АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» ҳхы иаҳархәар шҳалшо
Ашәҟәқәа «Чему нас учит Библия?», иара убас «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» даара еиԥшуп. Аҵаразы иҟоу арҭ ашәҟәқәа рҿы еиԥшу абиблиатә ҵабыргқәа рыӡбахә ануп, насгьы реишьҭагылашьа еиԥшуп. Аха ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» еиҳа имариоу ажәақәа рыла иҩуп, аилкаарагьы еиҳа имариоуп. Ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» аилкаара зцәыцәгьоу ауаа рзы иҩуп. Ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» аҵыхәтәаны иҟоуп ацҵа, уа атекст аҿы иуԥыло атерминқәа рҵакы ирмарианы еилыргоуп. Ахқәа рылагамҭаҿы азҵаарақәеи аиҭахысразы арамкақәеи аагаӡам. Урҭ рҭыԥан ахқәа зегьы рынҵәамҭаҿы атекст аҟны зыӡбахә ҳәаз абиблиатә ҵабыргқәа рҵакы иааркьаҿны иануп. Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» еиԥш, «Чему нас учит Библия?» амаҵзураҿы алшара анҳамоу еснагь ауаа ирыдаҳгалалар ҳалшоит, амза аҩныҵҟа ирылаҳарҵәо алитература иаҵанамкуазаргьы. Ҳхы иаҳархәалар шԥаҳалшо ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» иамоу аҷыдарақәа абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго?
«В ЭТОЙ ГЛАВЕ». Ишдыру еиԥш, ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа» ала абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳго, раԥхьа абзац ҳаԥхьоит, анаҩс азҵаара ықәҳаргылоит. Аха, иаҳҳәап, Абиблиа зҵо абызшәа ибзианы издыруам, мамзаргьы цқьа дзаԥхьом. Усҟан ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» ала абиблиатә ҵара мҩаԥыжәгалар шәылшоит. Арамка «В этой главе» мацара шәазааҭгыланы шәахцәажәар шәылшоит, ахаҿы иаагоу атекст Абиблиа зшәырҵо ихала даԥхьарц игәазҭаҵаны. Ишаԥу еиԥш, библиатә ҵабыргк 15-ҟа минуҭ рыла еилургар улшоит. Ари арамкаҿы атекст аҟны иану азхәыцрақәа зегьы аагам аҟынтә, абиблиатә ҵара мҩаԥызго ибзианы иҽазыҟаиҵалар, насгьы аматериал Абиблиа зирҵо иҭахрақәа ирықәиршәалар ауп. Аха абиблиатә ҵара абзацқәа шәрыԥхьо имҩаԥыжәгозар, ари арамка аиҭахысразы шәхы иашәырхәар ауеит.
АЦҴА. Ашәҟәы «Чему нас учит Библия?» аҿы иҟоу ацҵаҿы атерминқәа реишьҭагылашьа ашәҟәаҿы иаагоу аишьҭагылашьа иақәшәоит. Абиблиатә ҵара мҩаԥызго ихала иӡбоит ацҵаҿы иану азхәыцрақәа абиблиатә ҵара аан иалацәажәатәу-иалацәажәатәыму.