АҴАРАЗЫ АСТАТИА 37
Гәыкала Иегова шәизыӡырҩла
«Шәазхәыц... жәҩан иҟоу Ҳаб заҟа иҳәатәы ҳацныҟәаша» (АУР. 12:9).
АШӘА 9 Иегова Ҳаҳ иоуп!
АХҲӘААa
1. Избан Иегова ҳаизыӡырҩлар зҳахәҭоу?
ҲАРА Иегова ҳаизыӡырҩлароуп, избанзар иара Ҳазшаз иоуп. Иара ишамҭақәа рзы аԥҟарақәа рышьақәыргылара азин имоуп (Аат. 4:11). Аха Иегова изыӡырҩразы ҳара ихадоу даҽа мзызкгьы ҳамоуп — иара иҳаиҭо анапхгара зегьы иреиӷьуп. Аҭоурых аҩныҵҟа иҟан напхгара зуаз ауаа, аха аҟәыӷареи, абзиабареи, агәрыцҳашьареи аарԥшраҿы урҭ Иегова иузиҿырԥшуам. Иара иеиԥш абарҭ аҟазшьақәа аазырԥшуа анапхгаҩы дыҟам (Ақәҵ. 34:6; Рим. 11:33; 1 Иоанн 4:8).
2. Избан Иегова иҳәатәы ҳацныҟәалар зҳахәҭоу, Ауриацәа рахь 12:9—11 иану инақәыршәаны?
2 Иегова иҭахуп игәы иаҳмырхьырц азы мацара акәымкәа, бзиа дахьаҳбо азгьы ҳаизыӡырҩларц, избанзар иара Ҳаб иоуп, насгьы бзиа ҳаибоит. Павел ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иҳәеит Анцәа иҳәатәы ацныҟәара шҳахәҭоу, избанзар иара «ҳиааӡоит иҳахәаша, иаҳԥылаша рыла». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 12:9—11.)
3. а) Ишԥаҳалшо Иегова ҳшизыӡырҩуа аарԥшра? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
3 Ишԥаҳалшо Иегова ҳшизыӡырҩуа аарԥшра? Ҳара иахьынӡаҳалшо иҳәатәы ҳахымԥалароуп, насгьы ацәгьеи абзиеи закәу ҳхазы ҳхала иҳаӡбаларц азы иҳамоу агәаҳәара ҳаҿагылалароуп (Ажәам. 3:5). Иегова иҟазшьақәа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа, изыӡырҩра ҳзымариахоит. Избан? Избанзар зеиԥшыҟам урҭ аҟазшьақәа иусқәа зегьы ирныԥшуеит (Аԥсал. 145:9). Иегова деилаҳкаацыԥхьаӡа, еиҳагьы бзиа даҳбалоит. Иегова бзиа данаҳбо, иҟаҳҵалашеи ҳҽызцәаҳахьчалашеи ҳазҳәо ирацәаны аԥҟарақәа ҳҭаххаӡом. Ҳара иаҳҭахуп ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи Иегова игәаԥхаларц, насгьы игәамԥхо ҳҽацәаҳахьчаларц (Аԥсал. 97:10). Аха зны-зынла Иегова изыӡырҩра мариамхар ауеит. Избан? Насгьы иднарҵар алшозеи аизара аиҳабацәа анапхгаҩы Неемиа иҿырԥштәы, абацәа — аҳ Давид иҿырԥштәы, анацәа — Иисус иан Мариа лҿырԥштәы? Ари астатиа абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟанаҵоит.
ИЗБАН ИЕГОВА ИЗЫӠЫРҨРА ЗНЫ-ЗЫНЛА ИЗЫМАРИАМ?
4, 5. Избан Иегова изыӡырҩра зны-зынла изымариам, Римаа рахь 7:21—23 иану инақәыршәаны?
4 Избан Иегова изыӡырҩра зны-зынла изымариам? Актәи, избанзар ҳара зегьы агәнаҳа ҳҭынхеит. Убри аҟынтә Анцәа изыӡырҩра анаҳҭахым ыҟоуп. Адами Евеи ззин рымамыз ашәыр анырфа, насгьы Анцәа ианиҿагыла, ацәгьеи абзиеи закәу рхала аӡбара иалагеит (Аҟаз. 3:22). Иахьагьы ауаа реиҳараҩык Анцәа хьаас дрымаӡам, насгьы Адами Евеи реиԥш ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбаларц рҭахуп.
