АҬҴААРАЗЫ АТЕМА
Иегова шәеиқәырхара шилшо агәра ганы шәыҟаз
Шәаԥхьа Ахыԥхьаӡарақәа 13:25—14:4. Арҭ ажәеинраалақәа иаҳдырбоит израильаа Иегова игәра шырымгаз.
Аконтекст шәазхәыц. Избан израильаа Иегова реиқәырхара шилшоз аганахь ала агәыҩбара рызцәырымҵыр захәҭаз? (Аԥсал. 78:12—16, 43—53). Избан дара Иегова игәра агара изаҟәыҵыз? (Ҩынтә. 1:26—28). Ишԥаадырԥши Иисус Навини Халеви Анцәа игәра шыргоз? (Ахыԥхь. 14:6—9).
Акәамаҵамарақәа шәрызхәыц. Ишԥарылшоз израильаа Иегова иахь рхаҵара арӷәӷәара? (Аԥсал. 9:10; 22:4; 78:11). Ишԥеидҳәалоу Иегова игәра агареи иара иахь апатуқәҵара аарԥшреи? (Ахыԥхь. 14:11).
Еилышәкааз шәхы иашәырхәар шшәылшо шәазхәыц. Шәхы шәазҵаа:
«Иарбан ҭагылазаашьақәоу Иегова игәра агара ахьысцәыуадаҩхарыз?»
«Исыцхраауазеи иахьагьы аԥхьаҟагьы еиҳа Иегова игәра агара?»
«Сзацәымшәалар сыхәҭои арыцҳара ду?» (Лука 21:25—28).