АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41
АШӘА 108 Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
Иегова ибзиабара наӡаӡа иҟазаауеит
«Иегова ҭабуп ҳәа иашәҳәала, избанзар иара дқьиоуп. Гәыбылрала иҭәу ибзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» (АԤСАЛ. 136:1).
ЕИЛАҲКААУА
Иегова бзиа ҳшибо агәра анаҳго иуадаҩу аамҭақәа раан ишҳацхраауа.
1, 2. Рхы шԥарбо ақьырсианцәа аӡәырҩы ауадаҩрақәа ианрықәшәо?
ШӘХАҾЫ иаажәг ицәқәырԥо амшын иху анышь. Ацәқәырԥақәа уи анышь анахь-арахь икыдырҟьоит. Уи анышь еиқәхарц азы аԥырсал амазароуп. Аԥырсал абзоурала анышь иахьакәым иагаӡом.
2 Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, уи анышь иақәтәоу реиԥш ҳхы ҳбалар ҟалоит. Ҳемоциақәа ацәқәырԥақәа реиԥш рҽырыԥсахлар алшоит. Иахьа Иегова бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟоуп, аха уаҵәы ҳауадаҩрақәа имбошәа ҳгәы иаанагар ауеит (Аԥсал. 10:1; 13:1). Аӡәы жәа хаак ҳаиҳәар, аамҭак иҳазхоит (Ажәам. 17:17; 25:11). Аха нас еиҭах ҳлакҩакуа ҳалагоит. Иегова ҳаанижьызшәагьы ҳбалар алшоит. Убасҟан ҳаргьы аԥырсал — Иегова бзиа ҳшибо, дагьшҳацхраауа агәрагара — ҳҭахуп. Ишԥаҳалшо уи аҩыза агәрагара еизҳарҳар, насгьы иҳахьчар?
3. а) Изакәызеи Аԥсалом 31:7 насгьы 136:1 аҿы зыӡбахә ҳәоу гәыбылрала иҭәу абзиабара? б) Избан Иегова иеиԥш гәыбылрала иҭәу абзиабара злоу аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
3 Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо урҭ ҳхаҳгарц азы иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова гәыбылрала иҭәу абзиабара шааирԥшуа (Шәаԥхьа Аԥсалом 31:7; 136:1.) Изакәызеи гәыбылрала иҭәу абзиабара? Уи аҩыза абзиабара Иегова иеиԥш иаазырԥшуа аӡәгьы дыҟаӡам. Абиблиаҿы иаҳәоит иара «бзиабарала иҭәу» Анцәа шиакәу (Ақәҵ. 34:6, 7). Иара убас Иегова изкны уа иаҳәоит: «Уара иу́ҳәо зегь рахь гәыкала иааурԥшуа абзиабара дуӡӡоуп» (Аԥсал. 86:5). Шәазхәыц уи иаанаго: Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа ахаангьы иаанижьӡом! Имариам аамҭақәа раан ари азхәыцра ԥырсалны ишәзыҟалааит! (Аԥсал. 23:4).
Аԥырсал амшцәгьа аан анышь ахьчоит. Ҳаргьы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо Иегова бзиа ҳшибо, насгьы дышҳацхраауа агәра ҳгоит — уи аԥырсал иаҳзаҩызоуп. (Шәахәаԥш абзац 3.)
ИЕГОВА БЗИА ҲАИБОИТ — АРИ ИХАДОУ АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА РУАК АУП
4. Еиқәышәыԥхьаӡа ихадоу абиблиатә ҵарақәак, насгьы иаҳзеиҭашәҳәа урҭ рыгәра зыжәгаз.
4 Иегова бзиа ҳаибоит. Ари ихадоу абиблиатә ҵарақәа руак ауп. Иарбан ҵарақәоу зыӡбахә шәҳәарыз ихадоу абиблиатә ҵарақәа еиқәышәыԥхьаӡа ҳәа ишәыҳәазҭгьы? Абиблиа анышәҵоз еилышәкааз ихадоу абиблиатә ҵарақәа еиқәышәыԥхьаӡар ҟалап. Иаҳҳәап, Анцәа Иегова шихьӡу, Иисус Анцәа Иԥазаҵә шиакәу, иԥсхьоу акгьы шырзымдыруа, насгьы урҭ иҭаҳәахаа ицәоу ишырҩызоу, иара убас адгьыл ауаа наӡаӡа иахьынхало џьанаҭны ишыҟало (Аԥсал. 83:18; Еккл. 9:5; Иоанн 3:16; Аат. 21:3, 4). Шәара афактқәа зегь анҭышәҵаа, арҭ аҵарақәа шиашоу еилышәкааит, насгьы рыгәра жәгеит. Убри нахыс ауаа егьа рҳәаргьы, зыгәра жәго шиашоу жәдыруеит. Иегова бзиа ҳшибо иазку аҵарагьы убасҵәҟьа ҳазыҟазар ауп. Убасҟан Анцәа хьаас ҳимаӡам ҳәа ахәыцра ҳазцәырҵыргьы, уи ирласны иаҳԥыраҳцоит.
