АЖӘАБЖЬ 24
Иосиф иашьцәа ԥишәоит
ИОСИФ еиликаар иҭахыуп, иашьцәа уажәыгь ихәымгақәаны, игәымбылџьбарақәаны иҟоу иҟаму. Убри азы уи иҳәоит: ‘Шәара шәышпионцәоуп. Шәара шәааит ҳтәыла аԥсыҽрақәа еилышәкаарц’.
— Мап, ҳара ҳашпионцәам,— наиаҭаркуеит дара.— Ҳара ҳуаа қьиақәоуп. Ҳара зегь ҳаишьцәоуп. Ҳарҭ жәаҩаҩык ҳаҟан. Аха ҳашьцәа руаӡәк уаҳа дыҟам, зегь иреиҵбу аҩны иаб иҟны даанхеит.
Иосиф рыгәра имгошәа ҟаиҵоит. Уи абахҭаҿы даанижьуеит Симеон зыхьӡыз аиашьа, егьырҭ афатә рыҭаны аҩныҟа ишьҭуеит. Аха рцамҭаз ус реиҳәоит: ‘Даҽазны шәанаауа, зегь ишәеиҵбу шәашьа дысзаажәга’.
Рыҩныҟа Ханаанҟа ианыхынҳә, аишьцәа иҟалаз зегьы раб Иаков изеиҭарҳәоит. Иаков ари даара илахь еиқәнаҵоит. ‘Иосиф дыҟаӡам,— дҵәыуоит уи,— уажәшьҭа Симеонгьы дыҟам. Сара изуам, сыҷкәынцәа зегь иреиҵбу Вениамин дыжәгарц’. Аха зынӡа рыфатә анынҵәа, Иаков азин риҭар акәхоит, Вениамин Мсырҟа дыргарц, аҭаацәа рзы иҵегь афатә ааргаразы.
Иосиф иашьцәа иара иахь ишаауа ибоит. Уи даара даргәырӷьоит иашьа еиҵбы Вениамин ибара. Хымԥада, урҭ рахьынтә аӡәгьы ихахьы иааигом ари, мчы зманы иҟоу ауаҩы, Иосиф шиакәу. Уажәы Иосиф 10-ҩык иашьцәа гәакьацәа ԥишәарц азы акы ҟаиҵақәоит.
Уи имаҵуҩцәа ирыдиҵоит, иашьцәа зегьы рааҵәақәа фатәыла идырҭәырц. Маӡала Вениамин иааҵәа иҭеиҵоит иара ираӡны ҵәца ҷыда. Ианцаҵәҟьа ашьҭахь, Иосиф имаҵуҩцәа рышьҭиҵоит. Ианрыхьӡа амаҵуҩцәа разҵаауеит: ‘Изыжәӷьычи ҳаҳ ираӡны ҵәца?’
— Ҳара иҳамгаӡеит уи иҵәца,— иаҭаркуеит аишьцәа зегьы.— Дшьызааит ҳара ҳахьынтә зыҟны ишәԥшаауа.
Асахьаҿы ишубо еиԥш, амаҵуҩцәа ааҵәақәа зегьы еимырдаауеит, егьырԥшаауеит аҵәца Венимиан иааҵәаҿы. Усҟан ирҳәоит: ‘Зегь шәцар ҟалоит, Вениамин ҳара дҳаццоит’. Иҟарҵои уажәшьҭа 10-ҩык аишьцәа?
Урҭ зегьы Вениамин ицны Иосиф иахь ихынҳәуеит. Иосиф аишьцәа ирыдиҵоит: ‘Зегьы аҩныҟа шәцар шәылшоит, Вениамин даанхааит, тәысгьы дысзыҟалоит’.
Усҟан Иуда дҳәоит: ‘Ари аҷкәын ида, аҩныҟа схынҳәыр, саб дыԥсуеит, избанзар уи даара бзиа дибоит. Иҟалозар, сара сааншәыжь тәыс, аҷкәын аҩныҟа агьежьра дақәиҭышәтә’.
Иосиф иашьцәа рыҽшырԥсахыз ибоит. Урҭ уаҳа иуаахәымгақәам, насгьы игәымбылџьбарақәам. Уааи, игәаҳҭап, Иосиф усҟан иҟаиҵо.