5 Ҳара Иегова дшаҳдыруагьы, бзиа дшаҳбогьы, зны-зынла игәаԥхо аҟаҵара ҳзымариам. Апостол Павелгьы уи аницәыцәгьаз ыҟан. (Шәаԥхьа Римаа рахь 7:21—23.) Павел иеиԥш, ҳаргьы иаҳҭахуп Иегова игәы иахәо аҟаҵара. Убри аҟынтә ииашам агәаҳәарақәа еснагь ҳарҿагылалар ауп.
6, 7. Избан еиҭа Иегова изыӡырҩра ҳцәыцәгьахар залшо? Иаажәга аҿырԥштәы.
6 Аҩбатәи, ҳара иахьҳазҳаз аҭыԥ аҿы инхо ауаа ирымоу аҵасқәеи рхәыцшьеи анырра ҳарҭоит. Аӡәырҩы ауаа иҳарҳәо Иегова иҳаиҳәо иаҿагылоит. Урҭ рхәыцшьа рҿаҳамҵаарц азы еснагь агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп, насгьы ҳхы аус адаҳулалароуп. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык.
7 Тәылақәак рҿы аҿар рыԥсҭазаара аԥара арҳара иазыркырц ргәазҭарҵоит. Мариаb зыхьӡу аиаҳәшьа убри аҩыза дақәшәеит. Иегова дылдыраанӡа лара лтәылаҿы зегь иреиӷьыз ауниверситет дҭан. Лҭаацәа еснагь иларҳәон аԥара бзианы иахьылзыршәало ҭыԥ дук аҿы аусура далагар ауп ҳәа. Ларгьы уи цәгьа илбомызт. Аха Иегова иӡбахә анлаҳа, насгьы бзиа данылба лхықәкқәа лыԥсахит. Ус шакәызгьы лара илҳәоит: «Зны-зынла сара ирацәаны аԥара арҳаразы алшарақәа соуеит, аха еилыскаауеит уи Иегова имаҵ аура исԥырхагахар шалшо. Сҭаацәа исыларааӡаз иахҟьаны уажәгьы мап аҳәара сцәыцәгьоуп. Убри аҟынтә Иегова сиҳәоит имаҵ аура исԥырхагахо аусура мап ацәкра дсыцхраарц азы» (Матф. 6:24).
8. Еилҳаргозеи уажәы?
8 Иегова изыӡырҩра ахәарҭа ҳзаанагоит. Аха амчра зду рзы, иаҳҳәап, аизара аиҳабацәеи, абацәеи, анацәеи Анцәа изыӡырҩларц азы даҽа мзызкгьы ыҟоуп — дара егьырҭ ирыцхраалароуп. Шәааи Абиблиаҿы иаагоу ҿырԥштәқәак еилҳаргап. Урҭ иаҳдырбоит иҳамоу амчра Иегова ишиҭаху еиԥш ҳхы иаҳархәалар шҳалшо.
НЕЕМИА ИҾЫРԤШТӘЫ АИЗАРА АИҲАБАЦӘА ИДНАРҴО
Аизара аиҳабы Аҳратә зал аҿы ацхыраара ҟаиҵоит, Неемиа ажәлар дрыдгыланы Иерусалим аҭӡамцқәа шьеиҭашьақәиргылоз еиԥш (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—11.)c
9. Иарбан уадаҩрақәоу Неемиа дзықәшәаз?
9 Иегова аизара аиҳабацәа ижәлар реиҷаҳара рыдиҵеит, уи ихадоу ҭакԥхықәроуп (1 Пиотр 5:2). Неемиа Иегова ижәлар дышрызныҟәоз аизара аиҳабацәа иднарҵар алшо рацәоуп. Неемиа Иуда напхгаҩыс данамаз, амчра ду иман (Неем. 1:11; 2:7, 8; 5:14). Ҳрызхәыцып иара дзықәшәаз уадаҩрақәак. Иара ибеит ажәлар ауахәама ииашамкәа рхы ишадырхәоз, убасала Иегова имҵахырхәара ахә шырымшьоз, насгьы Азакәан ишрыднаҵоз еиԥш алевитцәа ԥарала ишырмыцхраауаз. Дара асабша иазкыз азакәан еиларгон, атәым милаҭқәа рҟынтә аҳәса аазгақәазгьы ыҟан. Неемиа арҭ ауадаҩра ӷәӷәақәа иӡбар акәын (Неем. 13:4—30).
10. Дышԥарзыҟаз Неемиа Анцәа ижәлар?
10 Неемиа имаз амчра ауаа ииҭаху дирҟаҵаларц азы ихы иаирхәомызт. Иара Иегова ацхырааразы гәык-ԥсыкала диҳәон, насгьы ауаа Анцәа Иажәа ианыз дирҵон (Неем. 1:4—10; 13:1—3). Иара убас Неемиа ажәлар дрывагыланы аус иуан, Иерусалим аҭӡамцқәа реиҭашьақәыргыларагьы дрыцхраауан (Неем. 4:15).
11. Ишԥарызныҟәалар акәзеи аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, 1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8 иану инақәыршәаны?
11 Иҟалап аизара аиҳабацәа Неемиа дзықәшәаз ауадаҩрақәа рҩызцәа ирықәымшәаргьы, аха зегь акоуп, урҭ Неемиа излаиҿыԥшша рацәоуп. Иаҳҳәап, дара рашьцәеи раҳәшьцәеи ирыцхрааларц азы рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбоит. Иара убас аҭакԥхықәра ахьрыду азы зегь раасҭа ҳаиӷьуп ҳәа ихәыцӡом. Уи аҭыԥан, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хаала ирызныҟәоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8.) Урҭ ражәақәа абзиабареи ахынраалареи рныԥшуеит. Абар акыршықәса аизара аиҳабыс амаҵ зуа Ендриу ииҳәо: «Сара игәасҭеит аизара аиҳабацәа ақьиареи ахаареи анаадырԥшуа, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи уи ргәы шарԥхо, насгьы аизара аиҳабацәа рывагылареи рыцхраареи ргәы шазҭанаҵо». Тони зыхьӡу аиашьагьы аизара аиҳабыс амаҵ иуеижьҭеи акыр ҵуеит. Абар уи ииҳәо: «Сара сҽазысшәоит Филиппаа рахь 2:3 иану алабжьара ахархәара, насгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи сара саасҭа ишеиӷьу схасыршҭӡом. Уи сыцхраауеит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рзы аԥҟарақәа рышьақәмыргылара».
12. Изхадоузеи аизара аиҳабацәа рзы ахынраалара аарԥшра?
12 Аизара аиҳабацәа ахынраалара аарԥшраҿы Иегова иҿыԥшлароуп. Иара адунеи аҿы зегь иреиҳау Анапхгаҩ шиакәугьы, арыцҳа асаба далигарц азы ихы лаирҟәуеит (Аԥсал. 18:35; 113:6, 7). Иара убас Абиблиа иҳанаҳәоит Иегова иԥагьоу ауаа шицәымӷу (Ажәам. 16:5).
13. Избан аизара аиҳабы иажәақәа дрыцклаԥшлар зихәҭоу?
13 Аизара аиҳабы Иегова иҳәатәы дазыӡырҩларц азы иажәақәа дрыцклаԥшлароуп. Ус ҟаимҵалар, пату иқәзымҵо ихжәаны драцәажәар ауеит (Иак. 1:26; Гал. 5:14, 15). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Ендриу иҳәоит: «Иҟан аамҭақәа аизара аиҳаб иеиԥш пату сықәзымҵоз ирџьбараны рацәажәара анысҭаххоз. Аха сара сазхәыцуан Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа изиашаз ахацәа рҿырԥшы. Уи сыцхрааит ахынраалареи аҟәымшәышәреи раарԥшра шаҟа ихадоу аилкаара». Аизара аиҳабацәа Иегова иҳәатәы ишазыӡырҩуа аадырԥшуеит аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵ рыцызуа егьырҭ аизара аиҳабацәеи бзиабарала, насгьы ҳаҭырбарала ианрызныҟәо (Кәал. 4:6).
ИДНАРҴОЗЕИ АБАЦӘА АҲ ДАВИД ИҾЫРԤШТӘЫ?
14. Иарбан ҭыԥу Иегова абацәа ирзалихыз аҭаацәараҿы, насгьы дыззыԥшузеи дара рҟынтә?
14 Иегова абацәа аҭаацәара иахаиргылеит. Иара иҭахуп дара рхәыҷқәа рааӡаларц, ирыбжьаларц (1 Кор. 11:3; Еф. 6:4). Аха урҭ рымчра аҳәаақәа амоуп, избанзар рҭаацәара ишрызныҟәо азы аҭаацәара аԥызҵаз Иегова иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит (Еф. 3:14, 15, АдҾ). Абацәа Анцәа иҳәатәы шхарҵо аадырԥшуеит, ириҭаз амчра иара ишиҭаху еиԥш рхы ианадырхәо. Уи аганахь ала Давид иҿырԥшы иднарҵо рацәоуп.
Аб Анцәа даниҳәо, иажәақәа ахынраалара рныԥшуазар ауп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)d
15. Избан аҳ Давид иҿырԥшы абацәа рзы изырҵагоу?
15 Давид иҭаацәара мацара ракәӡамызт дызхагылаз, Иегова уи израильтәи ажәларгьы дырхаиргылеит. Аҳ иеиԥш Давид амчра ду иман. Зны-зынла Давид имаз амчра ииашамкәа ихы иаирхәон, убри аҟынтә агха ӷәӷәақәа ҟаиҵеит (2 Сам. 11:14, 15). Аха иара Иегова иҟынтә абжьгареи ахьырхәреи идикылеит, убри ала Иегова иҳәатәы дшазыӡырҩуаз ааирԥшит. Иара игәы иҵхоз зегь Иегова изеиҭеиҳәеит. Уи адагьы, Иегова илабжьара ақәныҟәара иҽазишәеит (Аԥсал. 51:1—4). Давид ахынраалара илан. Убри аҟынтә ахацәа рҟынтә адагьы, аҳәса рҟынтәгьы алабжьарақәа идикылон (1 Сам. 19:11, 12; 25:32, 33). Давид игхақәа идырҵаз рацәоуп, иара Иегова имаҵзура иԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иргылеит.
16. Иднарҵар алшозеи абацәа Давид иҿырԥшы?
16 Иднарҵар алшозеи абацәа Давид иҿырԥшы? Иегова ишәиҭаз амчра цәгьашақә шәхы иашәмырхәалан. Шәыгхақәа шәымӡалан, насгьы егьырҭ ишәырҭо Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа шәыдышәкылала. Ус ҟашәҵалар, шәҭаацәара пату шәықәырҵалоит ахынраалара ахьаашәырԥшуа азы. Шәҭацәара шәрыдтәаланы Анцәа шәаниҳәо, шәгәы иҵхо зегьы иашәҳәала, ирбааит шәҭаацәа Иегова ицхыраареи инапхгареи шаҟа шәрызгәаҟуа. Уи адагьы, Иегова имаҵ аура шәыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылала (Ҩынтә. 6:6—9). Шәхатә ҿырԥшы шәҭаацәа рзы зегь иреиӷьу ҳамҭоуп.
ИДНАРҴОЗЕИ АНАЦӘА МАРИА ЛҾЫРԤШТӘЫ?
17. Иарбан рольу Иегова анацәа ирзалихыз?
17 Иегова анацәа ихадоу ароль рзалихит, насгьы ахәыҷқәа рҿаԥхьа амчра риҭеит (Ажәам. 6:20). Ан илҳәо, насгьы иҟалҵо ахәыҷы иԥсҭазаара зегьы ианырыр алшоит (Ажәам. 22:6). Шәааи ҳахәаԥшып Мариа лҿырԥштәы анацәа иднарҵо.
18, 19. Иднарҵозеи анацәа Мариа лҿырԥштәы?
18 Мариа Иԥшьоу Аҩыра ибзианы илдыруан. Лара Иегова ҳаҭыр иқәылҵон, иареи лареи реиҩызара даара иӷәӷәан. Лара дазхиан Иегова иҳәатәы анагӡара, уи лыԥсҭазаара шьаҭанкыла ишаԥсахуазгьы (Лука 1:35—38, 46—55).
Ан дааԥсаны, мамзаргьы лгәы ԥжәаны даныҟоу, лҭаацәараҿы абзиабара аалырԥшларц азы еиҳагьы лхы аус адылулалароуп (Шәахәаԥш абзац 19.)e
19 Анацәа, шәара Мариа илҿышәҵаар шәылшо рацәоуп. Актәи, Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәарц азы шәхатә ҭҵаара мҩаԥыжәгала, насгьы Анцәа иҳәаразы аамҭа шәыԥшаала. Иегова дшәыргәырӷьаларц азы иаҭаху аԥсахрақәа рыҟаҵара шәазхиаз. Иҟалап шәҭаацәа ирласны рыԥсахы еибакуазҭгьы, насгьы ачҳара аарԥшра рцәыцәгьазҭгьы. Убри аҟынтә ахәыҷқәа убас рааӡара цәгьарак аҵам ҳәа ахәыцра шәашьцылазар ауеит. Уажәшьҭа шәара Иегова игәаанагара жәдыруеит, аха уеизгьы шәхәыҷқәа рахь ачҳара аарԥшра шәцәыцәгьазар ауеит, еиҳарак шәааԥсаны шәаныҟоу ишәзымӡырҩуазар (Еф. 4:31). Убасҟан ауп еиҳарак ианыхадоу ацхырааразы Иегова иҳәара. Лидиа зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Зны-зынла сԥа данысзымӡырҩуа сара сӷьаҵәыӷьаҵәуа Иегова сиҳәоит аԥсахеибакра аанкылара дсыцхраарц азы. Ак аҳәара салагахьазаргьы, сыҽныскылоит, насгьы гәаныла Анцәа иҳәара салагоит. Анцәа саниҳәалак ашьҭахь аҭынчра соуеит» (Аԥсал. 37:5).
