заа сыԥҳәыси сареи ҳԥа иԥсра ахгара шҳалшо? Убри зегь зыҟалаз Анцәа уи ахгара ҳалшоит ҳәа ахьиӡбаз азы аума?» Иаҳҳәар ҳалшома Иегова иарбан ԥышәарақәоу ҳзықәшәо заа иӡбоит ҳәа?

1 Коринфаа рахь 10:13 иану Павел иажәақәа инарҵауланы аҭҵаара алкаа аҟаҵара иҳацхраауеит: Абиблиаҿы ианӡам Иегова иаҳхаҳгартә иҟоу аԥышәарақәа заа идыруеит, насгьы убри инақәыршәаны иарбан ԥышәарақәоу урҭ рҟынтә иаҩжьтәу иӡбоит ҳәа. Еилҳаргап уи аҩыза алкаа ҟаҳҵар зҳалшо узырбо ԥшь-мзызк.

Актәи, Иегова ауаа алхра ахақәиҭра риҭеит. Иара иҭахуп ҳара ҳхала ҳаԥсҭазааратә мҩа алаҳхларц (Ҩынтә. [Втор.] 30:19, 20; Иис. Н. [Иис. Н.] 24:15). Ҳара ииашоу алхра ҟаҳҵозар, Иегова ҳшьаҿақәа ахырхарҭа шриҭо агәра ҳгар ҳалшоит (Ажәам. [Прит.] 16:9). Ииашам амҩа алаҳхыр, уи алҵшәа бааԥсқәа ҳзаанагоит (Гал. 6:7). Иегова ҳзықәшәо аԥышәарақәа ихаҭа иӡбозар, иҳамоума усҟан алхра ахақәиҭра?

Аҩбатәи, Иегова Абиблиаҿы «аамҭеи амашәыри» ҳәа зыӡбахә ҳәоу ҳарцәихьчаӡом (Еккл. [Эккл.] 9:11). Ҳара ианаамҭам, насгьы иахьахәҭам аҭыԥ аҿы ҳҟалар, амашәыр ҳақәшәар ҟалоит (зны-зынла уи алҵшәа бааԥсқәа аанагаргьы алшоит). Иисус Силоамтәи абаа анкаҳа 18-ҩык иҭахаз рыӡбахә даналацәажәоз, уи иҟалаз Анцәа игәаԥхара шакәмыз деилиркааит (Лука 13:1—5). Ииашоума нас ахәыцра, амашәыр ҳақәшәаанӡа Анцәа ҳҭахоу-ҳҭамхоу заа иӡбоит ҳәа?

Ахԥатәи, ҳара зегьы аимактә зҵаара ҳалахәуп. Аҩсҭаа агәра ҳиргарц иҭахуп Иегова имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа раан изиашаны изаанхом ҳәа (Иов [Иов] 1:9—11; 2:4; Аат. 12:10). Иегова аԥышәарақәа ҳарцәихьчозҭгьы, Аҩсҭаа диашазшәа алҵуан.

Аԥшьбатәи, Иегова аԥхьаҟа ҳзықәшәараны иҟоу абаразы имоу алшара еснагь ихы иаирхәом. Иарбан ԥышәарақәоу ҳзықәшәо заа аӡбаразы, Анцәа ҳԥеиԥш иазкны зегь идыруазар ауп. Аха уи аҩыза агәаанагара Абиблиа иаҿагылоит. Ҳәарада, Анцәа ҳаԥхьаҟа иҟало ибар илшоит (Ис. [Ис.] 46:10). Аха Абиблиа ишаҳәо ала, уи иара еснагь иҟаиҵом (Аҟаз. [Быт.] 18:20, 21; 22:12). Иара иҳамоу алхра ахақәиҭра пату ақәиҵоит. Ус дыҟазар акәӡами ҳхақәиҭра ахә зшьо Анцәа? Иара еснагь диашоуп, насгьы абзиабара ааирԥшуеит (Ҩынтә. [Втор.] 32:4; 2 Кор. 3:17).

Ишԥеилкаатәу нас Павел иажәақәа: «Иԥсҭыхгоу ԥышәара шәахижьзом»? Араҟа Павел иҳәоит Анцәа аԥышәарақәа ҳрықәшәаанӡа акәымкәа, ҳанрықәшәалак шакәу ацхыраара анҳаиҭо. Арҭ ажәақәа агәра ҳдыргоит ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, Иегова ацхыраара шҳаиҭо, иара ҳиқәгәыӷуазар (Аԥсал. 55:22 [54:23, АдҾ]). Павел ииҳәаз ажәақәа ҩ-ҵабыргк шьаҭас ирымоуп.

Актәи аҵабырг: ҳара ҳазхысуа аԥышәарақәа «ауаҩытәыҩса иԥсыҽрақәа рахьтә иаауа роуп». Ари адунеи аҿы агәаҟрақәеи ауадаҩрақәеи узрыцәцом. Аха ҳара Анцәа ҳаниқәгәыӷуа, урҭ рыхгара ҳалшоит (1 Пиотр 5:8, 9). 1 Коринфаа рахь 10:6—11 аҿы Павел израильаа ацәҳәыраҿы изықәшәоз аԥышәарақәа рыӡбахә иҩуан. Анцәа иахь азиашара аазырԥшуаз ауаа рзы урҭ аԥышәарақәа узхымгартә еиԥш иҟамызт. Павел ишиҳәо ала, израильаа шьоукы азымӡырҩра аадырԥшит. Илахьеиқәҵагоуп, аха дара ииашам агәазыҳәарақәа рыҽрырҭо иалагеит, избанзар Анцәа иқәгәыӷра иаҟәыҵит.

Аҩбатәи аҵабырг: «Анцәа диашоуп». Анцәа ижәлар дышрызныҟәоз иаанарԥшуеит «иара бзиа дызбо, насгьы иԥҟарақәа назыгӡо» рахь азиашара зныԥшуа абзиабара шааирԥшуа (Ҩынтә. [Втор.] 7:9). Уи адагьы, Анцәа ижәлар рҭоурых Иегова еснагь иқәыргәыӷрақәа шынаигӡо аанарԥшуеит (Иис. Н. [Иис. Н.] 23:14). Анцәа бзиа дызбо, насгьы изыӡырҩуа зегьы убри рхамыршҭуа, аԥышәарақәа ианрықәшәо агәра ргалар рылшоит 1 Коринфаа рахь 10:13 аҿы иану Иегова иқәыргәыӷра шынаигӡо: 1) иара иалиршаӡом имаҵзуҩцәа аԥышәарақәа рызхымго аҟынӡа аҭагылазаашьа анагара; 2) иара аԥсеивгарақәа ҳаиҭоит.

Иегова «гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит»

Ишԥариҭо Иегова иқәгәыӷуа аԥсеивгара аԥышәарақәа раан? Ҳәарада, иара аԥышәарақәа ҳарцәыхьчара илшоит. Аха ишәгәалашәыршәа Павел иҩуаз: «Уи, иара абри аамҭазы, урҭ ауадаҩрақәа злашәхыжәгаша аԥсеивгарақәа шәиҭоит». Убри аҟынтә Иегова аԥышәара ҳхаҳгарц азы иаҭаху зегь ҳадгаланы аԥсеивгара ҳаиҭоит. Ҳахәаԥшып Иегова дҳацхраарц азы ихы иаирхәо знеишьақәак.

  • Иара «гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит» (2 Кор. 1:3, 4). Ҳгәы змырҭынчуа ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи анҳазцәырҵуа, Иегова ҳгәы ирҭынчырц азы Иажәеи, иԥшьоу адоуҳаи, насгьы игәрагоу, иҟәыӷоу атәы ила иҳауа адоуҳатә фатәи ихы иаирхәоит (Матф. 24:45; Иоанн 14:16; Рим. 15:4).

  • Иара иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала напхгара ҳаиҭоит (Иоанн 14:26). Аԥышәарақәа ҳанрықәшәо, иԥшьоу адоуҳа абиблиатә жәеинраалақәеи апринципқәеи ҳгәаланаршәоит, урҭ ииашаны ҳхы шымҩаԥаҳгаша ҳдырбоит.

  • Дҳацхраарц азы амаалықьцәа ҳзааишьҭуеит (Аур. 1:14).

  • Иара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ажәалеи услеи ҳгәы дырӷәӷәарц ргәазҭеиҵоит (Кәал. 4:11).

Абасала, 1 Коринфаа рахь 10:13 аҿы иану Павел иажәақәа иҳаилдыркааит Иегова заа ишимыӡбо ҳзықәшәо аԥышәарақәа рҟынтә иаҩжьтәу. Аԥышәарақәа ҳанрықәшәо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит: аҵыхәтәанынӡа Иегова ҳиқәгәыӷуазар, иҳазхымго ак ҳақәшәартә шалимыршо, насгьы уи ҳхаҳгарц азы аԥсеивгарагьы шҳаиҭо. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи уи ҳара!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра