Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 ииун ад. 14—19
  • Избан Иегова ҳицәшәалар зҳахәҭоу?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Избан Иегова ҳицәшәалар зҳахәҭоу?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИААНАГОЗЕИ АНЦӘА ИЦӘШӘАРА?
  • ИШԤАҲАЛШО АНЦӘА ИҾАԤХЬА АШӘАРА ЕИЗҲАРҲАР?
  • АВДИ ИЕИԤШ АГӘЫМШӘАРА ШӘЫЛАЗ
  • АԤХЬАԤШЬАҨЫ ИОДАИ ИЕИԤШ ИЕГОВА ГӘЫКАЛА ШӘИЗЫҞАЗ
  • АҲ ИОАС ШӘИЕИԤШЫМХАН
  • Иодаи игәымшәара
    Учимся на примерах из Библии
  • Иегова агәымшәара аазырԥшуа дырзылԥхоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, изеиԥшрахозеи шәыԥсҭазаара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Иегова бзиа дызбо аамҭа рыцыхгала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 ииун ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 27

Избан Иегова ҳицәшәалар зҳахәҭоу?

«Иегова иҩызахара зылшо, иара ицәшәо роуп» (АԤСАЛ. 25:14).

АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп

АХҲӘААa

1, 2. Аԥсалом 25:14 иану инақәыршәаны, иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызцәа гәакьахарц ҳҭахызар?

ИАРБАН ҟазшьақәоу, шәгәаанагарала, аиҩызара бзиа азы ауаҩы илазар ихәҭоу? Иҟалап шәара ишәҳәар аиҩызцәа гәакьақәа бзиа еибабалароуп, насгьы еицхыраалароуп ҳәа. Аха шәара ахаан ишәҳәаӡом аиҩызцәа еицәшәалароуп ҳәа. Аха ари астатиа иазалху ажәеинраалаҿы иҳәоуп Иегова иҩызахара зҭаху иара ицәшәалароуп ҳәа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 25:14.)

2 Ҳара Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара ҳамазароуп. Аха иаанагозеи Анцәа ицәшәара? Ишԥаҳалшо ус еиԥш иҟоу ашәара еизҳарҳар? Насгьы избан изхәарҭоу аҳ имаҵуҩы Авдии, аԥхьаԥшьаҩы Иодаии, аҳ Иоаси рҿырԥштәқәа ҳрылацәажәар?

ИААНАГОЗЕИ АНЦӘА ИЦӘШӘАРА?

3. Ҳзыцәшәалар алшозеи ҳара, насгьы избан ус еиԥш иҟоу ашәара ахәарҭа ҳзаанагар залшо?

3 Ҳара ашәарҭара ангәаҳҭо ашәара ҳазцәырҵуеит. Ус еиԥш иҟоу ашәара ахәарҭа ҳзаанагоит. Уи ҟәыӷарала ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит. Иаҳҳәап, ҳара ҳкаҳар ҳәа ҳшәаны, ацаҟьа ахықә ахь ҳнеиӡом, насгьы ак ҳахьыр ҳәа ҳшәаны, ашәарҭара ҳҽацәаҳахьчоит. Мамзаргьы, иаҳзааигәоу ауаҩи ҳареи ҳаиҩызара бжьаҳхыр ҳәа ҳшәаны, игәы изырхьыр алшо акгьы ҳҳәаӡом, насгьы иҟаҳҵаӡом.

4. Иарбан шәароу Аҩсҭаа ииҭаху Иегова иҿаԥхьа иҳамазарц?

4 Аҩсҭаа иҭахуп ауаа Иегова иҿаԥхьа ишәаӡыӡаларц. Иара ауаа агәра диргар иҭахуп, Елифаз ишиҳәаз еиԥш, Иегова зшьа зуа, игәымбылџьбароу, згәы узыҟамҵо Нцәоуп ҳәа (Иов 4:18, 19). Аҩсҭаа иҭахуп Иегова ҳицәшәаны имаҵ аура ҳаҟәыҵырц. Уи ашьацҳәа ҳаҿамшәарц азы, Анцәа иахь ииашоу ашәара еизҳарҳалароуп.

5. Иаанагозеи Анцәа ицәшәара?

5 Анцәа иҿаԥхьа ииашоу ашәара змоу ауаҩы, Анцәа бзиа дибоит, насгьы реиҩызара бжьызхыр алшо ак ҟаиҵар иҭахӡам. Иисус убас еиԥш иҟаз ашәара акәын имаз. Абиблиаҿы иануп иара «Анцәа дицәшәон» ҳәа (Аур. 5:7). Уи ицәа дҭазырӡыӡоз ашәара акәӡамызт (Ис. 11:2, 3). Иисус гәыкала Иегова бзиа дибон, насгьы зегь рыла дизыӡырҩлар иҭахын (Иоанн 14:21, 31). Убас еиԥш ҳаргьы Иегова гәыкала пату иқәаҳҵоит, избанзар иара абзиабареи, аҟәыӷареи, аиашареи злоу, насгьы амч змоу Нцәоуп. Ҳара иаадыруеит Иегова даараӡа бзиа ҳшибо, насгьы ҳанымҩақәиҵо ҳхы шымҩаԥаҳго иара изы ишхадоу. Ҳара Иегова ма игәы иҳархьуеит, ма дҳаргәырӷьоит (Аԥсал. 78:41; Ажәам. 27:11).

ИШԤАҲАЛШО АНЦӘА ИҾАԤХЬА АШӘАРА ЕИЗҲАРҲАР?

6. Иҳацхраауазеи Анцәа иҿаԥхьа ашәара аизырҳара? (Аԥсалом 34:11).

6 Ҳара Иегова иҿаԥхьа ашәара ҳаланы ҳаиӡом — уи еизҳарҳалароуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 34:11.) Ишԥа? Иаҳҳәап, Анцәа ишамҭақәа анҭаҳҵаауа. Иегова ишамҭақәа иҟәыӷареи имчи ҳаилдыркаауеит, насгьы гәыкала бзиа ҳшибо ҳдырбоит. Ашамҭақәа шаҟа ирацәаны ҳрыхәаԥшуа аҟара, убриаҟара еиҳаны Анцәа пату иқәаҳҵалоит, насгьы бзиа даҳбалоит (Рим. 1:20). Е́идриен зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәоит: «Сара даара Иегова ишамҭақәа џьасшьоит. Иара аҟәыӷара ду илоуп! Убри аҟынтә сара агәрагаҵәҟьаны сыҟоуп, иара сара сзы еиҳа еиӷьу шидыруа». Еидриен ашамҭақәа дахьрызхәыцуаз абри аҩыза алкаа аҟаҵара илыцхрааит: «Изыҟасҵар акәзеи сыԥсҭазаара Иахыҵхырҭоу Иеговеи сареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьызхыр алшо акы?» Ишәылшома шәара ари амчыбжь азы аамҭа алхны, Анцәа ишамҭақәа руак шәазхәыцыр? Уи шәыцхраауеит Иегова еиҳагьы бзиа ибареи пату иқәҵареи (Аԥсал. 111:2, 3).

7. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара Иегова иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара аизырҳара?

7 Анцәа иҿаԥхьа ашәара аизырҳара иара убас анцәаиҳәара ҳацхраауеит. Иегова лассы-лассы ҳаниҳәо, еиҳа еиӷьны деилаҳкаауеит. Аԥышәарақәа ҳрықәшәацыԥхьаӡа Анцәа амч ҳаиҭарц азы ҳаниҳәо, иара шаҟа имч ӷәӷәоу ҳгәалаҳаршәоит. Иегова Иԥа иԥсы ахьҳахҭниҵаз азы ҭабуп ҳәа аниаҳҳәо, шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо ҳгәалаҳаршәоит. Уадаҩрак ҳанақәшәо, уи аӡбара дҳацхраарц азы ҳаниҳәо, шаҟа дҟәыӷоу дырҩегь иаҳгәалаҳаршәоит. Анцәаиҳәара Иегова еиҳагьы пату иқәҵара иҳацхраауеит. Иара убас анцәаиҳәара иареи ҳареи ҳаиҩызара иаԥырхагахар алшо акгьы ҟаҳамҵарц азы амч ҳнаҭоит.

8. Иҳацхраауазеи Анцәа еснагь ицәшәара?

8 Иҳацхраауазеи Анцәа еснагь ицәшәара? Абиблиа аҭҵаара. Ҳара уа иану ибзиоу, насгьы ибзиам аҿырԥштәқәа ҳрызхәыцуеит. Шәааи, раԥхьа Иегова гәыкала изыҟаз ҩыџьа ахацәа рҿырԥштәқәа ҳрылацәажәап: аҳ Ахав иаҳҭынра иахагылаз Авдии аԥхьаԥшьаҩы Иодаии. Анаҩс иудатәи аҳ Иоас иҿырԥшы ҳалацәажәап. Раԥхьа иара Иегова гәыкала дизыҟан, аха нас даанижьит.

АВДИ ИЕИԤШ АГӘЫМШӘАРА ШӘЫЛАЗ

9. Ишԥаицхраауаз Авди Иегова иҿаԥхьа имаз ашәара? (1 Аҳцәа 18:3, 12).

9 Абиблиаҿы Авдиb иӡбахә раԥхьаӡа акәны ианаҳԥыло, иара абас изҳәоуп: «Авди даара Иегова ицәшәоз уаҩын». (Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 18:3, 12.) Ишԥаицхрааи Авди Анцәа дахьицәшәоз? Иара еснагь аиаша зҳәоз, узықәгәыӷыртә иҟаз уаҩын, убри аҟынтә аҳ иаҳҭынра дахаиргылеит. (Иаҿшәырԥш Неемиа 7:2.) Иара убас Анцәа иҿаԥхьа ашәара, Авди агәымшәара аарԥшра ицхраауан. Иара уи аҟазшьа ада ԥсыхәа имамызт. Избанзар иара аҳ Ахав ихаан дынхон. Ахав «Иегова иҿаԥхьа ацәгьара ҟаиҵон, насгьы иаԥхьа иҟаз аҳцәа зегьы дреицәан» (1 Аҳ. 16:30). Уи адагьы, Ахав иԥшәмаԥҳәыс, Иезавель, Ваал димҵахырхәон. Лара Иегова убриаҟара дылцәымӷын, аҩадатәи аҳраҿы ииашоу амҵахырхәара ықәылгарц дашьҭан. Агәымбылџьбарара злаз уи аҳкәажә Анцәа иԥааимбарцәа аӡәырҩы лшьит (1 Аҳ. 18:4). Ааи, Авди иуадаҩыз аамҭақәа раан Иегова имаҵ иуан.

10. Ишԥааирԥши Авди агәымшәара ду?

10 Ишԥааирԥши Авди агәымшәара ду? Иезавель Анцәа иԥааимбарцәа анылшьуаз, иара урҭ рҟынтә 100-ҩык аҳаԥқәа рҿы иҵәахит, 50-ҩык 50-ҩык ҳәа еихшаны, насгьы ачеи аӡи рыгирхаӡомызт (1 Аҳ. 18:13, 14). Уи аӡәы еиликаазҭгьы, Авди дыршьуан. Ҳәарада, аԥсра аӡәгьы иҭахӡам, иаргьы уи иҭахӡамызт. Аха Авди ихы аасҭа Иеговеи уи имаҵ зуаз ауааи еиҳа бзиа ибон.

Аиашьа Иегова ишаҳаҭу хаҵеи-ԥҳәыси рыҩны дааҩналоит. Иара ахаҵа ажурнал ииҭоит, иԥҳәыс аӡәыр даауама ҳәа адәахьы ддәылԥшуеит.

Иегова ишаҳаҭцәа рус мап шацәкугьы аиашьа агәымшәара аарԥшны аишьцәеи аиҳәшьцәеи адоуҳатә фатә рызнеигоит. (Шәахәаԥш абзац 11.)d

11. Ишԥаиҿыԥшуеи ҳаамҭазы инхо Иегова имаҵзуҩцәа Авди? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Иахьа Иегова имаҵзуҩцәа аӡәырҩы Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылақәа рҿы инхоит. Дара аҳәынҭқарцәа пату рықәырҵоит. Аха Авди иеиԥш акыр иаҳзаԥсоу урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова дшаԥсоу еиԥш гәыкала имаҵ руеит (Матф. 22:21). Дара Анцәа ицәшәоит аҟынтә, ауаа ракәымкәа, иара изыӡырҩуеит (Аус. 5:29). Убри аҟынтә агәырӷьажәабжь аҳәара иаҟәыҵӡом, насгьы Анцәа имҵахырхәаларц азы агәҽанызаара аарԥшны еизоит (Матф. 10:16, 28). Дара рхы иеигӡаӡом аишьцәеи аиҳәшьцәеи адоуҳатә фатә рымазарц азы. Абар уаанӡа Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәкыз, Африка иҟоу тәылак аҟны инхо, Анри́ иҿырԥшы. Урҭ аамҭақәа раан аишьцәеи аиҳәшьцәеи алитература рымазарц азы Анри ихы дамеигӡаӡеит. Абар иара ииҩыз: «Сара сыԥхашьаҩуп. Убри аҟынтә, агәра ганы сыҟоуп, Иегова пату ахьиқәысҵо абзоурала шакәу агәымшәара зласоуз». Ишәылшома шәаргьы Анри иеиԥш агәымшәара шәылашәааӡар? Ишәылшоит, Анцәа иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара шәымазар.

АԤХЬАԤШЬАҨЫ ИОДАИ ИЕИԤШ ИЕГОВА ГӘЫКАЛА ШӘИЗЫҞАЗ

12. Ишԥаадырԥши Иодаи иԥшәмеи иареи Иегова гәыкала ишизыҟаз?

12 Аԥхьаԥшьаҩы Иодаи Иегова дицәшәон. Убри аҟынтә иара ихаҭагьы Иегова гәыкала дизыҟан, егьырҭгьы Иегова гәыкала имаҵ руларц ргәазҭеиҵон. Уи еиҳараӡак иубарҭахеит, Иезавель лыԥҳа Аталиа иудатәи аҳра лнапахьы ианаалга. Аталиа улыцәшәартә дыҟан. Лара рыцҳашьарак лыламызт, насгьы амчра лнапахьы иаалгарц азы лмоҭацәаҵәҟьагьы лшьырц лыӡбеит! (2 Аш. 22:10, 11). Иодаи иԥшәма, Иехошева, Иоас зыхьӡыз урҭ ахәыҷқәа руаӡәк деиқәлырхеит. Лхаҵеи лареи аҷкәын дҵәахны дрыман, насгьы ихылаԥшуан. Убас ала Иодаии Иехошевеи аҳ Давид ишьҭра мыӡырц азы ирылшоз ҟарҵеит. Иодаи Иегова гәыкала дизыҟан, насгьы Аталиа длыцәшәаӡомызт (Ажәам. 29:25).

13. Ишԥааирԥши дырҩегь Иодаи Иегова гәыкала дшизыҟаз, Иоас 7 шықәса анихыҵуаз?

13 Иоас 7 шықәса анихыҵуаз дырҩегь иубарҭахеит Иодаи Иегова гәыкала дшизыҟаз. Иара Иоас аҳас дҟаиҵарц азы аплан шьақәиргылеит. Уи ақәҿиара аиузҭгьы, аҳраҭыԥ закәанла изтәыз, Давид ишьҭра иатәыз, иоуан. Аха Иодаи дманшәаламхазҭгьы, дыршьыр ауан. Иегова ицхыраарала Иодаи дманшәалахеит. Аҳ дзыхьчоз ирхагылази, аҳҭынра зыхьчози, алевитцәеи рыцхыраарала Иодаи Иоас аҳас дҟаиҵеит, насгьы Аталиа дыршьырц адҵа ҟаиҵеит (2 Аш. 23:1—5, 11, 12, 15; 24:1). «Уи ашьҭахь Иодаи Иеговеи, аҳи, ажәлари аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит, урҭ анаҩсгьы Иегова ижәлар ракәны иаанхаларц азы» (2 Аҳ. 11:17). Уи адагьы, Иодаи «Иегова иҩны агәашәқәа раԥхьа ахьчаҩцәа иргылеит, уахь ицқьамыз аӡә дҭамларц азы, уи дзыцқьамыз зыхҟьазаалакгьы» (2 Аш. 23:19).

14. Ҳаҭыр шԥаиқәырҵеи Иодаи?

14 Уаанӡа Иегова иҳәахьан: «Сара ҳаҭыр сықәызҵо ҳаҭыр иқәысҵоит» (1 Сам. 2:30). Иара убас иагьыҟаиҵеит — Иодаи дизылԥхеит. Иаҳҳәап, уи аԥхьаԥшьаҩы иус бзиақәа ҳара хәарҭа рылаҳгарц азы Абиблиа ианырҵартә иҟаиҵеит (Рим. 15:4). Иодаи данԥсгьы ҷыдала пату иқәҵаны изныҟәеит. Абиблиаҿы иануп: «Иара Давид иқалақь аҿы аҳцәа ахьжыз дыржит, избанзар иара Израиль абзиарақәа ҟаиҵон, Ҳазшаз Анцәа изы, насгьы уи иҩназы» (2 Аш. 24:15, 16).

Иҳацхраалааит Анцәа иҿаԥхьа иҳамоу ашәара аԥхьаԥшьаҩы Иодаи иеиԥш аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала рыцхраара. (Шәахәаԥш абзац 15.)e

15. Иаҳнарҵозеи Иодаи изку ахҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

15 Иодаи изку ахҭыс ҳара зегьы Анцәа иҿаԥхьа ашәара аизырҳара иҳацхраар алшоит. Аизара аиҳабацәа Иодаи иҿыԥшлар рылшоит, рхы иамеигӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирхылаԥшлар, насгьы Иегова иуасақәа гәыкала ирыхьчалар (Аус. 20:28). Иодаи иҿырԥшы иара убас зықәрахь инеихьоу ргәы шьҭнахуеит. Дара Иегова ицәшәозар, насгьы гәыкала изыҟазар, рықәра ахьцаз азы дрыгәҭасӡом. Дара анаҩсгьы игәҭакы анагӡаразы иҟарҵалар рылшо рацәоуп. Иқәыԥшу рзы ибзиоуп Иегова Иодаи дшизыҟаз иазхәыцыр. Дара Анцәа иҿыԥшны, зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала пату рықәырҵалар рылшоит, еиҳараӡак акыршықәса Иегова имаҵ зуа (Ажәам. 16:31). Иара убас ҳара зегьы ҳарҿыԥшлар ҳалшоит Иодаи ивагыланы ицхраауаз аиҳабацәеи алевитцәеи. Шәааи «напхгара [ҳ]зызуа» аизара аиҳабацәа рҳәатәы хаҵаны, ҳрывагыланы аџьабаа ҳбалап (Аур. 13:17).

АҲ ИОАС ШӘИЕИԤШЫМХАН

16. Излоубарҭоузеи аҳ Иоас ихаҵара шыԥсыҽыз?

16 Иодаи аҳ Иоас дымҩақәиҵонаҵы, иара ииашаны ихы мҩаԥигон (2 Аҳ. 12:2). Уи аԥхьаԥшьаҩы ибзиаз инырра абзоурала, иқәыԥшыз аҳ Иегова иргәырӷьара дашьҭан. Аха Иодаи данԥсы ашьҭахь, Иоас Иегова даанзыжьыз аҭауадцәа ирҳәоз ҟаиҵо далагеит. Иалҵшәахазеи уи? Иаргьы ижәларгьы «иԥшьоу ашьаҟақәеи аидолқәеи ирымҵахырхәо иалагеит» (2 Аш. 24:4, 17, 18). Уи Иегова даараӡа игәы инархьит. «Иегова урҭ иара иахь ирхынҳәырц азы... аԥааимбарцәа рзынаишьҭуан, аха дара ӡырҩӡомызт». Дара Иодаи иԥа Захариаҵәҟьагьыc изыӡырҩӡомызт. Захариа Иегова иԥааимбар, насгьы аԥшьаҩы иакәын, уи инеиҳангьы, Иоаси иареи еиуацәан. Аха Иоас абриаҟара абзиарақәа изыҟазҵаз аҭаацәара рџьабаа даӷрагыланы, Захариа дыршьыртә адҵа ҟаиҵеит (2 Аш. 22:11; 24:19—22).

17. Ихьзеи Иоас?

17 Иоас Иегова иҿаԥхьа апатуқәҵара зныԥшуа ашәара имаӡамызт, уи ибзиоу ҳәа акгьы изаанамгаӡеит. Избанзар Иегова иҳәеит: «Сатәазымбо датәарбалаӡом» (1 Сам. 2:30). Ԥыҭрак ашьҭахь, зхыԥхьаӡара маҷыз сириатәи ар, зхыԥхьаӡара даара ирацәаз Иоас ир аҵадырхеит, Иоасгьы дырхәит. Сириаа анца ашьҭахь, Иоас имаҵуцәа еибыҳәаны дыршьит, уи Захариа ишьа ахькеиҭәаз азы. Ицәгьаз уи аҳ аҳцәа ахьыржуаз ижраҵәҟьагьы иаҭәашьамхаӡеит (2 Аш. 24:23—25).

18. Иҟаҵалатәузеи Иоас ҳиеиԥшымхарц азы, Иеремиа 17:7, 8 иану инақәыршәаны?

18 Иаҳнарҵозеи Иоас ихьыз? Иара здацқәа ҵаулам, аҵаргәақәа рыда икаҳауа аҵла даҩызан. Аҵаргәа изаҩызаз Иодаи даныҟамла, аԥша анасуа аарла игылоу аҵла шкаҳауа еиԥш, Иоас Анцәа даанзыжьыз ауаа анырра ирҭо ианалага, дкаҳаит. Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ма ҳҭаацәара иатәу анырра бзиа ахьҳарҭо мацаразы акәымзароуп Анцәа ҳазицәшәо. Ҳхаҵара ӷәӷәазарц азы ҳара ҳхаҭа Анцәа гәыкала ҳаизыҟазароуп, насгьы ҳицәшәалароуп. Уи азы есыҽны Абиблиа ҳаԥхьалароуп, ҳзыԥхьо ҳазхәыцлароуп, насгьы Анцәа ҳиҳәалароуп (шәаԥхьа Иеремиа 17:7, 8; Кол. 2:6, 7).

19. Дыззыԥшузеи ҳара ҳҟынтә Иегова?

19 Иегова ҳара ҳҟынтә амцхә дазыԥшӡам. Иара ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу иааркьаҿны Екклезиаст 12:13 аҿы иануп: «Анцәа уицәшәала, иԥҟарақәагьы урықәныҟәала. Убри ауп ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу». Ҳара Анцәа ҳицәшәозар, аԥхьаҟа ҳзықәшәо аԥышәарақәа ҳхаҳгоит, насгьы Авдии Иодаии реиԥш ҳшыӷәӷәоу ҳаанхоит. Убасҟан Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара акгьы аԥырхагахаӡом.

ИШӘГӘАЛАШӘОМА ШӘАРА?

  • Иаанагозеи Иегова ицәшәара?

  • Иарбан ихәарҭоу урокқәоу ирылаҳгар ҳалшо аҳ имаҵуҩы Авдии аԥхьаԥшьаҩы Иодаии ирызку ахҭысқәа?

  • Иҟаҵалатәузеи аҳ Иоас ҳиеиԥшымхарц азы?

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

a Абиблиаҿы ажәа «ашәара» аҵакы рацәа амоуп. Аконтекст инақәыршәаны уи иаанагозар ауеит ашәаӡыӡара, апатуқәҵара ма аҳаҭырқәҵара. Ари астатиа ус еиԥш иҟоу ашәара аизырҳара иҳацхраауеит. Уи абзоурала ҳара агәымшәара ааҳарԥшлоит, насгьы жәҩантәи Ҳаб гәыкала ҳаизыҟазаауеит.

b Ара зыӡбахә ҳәоу шәышықәсақәак рышьҭахь инхоз, насгьы ихьӡ зху абиблиатә шәҟәы зҩыз аԥааимбар Авди иакәӡам.

c Матфеи 23:35 аҿы иҳәоуп Захариа Варахиа иԥа иакәын ҳәа. Шьоукы ирҳәоит Иодаи, абиблиатә аамҭақәа раан ишаԥыз еиԥш, ҩ-хьӡык иман ҳәа. (Еиҿшәырԥш Матфеии 9:9 Марки 2:14.) Мамзаргьы иҟалап Варахиа Захариа иабду иакәызҭгьы, ма иабацәа рабацәа дреиуазҭгьы.

d АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Аишьцәа иқәдыргылаз ари асахьаҿы Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку аҭыԥ аҿы аиашьа адоуҳатә фатә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызнеигоит.

e АСАХЬА РҾЫ ИАҲБО. Иқәыԥшу аиаҳәшьа зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лҿы ҭелла ажәабжь аҳәашьа лҵоит; зықәрахь инеихьоу аиашьа ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы гәымшәарала ажәабжь иҳәоит, убас аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит; аԥышәа змоу аиашьа Аҳратә зал ахылаԥшышьа егьырҭ идирҵоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра