АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Абиблиа зҳарҵо Анцәа иҽизкреи аҽӡаахреи иазыҟаҳҵоит
УИ ЗХАДОУ: Абиблиа зҵо Иегова иразра роурц азы, рыԥсҭазаара изыркроуп, насгьы рыҽӡаархроуп (1 Пиотр 3:21). Рҽазкра инақәыршәаны инхо доуҳала ихьчоуп (Аԥсал. 90:1, 2 [91:1, 2, АдҾ]). Ақьырсиан Иегова иоуп зҽыззикуа, уаҩык ма организациак акәымкәа. Убри аҟнытә Абиблиа зҵо Анцәа иахь абзиабареи аџьшьареи еиздырҳалар ауп (Рим. 14:7, 8).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ:
Абиблиа аҵара аан ауаҩы шәиазҵаала шәызхысыз аматериал аҟынтә Иегова изкны еиликааз. Иазгәашәҭала есыҽны Абиблиа аԥхьареи иааиԥмырҟьаӡакәа Иегова иҳәареи шаҟа ихадоу (1 Фес. 5:17; Иак. 4:8).
Абиблиа зҵо Анцәа иҽизкреи аҽӡаахреи игәазҭашәҵала. Иара убас еиуеиԥшым ахықәкқәа рынагӡара шәицхраала, иаҳҳәап, аизараҿы аҭак аҟаҵара, насгьы агәылацәеи аус ицызуа ауааи ажәабжь рзеиҭаҳәара. Ишәхашәмыршҭлан, Иегова аӡәгьы имаҵ аура мчыла идицалом. Анцәа иҽизикру-иҽизимкру ауаҩы ихаҭа иоуп изыӡбо (Ҩынтә. [Втор.] 30:19, 20).
Абиблиа зҵо игәазҭашәҵала Анцәа диргәырӷьаларц, насгьы аҽӡаахразы аҭахрақәа дрықәшәаларц азы иаҭаху аԥсахрақәа ҟаиҵаларц (Ажәам. [Прит.] 27:11). Ҟазшьақәаки шьцыларақәаки рааныжьра усҟак имариам аҟынтә, «ажәытә уаҩ иԥсҭазаара» ааныжьны, уаҩ ҿыцны аҟаларазы Абиблиа зшәырҵо иҵегь ацхыраара иҭаххар алшоит (Еф. 4:22—24). Шәрыхцәажәа «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу арубрика «Абиблиа ауаа рыԥсҭазаара аԥсахуеит» аҟынтә астатиақәа.
Изеиҭашәҳәа Иегова имаҵ аура ишәзаанаго агәырӷьара атәы (Ис. [Ис.] 48:17, 18).