20. Иарбан уадаҩроу анацәа шьоукы зықәшәо, насгьы ишԥарылшо уи аиааира?
20 Анацәа шьоукы рхәыҷқәа рахь абзиабара аарԥшра рцәыцәгьоуп (Тит 2:3, 4). Иҟалап рҭаацәа дара рахь абзиабара аадмырԥшуазҭгьы. Шәара ус шәрааӡазаргьы, шәҭаацәа рыгха ҟашәымҵан. Иегова иҳәатәы назыгӡо ан лхәыҷқәа рахь абзиабара аарԥшышьа лҵар лылшоит. Иҟалап лара илцәыцәгьазар лхәыцшьеи, лцәаныррақәеи, лхымҩаԥгашьеи рыԥсахра. Аха уеизгьы уи аҟаҵара лылшоит. Усҟан лҭаацәараҿы зегьы, ларгьы дналаҵаны, еиҳа анасыԥ роуеит.
АНАҨСГЬЫ ИЕГОВА ИҲӘАТӘЫ НАШӘЫГӠАЛА
21, 22. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова изыӡырҩра, Исаиа 65:13, 14 иану инақәыршәаны?
21 Аҳ Давид идыруан Иегова изыӡырҩра хәарҭас иузаанаго. Иара иҳәеит: «Анцәа иҳадиҵо иашоуп, ҳгәы ҭнаргәырӷьаауеит. Анцәа иуасиаҭ лашоуп, ҳаблақәа хнатуеит. Уара умаҵуҩгьы уи ала дыхьчоуп, урҭ аԥҟарақәа рықәныҟәара ҳамҭа ҳаракуп» (Аԥсал. 18:9, 12, АԤ). Иахьа ҳара еилыкка иаҳбоит Иегова иҳәатәы иазыӡырҩуа ирыԥсҭазаашьоу, насгьы илабжьара мап ацәызкуа ирыԥсҭазаашьоу. Иегова иҳәатәы иазыӡырҩуа ргәырӷьабжь гоит, избанзар ргәы гәырӷьарыла иҭәуп. (Шәахьа Исаиа 65:13, 14.)
22 Аизара аиҳабацәеи, абацәеи, анацәеи Иегова иҳәатәы ианазыӡырҩуа рыԥсҭазаара еиҳа еиӷьхоит, рҭаацәарақәа еиҳа насыԥ роуеит, насгьы аизарақәа еиҳа иӷәӷәахоит. Аха зегь раасҭа ихадоу, дара Иегова ддыргәырӷьоит (Ажәам. 27:11). Иҟоума уи аасҭа еиӷьу даҽакы?
АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит
a Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова иҳәатәы хаҳҵалар зҳахәҭоу. Иара убас еилаҳкаауеит аизара аиҳабацәеи, абацәеи, анацәеи Иегова ириҭаз амчра рхы иадырхәалар шрыхәҭоу. Дара анапхгаҩы Неемиеи, аҳ Давиди, Иисус иан Мариеи ирҿырҵаар рылшо рацәоуп.
b Ари астатиаҿы хьыӡқәак ԥсахуп.
c АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: аизара аиҳабы иԥа диваргыланы Аҳратә зал аҿы ацхыраара ҟаиҵоит, Неемиа ажәлар дрыдгыланы Иерусалим аҭӡамцқәа шеиҭашьақәиргылоз еиԥш.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аб иҭаацәа дрыдтәаланы гәыкала Анцәа диҳәоит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аҷкәын авидеохәмарра аамҭа рацәаны иақәирӡит, арахь иҵатәқәа ҟаимҵаӡац. Иан дааԥсаха аусура аҟынтә дааит, аха ачҳара аарԥшны, хаала диацәажәоит.