АҴАРАЗЫ АСТАТИА 10
Ишԥарылшо аизараҿы зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар?
«Ацәеижь ахәҭақәа зегьы еиҿкааны аус аныруа ацәеижь еизҳа-зыӷьоит» (ЕФ. 4:16, АдҾ).
АШӘА 85 Гәыкала шәеиԥылала
АХҲӘААa
1, 2. Ицхраауада ауаҩы доуҳала аизҳара?
ФИЏЬИ инхо Еми илҳәоит: «Сара Абиблиа аҵараан еилыскаауаз зегь сгәаԥхон. Уи шҵабыргыз здыруан. Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыҿцәажәара саналага ауп сыԥсҭазаашьа анысыԥсах, насгьы сҽанӡаасх». Еми лажәақәа ихадоу ак ҳаилдыркаауеит: ауаҩы доуҳала деизҳарц, насгьы иҽӡааихырц азы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара иҭахуп.
2 Ҳара зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы аҵабырг адкылара ҳицхраар ҳалшоит (Еф. 4:16). Вануату инхо пионерс амаҵ зуа Леилани илҳәоит: «„Напеилаԥса уаҩ дааӡоит“ рҳәоит. Убас еиԥшҵәҟьа Абиблиа зҵо ауаҩы аизара зегь дааӡоит». Ахәыҷы дзааӡо иҭаацәа рымацара ракәӡам. Аҭынхацәагьы, аҭаацәа рҩызцәагьы, арҵаҩцәагьы ахәыҷы иааӡараҿы рыхәҭа аларҵоит. Дара ахәыҷы игәы ҟарҵоит, илабжьоит, аҵара идырҵоит. Убас еиԥшҵәҟьа ҳара зегь иҳалшоит Абиблиа зҵо ауаҩы алабжьара иҭара, игәы ашьҭыхра, насгьы аҿырԥш бзиа ирбара. Уи иара доуҳала аизҳара ицхраауеит, аҽӡаахрагьы игәазҭанаҵоит (Ажәам. 15:22).
3. Иаҳнарҵозеи Аннеи, Леилании, Дорини ирҳәо?
3 Избан аӡәы Абиблиа изырҵо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхыраара зиҭаху? Молдова иҷыдоу пионерс амаҵ зуа Анна илҳәоит: «Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала деизҳарц азы ацхыраара ду иҭатәуп. Абиблиа изырҵо имацара уи имч ақәхом». Уи атәылаҿы иҷыдоу пионерс амаҵ зуа Дорингьы иҳәоит: «Лассы-лассы аишьцәеи аиҳәшьцәеи сара схаҿгьы имааиуаз, Абиблиа зҵо ауаҩы игәаҵанӡа инеиуа ак рҳәоит». Леилани иацылҵоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Абиблиа зҵо ауаҩ иахь иаадырԥшуа абзиабара Иегова ижәлар шҳакәҵәҟьоу агәра инаргоит» (Иоанн 13:35).
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Аха шәара шәхаҭа абиблиатә ҵара мҩаԥыжәымгозар шәҵаауазар ҟалоит: «Сызлаицхраарызеи Абиблиа зҵо ауаҩы?» Шәааи еилҳаргап аӡәы абиблиатә ҵарахьы ҳанааиԥхьо уи ҳҽазыҟаҳҵар шҳалшо, насгьы Абиблиа зҵо ауаҩы аизарақәа рахь аныҟәара даналаго ҳицхраарц азы иҟаҳҵалар ҳалшо. Иара убас ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит аизара аиҳабацәа Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳареи аҽӡаахреи ицхраар шрылшо.
АБИБЛИАТӘ ҴАРАХЬЫ ШӘАНААРЫԤХЬО
Абиблиатә ҵарахьы ианшәызҿырҭуа шәызхысран иҟоу аматериал ибзианы шәҽазыҟаҵа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—7.)
5. Хықәкыс иҳамазар акәзеи абиблиатә ҵарахьы ҳанаарыԥхьо?
5 Ауаҩы Абиблиа иану аилкаара ицхрааша зегь раԥхьа иргыланы Абиблиа изырҵо иоуп. Ҳара абиблиатә ҵарахьы ҳанаарыԥхьо хықәкыс иҳамоу абиблиатә ҵара мҩаԥызго ицхраара ауп (Еккл. 4:9, 10). Аха иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳацхырааҩ бзиазарц азы?
6. Ишԥашәылшо Ажәамаанақәа 20:18 иану апринцип шәхы иашәырхәар, аӡәы абиблиатә ҵарахьы шәанааиԥхьо?
6 Абиблиатә ҵара шәҽазыҟашәҵа. Абиблиатә ҵарахьы шәаазыԥхьаз ауаҩы изкны маҷк шәзеиҭеиҳәарц шәиҳәа. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 20:18.) Шәара шәҵаар ҟалоит: «Иззымҩаԥаҳгода абиблиатә ҵара? Иарбан темоу ҳазхысуа? Иарбан ихадоу зхәыцрақәоу ауаҩы еилуркаарц иуҭаху? Сызлацәажәар сылшозеи абиблиатә ҵараан? Иҟоума иҳәатәым акы? Сицхраар шԥасылшо ауаҩы доуҳала аизҳара?» Ҳәарада, иара ауаҩы изку имаӡоу аинформациа шәеиҳәаӡом. Аха ишәеиҳәо абиблиатә ҵара аҽазыҟаҵара ишәыцхраауеит. Миссионерс амаҵ зуа Џьои аишьцәеи аиҳәшьцәеи абиблиатә ҵарахьы ианаалыԥхьо арҭ азҵаарақәа дрылацәажәоит. Лара илҳәоит: «Уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи Абиблиа зҵо ауаҩ иахь аинтерес аарԥшра ирыцхраауеит, ирҳәашагь иақәнаршәоит».
7. Избан абиблиатә ҵарахьы шәанаарыԥхьо уи шәҽазыҟашәҵалар зшәыхәҭоу?
7 Абиблиатә ҵарахьы шәанаарыԥхьо уи шәҽазыҟашәҵала (Езд. 7:10). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Дорин иҳәоит: «Сара даара сгәы иахәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи абиблиатә ҵара рҽаназыҟарҵо. Избанзар усҟан еиҳа еиӷьны исыцхраауеит». Уи адагьы, абиблиатә ҵара шәҽаназыҟашәҵо Абиблиа зҵо ауаҩы аҿырԥш бзиа ишәырбоит. Иара ибоит Абиблиа изырҵогьы шәаргьы аматериал ибзианы ишыжәдыруа. Ибзианы аҽазыҟаҵаразы аамҭа шәымамзаргьы, ма ихадоу азхәыцрақәа алшәкаарц азы аамҭа алшәх.
8. Иҟашәҵар шәылшозеи шәынцәаиҳәара ауаҩы игәаҵанӡа инеирц азы?
8 Ауаҩы Абиблиа аниҳарҵо Анцәа иҳәара даара ихадоуп. Абиблиа аҵараҟны Анцәа шәиҳәарц ишәыҳәар ҟалоит. Убри аҟынтә ишәҳәо заа шәазхәыц. Усҟан шәынцәаиҳәара ауаҩы игәаҵанӡа инеиуеит (Аԥсал. 141:2). Иапониа инхо Ханае уажәгьы илгәалашәоит Абиблиа лзырҵоз аиаҳәшьа зны-зынла илыцнеиуаз аиаҳәшьа Анцәа дышиҳәоз. Лара илҳәоит: «Уи аиаҳәшьа Анцәа даниҳәоз Иеговеи лареи реиҩызара шаҟа иӷәӷәаз збон. Убри аҟынтә лара слеиԥшхарц сҭахын. Сыхьӡ ҳәаны сара сзы Анцәа даниҳәоз еилыскаауан бзиа сшылбоз».
9. Ишԥашәыцхраауеи Иаков 1:19 иану апринцип абиблиатә ҵара мҩаԥызго изы ҩыза бзианы аҟалара?
9 Абиблиатә ҵара мҩаԥызго шәицхраала. Нигериа иҷыдоу пионерс амаҵ зуа иаҳәшьак илҳәоит: «Аҩыза бзиа абиблиатә ҵараан зҿлымҳарала дӡырҩуеит. Ацхыраара ануҭаху дуцхраауеит. Аха мыцхәы дцәажәаӡом, избанзар еиликаауеит абиблиатә ҵара мҩаԥызго иара шиакәым». Аха ишԥеилкаатәу ацәажәара ианаамҭоу? (Ажәам. 25:11). Абиблиатә ҵара мҩаԥызгогьы изҵогьы зҿлымҳарала шәырзыӡырҩла. (Шәаԥхьа Иаков 1:19.) Усҟан иаҭаххар, ацхыраара шәазхиазаауеит. Аха, ҳәарада, шәара амцхә шәцәажәалаӡом, абиблиатә ҵара мҩаԥызго иажәа шәаԥыҩлалаӡом, насгьы даҽа темак алацәажәара шәалагаӡом. Шәара ишәылшоит иааркьаҿны зхәыцрак шәҳәар, ҿырԥштәык аажәгар, мамзаргьы ауаҩы шәызлацәажәо атема аилкаара ицхраауа зҵаарак ишәҭар. Зны-зынла шәара абиблиатә ҵараҿы ишәҳәо шәымамшәа жәбар ауеит. Аха Абиблиа зҵо ауаҩы гәыкала дшәырҽхәозар, насгьы иара иахь аинтерес аашәырԥшуазар доуҳала аизҳара шәицхраауеит.
10. Ицхраар шԥалшо Абиблиа зҵо ауаҩы шәҭоурых?
10 Шәҭоурых рзеиҭашәҳәа. Ауаҩы ихәоит ҳәа шәыԥхьаӡозар, изеиҭашәҳәа аҵабырг шеилышәкааз, шәзықәшәоз ауадаҩрақәа шышәхыжәгаз, насгьы Иегова дышшәыцхраауаз (Аԥсал. 78:4, 7). Уи ауаҩы игәрахаҵара арӷәӷәар, дзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара ицхраар, насгьы аҽӡаахра игәазҭанаҵар ҟалоит (1 Пиотр 5:9). Бразилиа инхо пионерс амаҵ зуа аиашьа игәалашәоит иара Абиблиа аниҵоз ицхрааз. Абар иара ииҳәо: «Аишьцәа исзеиҭарҳәоз абзоурала сара еилыскааит Иегова ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь шибо. Дара урҭ ахьырхыргаз саргьы урҭ схызгар шсылшо агәра снаргеит».
АБИБЛИА ЗҴО АУАҨЫ АИЗАРАХЬ ДАНААИУА
Ҳара зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы аизарақәа рахь аныҟәара игәаҳарԥхар ҳалшоит. (Шәахәаԥш абзац 11.)
11, 12. Избан аизарақәа рахь аныҟәара иалаго ауаа гәыкала ҳарԥылалар зҳахәҭоу?
11 Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала деизҳарц, насгьы аҽӡаахра иҭаххарц азы иааиԥмырҟьаӡакәа аизарақәа рахь дныҟәалароуп (Аур. 10:24, 25). Аха иара раԥхьаӡакәны аизарахь данааилак анаҩсгьы аныҟәара иҭаххарц азы дасу иҟаҳҵар ҳалшо рацәоуп. Шәааи уажәы уи ҳалацәажәап?
12 Гәыкала шәырԥылала (Рим. 15:7). Ауаҩы ҳашиеигәырӷьо ибозар, анаҩсгьы аизарақәа рахь аныҟәара иҭаххар алшоит. Убри аҟынтә ауаҩы раԥхьаӡакәны аизарахь данааиуа дызцәыԥхашьар алшо аҭагылазаашьа ҟамҵаӡакәа аԥсшәа иашәҳәа, насгьы егьырҭ драбашәырдыр. Зҿлымҳарала шәизыӡырҩла, насгьы гәыкала аинтерес аашәырԥшла. Уи ҟазҵаша Абиблиа изырҵо иоуп ҳәа шәымхәыцлан. Иҟалап уи дмааицзар, мамзаргьы аизараҿы усқәак имазар. Инырыр шԥалшо ауаҩы гәыкала ҳахьиԥыло? Абар ааигәа зыҽӡаазхыз, насгьы уажәы маҵзуратә цхырааҩыс амаҵ зуа Дмитри ииҳәо: «Аизарахь раԥхьаӡакәны саннеи иашьак игәеиҭеит Аҳратә зал аҿаԥхьа иҟасҵара сзымдыруа сгәы хыҭ-хыҭуа сышгылаз. Убри аҟынтә иара дааин аҩныҵҟа сыҩнеигалеит. Зегьы аԥсшәа сарҳәон, исабадыруан. Уи даараӡа иџьасшьеит. Абриаҟара иахьсеигәырӷьаз даараӡа исгәаԥхеит. Убри аҟынтә аизарақәа рахь есыҽны сныҟәаларц сҭаххеит. Ари аҩыза ахаангьы исымбаӡацызт».
13. Инырыр шԥалшо ҳхымҩаԥгашьа Абиблиа зҵо ауаҩы?
13 Аҿырԥш бзиа дшәырбала. Ҳхымҩаԥгашьа бзиа ауаҩы аҵабырг шиԥшааз агәра инаргар алшоит (Матф. 5:16). Абар Молдова инхо пионерс амаҵ зуа Витали ииҳәо: «Сара избон Иегова ишаҳаҭцәа шынхоз, рхы шымҩаԥыргоз, ишхәыцуаз. Уи Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа имаҵ шыруҵәҟьо агәра снаргеит».
