АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» иамоу ихәарҭоу ҷыдарақәак
Иугәаԥхома ашәҟәы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ала Абиблиа аҵара амҩаԥгара? Иугәаԥхома авидеонҵамҭақәа, ауаҩы игәаанагара уеилзыркаауа азҵаарақәа, иара убас арамкақәа «Шьоукы ирҳәоит», «Ахықәкқәа», насгьы «Иҵегь шәахәаԥш» реилыргара? Иарбан ари ашәҟәы иҵегьы иамоу ҷыдарақәоу Абиблиа аҵара амҩаԥгараҿы иуцхраар алшо? (Матф. 28:19, 20).
Аурокқәа рҿы иаагоу аматериалқәа. Икьыԥхьны иҟоу ашәҟәы ухы иаурхәозар, ишԥаулшо аурокқәа рҿы иаагоу авидеонҵамҭақәеи егьырҭ аматериалқәеи рыԥшаара? Аелектронтә хархәагаҿы уи ашәҟәы аарты, ԥшь-ҟәшак рҟынтә иуҭаху аҟәша алх, анаҩс ҵаҟа улбаа, нас иалх уи аҟәшазы иҟоу «Аурокқәа рҿы иаагоу аматериалқәа». (Уахәаԥш асахьа 1.)
Афункциа «Изображение». Абиблиа аҵара аелектронтә шәҟәы ала имҩаԥугозар, иҟалап, афункциа «изображение» ухы иаурхәалар уҭаххар. Усҟан аматериал зегь убалоит, насгьы апунктқәа зегьы аурок атема ишадҳәалоу аилкаара узымариахоит. Уи афункциа уԥшаарц азы иуҭаху аурок аарты, анаҩс хыхь, арӷьараҿы х-кәаԥк урықәыӷәӷәа, анаҩс иалх «Изображение». Уаанӡа ишыҟаз иҟоуҵарц азы дырҩегь х-кәаԥк урықәыӷәӷәа, анаҩс иалх «Текст» (мамзаргьы ҵаҟа, арӷьараҿы иаагоу адәыкрынԥштәы змоу адырга гьежь уақәыӷәӷәа).
«Сыхиоума сара?». 4-тәи аҟәша анҵәамҭаҿы иаагоу арҭ ҩ-рамкак рҿы жәабжьҳәаҩны аҟалара, насгьы зыҽӡаазхыр зҭаху рзы аҭахрақәа аагоуп. (Уахәаԥш асахьа 2.)
Ацҵақәа. Ацҵақәа рҿы иаагоуп ихадоу азҵаарақәа уеилзыркаауа инарҭбааны иҟоу аматериал. Аелектронтә шәҟәаҿы ацҵақәа зегьы рынҵәамҭақәа рҿы азхьарԥш аагоуп. Уи азхьарԥш аурок аҿы уахьаангылаз аҭыԥ ахь ахынҳәра иуцхраауеит. (Уахәаԥш асахьа 2.)
Ауаҩы «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» далгаанӡа иҽӡааихзаргьы, уеизгьы аурокқәа зегьы шәырхысроуп. Уара аамҭеи, аиҭанеирақәеи, Абиблиа аҵареи ҭауҩлар улшоит, Абиблиа зурҵо иҽзааиххьазаргьы. Абиблиа аҵарахьы ааԥхьара зуҭаз, ахцәажәара зҽалазырхәуа ажәабжьҳәаҩгьы аамҭа ҭаиҩлар илшоит.