Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 март ад. 20—25
  • Абзиабара ацәымӷра аиааира иҳацхраауеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абзиабара ацәымӷра аиааира иҳацхраауеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ИАХЬ АБЗИАБАРА
  • АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РАХЬ АБЗИАБАРА
  • ҲАӶАЦӘА РАХЬ АБЗИАБАРА
  • «НАСЫԤ ШӘЫМОУП АУАА ШӘАНЫРЦӘЫМӶУ»
  • Абзиабара аизырҳара шәаҟәымҵлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь шәыбзиабара хьшәашәар жәымун
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Шәыбзиабара хьшәашәартә алшәмыршан
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иаҳирҵозеи Иисус бзиа иибоз аҵаҩы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 март ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 12

Абзиабара ацәымӷра аиааира иҳацхраауеит

«Ԥҟараны ишәысҭоит аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабаларазы. Шәара аԥсабара шәацәымыӷхозар, ижәдыруаз, шәара шәаԥхьа Сара сшацәымыӷхахьаз» (ИОАНН 15:17, 18).

АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап

АХҲӘААa

1. Избан ауаа ҳахьырцәымӷу џьаҳамшьалар зҳахәҭоу, Матфеи 24:9 иану инақәыршәаны?

ҲАРА иаҳҭахуп бзиа ҳарбаларц, ҳаргьы егьырҭ бзиа иаҳбаларц. Иегова убас ҳаишеит. Убри аҟынтә аӡәы ҳаицәымӷзар уи ахьаа ҳзаанагоит, ашәарагьы ҳазцәырнагар алшоит. Абар Европа инхо Џьорџьина илҳәо: «14 шықәса анысхыҵуаз Иегова имаҵ зуларц сыӡбеит. Уи азы сан сылцәымыӷхеит. Уи иахҟьаны аӡәгьы сиҭахымшәа, насгьы акгьы саԥсамшәа збо салагеит»b. Данило зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Иегова имаҵ ахьызуаз азы аруаа срыпҟон, сдыршәон, сладырҟәуан. Уи аамҭазы сшәаны сыҟан, акгьы саԥсамшәагьы збон». Ҳәарада, ауаа ҳахьырцәымӷу ҳгәы канажьуеит. Аха ҳара уи џьаҳшьаӡом, избанзар Иисус иҳәахьан ауаа ҳшырцәымыӷхо. (Шәаԥхьа Матфеи 24:9.)

2, 3. Избан ауаа ҳзырцәымӷу?

2 Ари адунеи ҳара ҳацәымӷуп. Избан? Избанзар Иисус иҳәеит иара иеиԥш ҳаргьы уи ҳшахәҭакым (Иоанн 15:17—19). Ҳара аҳәынҭқарцәа пату рықәаҳҵоит, аха дара ҳрымҵахырхәаӡом, аҳәынҭқарратә символқәагьы ҳрымҵахырхәаӡом. Ҳара ҳзызиашоу Иегова заҵәык иоуп. Избанзар еилаҳкаауеит ауаа напхгара рзуразы азин змоу Анцәа заҵәык шиакәу. Аха Аҩсҭаа ихылҵшьҭреи иареи Иегова инапхгара иаҿагылоит (Аҟаз. 3:1—5, 15). Ҳара ауаа ирылаҳҳәоит адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегь зыӡбо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу. Насгьы иаарласны уи иаҿагыло аҳәынҭқаррақәа зегь шықәнахуа (Дан. 2:44; Аат. 19:19—21). Иҟәымшәышәу ауаа рзы уи жәабжь бзиоуп, аха ицәгьоу ауаа рзы — жәабжь цәгьоуп (Аԥсал. 37:10, 11).

3 Ари адунеи анормақәеи Анцәа инормақәеи агеи ашьхеи рыбжьоуп. Ҳара Анцәа инормақәа рыла ҳахьынхо азгьы ари адунеи ҳацәымӷуп. Иахьа ауаа ԥхамшьаӡакәа Анцәа Содоми Гомореи зықәихыз аус хәымгақәа ирҿуп (Иуда 7). Дара Анцәа инормақәа рыла ҳахьынхо азы иаҳхыччоит (1 Пиотр 4:3, 4).

4. Иарбан ҟазшьақәоу иҳацхраауа ауаа иаадырԥшуа ацәымӷра аиааира?

4 Иҳацхраауазеи ауаа ииашамкәа иахьҳазныҟәо, насгьы ҳахьыладырҟәуа ҳамыхәаԥшӡакәа Иегова имаҵ аура? Агәрахаҵара ӷәӷәа. Ҳагәрахаҵара «аҩысҭаа ихҿа цаҳә-цаҳәқәа» зырцәо аԥырак иаҩызоуп (Еф. 6:16). Аха агәрахаҵара мацара азхаӡом. Ҳара абзиабарагь ааҳарԥшлароуп. Избан? Избанзар абзиабара «ԥсахеибакра-гәаара алам... зегьы ахҭнагоит» (1 Кор. 13:4—7, 13). Шәааи уажәы еилҳаргап Иегова иахь, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь, насгьы ҳаӷацәа рахь абзиабара аԥышәарақәа рыхгара ишҳацхраауа.

ИЕГОВА ИАХЬ АБЗИАБАРА

5. Излаицхраазеи Иисус Иаб иахь имаз абзиабара?

5 Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Амала аԥсабара иадыруазааит Саб Сара бзиа дшызбауа, ԥҟарақәас Саб исзаԥиҵазгьы шынасыгӡауа» (Иоанн 14:31). Иисус Иегова иахь имаз абзиабара изыԥшыз ауадаҩрақәа рыхгара ицхрааит. Иегова иахь абзиабара ҳаргьы уи аҟаҵара иҳацхраауеит.

6. Ишԥазыҟоу Иегова ишаҳаҭцәа ари адунеи аҿы иахьрышьҭашәарыцо, Римаа рахь 5:3—5 иану инақәыршәаны?

6 Анцәа иахь абзиабара Иегова имаҵзуҩцәа еснагь аԥышәара ӷәӷәақәа рыхгара ирыцхраауан. Иаҳҳәап, аиудеиаа ирымаз иреиҳаӡаз аусӡбарҭаҿы апостолцәа ажәабжь аҳәара иаҟәыҵырц анрарҳәа дара ирҳәеит: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аус. 5:29; 1 Иоанн 5:3). Убас еиԥшҵәҟьа иахьагьы Анцәа иахь абзиабара ҳашьцәа аԥышәара ӷәӷәақәа рыхгара ирыцхраауеит. Ҳара ҳагәрахаҵаразы иахьҳашьҭашәарыцо иахҟьаны ҳгәы каҳажьӡом. Избанзар уи ҳаҭыр дуны иҳаԥхьаӡоит (Аус. 5:41; шәаԥхьа Римаа рахь 5:3—5).

7. Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу ҳҭаацәараҿы аҿагылара ҳақәшәозар?

7 Ҳаҩнаҭаҿы аҿагылара ҳақәшәозар уи ахгара еиҳагьы иаҳцәыцәгьазар ҟалоит. Иҟалап аҵабырг аилкаара ҳаналага ҳҭынхацәа ауаа ҳаржьаз, ма ҳхы еилагаз џьыршьазар. (Иаҿшәырԥш Марк 3:21.) Дара гәымбылџьбарала иҳазныҟәо иалагаргьы ҟалоит. Аха ҳара уи џьаҳамшьароуп. Избанзар Иисус иҳәеит ауаҩы иҩнаҭа иатәқәоу иаӷацәа реиԥш ишизыҟало (Матф. 10:36). Ҳәарада, ҳҭынхацәа иҽеимкәа иҳазныҟәозаргьы ҳара урҭ ҳаӷацәа реиԥш ҳрыхәаԥшлаӡом. Избанзар Иегова иахь иҳамоу абзиабара еизҳацыԥхьаӡа ауаагьы еиҳа бзиа иаҳбалоит (Матф. 22:37—39). Аха аӡә игәы ҟаҳҵарц азы ҳара Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи еилаҳгаӡом.

Зны-зынла ҳара аԥышәара ӷәӷәақәа ҳрықәшәоит, аха Иегова еснагь дҳавагылоуп. Иара ҳгәы шьҭихуеит, амчқәагьы ҳаиҭоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)

8, 9. Илыцхраазеи Џьорџьина азиашара ахьчара аҿагылара ӷәӷәақәа дышрықәшәозгьы?

8 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Џьорџьина лан аума шылзаалцозгьы, Иегова дизиашан даанхеит. Лара илҳәоит: «Абиблиа аҵара сани сареи ҳаицалагеит, аха шықәсыбжак ашьҭахь аизарақәа рахь аныҟәара салагарц анысҭахха лара дысҿагылеит. Сара еилыскааит лара аҵабырг иацәхьаҵыз дышрацәажәоз. Аҵабырг сгәы ахлыршәарц азы Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны иларҳәоз амцқәа сара исзеиҭалҳәон. Лара слалырҟәуан, сыхцәы дахон, сылхәаҽуан, сышәҟәқәагьы лыршәуан. Ус шакәызгьы, 15 шықәса анысхыҵ аӡы сыҽӡаасхит. Аха лара уи аҿы даанымгылаӡеит. Иегова имаҵ аура саҟәылхырц азы анаркотикқәа здызкылоз, насгьы ацәгьоурақәа ҟазҵоз аӡӷабцәа ахьарҭоз аинтернат салҭеит. Шаҟа ицәгьоузеи бзиа узбаша уан гәакьа абас данузныҟәо».

9 Илыцхраазеи Џьорџьина азиашара ахьчара? Лара илҳәоит: «Сан данысҿагыла аҽны Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара салгеит. Убри аҟынтә аҵабырг шеилыскааз агәра ганы сыҟан, насгьы Иегова дышсывагылаз збон. Иара убас лассы-лассы Анцәа сиҳәон, сыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵозгьы збон. Аинтернат аҿы санынхоз иаҳәшьак Абиблиа еицҭаҳҵааларц азы сасра саалыԥхьон. Уи аамҭазы аишьцәеи аиҳәшьцәеи даара исыцхрааит. Дара ҭаацәарак исзаҩызахеит. Сара сыблақәа рыла избеит иаҳҿагыло зусҭцәазаалакгьы, Иегова урҭ раасҭа акырӡа дшыӷәӷәоу».

10. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?

10 Апостол Павел иҳәеит «Анцәа ибзиабара ҳаҟәызыҭхо мчы-лшара» ыҟам ҳәа (Рим. 8:38, 39). Зны-зынла ҳара аԥышәара ӷәӷәақәа ҳрықәшәоит, аха Иегова еснагь дҳавагылоуп. Иара ҳгәы шьҭихуеит амчгьы ҳаиҭоит. Џьорџьина лҿырԥштәы ишаҳнарбо еиԥш лассы-лассы иара зыхә ҳараку ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла дҳацхраауеит.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РАХЬ АБЗИАБАРА

11. Ишԥарыцхрааи Иисус иҵаҩцәа Иоанн 15:12, 13 аҿы зыӡбахә иҳәаз абзиабара? Иаажәга аҿырԥштәы.

11 Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа бзиа еибабаларц шрыхәҭаз ргәалаиршәеит. (Шәаԥхьа Иоанн 15:12, 13.) Иара идыруан ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара иҵаҩцәа акзаара ахьчареи аԥышәарақәа рыхгареи ишрыцхраауаз. Шәааи уажәы Фессалоника иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәы ҳазхәыцып. Дара аҵабырг шеилыркаазҵәҟьа аԥышәара ӷәӷәақәа ирықәшәеит. Аха уеизгьы азиашара рыхьчеит, насгьы абзиабара аарԥшра аганахьала аҿырԥш бзиа ҳдырбеит (1 Фес. 1:3, 6, 7). Ус шакәызгьы, Павел дара анаҩсгьы еиҳагьы абзиабара аадырԥшларц ргәазҭеиҵеит (1 Фес. 4:9, 10). Избанзар абзиабара згәы каҳан иҟаз ргәы ашьҭыхра, насгьы ацхыраара зҭахыз рыцхраара ргәазҭанаҵалон (1 Фес. 5:14). Фессалоника инхоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Павел илабжьара рыдыркылеит. Иабантәиҳдыруеи уи ҳара? Шықәсык аҟара ашьҭахь ирзиҩыз аҩбатәи асаламшәҟәаҿы иара иҳәеит: «Шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабара [еизҳазыӷьоит]» (2 Фес. 1:3—5). Дара ирыбжьаз абзиабара ауадаҩрақәеи ашьҭашәарыцарақәеи рыхгара ирыцхрааит.

Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу абзиабара ауаа иаадырԥшуа ацәымӷра аиааира иҳацхраауеит. (Шәахәаԥш абзац 12.)c

12. Ишԥаадырԥшуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишеибабоз аибашьра ахьцоз тәылак аҿы?

12 Шәааи хыхь зыӡбахә ҳәаз Данило иԥҳәыси иареи рҿырԥштәы еилҳаргап. Дара рықалақь аҿы аибашьра ианалагагьы аизарақәа рҭаареи ишрылшоз ала ажәабжь аҳәареи иаҟәымҵӡеит. Иара убас дара ирымаз афатә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцеиҩыршон. Аха ҽнак зны рыҩны бџьарла еибыҭаз аруаа неит. Данило иҳәоит: «Дара сыгәрахаҵара мап ацәыскырц сыдырцалон. Уи шыҟасымҵо анрасҳәа сыпҟара иалагеит, насгьы сдыршәарц азы ахысра иалагеит. Ицаанӡа еиҭах ҳаныгьежьуа уԥҳәыс лцәа ԥаҳҽуеит ҳәа исықәмакарит. Аха аишьцәа иаразнак адәыӷба ҳҭартәаны даҽа қалақьк ахь ҳрышьҭит. Урҭ иаадырԥшыз абзиабара ахаангьы исхашҭӡом. Ҳахьнеиз аишьцәеи аиҳәшьцәеи аус ахьаҳаулашеи ҳахьынхалашеи ҳзырыԥшааит, насгьы иаҳфаша ҳарҭеит. Уи абзоурала ҳаргьы аибашьра ахьцоз аҭыԥ аҟынтәи ибналоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳадаҳкылар ҳалшеит». Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа иаҳдырбоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи иҳабжьоу абзиабара аԥышәарақәа рыхгара ишҳацхраауа.

ҲАӶАЦӘА РАХЬ АБЗИАБАРА

13. Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа аԥышәарақәа рыхгара?

13 Иисус иҵаҩцәа раӷацәа бзиа ирбаларц реиҳәеит (Матф. 5:44, 45). Имариоума уи аҟаҵара? Ҳәарада, мап. Аха иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара уи ҳалшоит. Абзиабареи, ачҳареи, ақьиареи, аҟымшәышәреи, аҽынкылареи иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакқәоуп (Гал. 5:22, 23). Урҭ ҳаӷацәа иаадырԥшуа ацәымӷра аиааира иҳацхраауеит. Уаанӡа ҳазцәымӷыз аӡәырҩы Иегова имаҵ зуа рыуацәа ма ргәылацәа арҭ аҟазшьақәа ахьаадырԥшуа абзоурала ргәаанагара рыԥсахит. Иҟоуп иҳашьцәахазгьы, иҳаҳәшьцәахазгьы. Шәара Иегова имаҵ ахьыжәуа азы шәызцәымӷу бзиа рбара шәцәыцәгьазар, Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц шәиҳәала (Лука 11:13). Агәра ганы шәыҟаз Иегова изыӡырҩра еснагь ахәарҭа шышәзаанагало (Ажәам. 3:5—7).

14, 15. Ишԥалыцхрааи Иасмин Римаа рахь 12:17—21 иану алабжьара лхаҵа иахь абзиабара аарԥшра?

14 Шәааи уажәы Мрагылара Ааигәа инхо Иасмин лҿырԥштәы еилҳаргап. Иегова имаҵ аура даналага лхаҵа дыржьаз џьшьаны Иегова имаҵ аура даҟәихырц иақәикит. Уи азы рҭаацәара хлырбгалоит ҳәа ахара лыдҵаны рҭынхацәа лыдеизигалон. Уи азмырхаӡакәа, апапи аԥшҩи ддыршәарц азы аҩныҟа иман днеит. Иара Иасмин длаирҟәуан. Зны аизарахьгьы днеины дыҳәҳәо аишьцәа иҟоу зегь рықәиҳәацәеит. Ҳәарада, Иасмин уи даараӡа лгәы лнархьуан, дагьарҵәыуон.

15 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иасмин лгәы шьҭырхуан. Аизара аиҳабацәа Римаа рахь 12:17—21 (шәаԥхьа) иану алабжьара дықәныҟәарц лгәазҭарҵон. «Уи мариамызт,— лҳәоит Иасмин,— аха сара Иегова ацхырааразы сиҳәон, насгьы уи алабжьара сықәныҟәарц азы исылшо зегь ҟасҵон. Иаҳҳәап, схаҵа цасҳәа ак анкаиԥсоз еилсыргон, санылаирҟәуаз хаала аҭак ҟасҵон, данычмазаҩыз дызбон».

Иҳашьҭашәарыцо рахь абзиабара ааҳарԥшуазар, дара рҽырыԥсахыр алшоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)d

16, 17. Иаҳнарҵозеи Иасмин лҿырԥштәы?

16 Иасмин лхаҵа иахь абзиабара ахьаалырԥшуаз алҵшәа бзиақәа аанагеит. Лара илҳәоит: «Схаҵа еиҳа сыгәра иго далагеит, избанзар амц шысымҳәоз идыруан. Сдинхаҵара саналацәажәоз дӡырҩуа далагеит. Еиликааит ҳҭаацәалазаараҿы аҭынчра ыҟазарц азы иаргьы ак ҟаиҵалар шихәҭаз. Уажәшьҭа иареи сареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиахеит, ҳҭаацәалазаараҿгьы аҭынчра ҟалеит. Уажәы ихаҭа аизарақәа рахь сныҟәалар иҭахуп. Иаргьы аҵабырг идикылоит, насгьы Иегова имаҵ еицаҳаулоит ҳәа сгәыӷуеит».

17 Иасмин лҿырԥштәы иаҳнарбоит абзиабара зегьы ишақәгәыӷуа, зегь шахнаго (1 Кор. 13:4, 7). Ацәымӷра зегь еиланарбгоит, насгьы ахьаа узаанагоит. Аха абзиабара акырӡа иӷәӷәоуп, уи ацәымӷра иаиааир алшоит. Аха иҟаҳҵалакгьы ҳаӷацәа ҳшырцәымӷыц ҳарцәымӷзаргьы, агәырӷьара ҳмырӡлар ҳалшоит. Избан?

«НАСЫԤ ШӘЫМОУП АУАА ШӘАНЫРЦӘЫМӶУ»

18. Избан ҳанырцәымӷугьы насыԥ ҳамазар зҳалшо?

18 Иисус иҳәеит: «Насыԥ шәымоуп ауаа шәанырцәымӷу» (Лука 6:22, АдҾ). Ҳәарада, ҳара ҳарцәымӷзар ҳҭахӡам. Ҳагәрахаҵаразы иахьҳашьҭашәарыцогьы ҳаигәырӷьаӡом. Нас избан насыԥ ҳамазар зҳалшо? Уи азы х-мзызк ҳамоуп. Актәи, аԥышәарақәа раан азиашара анаҳахьчо Иегова иразра ҳауеит (1 Пиотр 4:13, 14). Аҩбатәи, ҳагәрахаҵара еиҳа иӷәӷәахоит (1 Пиотр 1:7). Ахԥатәи, хәы змам аҳамҭа, наӡаӡатәи аԥсҭазаара, ҳауеит (Рим. 2:6, 7).

19. Избан апостолцәа анырыпҟа ашьҭахьгьы изгәырӷьоз?

19 Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь дук мырҵыкәа иҵаҩцәа агәырӷьара иазкны иреиҳәаз шҵабыргыз еилыркааит. Дара шырыпҟазгьы, уаҳа ажәабжь рымҳәаларц шрарҳәазгьы, агәырӷьара рцәымӡӡеит. Абибилиа иануп: «Апостолцәа асинедрион идәылҵит Иҳақәиҭу Иисус иҵыхәала ирыхҭнырҟьаз ахьрылаӡаз, абарҭ агәаҟрақәа иахьрыԥсахаз иеигәырӷьаны» (Аус. 5:40—42). Дара Рырҵаҩ иахь ирымаз абзиабара раӷацәа рҿаԥхьа ирымаз ашәара аасҭа еиҳан. Дара Иисус иахь абзиабара аадырԥшит гәацԥыҳәарала ажәабжь аҳәара иахьаҟәымҵыз ала. Иахьагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы ашьҭашәарыцарақәа ишрықәшәогьы Иегова имаҵ руеит. Дара агәра ганы иҟоуп ирбо аџьабааи иара иахь иаадырԥшуа абзиабареи иара ахаан ишихамышҭуа (Аур. 6:10).

20. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

20 Аҩсҭаа ари адунеи дахагыланаҵ ҳара ҳарцәымӷзаауеит (Иоанн 15:19). Аха ашәара аҭахӡам. Избанзар анаҩстәи астатиа аҟынтә ишеилаҳкаауа еиԥш Иегова имаҵзуҩцәа амч риҭоит, иагьихьчоит (2 Фес. 3:3). Убри аҟынтә шәааи анаҩсгьы Иеговеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳаӷацәеи рахь абзиабара ааҳарԥшлап. Уи ала акзаара ҳахьчалоит, ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалоит, Иеговагьы дҳараҳклоит. Уи инеиҳангьы, абзиабара ацәымӷра аасҭа еиҳа амч шамоу шьақәҳарӷәӷәалоит.

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АЦӘЫМӶРА АИААИРА...

  • Иегова иахь абзиабара?

  • аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабара?

  • ҳаӷацәа рахь абзиабара?

АШӘА 106 Абзиабара еизҳарҳауеит

a Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит ари адунеи ҳшацәымӷугьы, Анцәеи, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ҳаӷацәеи рахь абзиабара Анцәа ҳизиашаны аанхара ишҳацхраауа. Иара убас еилаҳкаауеит Иисус ауаа шәанырцәымӷу насыԥ шәымоуп ҳәа зиҳәаз.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: бџьарла еибыҭаз аруаа Данило иԥҳәыси иареи рыҩны ианнеи ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи урҭ даҽа қалақьк ахь аиасра ирыцхрааит. Уагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи Данило иԥҳәыси иареи гәаартыла ирыдыркылеит, иагьрыцхрааит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иасмин лхаҵа Иегова имаҵ аура дылԥырхаган. Аха аизара аиҳабацәа илырҭаз алабжьара лыцхрааит ԥҳәыс бзианы аҟалара. Лара лхаҵа данычмазаҩхагьы дылбон.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра