АҴАРАЗЫ АСТАТИА 17
Анацәа — Евника шәылҿыԥшла
«Уан иулҭо алабжьарақәагьы мап рцәумклан. Уи ухы иахоуҵо иԥшӡоу гәыргьынуп, насгьы ухәда иахоуҵо хәдахаҵоуп» (АЖӘАМ. 1:8, 9).
АШӘА 137 Азиашара аазырԥшуа аҳәса
АХҲӘААa
Тимофеи иани иандуи, Евникеи Лоидеи, аӡы иҽшӡааихуа иахәаԥшны игәырӷьоит. (Шәахәаԥш абзац 1.)
1, 2. а) Иаҳдыруазеи Евника илызкны, насгьы иарбан уадаҩроу лыҷкәын иааӡараҿы дзықәшәаз? б) Шәахцәажәа ацәаҿы иану асахьа.
АБИБЛИАҾЫ Тимофеи аӡы иҽанӡааих амш атәы анӡам. Аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иан, Евника, лзы уи амш гәырӷьарала ишҭәыз (Ажәам. 23:25). Шәхаҿы иаажәг лара аӡы иҭало Тимофеи дышихәаԥшуа. Лыҷкәын диеигәырӷьаны лылақәа ҭыԥхаауеит, лхы-лҿы еихаччоит. Лааигәа игылоу Тимофеи ианду, Лоида, лара даалгәыдлыҳәҳәалоит. Евника лԥа аӡы шихыҵәо лгәы хыҭ-хыҭуа дахәаԥшуеит. Абар Тимофеи ихы-иҿы еихаччо аӡы дааҭыҵуеит. Евника лылаӷырӡқәа лзынкылом. Лара илылшеит лыҷкәын Иеговеи иԥа Иисус Христоси рахь абзиабара илааӡара. Уи мариамызт, ирацәаны ауадаҩрақәагьы дрықәшәеит.
2 Тимофеи иҭаацәа рдинхаҵарақәа еиԥшӡамызт. Иаб дбырзенын, иани иандуи ауриацәан (Аус. 16:1). Евникеи Лоидеи ақьырсианра анрыдыркыла Тимофеи дыхбыџхахьазҭгьы ҟаларын. Иаб ақьырсианра идимкылаӡеит. Иарбан мҩоу Тимофеи иалихуа? Уи аамҭазы Тимофеи ихатә ӡбара идикылартә еиԥш изҳахьазҭгьы ҟаларын. Иалихуама иаб идинхаҵара? Инаигӡалома дхәыҷаахыс идырҵоз иудеиатәи аҵасқәа? Мамзаргьы, иан леиԥш, Иисус Христос иҵаҩ иакәны дҟалоу?
3. Дышԥазыҟоу Иегова ақьырсианцәа-аиҳәшьцәа рхәыҷқәа иара иҩызахарц азы ирбо аџьабаа, Ажәамаанақәа 1:8, 9 иану инақәыршәаны?
3 Ахәыҷқәа змоу аиҳәшьцәа, Евника леиԥш, рҭаацәарақәа гәыкала бзиа ирбоит. Урҭ зегь раасҭа ирҭаху рхәыҷқәа зегь Иегова иҩызцәахарц ауп. Дара рхәыҷқәа рааӡара ҭакԥхықәрала иахьазнеиуа Иегова даара игәы ҟанаҵоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 1:8, 9.) Иегова ирацәаҩны ақьырсианцәа-аиҳәшьцәа дрыцхраахьеит аҿар аҵабырг ахь абзиабара рылааӡараҿы.
4. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсианцәа-анацәа рхәыҷқәа рааӡараҿы изықәшәо?
4 Ан хьаас илымазар ауеит лхәыҷқәа, Тимофеи иеиԥш, Иегова имаҵ рулоу-ирмулоу. Аҭаацәа ибзианы ирдыруеит Аҩсҭаа идунеи аҿар рзы шаҟа ашәарҭара аҵоу (1 Пиотр 5:8). Уи адагьы, ирацәаҩны ақьырсианцәа-анацәа рхацәа Иегова имаҵ руӡом. Убри аҟынтә дара рымацара рхәыҷқәа Иегова иахь абзиабара рыларааӡоит. Иҟоуп абыда зхәыҷқәа зааӡогьы. Абар Кристинаb илҳәо: «Схатә ҩыза ҳҭаацәара деиҷаҳауан. Иара аб бзиа иакәын. Аха ҳаԥҳацәеи ҳԥеи Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалар иҭахӡамызт. Ижәдыруандаз шаҟа лаӷырӡ касҭәаз схәыҷқәа Иегова имаҵ рулоу-ирмулоу ахьысзымдыруаз».
5. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
5 Аиҳәшьцәа, шәара ахәыҷқәа шәымазар, Евника леиԥш, урҭ аҿырԥш бзиа рышәҭалар шәылшоит. Ари астатиа иаҳнарбоит шәхәыҷқәа ажәалеи услеи аҵара дшәырҵаларц азы лара шәылҿыԥшлар ахьшәылшо. Иара убас еилаҳкаауеит Иегова дшәыцхраар ахьилшо.
ШӘХӘЫҶҚӘА АЖӘАЛА АҴАРА ДШӘЫРҴАЛА
6. Ицхраазеи Тимофеи Иисус иҵаҩ иакәны аҟалара? (2 Тимофеи иахь 3:14, 15).
6 Евника Тимофеи данхәыҷыз инаркны Иԥшьоу Аҩыра ианыз илырҵон. Лара лдыррақәагьы рацәамызт, избанзар Иисус Христос иӡбахә макьана илмаҳаӡацызт. Аха Тимофеи ақьырсианра идикыларц азы иахәҭаз адыррақәа иоуит. Иҭаххома иара уи? Иара ихала иӡбар акәын ақьырсианра идикылоу-идимкылоу. Ҳәарада, Тимофеи идикылаз аӡбара Евника лџьабаагьы алан. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 3:14, 15.) Лара ауадаҩрақәа дышрықәшәозгьы, лыҷкәын Иегова иахь абзиабара илааӡара ахьлылшаз даара даргәырӷьон. Иаҳҳәар ҳалшоит Евника лыхьӡ даԥсан ҳәа. Уи иаанагоит «аиааира агара».
7. Дицхраалар шԥалылшоз Евника Тимофеи аӡы иҽанӡааих ашьҭахьгьы доуҳала аизҳара?
7 Аӡӡаахра Тимофеи иԥсҭазаараҿы ихадаз шьаҿан. Аха уи иаанагаӡомызт уажәшьҭа Евника акгьы хьаас иҟалымҵароуп ҳәа. Иззикуазеи лыҷкәын иԥсҭазаара? Иҽеим аҩызцәа шьҭихыр? Афинақәа рҿы иҟоу ашкол дҭалар, насгьы афилософцәа рырҵарақәа рҿиҵаар? Иаамҭеи, имчи, иқәыԥшреи амал арҳара иақәирӡыр? Евника Тимофеи изы аӡбарақәа рыдкылара азин лымаӡамызт. Аха лара дицхраар лылшон. Ишԥа? Уи Иегова иахь имаз абзиабара аизырҳареи Иисус Христос иҟаиҵаз ахә ашьареи анаҩсгьы дицхраалар лылшон. Иахьагьы уи аҩыза ауадаҩрақәа ыҟоуп, ангьы абгьы Иегова имаҵ ахьыруа аҭаацәарақәа рҿгьы. Рхәыҷқәа ргәы аҟынӡа аҵабырг анагареи Иегова имаҵ аура иалагарц азы рыцхраареи мариаӡам. Илҿыԥшлар шԥарылшо аҭаацәа-ақьырсианцәа Евника?
8. Ишԥарылшо аиҳәшьцәа рхәыҷқәа аҵабырг рылааӡараҿы рхатә ҩызцәа-ақьырсианцәа ирыцхраалар?
8 Шәхәыҷқәа Абиблиа дшәырҵала. Аиҳәшьцәа, Иегова иҭахуп шәхәыҷқәа аҵабырг рылааӡараҿы шәхацәа-ақьырсианцәа шәрыцхрааларц. Уи аҿы аҭаацәаратә мҵахырхәара шәыцхраауеит. Ҭаацәаныла шәеидтәаланы Абиблиа аҭҵаара шышәгәаԥхо шәҳәала. Уи ихааны, игьаманы имҩаԥысларц азы анык лаҳасабала иҟашәҵалар шәылшо шәазхәыц. Шәҭаацәаратә мҵахырхәара аинтерес аҵаны имҩаԥысларц азы шәыԥшәма авариантқәа идгалара шәацәыԥхамшьалан. Шәхәыҷқәа Абиблиа дшәырҵалартә еиԥш ирызҳахьазар, ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!» ала хаз-хазы абиблиатә ҵара рзымҩаԥгара шәхатә ҩыза шәицхраала.
9. Иарбан цхыраароу зхала зхәыҷқәа зааӡо аиҳәшьцәа ирымоу?
9 Аха иҟоуп зхала зхәыҷқәа зааӡо анацәа, мамзаргьы Иегова имаҵ зымуа ахатә ҩыза дызмоу аиҳәшьцәа. Урҭ рымацара рхәыҷқәа Абиблиа ддырҵалароуп. Шәаргьы урҭ шәреиуазар, ҳшәыҳәоит, шәгәы кашәмыжьын. Иегова цхыраарада шәаанижьӡом. Иорганизациа ала зеиԥшыҟам арҵаратә мыругақәа ҳаиҭоит. Урҭ шәхы иашәырхәала. Уи адагьы, шәҭаацәаратә мҵахырхәара еиҳа аинтерес аҵаны имҩаԥысларц азы урҭ амыругақәа егьырҭ аҭаацәарақәа рхы ишадырхәо шәразҵаар шәылшоит (Ажәам. 11:14)c. Иегова дшәыцхраауеит шәхәыҷқәеи шәареи аилибакаара шәымазарц. Шәиҳәала шәхәыҷқәа ргәы иҭоу аилкаара дшәыцхрааларц (Ажәам. 20:5). Иаҳҳәап, шәхәыҷы иарбан уадаҩроу ашкол аҿы еиҳараӡак узыргәамҵуа ҳәа шәиазҵаар, игәҭыхақәа аартны ишәеиҳәар ауеит.
10. Ишԥашәылшо иҵегьы шәхәыҷқәа Иегова иеилкаара шәрыцхраалар?
10 Шәхәыҷқәа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәаразы алшарақәа шәыԥшаала. Ирзеиҭашәҳәала Иегова иӡбахә, насгьы иара шаҟа шәзыҟаиҵахьоу рашәҳәала (Ҩынтә. 6:6, 7; Ис. 63:7). Уи еиҳарак ихадоуп зхәыҷқәа аҩны Абиблиа дырҵара алшара змам аиҳәшьцәа рзы. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Кристина еиҭалҳәоит: «Сыԥшәма аҩны даныҟаз ахәыҷқәа Анцәа иӡбахә рзеиҭаҳәара сылшаӡомызт, убри аҟынтә даҽа лшарақәак сыԥшаауан. Сыԥҳацәеи сыҷкәыни Иегова ишамҭақәа рыӡбахә, насгьы аҵабырг рзеиҭасҳәаларц азы адәахьы исыманы сцон, ма ашхәа иақәыртәаны ԥсшьара изгон. Ҳхәыҷқәа маҷк ианрызҳа рхала Абиблиа ҭырҵааларц ргәазҭасҵон». Иара убас ихадоуп Иегова иорганизациа, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыӡбахә бзианы иаҳҳәалар. Аизара аиҳабацәа иҽеимкәа шәырхымцәажәалан, избанзар шәхәыҷқәа уадаҩрак иақәшәар, ацхырааразы рыҳәара рҭахымхар ауеит.
11. Избан, Иаков 3:18 иану инақәыршәаны, ҳаҩнаҭаҿы аҭынчра ыҟазарц азы аџьабаа ҳбалар зҳахәҭоу?
11 Шәҭаацәараҿы аҭынчра ыҟазарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Шәҭаацәа бзиа ишыжәбо лассы-лассы ирашәҳәала. Шәхатә ҩыза шәанихцәажәо ақьиареи апатуқәҵареи аашәырԥшла, шәхәыҷқәагьы убас ҟарҵаларц дшәырҵала. Убасҟан шәҭаацәараҿы аҭынчра ҟалоит, уи абзоурала шәхәыҷқәа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара еиҳа ишәзымариахоит. (Шәаԥхьа Иаков 3:18.) Убас акәын Иожеф иҭаацәараҿгьы ишыҟаз. Иара уажәы Румыниа иҷыдоу пионерс амаҵ иуеит. Ихәыҷра аамҭақәа мариамызт. Иаб иани, иашьцәеи, иаҳәшьцәеи иареи Иегова имаҵ аура дырԥырхаган. Иожеф иҳәоит: «Сан ҳаҩнаҭаҿы аҭынчра ыҟазарц азы илылшоз зегь ҟалҵон. Саб иҽирцәгьацыԥхьаӡа сан еиҳагьы аҟәымшәышәра аалырԥшуан. Иҟан аамҭа ҳаб пату иқәҵареи изыӡырҩреи анаҳцәыцәгьаз». Усҟан ҳан Ефесаа рахь 6:1—3 иану ҳаиллыркааит, нас ҳаб илоу аҟазшьа бзиақәа еиқәылыԥхьаӡан, уи бзиа даҳбалар зҳахәҭоу ҳалҳәеит. Убас ала ҳҭаацәараҿы ҳаизыҟазаашьақәа бзиахеит, ирацәаны ауадаҩрақәагьы ҳарцәылыхьчеит.
ШӘХӘЫҶҚӘА УСЛА АҴАРА ДШӘЫРҴАЛА
12. Ишԥаицхрааи Тимофеи Евника лҿырԥшы? (2 Тимофеи иахь 1:5).
12 Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 1:5. Евника Тимофеи аҿырԥш бзиа илҭон. Иҟалап лара еиллыркаауазҭгьы агәрахаҵареи аусқәеи шеидҳәалоу (Иак. 2:26). Ҳәарада, Тимофеи ибон иан лусқәа Иегова гәыкала бзиа дшылбоз шырныԥшуаз, насгьы Анцәа имаҵ аура анасыԥҵәҟьа шылзаанагоз. Ишԥаицхрааи Тимофеи Евника лҿырԥшы? Апостол Павел иҳәеит Тимофеи игәрахаҵара иан лыгәрахаҵара еиԥш ишыӷәӷәаз. Уи ус баша имҳәаӡеит: Тимофеи Евника иҟалҵоз-илуаз ибон, убри азы дылҿыԥшлар иҭаххеит. Иахьагьы ҳаҳәшьцәа аӡәырҩы ажәада рҭаацәарақәа Иегова имаҵ аура ргәазҭарҵоит (1 Пиотр 3:1, 2). Шәаргьы уи шәылшоит! Иҟаҵалатәузеи уи азы?
13. Избан ан лыԥсҭазаараҿы Иеговеи лареи реиҩызара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы илыргылалар зхадоу?
13 Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылала (Ҩынтә. 6:5, 6). Анацәа рхы иагдырхо рацәоуп. Шәхәыҷқәа иршәызарц-ирхазарц азы шәара ирацәаны аџьабаа жәбоит, аԥара шәырҳауеит, шәыцәа иагшәырхоит, уҳәа убас иҵегьы. Аха Иегова изышәклар шәыхәҭоу аамҭа есыҽнытәи аусқәа ишәцәыргартә рылшәмыршалан. Есыҽны аамҭа шәыԥшаала Анцәа иҳәаразы, Абиблиа аҭҵааразы, насгьы аизарақәа шәырҭаала. Убасҟан Иеговеи шәареи шәеиҩызара ӷәӷәазаауеит, насгьы шәҭаацәа рзгьы, егьырҭ рзгьы шәҿырԥшыгазаауеит.
14, 15. Иазгәашәҭазеи Лианеи, Мариеи Жоауи ражәақәа рҟны?
14 Уажәшьҭа ажәа раҳҭап ранацәа рҿырԥшы абзоурала Иегова бзиа дызбаз ахәыҷқәа. Кристина лыԥҳа Лиана илҳәоит: «Ҳаб ишибоз Абиблиа аҵара ҳалшомызт, аха ҳан аизарақәа ахаан ибжьалыжьӡомызт. Сашьеи саҳәшьеи сареи Абиблиа иазкны иаҳдыруаз маҷын, аха ҳан лҿырԥши лыгәрахаҵареи ажәала илзымҳәоз ҳаилнаркаауан. Ҳара аизарақәа рҭаара ҳалагаанӡагьы иаҳлырҵоз шҵабыргыз еилаҳкаахьан».
15 Мариа лаб рҭаацәара аизарақәа рахь иахьныҟәоз азы драцәҳауан, иагьипҟон. Лара илҳәоит: «Сан агәымшәара злоу аиҳәшьцәа дреиуоуп. Санхәыҷыз ауаа ирҳәо сацәшәаны иҟасҵар акәыз ҟасҵаӡомызт. Сан лакәзар, агәымшәара злоу ԥҳәысын. Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа лара лзы аԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадан. Лҿырԥшы ашәара аиааира исыцхрааит». Жоау иаб Иеговеи Абиблиеи рыӡбахә аҳәараҵәҟьа азин ииҭаӡомызт. Иара иҳәоит: «Ижәдыруама зегь раасҭа сгәаҵанӡа инеиз? Сан саб изы акы деигӡомызт, Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа заҵәык рыда».
16. Ирыцхраар шԥалшо егьырҭ ақьырсианцәа зхәыҷқәа аҵабырг рылазааӡо аиҳәшьцәа рҿырԥшы?
16 Аиҳәшьцәа, ишәхашәмыршҭлан шәҿырԥшы шәхәыҷқәа рыдагьы, егьырҭгьы ирыхәар шалшо. Шәазхәыц Евника лҿырԥшы апостол Павел игәаҵанӡа ишнеиз. Иара иҳәеит Тимофеи гәыкала иааирԥшуаз агәрахаҵара аҩыза раԥхьа Евника ишлымаз (2 Тим. 1:5). Ианбагәеиҭеи Павел уи лыгәрахаҵара? Раԥхьатәи имиссионертә ныҟәараан иара Листра дыҟан. Убасҟан акәзар ҟалап Евникеи Лоидеи данрабадырыз. Иара иакәзаргьы ҟалап Христос иҵаҩцәаны аҟалара ирыцхрааз (Аус. 14:4—18). Шәазхәыц 15 шықәса инареиҳаны ҵхьан еиԥш, Павел Тимофеи асаламшәҟәы изиҩуеит. Уа иара Евника лыгәрахаҵара ҿырԥшыс иааигоит. Иубарҭоуп уи лыгәрахаҵара Павели егьырҭ ақьырсианцәеи ргәаҵанӡа ишнеиз. Аиҳәшьцәа, шәхәыҷқәа аҵабырг рылааӡара шәхала шәаҿызар, ишәхашәмыршҭлан: шәара шәыгәрахаҵарагьы егьырҭ рзы иҿырԥшыгоуп.
Ахәыҷы аҵабырг илааӡаразы аамҭа аҭахуп. Убри аҟынтә ачҳара шәымаз! (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Иҟашәҵар шәылшозеи шәхәыҷы аџьабаа шидыжәбалогьы, доуҳала деизымҳауашәа жәбозар?
17 Аха иҟашәҵар шәылшозеи шәхәыҷы аџьабаа шидыжәбалогьы, доуҳала деизымҳауашәа жәбозар? Ишәхашәмыршҭлан, ахәыҷқәа рааӡара аамҭа рацәаны иаҭахуп. Шәахәаԥш асахьа. Ажәла лаҳҵар, уи еизымҳар, насгьы акгьы ҿамлар ауеит. Уаҟа ауаҩы акгьы илшом. Илшо уи еизҳаларц азы аӡы аҵаҭәареи ахылаԥшреи роуп (Марк 4:26—29). Убас ауп ахәыҷқәа рааӡараҿгьы. Зны-зынла ан аҵабырг лхәыҷы игәаҵанӡа илызнамгазар ҳәа хьаас илымазар ауеит. Аха аӡбара здызкыло иара иоуп, лара акгьы лзыҟаҵаӡом. Анацәа рхәыҷқәа рааӡаразы ирылшо зегь ҟарҵозар, рхәыҷқәа доуҳала еизҳаларц азы иаҭаху зегь рымазаауеит (Ажәам. 22:6).
ИЕГОВА ИЦХЫРААРА ШӘАҚӘГӘЫӶЛА
18. Дрыцхраар шԥаилшо Иегова шәхәыҷқәа доуҳала аизҳара?
18 Иегова ирацәаҩны арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи дырҩызахахьеит (Аԥсал. 22:9, 10). Иара шәхәыҷқәагьы доуҳала аизҳара дрыцхраауеит, дара уи рҭахызар (1 Кор. 3:6, 7). Шәхәыҷқәа Анцәа имаҵ аураҿы уиаҟара агәацԥыҳәара рымамзаргьы, иара урҭ бзиа ибоит (Аԥсал. 11:4). Шәхәыҷы Иегова иргәырӷьара шиҭаху гәеиҭар, уи иҩызахара дицхраауеит (Аус. 13:48; 2 Аш. 16:9). Анцәа дшәыцхраауеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы шәхәыҷқәа иахәҭоу ажәақәа раҳәара, насгьы уи ианаамҭоу аҟаҵара (Ажәам. 15:23). Мамзаргьы, иҟалап, иашьак, ма иаҳәшьак шәхәыҷы аамҭа изалхра игәазҭеиҵар. Шәхәыҷқәа ианрызҳалакгьы Иегова урҭ анхәыҷқәаз шәара шәҟынтә ираҳауаз ргәалаиршәар илшоит (Иоанн 14:26). Иегова шәхәыҷқәа доуҳала аизҳара дрыцхрааларц азы анаҩсгьы ажәалеи услеи аҵабырг рылашәааӡала.
19. Избан аиҳәшьцәа Иегова рыхә шишьо агәра ргалар зрылшо?
19 Акыр иаԥсоу аиаҳәшьа, бхәыҷқәа иҟарҵо алхра зеиԥшразаалакгьы, Иегова бзиа бибоит, избанзар бара иара бзиа дыббоит. Бхәыҷқәа бымацара ибааӡозар, Иегова урҭ Абыс дырзыҟалоит, баргьы Быхьчаҩ иакәхоит (Аԥсал. 68:5). Бхәыҷқәа Иегова имаҵ рулоу-ирмулоу рхаҭа ирыӡбароуп. Аха Иегова ицхыраара бақәгәыӷуазар, насгьы ибылшо зегь ҟабҵозар, агәра ганы быҟаз: бџьабаа Иегова игәы ҟанаҵоит.
АШӘА 134 Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха
a Ари астатиа Тимофеи иан, Евника, илызкуп. Ари аԥҳәыс бзиа лҿырԥшы ахәыҷқәа змоу аиҳәшьцәа иднарбоит рхәыҷқәа Иегова иабадырреи бзиа ибареи ирыцхрааларц азы иҟарҵалар рылшо.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Иаҳҳәап, шәахәаԥш ашәҟәы «Радуйтесь жизни сейчас и вечно!», аурок 50, насгьы 2011 шықәса, август 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 6—7 рҿы иаагоу астатиа «Советы для проведения семейного поклонения и личного изучения».