5. Ицхраауазеи ауаҩы амцҵарақәа мап рыцәкра?
5 Ишәыцхраазеи амцҵарақәа мап рыцәкра? Уаанӡа зыгәра жәгози Абиблиа иану ахьеиҿшәырԥшызи акәзар ҟалап. Иаҳҳәап, шәара Иисус Зегь Зымчу Анцәа иоуп ҳәа шәгәы иаанагон. Аха Абиблиа аҵара шәаналага зыгәра зго иашоума ҳәа ахәыцра шәалагазар ауеит. Уи азҵаара иадҳәалоу абиблиатә жәеинраалақәа анҭышәҵаа, Иисус Анцәа шиакәым еилышәкааит. Шәара амцҵарақәа рыгәра агара шәаҟәыҵит, аҵабырггьы агәра жәгеит. Уажәшьҭа шәара агәра ганы шәыҟоуп: Иисус — «зегь раԥхьаӡа Анцәа иишаз», иара убас «Анцәа Иԥазаҵә» шиакәу (Кол. 1:15; Иоанн 3:18). Амцҵарақәа шәара абаагәара ишәзаҩызан, рҿаԥҽрагьы шәзымариамзар ҟаларын (2 Кор. 10:4, 5). Аха уи аншәылша, амцҵарақәа рахь уаҳа шәыхнымҳәӡеит (Флп. 3:13).
6. Избан 136-тәи Аԥсалом аҿы ажәақәа «гәыбылрала иҭәу ибзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» акырынтә изаагоу?
6 Ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Иегова бзиа шәибаӡом ҳәа ахәыцра шәалагаргьы, убас еиԥшҵәҟьа шәхы мҩаԥыжәга. Шәхы шәазҵаа: «Уи ус акәҵәҟьоума?» Анаҩс шәхәыцрақәа ари астатиа иазалху ажәеинраала Аԥсалом 136:1 иану азхәыцрақәа ирыҿшәырԥш. Шәазхәыц: избан Иегова ибзиабара гәыбылрала иҭәуп ҳәа зазиҳәо? Избан ари аԥсалом аҿы ажәақәа «гәыбылрала иҭәу ибзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» 26-нтә изану? Иегова бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟазарц иҭахуп. Ари аҵара Абиблиа анышәҵоз зыгәра жәгаз егьырҭ ихадоу аҵарақәа иреиуоуп. Убри аҟынтә Иегова бзиа шәибаӡом ҳәа ахәыцра шәалагар, уи шымцу жәдыруаз. Уи шәаҿагыл, егьырҭ амцҵарақәа шәшырҿагыларыз еиԥш!
7. Иарбан жәеинраалақәоу Иегова бзиа шәшибо агәра шәзырго?
7 Абиблиаҿы Иегова бзиа ҳшибо узырбо егьырҭ ажәеинраалақәагьы рацәаны иаагоуп. Иаҳҳәап, Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Шәара абаӷырқәа раасҭа акыр шәаԥсоуп» (Матф. 10:31). Иегова ихаҭагьы ижәлар абас ргәы шьҭихит: «Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит, сарӷьа напала унапы скызаауеит» (Ис. 41:10). Иазгәашәҭ арҭ ажәеинраалақәа рҿы ишаным: «Урҭ раасҭа акыр шәаԥсазар ҟалап», мамзаргьы «Суцхраар ҟалап». Мап, уа абас ануп: «Акыр шәаԥсоуп», насгьы «Суцхраауеит». Уа абас изану Иегова бзиа ҳшибо ҳнырырц мацаразы акәӡам, аха Иегова бзиа ҳшибаҵәҟьо агәра ганы ҳаҟазарц азоуп. Урҭ ажәеинраалақәа шьаҭас ирымоу афактқәа роуп. Убри аҟынтә урҭ шәрызхәыцларa, 1 Иоанн 4:16 аҿы иану шәхазгьы ишәҳәар шәылшоит. Уа иануп: «Ҳара Анцәа бзиа ҳшибо еилаҳкааит, уи ус шакәугьы агәра ҳгеит».
8. Иҟаҳҵар ҳалшои зны-зынла Иегова бзиа ҳшибо аганахьала алакҩакра ҳазцәырҵуазар?
8 Иҟаҵатәузеи уеизгьы зны-зынла Иегова бзиа шәшибо аганахьала алакҩакра шәызцәырҵуазар? Еиҿшәырԥш шәцәаныррақәеи Иегова ибзиабара иазкны ижәдыруеи. Ацәаныррақәа рыгәра агара иаԥсаӡам, зыгәра агара иаԥсоу афактқәа роуп. Иегова бзиа шәибоит. Уи фактуп. Иегова бзиа ҳимбошәа ҳгәы иаанагозар, Анцәа абзиабара злам еиԥш ҳхаҿы дааҳгалоит, арахь ихадоу Анцәа иҟазшьа — абзиабара ауп (1 Иоанн 4:8).
«САБ БЗИА ШӘЗИБО» ШӘАЗХӘЫЦЛА
9, 10. Дызлацәажәози Иисус: «Саб бзиа шә[ибоит]» ҳәа аниҳәа? (Иоанн 16:26, 27). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
9 Зны Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Саб бзиа шә[ибоит]». (Шәаԥхьа Иоанн 16:26, 27.) Иара иҵаҩцәа ргәы шьҭихырц азы акәӡам арҭ ажәақәа зреиҳәаз. Аконтекст иаҳнарбоит иара дызлацәажәоз Анцәа иҳәара шакәу.
10 Уи аԥхьа Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит рыҳәарақәа иара иахь акәымкәа, иара ихьӡ ала Анцәа иахь ишдырхалаша (Иоанн 16:23, 24). Дара уи рдыруазар рыхәҭан. Иисус иԥсы анҭала ашьҭахь иара иҳәалар рҭаххар ауан, избанзар Иисус рҩыза иакәын. Дара абас ихәыцлар алшон: «Иисус бзиа ҳаибоит, убри аҟынтә ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩлоит, Анцәа иҟынӡагьы инеигалоит». Аха Иисус иҭахӡамызт дара ус ихәыцлар. Иара иҳәеит: «Саб бзиа шә[ибоит]». Аҵаҩцәа еилыркаар рыхәҭан: Иегова ауаа рыҳәарақәа ихаҭа дырзыӡырҩлар иҭахуп, избанзар даараӡа бзиа ибоит. Ари ихадоу абиблиатә ҵарақәа ируакуп. Шәазхәыц уи шәара ишшәыҵанакуа. Абиблиа аҵара шәаналага Иисус деилышәкааит, бзиагьы дыжәбеит (Иоанн 14:21). Аха актәи ашәышықәсазы инхоз аҵаҩцәа ишыҟарҵоз еиԥш, шәыҳәарақәа Иегова иахь ауп иахьшәырхо. Убасала Иисус «Саб бзиа шә[ибоит]» ҳәа ииҳәаз ажәақәа рыгәра шыжәго аашәырԥшуеит (1 Иоанн 5:14).
Шәҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы Иегова шәиҳәала, избанзар «Саб бзиа шә[ибоит]». (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)b
АЛАКҨАКРАҚӘА ЗҲАЗЦӘЫРҴУА
11. Избан Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ҳанхәыцуа Аҩсҭаа дызгәырӷьо?
11 Избан Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ахәыцрақәа зҳазцәырҵуа? Иҟалап арҭ ахәыцрақәа ҳазцәырызго Аҩсҭаа иоуп ҳәа шәҳәар. Ганкахьала ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Избанзар иара «илбааидашагьы дрышьҭоуп», убри аҟынтә Анцәа бзиа ҳаибаӡом ҳәа ахәыцра ҳаналаго иара уи деигәырӷьоит (1 Пиотр 5:8). Иегова даараӡа бзиа ҳаибоит ҳҿихырц азгьы ҳахә ишәеит (Аур. 2:9). Аха зны-зынла уи ҳаԥсамшәа ҳбоит. Шәазхәыц: Изҭахыда Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ҳхәыцларц? Аҩсҭаа иоуми. Изҭахыда аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Иегова имаҵ аура ҳаҟәыҵырц? Аҩсҭаа. Аҩсҭаа Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ҳхәыцларц иҭахуп, арахь Иегова бзиа иимбо иара ихаҭа иоуп. Аҩсҭаа «ишьацҳәақәа» анаҳдыруа, рҿагылара ҳзымариоуп (Еф. 6:11; Иак. 4:7).
12, 13. Избан ҳанамӡара Иегова бзиа ҳшибо аганахьала агәыҩбара зҳазцәырнаго?
12 Иегова бзиа ҳаибаӡом ҳәа ахәыцрақәа ҳазцәырызго даҽакгьы ыҟоуп. Уи иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны ҳахьынаӡам ауп (Аԥсал. 51:5; Рим. 5:12). Агәнаҳа Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахит. Иара убас агәнаҳа ҳгәабзиареи, ҳхәыцшьеи, ҳемоциақәеи ирԥырхагахеит.
13 Агәнаҳа иахҟьаны ҳара ҳхы ахара адаҳҵоит, насгьы агәҭынчымреи аԥхашьареи ҳазцәырҵуеит. Арҭ ацәаныррақәа ииашам акы аныҟаҳҵо мацара акәӡам ианҳазцәырҵуа. Урҭ ҳахьынаӡам иахҟьангьы иҳазцәырҵлар алшоит. Анцәа ҳнаӡаны ҳаишеит, урҭ ацәаныррақәагьы ҳазцәырҵлар ахәҭаӡамызт (Рим. 8:20, 21). Збарбал аԥсыԥ цаз амашьына ишуҭаху еиԥш ухы ишузамырхәо еиԥш, агәнаҳа иахҟьаны Иегова ҳанишаз иҳалаиҵаз зегьы ҳхы иаҳзархәаӡом. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам зны-зынла Анцәа бзиа ҳшибо аганахьала агәыҩбара ахьҳазцәырҵуа. Ус анҳахьуа, Иегова изакәанқәа рыла инхо зегь рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара шааирԥшуа ҳгәалаҳаршәалар ауп (Неем. 1:5).
14. Иегова ҳҿихырц азы иҟаиҵаз ҳазхәыцлар, ишԥаҳацхраауеи уи Иегова бзиа ҳшибо агәра агара? (Римаа 5:8). (Шәахәаԥш иара убас арамка «Шәҽацәышәыхьчала „шәызжьар алшо агәнаҳа“».)
14 Зны-зынла Иегова ибзиабара ҳаԥсамшәа ҳбозар ауеит. Иаахҵәаны иуҳәозар, ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Аха убри ауп Иегова ибзиабара акы еиԥшымкәа иҟазҵо. Уи ахаан ҳзаԥсахаӡом. Аха Иегова даара бзиа ҳаибоит, убри азоуп ҳагәнаҳақәа ҳхихырц азы ҳазҿихыз (1 Иоанн 4:10). Иара убас иаҳхаҳмыршҭлароуп Иисус дзыԥсыз инаӡоу ауаа рзы акәымкәа, инаӡам ауаа рзы шакәу. (Шәаԥхьа Римаа 5:8.) Ҳара иҟаҳҵо зегьы ҳанамӡара аныԥшуеит. Аха Иегова ҳара ҳҟынтә анаӡара дазыԥшӡам уи даара ҳгәы шьҭнахуеит. Ҳара еилаҳкааит Иегова бзиа ҳшибо аганахьала иҳазцәырҵуа агәыҩбара ҳанамӡара иахҟьозар шалшо. Уи ҳхаҳмыршҭлар, урҭ ахәыцрақәа ҳариааиуеит (Рим. 7:24, 25).
ИЕГОВА ШӘИЗИАШАЗ
15, 16. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи Иегова ҳизиашазар? Избан уи агәра ҳгалар зҳалшо? (2 Самуил 22:26).
15 Иегова иҭахуп гәыкала имаҵ ҳауларц — уи иашахоит (Ҩынтә. 30:19, 20). Усҟан иаргьы дҳазиашазаауеит. (Шәаԥхьа 2 Самуил 22:26.) Иегова ҳизиашазар, ҳзықәшәозаалакгьы, дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.
16 Ҳара еилаҳкааит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ ҳхаҳгар шҳалшо. Избанзар Иегова бзиа ҳшибо, насгьы дышҳацхраауа агәра ҳгоит — уи аԥырсал иаҳзаҩызоуп. Ари ихадоу абиблиатә ҵарақәа иреиуоуп. Иегова бзиа ҳшибо аганахьала агәыҩбара анҳазцәырҵуа ҳцәаныррақәа ракәымкәа, Иегова ибзиабара иазкны иаҳдыруа ҳазхәыцлароуп. Абиблиа аҟынтә иаҳдыруеит гәыбылрала иҭәу Иегова ибзиабара наӡаӡа ишыҟоу.
АШӘА 159 Ишәҭ Иегова ахьӡ-аԥша
a Иаҳҳәап, шәахәаԥш Ҩынтәзакәан 31:8, Аԥсалом 94:14, иара убас Исаиа 49:15.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа ичмазаҩу иԥҳәыс дылхылаԥшларц азы Иегова иҿы ацхыраара даҳәоит, аҭаацәара рныҟәгаразы ҟәыӷарала аԥара ихы иаирхәаларц, иара убас иԥҳа аҵабырг лылаиааӡаларц.