АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ | ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Абиблиа ухы иархәала
Анцәа Иажәа, Абиблиа, амч ду амоуп! (Аур. 4:12). Анцәа дыззымдыруа ауаа Абиблиа иану анеилыркаалак, уи ргәаҵанӡа инеир алшоит (1 Фес. 1:9; 2:13). Ҳара даара ҳаигәырӷьоит аӡәы иҳарбаз абиблиатә ҵабырг ахә шишьо анаҳбо!
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИАҲЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА. АМАҴЗУРАҾЫ ИШӘЫМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬЫШӘТӘЛА: АНЦӘА ИАЖӘА АУС АУЛААИТ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Дышԥалыцхрааи Нита Џьеид азҵаарақәа рҭак Анцәа Иажәаҿы рыԥшаара еиҳа ишеиӷьу аилкаара?
Избан Нита Џьеид абиблиатә жәеинраала лыбжьы ҭыганы даԥхьарц дызлыҳәаз, анаҩс ихадоу азхәыцра залылкааз?
Иаҳзырбозеи абиблиатә жәеинраала Џьеид лгәаҵанӡа ишнеиз? Угәы ишԥаанаго, лгәы иахәама уи Нита?