Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Аинтерес аазырԥшыз ауаа ирызку аинформациа шанҵалатәу
Есааира «ухеилкаара уаҿыз, ирылаурҵәо аҵараҿы уҽырҵаулала» (1 Тим. 4:16). Павел Тимофеи ииҭаз Анцәа идоуҳа зҵоу алабжьара аҟынтәи излоубарҭоу ала, аевангелие ажәабжьҳәаҩцәа реиԥш ҳара доуҳала ҳаизҳалар ауп, ажәабжьҳәара ҳаҿуижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы. Уи аҿы ҳара ацхыраара ҳнаҭоит «Ҳаҳратә маҵзураҿы» иаагоу арубрика ҿыц «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит». Ари арубрика аҟынтә астатиақәа рҿы ҳалацәажәалоит ихадоу аҟазарақәа руак, насгьы иҳаҭахоит алабжьарақәа. Амза аҩныҵҟа зегьы ргәы азҭаҵахоит уи аҟазара еиӷьыртәларц. Амза анҵәамҭазы амаҵзуратә еиԥылараҿы иҟалоит апункт, уа ҳара иҳалшоит еиҭаҳҳәарц еиҳа иаҳнырыз, насгьы иааҳгар ҳалшоит хҭыск. Ари амза аҩныҵҟа ҳара аус адааулалоит аинтерес аазырԥшыз ауаа ирызку аинформациа шанҵатәу.
Избан уи зхадоу. Ҳара иҳаду ажәабжьҳәара мацара акәӡам. Аинтерес аазырԥшыз ауаа рахь ҿыц анеира ҳахәҭоуп, Аҩыра иану дырҵаразы, илаҳҵаз аҵабырг ажәла аӡы аҵаҭәо (Матф. 28:19, 20; 1 Кор. 3:6—9). Ари иаанагоит ауаҩы аҩны даныҟоу анеира, игәы иҵхо атема алацәажәара, насгьы иааирԥшыз аинтерес аизырҳара. Убри аҟынтә аинтерес аазырԥшыз ауаҩы дҳақәшәазар, ихадоуп аинформациа анҵара.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Аинформациа анануҵо, уҩызагьы изеиҭаҳәала.