Ари адунеи ахәаԥшышьа мап ацәышәкла
«Шәгәышәҽаныз... уаҩԥсҵасла, дгьылтәла ишьаҭарку шьоук рымц шәаҿамшәаразы, тәыс шәҟанамҵаразы» (КӘАЛ. 2:8).
1. Иарбан лабжьароу апостол Павел Кәалас инхоз ақьырсианцәа ириҭаз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
АПОСТОЛ Павел Рим абахҭа данҭакыз 60—61 шықәсқәа ҳ. ҳ. раҟара шыҟаз Кәалас инхоз ақьырсианцәа асаламшәҟәы рзиҩит. Уа иара далацәажәеит адоуҳатә ҟәыӷара аизырҳара шхадоу (Кәал. 1:9). Анаҩс Павел иазгәеиҭеит: «Сара абри атәы зшәасҳәо даҽаӡәы иажәа гьангьашқәа шәыдмырҩашьаразы ауп,— шәгәышәҽаныз, сашьцәа, Христос идоуҳала акәымкәа, уаҩԥсҵасла, дгьылтәла ишьаҭарку шьоук рымц шәаҿамшәаразы, тәыс шәҟанамҵаразы» (Кәал. 2:4, 8). Анаҩс Павел иазгәеиҭеит ари адунеи еиуеиԥшым ахәаԥшышьақәа шиашам, насгьы урҭ угәаԥхартә изыҟоу деилиркааит. Иаҳҳәап, Павел иҳәеит ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьа змоу ауаа егьырҭ раҵкыс иҟәышушәа, ма еиӷьушәа рхы рыԥхьаӡалар шрылшо. Кәаласаа рахь ирхаз асаламшәҟәы аишьцәа ирыцхраар акәын ари адунеи иатәу ахәаԥшышьеи аусқәеи мап рыцәкра (Кәал. 2:16, 17, 23).
2. Избан ари адунеи аҿы ирымоу ахәаԥшышьа еилаҳкаар зҳахәҭоу?
2 Ари адунеи иамоу ахәаԥшышьақәа Анцәа ипринципқәа ладырҟәуеит, мамзаргьы урҭ зынӡаск ирызхьаԥшӡом. Ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьа ҳаур, хәыҷы-хәыҷла ҳагәрахаҵара ҳцәыӡуеит. Ишәарҭоу ари анырра ҳзацәцом. Ари адунеи ахәаԥшышьа анырра ҳнаҭоит ателедырраҭарақәеи аинтернети рыла, ашколи аусуреи рҿы. Ҳазхысуа астатиаҿы ҳара еилҳаргоит урҭ ахәаԥшышьақәа ҳахшыҩ рҟьашьыртә алҳмыршар шҳалшо. Ҳара ҳалацәажәоит ари адунеи аҿы ирыларҵәоу ахәаԥшышьақәа хәба, насгьы ҳахцәажәоит урҭ ахәаԥшышьақәа рнырра ҳҽацәаҳахьчалар шҳалшо.
ДХАҲҴАЛАРОУМА АНЦӘА?
3. Иарбан хәаԥшышьоу ирымоу аӡәырҩы ауаа, насгьы избан?
3 «Ауаҩра улазар ауеит, Анцәа дхаумҵозаргьы». Тәылақәак рҿы ауаа лассы-лассы ирҳәоит Анцәа дхарҵом ҳәа. Иҟалап дара ахаан рхы азышьҭны Анцәа дыҟоу дыҟаму иазымхәыцхьазар, аха урҭ ахақәиҭра ахьрымоу ргәаԥхоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 9:25 [10:4, АдҾ].) Даҽа шьоукы рхатә ҟәыӷара иақәгәыӷны ирҳәоит: «Анцәа дхаумҵозаргьы, ииашаны ухы мҩаԥугалар ауеит».
4. Иаҳҳәар ҳалшозеи Ҳазшаз дыҟам ҳәа зҳәо ауаҩы?
4 Ииашоума Ҳазшаз дыҟам ҳәа аҳәара? Ауаа аԥсҭазаара шыҟалаз еилыркаарц азы аҵарауаа ирҳәо ианазхәыцуа, зыгәра угартә иҟоу аҭак аԥшаара еиҳагьы ирцәыцәгьахоит. Аха аҭак даара имариоуп. Аҩны аргылаҩ дамамкәа, ахала ишзыҟамло еиԥш, аԥсҭазаарагьы ахала изыҟаломызт. Даара имарианы еиҿкаау ахацқәагьы реиҿартәышьа иарбанызаалак аҩны аҵкыс иуадаҩуп, избан акәзар урҭ ҩныкгьы иазыҟамҵо рылшоит,— дара иреиԥшу иҿыцу ахацқәа рхала рырҿиара. Ус анакәха, ахацқәа уи азы иаҭаху аинформациа рымазар, насгьы ихырҩылаалар рылшоит. Изхәыцда уи зегьы? Абиблиаҿы иаҳәоит: «Иарбан ҩнызаалакь ахатә ргылаҩ дамоуп, аха Анцәа зегьы рыргылаҩ-рышьақәыргылаҩ иакәны дыҟоуп» (Аур. 3:4).
5. Дзызхәыцыр ахәҭоузеи Анцәа ицхыраарада ацәгьеи абзиеи реҩдыраара илшоит ҳәа згәы иаанаго ауаҩы?
5 Иаҳҳәар ҳалшозеи Анцәа ицхыраарада ацәгьеи абзиеи реҩдыраара алшоит ҳәа иҟоу агәаанагара иазкны? Анцәа Иажәа иаҳәоит Анцәа дхазымҵо ауаагьы ииашоу апринципқәа ирықәныҟәалар шрылшо (Рим. 2:14, 15). Иаҳҳәап, дара рҭаацәа бзиа ирбоит, насгьы ҳаҭыр рықәырҵоит. Аха ауаҩы Ҳазшаз ацәгьеи абзиеи реилыргара имоу азин мап ацәикуазар, ииашам алхра ҟаиҵар илшоит (Ис. 33:22). Аӡәырҩы иҟәышу ауаа ақәшаҳаҭуп иахьа адгьыл аҿы еицәахо аҭагылазаашьа ҵабыргык шышьақәнарӷәӷәо: ауаа Анцәа ицхыраарада изынхом. (Уаԥхьа Иеремиа 10:23.) Убри аҟынтә ахаангьы ҳақәымгәыӷлароуп Анцәа ицхыраареи ипринципқәеи рыда ацәгьеи абзиеи реҩдыраара ҳалшоит ҳәа (Аԥсал. 145:3 [146:3, АдҾ]).
ИАҲҬАХУМА ҲАРА АДИНХАҴАРА?
6. Ишԥазыҟоу аӡәырҩы ауаа адинхаҵара?
6 «Адинхаҵара уаламзаргьы, анасыԥ умазар ауеит». Иахьа ауаа лассы-лассы убас ргәы иаанагоит, избанзар адин аамҭа гагоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Иара убас имаҷымкәа адинхаҵарақәа џьаҳаным иазку аҵарақәа рыладырҵәоит, ауаа аԥара рымырхуеит, насгьы еиуеиԥшым аполитикцәа рыдгылара ргәазҭарҵоит. Уи иахҟьаны еиҳа-еиҳа ирацәаны ауаа адин иаламзаргьы инасыԥзар рылшоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Дара ирҳәалар рылшоит: «Сара Анцәа иахь аинтерес сымоуп, аха адин алалара сҭахӡам».
7. Ишԥарнаҭо ауаа анасыԥ ииашаҵәҟьоу адинхаҵара?
7 Иалшома анасыԥ аиура динхаҵарада? Ааи, ауаҩы днасыԥзар илшоит амцдинхаҵара ада. Аха ауаҩы ииашаҵәҟьоу анасыԥ иоуам «насыԥшара змоу Анцәа» Иегова дизааигәамзар (1 Тим. 1:11). Анцәа иҟаиҵо зегь егьырҭ ахәарҭа рзаанагоит. Имаҵзуҩцәа анасыԥ рымоуп, избан акәзар дара егьырҭ изларыцхрааша ауп рхы ззырышьҭуа (Аус. 20:35). Шәазхәыц, аҭаацәара Иегова имаҵ руазар, анасыԥ роур шрылшо. Хаҵеи-ԥҳәыси ирҵоит бзиа аибабашьа, пату аиқәҵашьа, аибагаратә ҿаҭахьа анагӡара шаҟа ихадоу аилкаара, рхатә ҩыза изиашаны аанхара, насгьы ахәыҷқәа рааӡашьа. Иегова ижәлар имаҵ ахьыруа абзоурала акзаара рымоуп, убри аҟынтә адунеи ахьынӡанаӡааӡо аизарақәа рҿы аҭынчреи абзиабареи ыҟоуп. (Уаԥхьа Исаиа 65:13, 14.)
8. Ишԥаҳацхраауеи Матфеи 5:3 азҵаара «Иҳазҭозеи анасыԥ?» аҭак аҟаҵара?
8 Илшома ауаҩы ииашаҵәҟьаны днасыԥзар Анцәа имаҵ имуазар? Иҳазҭар алшозеи анасыԥ? Шьоукы рыԥсҭазаара ҵакыс иамоу акариера, аспорт ма ахобби ауп. Даҽа шьоук рзы — аҭаацәареи аҩызцәеи роуп. Ҳәарада, уи зегьы ҳаԥсҭазаара еиҳа анасыԥ анаҭоит, аха ауаҩы еиҳа зыхә ҳараку, ииашаҵәҟьоу анасыԥ изҭо ахықәкы имазароуп. Аԥстәқәа реиԥш акәымкәа, ҳара Ҳазшаз ҳаиҩызахар, насгьы зиашарыла имаҵ ҳаулар ҳалшоит. Уи ииашәаҵәҟьоу анасыԥ ҳнаҭоит, избанзар ҳара ус ҳшоуп. (Уаԥхьа Матфеи 5:3.) Иаҳҳәап, Иегова имҵахырхәаразы ҳанеизо, уи агәырӷьара ҳзаанагоит, ҳгәы шьҭнахуеит (Аԥсал. 132:1 [133:1, АдҾ]). Ҳара даара ҳаигәырӷьоит акзаара аазырԥшуа аиашьареи, зеиԥшыҟам агәыӷреи, ҳаԥсҭазаараҿы ахықәк бзиеи ахьҳамоу.
ИАҲҬАХУМА ҲАРА АГӘАԤХАШӘАТӘ НОРМАҚӘА?
9. а) Иарбан хәаԥшышьоу ацәеижьтә еизааигәахара аганахь ала аӡәырҩы ауаа ирымоу? б) Избан Анцәа Иажәа аҭаацәара узцалам цәеижьла изааигәахара изақәыӡбо?
9 «Иамоузеи цәгьарас цәеижьла аизааигәахара аҭаацәара уалалаанӡа?» Ауаа ирҳәоит: «Аԥсҭазаара агәахәара узаанагалароуп. Избан нас аҭаацәара узцалам цәеижьла изааигәахара зиашам?» Аха ақьырсианцәа асексуалтә гәаԥхашәадара цәгьарас ак аҵам ҳәа иазымнеилароуп. Избан? Избанзар Анцәа Иажәа уи иақәыӡбоитa. (Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 4:3—8.) Иегова ҳара ҳзы азакәанқәа раԥҵара азин имоуп, избанзар уи Ҳазшаз иоуп. Анцәа ахаҵеи аԥҳәыси цәеижьла еизааигәахарц азин риҭеит, урҭ аҭаацәара еицалазар. Уи аҭаацәалазаара шьаҭас иамоу апринцип ауп. Анцәа изакәанқәа абзиабара рыҵоуп, насгьы урҭ ҳрықәныҟәозар, уи ахәарҭа ҳзаанагоит. Урҭ азакәанқәа иахьрықәныҟәо иабзоураны, аҭаацәараҿы абзиабареи, апатуқәҵареи, ашәарҭадареи ыҟоуп. Анцәа изакәанқәа идырны еилазго ахьирхәуеит (Аур. 13:4).
10. Ицхраауазеи ақьырсиан асексуалтә гәаԥхашәадара аҽацәыхьчара?
10 Анцәа Иажәа, Абиблиа, иаҳнарҵоит асексуалтә гәаԥхашәадара аҽацәыхьчара шҳалшо. Уи азы ҳалаԥш ахьҳархо ҳацклаԥшлароуп. Иисус иҳәеит: «Згәы хыҭ-хыҭуа аԥҳәыс илыхәаԥшуа дарбанзаалакь, гәыла-ԥсыла уи лҿы дкалҭшьҭаныҟәеит ҳәа. Уарӷьа бла уарҩашьауазар, иҭжәаны, иуҟәганы икажь». (Матф. 5:28, 29). Убри аҟынтә ақьырсианцәа апорнографиеи иҽеим ажәақәа злоу амузыкеи рҽырцәырыхьчалароуп. Апостол Павел иҩуан «иҭашәырха, ишәшьы шәыдгьылтә цәаҩақәа» акалҭбааԥсра аганахь ала ҳәа (Кәал. 3:5). Уи инеиҳангьы, ҳара ҳхәыцрақәеи ҳажәақәеи ҳрыцклаԥшлароуп (Еф. 5:3—5).
АКАРИЕРА — ИАԤСОУ ХЫҚӘКУМА?
11. Избан шьоукы акариера иаԥсоу хықәкуп ҳәа зырыԥхьаӡо?
11 «Акариера бзиа анасыԥ шәнаҭоит». Имаҷҩымкәа ауаа акариера анхара изаԥсоу ак акәны ирыԥхьаӡоит, избанзар уи ауаҩы ахьӡ-аԥшеи, амчреи, амали инаҭоит. Аӡәырҩы рыԥсҭазаара ҵакыс иамоу акариера ауп ҳәа рыԥхьаӡоит, убри аҟынтә ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьа ақьырсианцәагьы ирылаҵәар алшоит.
12. Иалшаҵәҟьома акариера бзиа анасыԥ ҳнаҭар?
12 Иаҳҳәап, аӡәы акариера бзиа ҟаиҵеит, насгьы ҳаҭыр зқәу уаҩ иакәны дҟалеит. Иаҳҳәар ҳалшома иара ииашаҵәҟьаны насыԥ имоуп ҳәа? Мап. Ишәгәалашәыршәа Аҩсҭаа ихьыз. Иаргьы амчра дазгәышьуан, насгьы зегьы дырдыруазарц иҭахын. Имоума иара уажәы анасыԥ? Мап, иара ԥсахеибакрала дҭәуп (Матф. 4:8, 9; Аат. 12:12). Уажәшьҭа шәазхәыц шаҟа шәгәырӷьо егьырҭ Анцәа иеилкаара шәанрыцхраауа, насгьы ҳзықәиргәыӷуа аԥеиԥш зеиԥшрахо анырзеиҭашәҳәо. Иарбанзаалак акариера ари аҩыза анасыԥ ҳнаҭар алшаӡом. Уи адагьы, ари адунеи аҿы ауаа акариера бзиа рымазарц азы егьырҭ ирацлабуеит, насгьы уи иахҟьаны иаарласны зыԥсахы еибакуа егьырҭ хьаас изкым уааны иҟалоит. Аха уи зегь «аԥша ашьҭалара» иаҩызоуп (Еккл. 4:4).
13. а) Ҳашԥазыҟоу ҳара ҳусура? б) Иҟазҵазеи Павел иԥсҭазаара насыԥла иҭәны, фессалоникаа рахь ирхаз актәи асаламшәҟәы инақәыршәаны?
13 Ҳәарада, ҳара ҳхы зланыҟәаҳго ак ҳамазароуп. Насгьы ҳусура ҳгәаԥхозар, уи цәгьарас акгьы аҵам. Аха аусура ҳаԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ амамзароуп. Иисус иҳәеит: «Ҩыџьа аҳцәа рымаҵ аура аӡәгьы илшом: уи аҩыза ԥеиԥшс измоу иаҳцәа руаӡә дицәымӷуп, егьи еиҳа бзиа дибоит; аӡәы изы хыс-хысра игирхом, егьи дицәаашьоит. Анцәагьы амазарагьы узеицбом» (Матф. 6:24). Ҳара Иегова имаҵзуреи егьырҭ Анцәа Иажәа деилыркаареи ҳхы аназаҳашьҭуа, акгьы иузадымкыло агәырӷьара ҳауеит. Убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа иман апостол Павел. Дқьырсианхаанӡа иара адин иадҳәалаз акариера ҟаиҵар иҭахын. Аха Павел ииашаҵәҟьаны анасыԥ иоуит, егьырҭ Анцәа Иажәа дырҵара даналага, насгьы уи рыԥсҭазаара шаԥсахуаз аниба. (Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 2:13, 19, 20.) Ҳаԥсҭазаараҿы уи аасҭа агәахәара ҳзаазго даҽак ыҟам.
Егьырҭ Анцәа иеилкаара ҳанрыцхраауа, ииашаҵәҟьоу анасыԥ ҳауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)
ИРЫЛШОМА АУААТӘЫҨСА РЫУАДАҨРАҚӘА РЫӠБАРА?
14. Избан аӡәырҩы агәра зырго ауаа рхала адунеизегьтәи ауадаҩрақәа рзыӡбоит ҳәа?
14 «Ауаа рхала адунеизегьтәи ауадаҩрақәа рзыӡбоит». Аӡәырҩы ауаа ус еиԥш иҟоу агәаанагара ргәаԥхоит, избанзар ус иҟазҭгьы, дара Анцәа инапхгарада инхалар, насгьы ирҭаху зегь ҟарҵалар рылшон. Иара убас ари агәаанагара иашоушәа угәы иаанагар алшоит, избанзар, ҭҵаарақәак ишырҳәо ала адунеи аҿы аибашьрақәеи, ацәгьареи, ачымазарақәеи, аӷарреи еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Статиак аҿы иазгәаҭан: «Аҭагылазаашьа еиӷьхоит, избанзар ауаа адунеи еиӷьыртәырц рыӡбеит». Ус анакәха иаҳҳәар ҳалшома ашәышықәсақәа рышьҭахь ауаатәыҩса ауадаҩрақәа шыӡбатәу еилыркааит ҳәа? Шәааи уи еилаҳкаарц азы, арҭ ауадаҩрақәа инарҭбааны еилҳаргап.
15. Избан иаҳҳәар зҳалшо адунеи аҿы ауадаҩрақәа ӷәӷәоуп ҳәа?
15 Аибашьрақәа. Актәи, насгьы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьрақәа раан 60 миллионҩык раҟара ауаа ҭахеит. Аха уи ашьҭахьгьы аибашьрақәа нымҵәеит. 2015 шықәсанӡа аибашьрақәеи ашьҭашәарыцарақәеи ирыхҟьаны 65 миллионҩык ауаа рыҩны аанырмыжьыр ада ԥсыхәа рмоуит. 2015 шықәса мацаразы урҭ рхыԥхьаӡара 12,4 миллионҩык рҟынӡа инеит. Ацәгьара. Иҟоуп атәылақәа ацәгьоурақәа еиҳа иахьмаҷхаз. Аха убри аамҭазы егьырҭ ацәгьоурақәа, иаҳҳәап, атерроризм, аҭаацәара аҩныҵҟа ақәымчра, компиутерла ацәгьаҟаҵара, акоррупциа, еиҳагьы ирацәахеит. Ауаа ацәгьоура аанкылара рылшом. Ачымазарақәа. Чымазарақәак рыхәышәтәышьа рҵеит. Аха 2013 шықәсазы иаагаз аҳасабырба инақәыршәаны агәхьааи, адаблеи, акьыбеи, аԥсыԥ алага-ҩагарала ииасуа ачымазарақәеи, ашьақарчымазареи ирыхҟьаны есышықәса иԥсуеит 9 миллионҩык ауаа 60 шықәса рхыҵаанӡа. Аӷарра. Адунеизегьтәи абанк излаҳәо ала Африка мацараҿы зынӡаск иӷарны инхо рхыԥхьаӡара 1990 шықәса инаркны 2012 шықәсанӡа еизҳаит 280 миллионҩык рҟынтә 330 миллионҩык рҟынӡа.
16. а) Избан Анцәа Иаҳра мацара закәу ауадаҩрақәа зегь рыӡбара зылшо? б) Иаҳәозеи Исаиа ишәҟәы, насгьы Аԥсалом 71 (72, АдҾ) Анцәа Иаҳра аҵаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо аганахь ала?
16 Иахьа аекономикеи аполитикеи иахагыло ауаа мыцхәы ахбзиабара рылоуп. Убри аҟынтә иџьашьатәым ауаа аибашьрақәеи, ацәгьоурақәеи, ачымазарақәеи, аӷарреи раанкылара ахьрылымшо. Уи зегь аанкылара зылшо Анцәа Иаҳра мацара ауп. Шәхаҿы иаажәг Иегова шәара шәзы иҟаиҵо. Аибашьрақәа. Анцәа Иаҳра аибашьрақәа цәырызго амзызқәа зегь ықәнахуеит — мыцхәы ахбзиабара, акоррупциа, амилаҭеилыхра, амцдинхаҵара, иара убас Аҩсҭаагьы (Аԥсал. 45:9, 10 [46:8, 9, АдҾ]). Ацәгьоура. Анцәа Иаҳра миллионҩыла ауаа иднарҵеит ауаа рахь абзиабареи апатуқәҵареи шаарԥшлатәу. Адгьыл аҿы иҟоу аиҳабырақәа уи рзыҟаҵом (Ис. 11:9). Ачымазарақәа. Иегова имаҵзуҩцәа инаӡоу агәабзиара риҭоит (Ис. 35:5, 6). Аӷарра. Иегова аӷарра ықәигоит, насгьы ауаа инасыԥу аԥсҭазаара рымазарц азы зегь риҭоит, аха еиҳа ихадоу, Анцәеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа рымазаауеит, уи иарбанзаалак амал аҵкыс ахә амоуп (Аԥсал. 71:12, 13 [72:12, 13, АдҾ]).
АҬАК ШЫҞАҴАТӘУ ЖӘДЫРУАЗ
17. Иҳацхраауазеи ари адунеи ахәаԥшышьақәа рнырра мап ацәкра?
17 Ари адунеи аҿы ирымоу хәаԥшышьак шәара зыгәра жәго ишақәымшәо жәбозар, уи иазкны Анцәа Иажәаҿы иаҳәо инҭкааны иҭышәҵаа, насгьы доуҳала ишәу ақьырсианцәа шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аԥшаара ишәыцхраарц шәрыҳәа. Шәазхәыц избан ари адунеи аҿы иҟоу хәаԥшышьак зышәгәаԥхаз, избан уи ахәаԥшышьа зиашам, насгьы уи мап ацәышәкыр шшәылшо. Ҳара ари адунеи иамоу ахәаԥшышьақәа ҳҽырцәаҳахьчоит Павел кәаласаа ирзишьҭыз асаламшәҟәы иану алабжьара ҳхы иаҳархәалар: «Адәныҟатәқәа шәанрацәажәо аамҭазы аҟәыӷара аашәырԥшла... доусы аҭак шишәҭаша дырны ацәажәаразы» (Кәал. 4:5, 6).
a Иоанн 7:53—8:11 иазхьаԥшны шьоукы ирҳәоит зхатә ҩыза дзыԥсахыз иқәыӡбара зылшо агәнаҳа змам ауаҩ иоуп ҳәа. Аха уи ацыԥҵәаха Абиблиа аоригинал ианымызт. Уи адагьы, Анцәа израильаа ириҭаз азакәан аҿы иҳәан: «Ахаҵа аҭаацәара иалоу аԥҳәыс длыцышьҭалазар, урҭ рҩыџьагьы шьтәуп» (Ҩынтә. 22:22).