Ишәгәалашәома шәара?
Шәхы азышьҭны шәрыԥхьозма ари ашықәс азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа? Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак шыҟашәҵо:
Ҳгәазҭазҵозеи Иегова ирҳаракра?
Ҳара Иегова дҳараҳкуеит, избанзар даараӡа пату иқәаҳҵоит, бзиа даҳбоит, насгьы дзеиԥшроу ауаа ирдыруазар ҳҭахуп (w25.01, адаҟьа 3).
Иҳацхраар алшозеи ҳзыргәааз ауаҩы игха ианажьра, уи анымариамгьы?
Ҳара ҳцәаныррақәа аамҭа рзаҳкроуп, аха убри аамҭазгьы иаҳдыруазароуп, ҳгәалақәа анҳхаҳаршҭуа, урҭ ҳԥырхагахартә шрылҳмыршо (w25.02, адаҟьақәа 15—16).
Избан иқәыԥшу аишьцәа Марк иҿыԥшлар зыбзиоу?
Марк аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡара дазхиан. Имаҵзураҿы игәы изырхьыз аҭагылазаашьа дшақәшәазгьы, игәы каимыжьӡеит. Марк Павели егьырҭ доуҳала ишәыз ақьырсианцәеи рҩызахара дашьҭан (w25.04, адаҟьақәа 26—27).
Ииҳәарц ииҭахызи Иисус, «Сара урҭ ухьӡ рзаасыртит» ҳәа аниҳәа? (Иоанн 17:26).
Ҳәарада, Иисус иҵаҩцәа Анцәа ихьӡ рдыруан. Убри аҟынтә иара урҭ Анцәа ихьӡ аҵакы реилиркааит. Иисус иҵаҩцәа дрыцхрааит Иегова игәҭаки, иусқәеи, иҟазшьақәеи еиӷьны реилкаара. (w25.05, адаҟьақәа 20—21).
Еилаҳкаауазеи ҳара, ахынраалара ҳалазар?
Ҳара иаҳзымдыруа шырацәоу еилаҳкаауеит. Иаҳҳәап, ҳара иҳаздырӡом уаҵәы иҟало, ари адунеи аҵыхәтәа анааиуа, насгьы уи аамҭа анааилак, Иегова дҳацхраарц азы иҟаиҵо. Иара убас ҳара аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилкааӡом Иегова шаҟа ибзианы ҳаидыруа (w25.06, адаҟьақәа 14—19).
Иҟаҳҵар ҳалшозеи, аҵаразы астатиа ма иаарту ажәахә еиҳаны ахәарҭа ҳзаанагарц азы?
Абарҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар ҳалшоит: «Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу автор (ажәахәҟаҵаҩ) ихы иаирхәо, аԥхьаҩ (иазыӡырҩуа ауаҩы) ииҳәо агәра игарц азы?» Иарбан ҿырԥштәу игәныскылар сылшо, аҵабырг егьырҭ иандсырҵо схы иасырхәарц азы? Изызцәырҵыр алшода ари атемахь аинтерес?» (w25.07, адаҟьа 19).
Иҳаилнаркаауазеи Давид ихҭыс Иегова ауаа рыгхақәа шранаижьуа иазкны?
Давид агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит, аха гәыкала данахьхәы, Иегова урҭ ианаижьит (1 Аҳ. 9:4, 5) Иегова ҳагәнаҳақәа анҳанаижьлак ашьҭахь урҭ игәалашәаӡом, насгьы урҭ рзы уаҳа ахаан ҳахьирхәлаӡом (w25.08, адаҟьа 17).
Иҟаҵатәузеи Абиблиа зшәырҵо ауаҩы темак аилкаара ицәыцәгьазар?
Шәара уи атема Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны иеилшәыркаахьазар, аха иара уеизгьы уи аилкаара ицәыцәгьазар, уи атема ааныжьны ԥхьаҟа шәца, нас ԥыҭрак ашьҭахь шәеиҭахынҳә (w25.09, адаҟьа 24).
Абиблиа иаҳәоит агәнаҳа ҳажьар алшоит ҳәа (Аур. 3:13). Ишԥа?
Уи иҽеим ак ҳнарҟаҵар алшоит, иара убас Иегова бзиа ҳшибо ала агәыҩбара ҳазцәырнагар ауеит. (w25.10, адаҟьа 16).
Иарбан лабжьарақәоу ҳаҳәарақәа еиӷьаҳтәырц азы изықәныҟәалатәу, урҭ Анцәа изааигәахара иҳацхрааларц азы?
1) Иегова иҟазшьақәа шәрызхәыцла. 2) Иегова иашәҳәарц ишәҭаху шәазхәыц. Абарҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа шәхы иашәҭ: «Иарбан уадаҩрақәоу уажәы исымоу? Сгәы сзырхьыз аӡәы ианажьра сцәыцәгьоума?» 3) Шәмыццакӡакәа Анцәа шәиҳәала. Шәмыццакӡакәа, ԥыҭраамҭак Анцәа шәиацәажәалар, шәгәы аартны зегь изеиҭаҳәаразы алшара шәоуеит (w25.10, адаҟьа 19).
Ишԥаҳалшо зықәрахь инеихьоу ҳрыцхраалар?
Иааиԥмырҟьаӡакәа зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь ҳцалар, насгьы аҭел ҳарзаслар. Аҳақьым иахь ианцо, ҳрыццалар. Еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла ажәабжь бзиа рыцаҳҳәалар (w25.11, адаҟьақәа 6—7).
Иҟарҵар акәзеи арԥыси аԥҳәызбеи рчара Иегова ихьӡ ҭнагарц азы?
Иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу азакәанқәа ирықәныҟәалароуп. Рчара ишақәнагоу, насгьы гьамала имҩаԥысыртә еиԥш зегь еиҿыркаароуп. Ламысла-патула рҽеиларҳәароуп. Абиблиа иаҿагыло аҵасқәа рҽырцәырыхьчароуп. Рчара аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы заа ирылацәажәароуп (w25.12, адаҟьақәа 21—24).