14. Ицхраар шԥалшо ҳҿырԥшы Абиблиа зҵо ауаҩы?
14 Ауаҩы иҽӡааихырц азы еиликаауа ихы иаирхәалароуп. Уи мариам. Аха иара абиблиатә принципқәа рыла ҳшынхо, насгьы урҭ ахәарҭа ду шаҳзаарго ибозар, иаргьы ус ҟаиҵаларц иҭаххоит (1 Кор. 11:1). Абар хыхь зыӡбахә ҳәаз Ханае илҳәо: «Сара избон аишьцәеи аиҳәшьцәеи абиблиатә принципқәа рхы ишадырхәоз. Дара рҿырԥшы абзоурала сара еилыскааит егьырҭ ргәы шышьҭыхлатәу, рыгхақәа шранажьлатәу, насгьы абзиабара шаарԥшлатәу. Дара ахаан аӡәы изы ацәгьа рҳәомызт. Убри аҟынтә саргьы урҭ среиԥшхарц сҭаххеит».
15. Избан аизарақәа рахь иныҟәо Абиблиа зҵо ауаҩы ҩызас ҳаизыҟалар зыбзиоу, Ажәамаанақәа 27:17 иану инақәыршәаны?
15 Абиблиа зҵо ауаҩы шәиҩызаха. Ауаҩы аизарақәа рахь даннеиуа иара иахь аинтерес аашәырԥшла, насгьы шәиацәажәала (Флп. 2:4). Иԥсҭазаараҿы иҟаиҵаз аԥсахрақәа рзы дшәырҽхәа. Ибиблиатә ҵара шымҩаԥысуа шәиазҵаа. Аҩни аусураҿи иусқәа шыҟоу шәазҵаа, аха дзырԥхашьар алшо азҵаарақәа ишәымҭалан. Иареи шәареи шәахьеицәажәо абзоурала шәеиҩызцәахар ҟалоит. Уи доуҳала аизҳареи аҽӡаахреи ицхраауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:17.) Уажәы пионерс амаҵ зуа Ханае раԥхьаӡа аизарақәа рахь аныҟәара даналага иазкны илҳәоит: «Сара аизараҿы аҩызцәа сыԥшааит. Убри аҟынтә аизарақәа рахь аныҟәара даара исгәаԥхон. Санааԥсозгьы аизарақәа бжьасыжьуамызт. Уи адагьы, уи Иегова бзиа дзымбоз аҩызцәа рааныжьра исыцхрааит. Сара Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи сырзааигәахарц сҭахын, убри аҟынтә сыҽӡаасхырц сыӡбеит».
16. Иҟашәҵар шәылшозеи иҵегьы ауаҩы аизара дшахәҭаку ибарц азы?
16 Доуҳала аизҳара иаҿу ауаҩы аизара дахәҭакны ихы ибарц шәицхраа. Иаҳҳәап, уи сасра даашәыԥхьалар шәылшоит (Аур. 13:2). Молдова инхо Денис иҳәоит: «Сыԥҳәыси сареи Абиблиа анҭаҳҵаауаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи сасра ҳаарыԥхьон. Дара Иегова дышрыцхраауаз еиҭарҳәон. Уи даараӡа ҳгәы шьҭнахуан. Урҭ аицәажәарақәа ҳацхрааит Иегова имаҵ аура шаҳҭаху аилкаара, насгьы аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу агәра ҳдыргеит». Аха ҳицхраар шԥаҳалшо иӡаахым жәабжьҳәаҩыс иҟалаз ауаҩы? Ажәабжьҳәара шәиццала. Бразилиа инхо Диего иҳәоит: «Аишьцәа ажәабжьҳәара срыццарц исызҿырҭуан. Уи абзоурала урҭ еиӷьны срабадырит. Иара убас ажәабжьҳәараан еилыскаауаз рацәан, насгьы Иеговеи Иисуси сырзааигәахон».
АИЗАРА АИҲАБАЦӘА РЫЦХЫРААРА
Аизара аиҳабацәа, шәара Абиблиа зҵо ауаҩ иахь иаашәырԥшуа аинтерес доуҳала аизҳара ицхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Иҟарҵар рылшозеи аизара аиҳабацәа Абиблиа зҵо ирыцхраарц азы?
17 Абиблиа зҵо аамҭа рзалышәхла. Аизара аиҳабацәа, ишәылшома шәара Абиблиа зҵо аизарахь ианнеиуа шәрацәажәалар? Уи доуҳала аизҳара ирыцхраар, насгьы аҽӡаахра ргәазҭанаҵар ҟалоит. Шәҽазышәшәа рыхьӡ агәынкылара, еиҳараӡак дара аизараҿы аҭак аҟаҵара иалагахьазар. Убасала бзиа ишыжәбо дшәырбоит. Ишәылшома шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи абиблиатә ҵарахьы шәрыццар, уи азы шәусқәа ааншәыжьыр акәхаргьы? Абиблиа зҵо ауаа уи рнырыр шалшо шәхаҿгьы ишәзаагом. Нигериа инхо пионерс амаҵ зуа Џьеки илҳәоит: «Абиблиа зсырҵо аӡәырҩы даараӡа иџьаршьоит абиблиатә ҵараан исыцыз аиашьа аизара аиҳабы шиакәыз анеилыркаауа. Урҭ руаӡәк иҳәеит: „Суахәамаҿы иҟоу апап ахаан ари аҩыза ҟаиҵарымызт. Иара дахьцо амал змоу ауаа рахь ауп, избанзар аԥара шизыршәо идыруеит“». Уажәы уи ахаҵа аизарақәа рахь дныҟәоит.
18. Рхы иадырхәалар шԥарылшо аизара аиҳабацәа Аусқәа 20:28 иану апринцип?
18 Абиблиатә ҵара мҩаԥызго аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟазара аиӷьтәра шәрыцхраала, насгьы ргәы шьҭышәхла. Аизара аиҳабацәа, шәара аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵзураҿы рҟазара аиӷьтәреи абиблиатә ҵарақәа еиӷьны рымҩаԥгареи шәрыцхраалароуп. Ҳәарада, уи ҭакԥхықәра дууп. (Шәаԥхьа Аусқәа 20:28.) Шәызцу абиблиатә ҵара амҩаԥгара дыԥхашьозар шәара имҩаԥыжәгар шшәылшо иашәҳәа. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьеки илҳәоит: «Аизара аиҳабацәа есымша абиблиатә ҵара ззымҩаԥызго русқәа шыҟо иазҵаауеит. Абиблиатә ҵара иадҳәалоу уадаҩрак ансызцәырҵуа дара алабжьара бзиақәа сырҭоит». Аизара аиҳабацәа, шәара абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызго аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭышәхларц азы иҟашәҵар шәылшо рацәоуп (1 Фес. 5:11). Џьеки иацылҵоит: «Сара даараӡа сгәы иахәоит аизара аиҳабацәа сандырҽхәо, насгьы сџьабаа ахә ҳаракны ишыршьо ансарҳәо. Уи сымч ҭанаҵоит, насгьы абиблиатә ҵара исзаанаго агәырӷьара еизнарҳауеит» (Ажәам. 25:25).
19. Ҳзыргәырӷьозеи ҳара зегьы?
19 Ишеилаҳкааз еиԥш, абиблиатә ҵара мҩаԥызго ҳара ҳакәымзаргьы, Абиблиа аҵара иаҿу ауаҩы ҳицхраар ҳалшоит. Иаҳҳәап, аӡәы абиблиатә ҵарахьы ҳанааиԥхьо уи ибзианы ҳҽазыҟаҳҵоит, насгьы ҳҩыза ацхыраара аниҭаху ҳажәа мроуцәакәа ҳицхраауеит. Абиблиа аҵара иаҿу ауаҩы аизарахь аныҟәара даналаго уи иҩызахара, насгьы аҿырԥш бзиа ирбара ҳҽазаҳшәоит. Уи адагьы, Абиблиа зҵо ргәы шьҭнахуеит аизара аиҳабацәа аамҭа ахьырзалырхуа. Иара убасгьы аизара аиҳабацәа абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызго рҟазара аиӷьтәра ирыцхраауеит, рыгәгьы шьҭырхуеит. Шаҟа ҳгәы иахәозеи аӡәы жәҩантәи Ҳаб Иегова бзиа ибара, насгьы имаҵ аура далагарц азы ҳаззегь ак ҟаҳҵар ахьҳалшо!
АШӘА 79 Урҭ ахачҳара аарԥшышьа дшәырҵала
a Иҟалап ҳара аӡәгьы абиблиатә ҵара изымҩаԥаҳамгозар. Ус акәзаргьы, Абиблиа аҵара иаҿу ауаа доуҳала аизҳареи аҽӡаахреи ҳрыцхраар ҳалшоит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит уи аҟаҵара иҳацхраауа.