Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииун ад. 2—7
  • Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ЕИЛИКААЗ ИХЫ ИАИРХӘАЛАРЦ ШӘИЦХРААЛА
  • АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ДРАБАШӘЫРДЫР
  • АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИМОУ АШӘАРА АИААИРА ШӘИЦХРАА
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (аҩбатәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Шәрыцхраала Абиблиа зшәырҵо аҽӡаахра аҽазыҟаҵара (актәи ахәҭа)
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ишԥарылшо аизараҿы зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы доуҳала аизҳара ицхраар?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • «Убри аҟынтә шәца... аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииун ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 22

Абиблиа зшәырҵо аӡӡаахра аҽазыҟаҵара шәрыцхраала

«Шәарҭ шәахьтә дарбанзаалакь... иҽӡааихааит» (АУС. 2:38).

АШӘА 72 Аҳра иазку аҵабырг рылаҳҳәоит

АХҲӘААa

1. Ирарҳәазеи Иисус иҵаҩцәа Иерусалим еизаз ауаа?

ИЕРУСАЛИМ ауаа еилаҭыруа еилоуп: бызшәа рацәала ицәажәоз еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә ахацәеи аҳәсеи аџьашьахәы рбеит. Иаабац аҵара змамыз ауриацәа урҭ ауаа рбызшәақәа рыла ацәажәара иалагеит! Аха еиҳараӡак изыршанхаз Иисус иҵаҩцәа рҟынтә ираҳаз ауп. Апостол Пиотр еизаз ауаа иреиҳәеит Иисус Христос иахь агәрахаҵара аадырԥшлар аиқәырхара шроуа. Ираҳаз ргәаҵанӡа инеит, убри аҟынтә иазҵааит: «Иҟаҳҵарызеи?» Пиотр иреиҳәеит: «Шәарҭ шәахьтә дарбанзаалакь... иҽӡааихааит» (Аус. 2:37, 38).

Аиашьа иԥшәмаԥҳәыси иареи иқәыԥшу ауаҩы абиблиатә ҵара изымҩаԥыргоит. Уи ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» икуп. (Шәахәаԥш абзац 2.)

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

2 Анаҩс иҟалаз џьоушьартә иҟоуп! Уи аҽныҵәҟьа 3 000-ҩык раҟара аӡы рыҽӡаархит, насгьы Христос иҵаҩцәаны иҟалеит. Убасала Иисус Христос иҵаҩцәа ириҭаз адҵа аҵаҩцәа разыҟаҵара аус ашьаҭа шьҭаҵан. Уи аус иахьа уажәраанӡагьы ҳаҿуп. Еилкаауп иахьа сааҭқәак рыла ауаҩы аҽӡаахра дазыҟаҳҵар шҳалымшо. Уи азы мызқәак, шықәсык, ма еиҳаны аамҭа аҭаххар ауеит. Аҵаҩцәа разыҟаҵара џьабаа дууп. Иахьа Абиблиа аҵара мҩаԥызго уи бзианы ирдыруеит. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Абиблиа зҳарҵо иӡааху Христос иҵаҩны аҟалара ҳицхраар шҳалшо.

АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ЕИЛИКААЗ ИХЫ ИАИРХӘАЛАРЦ ШӘИЦХРААЛА

3. Иҟаиҵалар акәзеи Абиблиа зҵо аӡӡаахра иҽазыҟаиҵарц азы, Матфеи 28:19, 20 иану инақәыршәаны?

3 Ауаҩы иҽӡааихаанӡа Абиблиа аҟынтә еиликааз зегьы дықәныҟәалароуп. (Шәаԥхьа Матфеи 28:19, 20.) Убасҟан ауп Иисус иҿырԥштәы аҿы зыӡбахә иҳәоз «адгьыл ырҵауланы ижны зыҩны ахаҳә-цаҟьа иқәзыргылаз» иҟәыӷоу ауаҩы даниеиԥшхо (Лука 6:47, 48; Матф. 7:24, 25). Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ҳара Абиблиа зҳарҵо еиликааз ихы иаирхәаларц азы? Еилҳаргап х-лабжьарак.

4. Ишԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо шьаҿа-шьаҿала аӡӡаахрахь инагара? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Абиблиа зшәырҵо ахықәкқәа рықәыргылара, насгьы урҭ рынагӡара шәицхраала».)

4 Абиблиа зшәырҵо ахықәкқәа рықәыргылара шәицхраала. Избан уи зхадоу? Шәхаҿы иаажәг ԥсшьара џьара хара шәцошәа. Уахь шәнеиаанӡа амҩан шәаангылар ахьшәылшо аҭыԥ ԥшӡақәа шәрызхәыцуеит. Уи абзоурала амҩа шәарааԥсаӡом. Убас еиԥшҵәҟьа Абиблиа зшәырҵо имаҷу ахықәкқәа ықәиргылозар, насгьы урҭ наигӡозар аӡӡаахра изынамыгӡо ахәықәкы еиԥш дахәаԥшлаӡом. Уи аҿы цхыраара бзиоуп ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» аурокқәа рынҵәамҭаҿы иаагоу «Мои цели» захьӡу арамкақәа. Аурок шәанахыслак ашьҭахь арамкаҿы иаагоу ахықәкы еиликааз ахархәара ишицхраауа шәалацәажәа. Аха еиҭа аус здиулаша ыҟоуп ҳәа шәгәы иаанагозар «Другие» ҳәа ахьану ианышәҵа. Уи арамка шәхы иашәырхәала Абиблиа зшәырҵо имаҷу, насгьы еиҳа идуу ахықәкқәа ықәиргылаларц, анаҩс урҭ наигӡаларц азы.

Абиблиа зшәырҵо ахықәкқәа рықәыргылара, насгьы урҭ рынагӡара шәицхраала

  1. 1. Абиблиа зшәырҵо хықәкқәас иқәиргылалар илшо шәалацәажәа.

  2. 2. Урҭ рынагӡаразы аплан еицышьақәшәыргыл.

  3. 3. Иеихьӡарақәа рзы дшәырҽхәала.

5. Иеиҳәазеи Иисус ибеиаз ауаҩы, Марк 10:17—22 иану инақәыршәаны, насгьы избан?

5 Абиблиа зшәырҵо иԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара шәицхраала. (Шәаԥхьа Марк 10:17—22.) Зны Иисус ибеиаз ауаҩы иеиҳәеит имал ҭины аԥара арыцҳацәа ирзишарц (Марк 10:23). Иисус еиликаауан ахаҵа уи шицәыцәгьахоз, аха уеизгьы иҟаҵатәыз аартны иеиҳәеит. Игәазҭазҵазеи Иисус уи аҳәара? Абзиабара. Иҟалап, зны-зынла ҳгәы иаанагозар Абиблиа зҳарҵо аҽыԥсахра макьана дазхиам ҳәа, убри аҟынтә иҟаҵатәу иаҳәара ҳахыццакӡом. Ааи, ауаҩы илаҽны иҟоу иҽеим ашьцыларақәа аанижьырц, насгьы дуаҩ ҿыцны дҟаларц азы аамҭа аҭахуп (Кәал. 3:9, 10). Аха аус здиулаша заа иашәҳәар еиҳа ирласны иҽиԥсахуеит, уи адагьы Абиблиа зшәырҵо шәышиеиҷаҳауа ишәырбоит (Аԥсал. 141:5; Ажәам. 27:17).

6. Избан Абиблиа зҳарҵо игәаанагара ҳаилзыркаауа азҵаарақәа иаҳҭалар зхадоу?

6 Абиблиа аҵараан ауаҩы игәаанагара иҳәалар бзиоуп. Убри аҟынтә азҵаарақәа ишәҭала, уи зыгәро иго, насгьы еилшәырго аматериал шеиликаауа шәнарбоит. Ауаҩы ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа рҭак аҟаҵара дашьцылар аԥхьаҟа еиҳа иуадаҩу атемақәа реилыргара шәзымариахоит. Ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» аҿы ауаҩы игәаанагара уеилзыркаауа азҵаарақәа лассы-лассы иуԥылоит. Иаҳҳәап, аԥшьбатәи аурок аҿы иаагоуп абри аҩыза азҵаара: «Шәгәы ишԥаанаго, дышԥазыҟоу Иегова ихьыӡ ҳәаны шәаниацәажәо?» Ажәбатәи аурок аҿы иануп абри аҩыза азҵаара: «Шәзызиҳәар шәҭахузеи шәара Анцәа?» Абиблиа зшәырҵо раԥхьа ицәыуадаҩхар ауеит ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Аха шәара шәицхраар шәылшоит ашәҟәаҿы иану абиблиатә жәеинраалақәеи асахьақәеи еилшәырго атема ишадҳәалоу анишәырбо.

7. Ишԥаҳацхраауеи зҽызыԥсахыз ауаа рҿырԥштәқәа абиблиатә ҵараан?

7 Абиблиа зшәырҵо аҽыԥсахра иҭаххарц азы зҽызыԥсахыз ауаа рҿырԥштәқәа изеиҭашәҳәала. Иҟалап ауаҩы ибжьамыжьӡакәа аизарақәа рҭаара ицәыцәгьазар. Ус акәзар ишәырбар шәылшоит авидео «Иегова заботился обо мне», уи аагоуп аурок жәиԥшь, арамка «Дополнительно» аҿы. Ус еиԥш иҟоу авидеонҵамҭақәа рахь азхьарԥшқәа егьырҭ аурокқәа рҿгьы иҟоуп. Урҭ арамка «Дополнительно», ма «Копните глубже»b захьӡу ахәҭаҿы иаагоуп. Аха Абиблиа зшәырҵо даҽаӡәы диҿшәмырԥшлан, насгьы ишәымҳәалан «иара илшазар, уаргьы иулшоит» ҳәа. Иҟаҵатәу ихаҭа еиликаар бзиоуп. Уи азы иазгәашәҭ авидеонҵамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз Абиблиа аҟынтә еиликааз ахархәара ицхрааз. Иаҳҳәап, библиатә жәеинраалак алшәкаар шәылшоит, иара убас иазгәашәҭар ауеит Иегова уи дышицхраауаз.

8. Ҳицхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Иегова бзиа ибара?

8 Абиблиа зшәырҵо Иегова бзиа ибара шәицхраа. Уи азы лассы-лассы Иегова иҟазшьақәа рыӡбахә изеиҭашәҳәала. Абиблиа зшәырҵо иеилшәыркаа Иегова насыԥ змоу Анцәа шиакәу, насгьы бзиа дызбо дышрыцхраауа (1 Тим. 1:11; Аур. 11:6). Изеиҭашәҳәа Абиблиа аҟынтә еиликаауа ихы ианаирхәало ахәарҭа шизаанаго, убасала Иегова иара иахь абзиабара шааирԥшуа (Ис. 48:17, 18). Иегова иахь имоу абзиабара еизҳацыԥхьаӡа иԥсҭазаара аԥсахра еиҳагьы иҭаххалоит (1 Иоанн 5:3).

АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ДРАБАШӘЫРДЫР

9. Ишԥарыцхраауеи Абиблиа зҵо Марк 10:29, 30 иану ажәақәа, рыҽӡаархырц азы ак мап ацәыркыр акәхар?

9 Абиблиа зҵо рыҽӡаархырц азы ак мап ацәыркроуп. Иисус дзацәажәоз ибеиаз ауаҩы имал мап ацәикыр акәын. Абиблиа зҵо шьоукгьы уи аҩыза иақәшәар рылшоит. Аӡәы иусура абиблиатә принципқәа ирҿагылозар уи аанижьроуп. Даҽаӡәы Иегова бзиа дзымбо иҩызцәа мап рцәикроуп. Иҟоуп Иегова ишаҳаҭцәа ахьыргәамԥхо азы зыуацәа зҿагылогьы. Иисус иҳәеит уи аҩыза алхра аҟаҵара шымариам. Аха агәра диргеит ус ҟазҵо ахаангьы ишахьымхәуа, насгьы бзиа избо адоуҳатә ҭаацәара шроуа. (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30.) Аха иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара урҭ рзы?

10. Ишәдырҵозеи Мануель иажәақәа?

10 Абиблиа зшәырҵо ҩызас шәизыҟала. Ишәырба хьаас дышшәымоу. Абар Мексика инхо Мануель ииҳәо: «Абиблиа сзырҵоз аиашьа аҭҵаара ҳалагаанӡа еснагь сшыҟоу дазҵаауан. Уи сгәы ҟанаҵон иацәажәарагьы сзымариан. Сара избон ииашаҵәҟьаны хьаас сышимаз».

11. Хәарҭас ирзаанагозеи Абиблиа зҳарҵо аамҭа рыцаҳхаҳгозар?

11 Иисус иҵаҩцәа аамҭа рыцихигон, шәаргьы Абиблиа зшәырҵо аамҭа рыцышәхыжәгала (Иоанн 3:22). Абиблиа зшәырҵо ауаҩы доуҳала деизҳауазар ишәылшома аҩныҟа сасра даашәыԥхьар? Иаҳҳәап, акаҳуа еицыжәжәырц, шьыбжьхьа еицышәфарц, мамзаргьы JW Broadcasting® шәеицахәаԥшырц. Абиблиа зшәырҵо изы уи еиҳагьы ихадоуп аныҳәақәа раан ихы заҵәны ианибо. Уганда инхо Казибве игәалашәоит: «Абиблиа сзырҵоз аиашьеи сареи аамҭа анеицаҳхаҳгоз Иегова изкны еилыскааз еиҳа ирацәоуп Абиблиа анысҵоз еилыскаауаз аасҭа. Сара избеит Иегова имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа. Урҭ насыԥ рымоуп! Уи акәын сара еснагь сзышьҭаз».

Абиблиатә ҵарахьы егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааԥхьара рышәҭалар, Абиблиа зшәырҵо аизарақәа рҭаара еиҳа изымариахоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)c

12. Избан абиблиатә ҵарахьы егьырҭ аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы ааԥхьара раҳҭалар зыбзиоу?

12 Абиблиатә ҵарахьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааԥхьара рышәҭала. Абиблиатә ҵарахьы ҳхала ҳцалар, мамзаргьы иааҳаԥхьац есымша дааҳаԥхьалар еиҳа иаҳзымариазар ауеит. Аха Абиблиа зҵо еиҳа изеиӷьуп егьырҭ аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы ааԥхьара раҳҭалар. Молдова инхо Дмитри иажәақәа уи шьақәдырӷәӷәоит, иара иҳәоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы рхатә ҿырԥштәқәа ааргон. Уи еилҳаргоз азҵаарақәа еиуеиԥшым аганқәа рыла рыхәаԥшра исыцхраауан. Уи адагьы раԥхьаӡакәны аизарахь саннеи уиаҟара сгәы хыҭ-хыҭуамызт, избанзар издыруаз рацәаҩын».

13. Избан ауаҩы аизарақәа рҭаара игәазҭаҳҵалар зхадоу?

13 Абиблиа зҵо ауаҩы аизарақәа рахь дныҟәалартә игәазҭашәҵала. Избан уи зхадоу? Избанзар уи Иегова ихаҭа иоуп иҳазҳәаз, насгьы ҳаизарақәаАнцәа имҵахырхәара иахәҭакуп (Аур. 10:24, 25). Уи адагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳдоуҳатә ҭаацәара роуп. Аизарақәа рҿы ҳанеизо ҭаацәашәала ҳанеидтәалоу иаҩызоуп. Ауаҩы аизарахь данааҳаԥхьо аӡӡаахрахь дназго ихадоу ашьаҿа аҟаҵара ҳицхраауеит. Аха уи зегьы ирзымариам. Ирыцхраар шԥалшо ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» аизарақәа рҭаара зцәыуадаҩу?

14. Игәазҭаҳҵар шԥаҳалшо Абиблиа зҵо ауаҩы аизарақәа рҭаара?

14 Аизарақәа рҭаара шхадоу атәы ануп 10-тәи аурок аҿы. Ашәҟәы ҭыҵаанӡа аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа уи аурок ԥыршәеит, насгьы ахәарҭа шаанаго азгәарҭеит. Ҳәарада, ауаҩы аизарахь ааԥхьара иҭаразы ажәабатәи аурок аҟынӡа шәнеиаанӡа иԥштәӡам. Уи иаразнак иҟашәҵар шәылшоит, насгьы лассы-лассы игәалашәыршәалар ауеит. Абиблиа зҵо зегьы рхатә уадаҩрақәа рымоуп. Убри аҟынтә шәазхәыц ауаҩы аизарақәа рҭаара иԥырхагоу аилкаара, насгьы шәицхраар шшәылшо. Ишәҭаз ааԥхьара иаразнак идимкылар шәгәы кашәмыжьын, ачҳара аашәырԥшла.

АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО ИМОУ АШӘАРА АИААИРА ШӘИЦХРАА

15. Дзыцәшәозар алшозеи Абиблиа зҵо ауаҩы?

15 Ишәгәалашәыршәа шәхаҭа Абиблиа анышәҵоз аамҭа. Шәшәозма ажәабжьҳәара? Мамзаргьы шәыуацәеи шәҩызцәеи шәҿагылар ҳәа шәшәозҭгьы? Ус акәзар Абиблиа зшәырҵо ибзианы деилышәкаауеит. Иисус идыруан шьоукы шшәало. Аха убри аамҭазгьы иҵаҩцәа ргәазҭеиҵон ирымаз ашәара Иегова имаҵ аураҿы ирԥырхагамхарц (Матф. 10:16, 17, 27, 28). Дышԥарыцхраауаз Иисус иҵаҩцәа ашәара аиааира? Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо ҳара?

16. Иҳарҵар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо еиликаауа егьырҭ рзеиҭаҳәашьа?

16 Абиблиа зшәырҵо еиликаауа хәыҷы-хәыҷла егьырҭ ирзеиҭеиҳәаларц игәазҭашәҵала. Иисус иҵаҩцәа раԥхьаӡакәны ажәабжьҳәара ианишьҭуаз ргәы хыҭ-хыҭуазҭгьы ҟаларын. Ирыцхраазеи дара? Иисус урҭ ахьцаша, насгьы ирҳәаша реиҳәеит (Матф. 10:5—7). Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус? Абиблиа зшәырҵо ажәабжь иҳәалар ахьилшо иҵашәҳәа. Иаҳҳәап, библиатә ҵарак анеилшәырго шәиазҵаар ауеит уи ззеиҭеиҳәар илшо аӡәыр дидыруама ҳәа. Анаҩс уи аҵабырг аӡәы шәхаҭа изеиҭашәҳәар шшәылшо ишәырба, убасала дазыҟашәҵа. Уи аҿы ишәыцхраауеит ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» аҿы иаагоу арамкақәа «Некоторые говорят», насгьы «Кто-то может спросить». Аицәажәарақәа раан Абиблиа ихы иаирхәалар шхадоу, насгьы ирмарианы апатуқәҵара аарԥшны ацәажәара шилшо азгәашәҭала.

17. Ҳицхраар шԥаҳалшо Абиблиа зҳарҵо Иегова иқәгәыӷшьа иҵарц азы? (Матф. 10:19, 20, 29—31).

17 Абиблиа зшәырҵо Иегова иқәгәыӷшьа ишәырҵала. Иисус иҵаҩцәа агәра диргеит Иегова урҭ дышрыцхраало, избанзар бзиа ибоит. (Шәаԥхьа Матфеи 10:19, 20, 29—31.) Абиблиа зшәырҵо игәалашәыршәала Иегова иаргьы цхыраарада дшаанимыжьуа. Анцәа шәанициҳәо ихықәкқәа рыӡбахә шәҳәалар Иегова игәрагара далагоит. Абар Польша инхо Францишек ииҳәо: «Абиблиа сзырҵоз аиашьа схықәкқәа насыгӡарц азы лассы-лассы Анцәа дсыциҳәон. Сара избон Иегова иҳәарақәа рҭак шыҟаиҵоз, убри аҟынтә схаҭагьы Анцәа иҳәара салагеит. Аизарақәеи аконгрессқәеи сырҭааларц азы аусураҿы соурышьҭырц санрыҳәоз Иегова дышсыцхраауаз збон».

18. Дышԥазыҟоу Иегова аҵаҩцәа разыҟаҵара аус?

18 Иегова Абиблиа зҵо ауаа дреиҷаҳауеит. Иара еиликаауеит имаҵзуҩцәа ирацәаны аџьабаа шырбо Абиблиа зҵо иара иҩызахарц азы. Иегова урҭ арҵаҩцәа бзиа ибоит (Ис. 52:7). Ҳхаҭа абиблиатә ҵара анымҩаԥаҳгогьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи абиблиатә ҵарахьы ҳанаарыԥхьогьы ари астатиаҿы еилҳаргаз алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалап. Убасҟан Абиблиа зҵо доуҳала еизҳалоит, аӡӡаахрагьы иазыҟаҳҵоит.

ШӘИЦХРААР ШԤАШӘЫЛШО АБИБЛИА ЗШӘЫРҴО:

  • еиликааз ихы иаирхәаларц азы?

  • егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи драбадырырц азы?

  • ашәара даиааирц азы?

АШӘА 60 Ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит

a Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иисус ауаа иҵаҩцәа ракәны аҟалара дышрыцхраауаз, насгьы ҳара уи аҿы ҳаиҿыԥшлар шҳалшо. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит ашәҟә ҿыц «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» иамоу ҷыдарақәак. Ари ашәҟәы хықәкыс иамоуп Абиблиа зҵо доуҳала аизҳара рыцхраара, насгьы аӡӡаахра разыҟаҵара.

b Зҽызыԥсахыз ауаа рҿырԥштәқәа иара убас ишәыԥшаар шәылшоит «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы», аҟәша «Библия», ахеиҵа «Практические советы», ахәҭа «Библия меняет жизнь» аҿы, мамзаргьы JW Library®, агәылаҵа «Амультимедиа», акатегориа «Аинтервиу, насгьы аԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәа» аҿы.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа имҩаԥиго абиблиатә ҵарахьы иԥҳәыс ааԥхьара лиҭеит. Иара убас анаҩстәи аҵарақәа раан егьырҭ аишьцәагьы ааԥхьара риҭоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра