Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 ноиабр ад. 2—7
  • Иегова адгьыл шџьанаҭхо ҳақәиргәыӷуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова адгьыл шџьанаҭхо ҳақәиргәыӷуеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲЗЫҚӘИРГӘЫӶУАЗЕИ ИЕГОВА?
  • ИЕГОВА ИИҲӘАЗ ШЫНАИГӠО АЛА АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАҚӘА ҲАИҬОИТ
  • «САРА ЗЕГЬ ҾЫЦНЫ ИСШОИТ»
  • «АРҬ АЖӘАҚӘА ИАШОУП, УРЫҚӘГӘЫӶЫРТӘ ИҞОУП». «АРҬ АЖӘАҚӘА НАӠЕИТ!»
  • «САРА АЛЬФЕИ ОМЕГЕИ СОУП»
  • ИЕГОВА ҲЗЫҚӘИРГӘЫӶУА ШЫНАИГӠО АЛА ҲАГӘРАГАРА ҲАРӶӘӶӘАЛАР ШҲАЛШО
  • Игәы иҭеикзеи Анцәа ауаа рзы?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • «Џьанаҭ дгьыл аҿы ҳаиқәшәараҟынӡа!»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иегова игәҭакы хымԥада инаӡоит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 ноиабр ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46

Иегова адгьыл шџьанаҭхо ҳақәиргәыӷуеит

«Адгьыл аҿы Анцәа илԥха иашьҭазаауа дарбанзаалак, аҵабырг Анцәа диқәныҳәоит» (ИС. 65:16).

АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара

АХҲӘААa

1. Иарбан зхәыцроу аԥааимбар Исаиа израильаа идеилиркаарц ииҭахыз?

АԤААИМБАР Исаиа Иегова «аҵабырг Анцәа» ҳәа изиҳәеит. «Аҵабырг» ҳәа еиҭагоу ажәа (ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар «амин») иаанагоит «убас иагьыҟалаҵәҟьааит» (Ис. 65:16). Абиблиаҿы ажәа «амин» лассы-лассы рхы иадырхәоит Иеговеи Иисуси ражәа шынарыгӡо ашьақәырӷәӷәаразы. Идеилиркаарц ииҭахызи Исаиа израильаа? Иегова уиқәгәыӷыртә дшыҟоу, избанзар иара иажәа еснагь инаигӡоит.

2. Иарбан мзызқәоу Иегова иқәыргәыӷрақәа рыгәра агаразы иҳамоу, насгьы иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

2 Избан Иегова иқәыргәыӷрақәа рыгәра ҳгалар зҳалшо? Исаиа арҭ ажәақәа аниҩ ашьҭахь 800 шықәса раҟара анҵы, апостол Павел иҳәеит Иегова иқәыргәыӷрақәа рыгәра ҳгалар зҳалшо. Иара иҩит: «Анцәа амц изҳәаӡом» (Аур. 6:18). Ӡыхьк аҟынтә аӡы цқьеи иҵаау аӡи шзеицмаауа еиԥш, аҵабырг Анцәа, Иегова, амц изҳәаӡом. Ус анакәха иара ииҳәо зегьы агәрагара иаԥсоуп. Ари астатиа аҟны ҳара абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәоит: иарбан ԥеиԥшу Иегова ҳзықәиргәыӷыз? Избан иара иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ҳгалар зҳалшо?

ҲЗЫҚӘИРГӘЫӶУАЗЕИ ИЕГОВА?

3. а) Иарбан ԥааимбаражәоу Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы бзиа ирбо? (Аатра 21:3, 4). б) Иахырҳәаауазеи шьоукы уи ақәыргәыӷра аӡбахә анраҳауа?

3 Ҳара еилҳаргоит Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы бзиа ирбо аԥааимбаражәа. (Шәаԥхьа Аатра 21:3, 4.) Иегова ҳақәиргәыӷуеит «уаҳа иҟалаӡом аԥсра, агәырҩа, аҵәыуара, ахьаагьы уаҳа иҟалаӡом» ҳәа. Ауаа џьанаҭ аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо анырзеиҭаҳҳәо ҳара лассы-лассы арҭ ажәақәа ҳарзаԥхьоит. Ирҳәозеи дара арҭ ажәақәа анраҳауа? Шьоукы ирҳәоит: «Уи лакәуп».

4. а) Иидыруази Иегова уи аԥааимбаражәа аниҳәоз? б) Иҳамоузеи иҵегьы Иегова иҳаиҭаз ажәа ада?

4 Ҳәарада, Иегова идыруан ажәабжьҳәараҿы ауаа Аатра иану аԥааимбаражәа ҳшырзаԥхьало. Уи адагьы иара идыруан аӡәырҩы урҭ ажәақәа рыгәра агара шырцәыцәгьахо (Ис. 42:9; 60:2; 2 Кор. 4:3, 4). Агәра ҳзыргозеи Аатра 21:3, 4 иану хымԥада ишынаӡо, насгьы иҳацхраауазеи уи шынаӡо егьырҭ агәра дыргара? Иегова иҳаиҭаз ажәа шынаигӡо агәра ҳзырго ашьақәырӷәӷәарақәа ҳаиҭеит. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу урҭ?

ИЕГОВА ИИҲӘАЗ ШЫНАИГӠО АЛА АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАҚӘА ҲАИҬОИТ

5. Иарбан мзызқәоу Иегова иқәыргәыӷра агәра агаразы иҳамоу, насгьы иарбанқәоу урҭ?

5 Иегова ииҳәаз агәра ҳгалар шҳалшо шьақәзырӷәӷәо ажәақәа ануп Аатра 21:5, 6 аҿы. Иара адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо аниҳәа ашьҭахь, иаразнак урҭ ажәеинраалақәа рҿы иану ажәақәа иҳәеит. Уа ҳара ҳаԥхьоит: «Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит: „Абар, сара зегь ҿыцны исшоит“, нас иациҵеит: „Ианҵа, избанзар арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп“. Иара ус сеиҳәеит: „Арҭ ажәақәа наӡеит! Сара Альфеи Омегеи соуп, алагамҭеи анҵәамҭеи“».

6. Ишԥадырӷәӷәо Аатра 21:5, 6 иану ажәақәа Анцәа иқәыргәыӷрақәа рахь ҳагәрагара?

6 Арҭ абиблиатә жәеинраалақәа Анцәа иқәыргәыӷрахь иҳамоу агәрагара дырӷәӷәоит. Абар урҭ ирызкны ашәҟәы «Апогей Откровения» аҿы иану: «Уи Иегова ауаа иашақәа дшырзылԥхо зну адокумент инапы аҵаиҩуашәа иаҩызоуп»b. Аатра 21:3, 4 — уи Иегова ҳзықәиргәыӷуа ауп. Анаҩстәи ҩ-жәеинраалак рҿы уи ақәыргәыӷра инапы аҵаиҩит. Уи Анцәа иажәақәа рыгәра агара ишаԥсоу шьақәнарӷәӷәоит. Шәааи 5-тәи, 6-тәи ажәеинраалақәа инарҭбааны ҳрылацәажәап, насгьы ихадоу ганқәак ҳарзааҭгылап.

7. Ҷыдарас ирымоузеи 5-тәи ажәеинраала злалаго ажәақәа?

7 5-тәи ажәеинраала абас иалагоит: «Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит» (Аат. 21:5а). Ашәҟәы Аатра аҿы Иегова аӡәы ила акәымкәа, ихаҭа данцәажәоз х-ҭагылазаашьак ануп. Ари урҭ ируакуп. Ус анакәха, уа иану шынаӡо агәра ҳзырго амаалықь иакәӡам, зыԥсы ҭалаз Иисусгьы иакәӡам, уи ҳазҳәо Иегова ихаҭа иоуп. Уи анаҩс иану ажәақәа еиҳагьы агәрагара ишаԥсоу ҳнарбоит. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар Иегова «амц ззымҳәо» иоуп (Тит 1:2). Убас ала 5-тәи ажәеинраала алагамҭа агәра ҳнаргоит Аатра 21:5, 6 аҿы иану агәра агара ишаԥсоу.

«САРА ЗЕГЬ ҾЫЦНЫ ИСШОИТ»

8. Иаҵшьны ишԥеиҳәеи Иегова иқәыргәыӷра шынаӡо? (Исаиа 46:10).

8 Уажәшьҭа ҳрылацәажәап ажәақәа «сара зегь ҿыцны исшоит» (Аат. 21:5). Аоригинал бызшәаҿы арҭ ажәақәа злалаго ажәа еиҭоугар алшоит «уахәаԥш» мамзаргьы «уӡырҩы» ҳәа. Уи ажәа ашәҟәы Аатра аҿы акырынтә иуԥылоит. Еилыркаагак излаҳәо ала уи ажәа аԥхьаҩ анаҩс иану дазхьанарԥшырц хықәкыс иамоуп. Ианузеи нас анаҩс? Иазгәашәҭ Иегова «сара исшалоит» ҳәа акәым, «сара исшоит» ҳәа шиҳәаз. Анцәа ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу аиҭакрақәа аҟалара иаҿу акы еиԥш дахцәажәоит. Ус анакәха, иара иқәыргәыӷрақәа шынаӡо агәра ганы дыҟоуп. (Шәаԥхьа Исаиа 46:10.)

9. а) Ишԥаҟаиҵо Иегова зегь ҿыцны? б) Ирыхьуазеи уажәы иҟоу «ажәҩани» «адгьыли»?

9 Шәааи ажәақәа «сара зегь ҿыцны исшоит» ирымоу даҽа ганкгьы ҳахцәажәап. Ишԥаҟаиҵо Иегова зегь ҿыцны? Иҟоуп ииԥсахуа, иҟоуп еиҭашьақәиргыло. Ииԥсахуазеи Иегова? Аатра 21:1 аҿы иануп: «Уаанӡатәи ажәҩани адгьыли ықәӡааит». «Уаанӡатәи ажәҩан» — Аҩсҭааи адемонцәеи рнапаҵаҟа иҟоу аполитикатә мчрақәа аанарԥшуеит (Матф. 4:8, 9; 1 Иоанн 5:19). Абиблиаҿы ажәа «адгьыл» зны-зынла адгьыл иқәынхо ауаа аанарԥшлар алшоит (1 Аш. 16:31; Аԥсал. 96:1). Ус анакәха, «уаанӡатәи адгьыл» — ҳаамҭазы инхо ауаа цәгьақәа аанарԥшуеит. Иегова уажәы иҟоу «ажәҩани» «адгьыли» рыриашара ма рыԥсахра далагаӡом. Иара урҭ зынӡа иқәигоит, насгьы «ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци» — даҽакала иуҳәозар, анапхгара ҿыци ауаа иашақәеи — рыла иԥсахуеит.

10. Еиҭашьақәиргылозеи Иегова?

10 Аха Иегова зегь рыԥсахра далагаӡом, иара еиҭашьақәиргылогьы ҟалоит, уи ҿыцны иҟаларц азы (Аат. 21:5). Иегова адгьыли ауааи ихәышәтәуеит, насгьы инаӡаны иҟаиҵоит. Исаиа ԥааимбаражәаны иҳәеит ҳадгьыл иԥшӡоу Едемтәи абаҳча еиԥш ишыҟало. Ҳара зегьы иаҳбоит Иегова ҳшихәышәтәуа, насгьы амч ҿыцқәа шҳаиҭо. Ицыркьуа, илашәу, идагәоу имцыркьуа, ирбо, ираҳауа иҟалоит. Иԥсызҵәҟьагьы рыԥсы ҭалоит! (Ис. 25:8; 35:1—7).

«АРҬ АЖӘАҚӘА ИАШОУП, УРЫҚӘГӘЫӶЫРТӘ ИҞОУП». «АРҬ АЖӘАҚӘА НАӠЕИТ!»

11. Дҵас ииҭазеи Иегова Иоанн, насгьы избан?

11 Ииҳәазеи Иегова иҵегьы игәра ҳгаларц азы? Иара Иоанн иеиҳәеит: «Ианҵа, избанзар арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп» (Аат. 21:5). Анцәа «ианҵа» ҳәа адагьы, уи занҵатәугьы иҳәеит: «Избанзар арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп». Шаҟа ҳаигәырӷьозеи Иоанн Анцәа иеиҳәаз ахьыҟаиҵаз! Уи абзоурала Иегова адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо ҳдыруеит, насгьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аԥсҭазаара бзиа ҳазхәыцлар ҳалшоит.

12. Избан Иегова изиҳәаз: «Арҭ ажәақәа наӡеит!»?

12 Ииҳәозеи иҵегьы Анцәа? «Арҭ ажәақәа наӡеит!» (Аат. 21:6). Иегова иҟалараны иҟоу џьанаҭ иҟалахьоу ак еиԥш дахцәажәоит. Анцәа ус аҳәара азин имоуп, избанзар игәҭакы анагӡара аӡәы диԥырхагахар ма ак иԥырхагахар алшаӡом. Анаҩс Иегова игәра ҳгалар зҳалшо ҳаилзыркаауа даҽа шьақәырӷәӷәаракгьы ааигоит.

«САРА АЛЬФЕИ ОМЕГЕИ СОУП»

13. Избан Иегова изиҳәаз: «Сара Альфеи Омегеи соуп»?

13 Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш Аатраҿы Иегова ихаҭа иажәақәа хынтә иуԥылоит (Аат. 1:8; 21:5, 6; 22:13). Урҭ ах-ҭыԥк рҿы Иегова иҳәоит: «Сара Альфеи Омегеи соуп». Альфа — абырзен алфавит аҿы актәи нбануп, омега — аҵыхәтәантәи нбануп. Иегова «Альфеи Омегеи» ҳәа аниҳәо иаҳирбоит иара акы далагазар, аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо.

Асахьақәа реизга «Иегова игәҭакы анаӡара»: 1) «Альфа»: Адами Евеи Едемтәи абаҳчаҿы; 2) аҿагылара иалҵшәахаз: маалықь цәгьаны иҟалаз Аҩсҭаа, иажәыз Адами Евеи, Вавилонтәи абааш, анышәынҭра, асолдаҭцәа, атанк, аибашьыгатә ҳаирпланқәа, аҳауа зҟьашьуа ааглыхратә ргыларақәа, насгьы аҿагылара иалахәу ауаа. Анаҩстәи ҩ-сахьак рҿы Иегова игәҭакы хәыҷы-хәыҷла анаӡара ишаҿу ануп: Иисус агәаҟратә шьаҟаҿы дыкнаҳауп (ҳҿыхын), насгьы уаанӡатәии иахьатәии Иегова имаҵзуҩцәа (Адами Евеи ирхылҵыз ауаа иашақәа); 3) «Омега»: ауаа џьанаҭ дгьыл аҿы гәыкала аус еицыруеит.

Иегова акы далагазар, уи аҵыхәтәанынӡа инаигӡоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 17.)

14. а) Иҳаилшәыркаа Иегова, инықәырԥшны иуҳәозар, «Альфа» ҳәа аниҳәа, насгьы «Омега» ҳәа аниҳәо. б) Зыгәра ҳдыргои Аҟазаара 2:1—3 иану ажәақәа?

14 Иегова Адами Евеи аниша ауааи адгьыли рзы гәҭакыс имоу реиҳәеит. Абиблиаҿы ҳара ҳаԥхьоит: «Анцәа урҭ дрықәныҳәеит, иагьреиҳәеит: „Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала“» (Аҟаз. 1:28). Убасҟан Иегова «Альфа» ҳәа иҳәеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара гәҭакыс имоу еилыкка иҳәеит: Адами Евеи ирхылҵуа аҳәатәхаҵара злоу инаӡоу ауаа адгьыл ықәдырҭәаауеит, џьанаҭны иагьыҟарҵоит. Уи аныҟалалак Иегова «Омега» ҳәа иҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Анцәа ажәҩани адгьыли аниша ашьҭахь уи шыҟалаҵәҟьо ажәа ҳаиҭеит. Уи аӡбахә ануп Аҟазаара 2:1—3 аҿы (шәаԥхьа). Уа иҳәоуп Иегова абыжьбатәи амш иԥшьоу мшны ишалихыз. Убас ала Анцәа агәра ҳиргеит уи амш аҵыхәтәаны игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо.

15. Избан угәы иаанагар залшоз Аҩсҭаа ихҟьаны Анцәа игәҭакы анагӡара илшаӡом ҳәа?

15 Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла гәнаҳаҟаҵаҩцәахеит, насгьы ирхылҵыз зегьы агәнаҳаи аԥсреи иаҵалеит (Рим. 5:12). Иаанагозма уи Иегова игәҭакы изынагӡаӡом, насгьы адгьыл инаӡоу аҳәатәхаҵара злоу ауаа ирзықәырҭәааӡом ҳәа? Илымшаӡои уажәшьҭа Анцәа Аҩсҭаа ихҟьаны «Омега» ҳәа аҳәара? Иҟалап Аҩсҭаа игәы иаанагозҭгьы Иегова иҟаиҵо изымдыруа дықәирхеит ҳәа. Иара игәы иаанагозар ҟаларын Анцәа имоу авариантқәа рацәаӡам ҳәа. Урҭ руак — Адами Евеи ықәганы инаӡоу даҽа хаҵеи-ԥҳәыси ршара ауп. Аха Иегова ус ҟаиҵазҭгьы, Аҩсҭаа Анцәа дымцҳәаҩуп ҳәа иҳәон. Избан? Избанзар Аҟазаара 1:28 иану инақәыршәаны, Иегова Адами Евеи иреиҳәеит дара ирхылҵуа шракәу адгьыл ықәзырҭәаауа.

16. Избан Аҩсҭаа игәы иаанагар залшоз, Иегова дызлагаз изынагӡаӡом ҳәа ахара идҵара илшоит ҳәа?

16 Дзықәгәыӷуазар алшози иҵегьы Аҩсҭаа? Иҟалап иара игәы иаанагозҭгьы Иегова Адами Евеи ахәыҷқәа рымазарц алшара риҭаргьы, урҭ ахаангьы инаӡаны изыҟалаӡом ҳәа (Еккл. 7:20; Рим. 3:23). Усҟан Аҩсҭаа Иегова ахара идиҵон дызлагаз изынамыгӡаӡеит ҳәа. Избан? Избанзар уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы Анцәа игәҭакы — инаӡоу, насгьы аҳәатәхаҵара злоу ауаа рыла џьанаҭ дгьыл арҭәра — наӡаӡомызт.

17. Ишԥахирбгалеи Иегова Аҩсҭаа ипланқәа, насгьы ишԥеилго аҵыхәтәаны зегьы? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

17 Иегова Аҩсҭаа ипланқәа зегь хирбгалеит (Аԥсал. 92:5). Иара Адами Евеи ахәыҷқәа рымазарц алшара риҭеит. Убри аҟынтә Аҩсҭаа Анцәа дымцҳәаҩуп ҳәа изҳәаӡомызт. Уи адагьы, Иегова дызлагаз изынамыгӡаӡеит ҳәа ахара изидҵаӡомызт. Избанзар Анцәа илшоз зегь ҟаиҵеит «ахылҵ» дҟаларц. Уи ауаа иԥсҭазаара рыхҭниҵеит, насгьы Адами Евеи ирхылҵыз аҳәатәхаҵара злаз ауаа еиқәирхеит (Аҟаз. 3:15; 22:18). Аҩсҭаа ихаҿгьы изаагомызт Иегова уи аҩыза игәаӷьып ҳәа. Избан? Избанзар Иегова уи изырҟаҵаз абзиабара ӷәӷәа ауп (Матф. 20:28; Иоанн 3:16). Аҩсҭаа уи аҩыза ацәанырра илаӡам, избанзар иара ихы мацароуп дзызхәыцуа. Иарбан лҵшәоу аҿыхра иаанаго? Христос Зқьышықәсатәи инапхгара аҵыхәтәаны џьанаҭ дгьыл аҿы Адами Евеи ирхылҵыз инаӡоу, насгьы аҳәатәхаҵара злоу ауаа нхалоит. Зегьы Анцәа раԥхьа игәы ишҭеикыз еиԥшҵәҟьа иҟалоит. Убасҟан Иегова «Омега» ҳәа иҳәоит.

ИЕГОВА ҲЗЫҚӘИРГӘЫӶУА ШЫНАИГӠО АЛА ҲАГӘРАГАРА ҲАРӶӘӶӘАЛАР ШҲАЛШО

18. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу агәра ҳзырго адгьыл зегьы џьанаҭны ишыҟало? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Иегова иқәыргәыӷра шынаигӡо агәра ҳзырго х-мзызк».)

18 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргеит адгьыл џьанаҭны ишыҟало агәра ҳзырго ашьақәырӷәӷәарақәа. Зегь раԥхьа иргыланы Иегова ихаҭа иоуп уи зҳәо. Ашәҟәы Аатра аҿы иануп: «Абар, сара зегь ҿыцны исшоит». Анцәа ҳзықәиргәыӷыз анагӡаразы аҟәыӷареи, амчи, агәаҳәареи имоуп. Уи адагьы, Иегова иажәақәа хымԥада ишынаӡо идыруеит, убри аҟынтә уи иҟалахьоу ак еиԥш далацәажәоит. Убри азоуп иара абас зиҳәаз: «Арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп», насгьы «Арҭ ажәақәа наӡеит!» Иара убас Иегова дызлаго зегьы аҵыхәтәанынӡа инаигӡоит. Избанзар иара «Альфеи Омегеи» ҳәа ихы иазиҳәоит. Иегова иаҳирбоит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу, насгьы игәҭакы анагӡараҿы диԥырхагахар шилымшо.

Иегова иқәыргәыӷра шынаигӡо агәра ҳзырго х-мзызк

Убла хызкуа алашара ахьынтәаауа атәарҭа. Уи Иегова даанарԥшуеит.
  • «Аҳ итәарҭаҿы итәаз ус иҳәеит: „Абар, сара зегь ҿыцны исшоит“» (Аат. 21:5).

Апостол Иоанн апергамент аҿы дыҩуеит.
  • «[Иара] иациҵеит: „Ианҵа, избанзар арҭ ажәақәа иашоуп, урықәгәыӷыртә иҟоуп“. Иара ус сеиҳәеит: „Арҭ ажәақәа наӡеит!“» (Аат. 21:5, 6).

Абырзен алфавит анбанқәа — альфеи омегеи.
  • «Сара Альфеи Омегеи соуп» (Аат. 21:6).

19. Иҟашәҵар шәылшозеи ауаҩы Анцәа адгьыл зегь џьанаҭны ишыҟаиҵо агәра агара ицәыцәгьазар?

19 Ишәхашәмыршҭлан: Иегова иқәыргәыӷрақәа рыӡбахә ажәабжьҳәараҿы ауаа ирзеиҭашәҳәацыԥхьаӡа, иара иахь шәыгәрагара еиҳагьы ишәырӷәӷәалоит. Аха ауаҩы Аатра 21:4 шәанизаԥхьа, уи лакәуп ҳәа шәеиҳәазар, иҟашәҵар шәылшозеи? Ишәылшома 5-тәи 6-тәи ажәеинраалақәа шәизаԥхьаны иеилшәыркаар? Ишәырба Иегова ҳзықәиргәыӷыз шынаигӡаҵәҟьо ала ажәа шҳаиҭаз, иара уи шынаигӡо агәра ҳиргарц азы инапы аҵеиҩит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Ис. 65:16).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳгәы шԥашьҭнахуеи Иегова адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо ала ихаҭа ажәа ахьҳаиҭо?

  • Иарбан Иегова ииҳәаз ажәақәоу агәра ҳзырго иқәыргәыӷра шынаӡо?

  • Иҟаҳҵалар ҳалшозеи Анцәа ҳзықәиргәыӷуа шынаигӡо ала ҳагәрагара ҳарӷәӷәаларц азы?

АШӘА 145 Анцәа ҳзықәиргәыӷыз џьанаҭ дгьыл

a Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова адгьыл џьанаҭны ишыҟаиҵо ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Урҭ ашьақәырӷәӷәарақәа рыӡбахә ауаа ирзеиҭаҳҳәацыԥхьаӡа, ҳхаҭагьы Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь ҳагәрагара ӷәӷәахалоит.

b Шәахәаԥш ашәҟәы «Откровение: его грандиозный апогей близок!», адаҟьа 303, абзацқәа 8, 9.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра