ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Ажәабжь уцызҳәо ицхыраара удкылала
Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи цхырааҩцәас иҳаиҭеит (1 Пиотр 5:9). Урҭ анҳацу иҳалымшо акгьы ыҟаӡам! Иаҳҳәап, Акилеи Прискиллеи, Силеи, Тимофеи, егьырҭ ақьырсианцәеи апостол Павел ицхраауан (Аус. 18:1—5).
Иуцхраар шԥарылшо ажәабжь уцызҳәо? Аӡәы ажәаҿархьра аҭак шыҟаҵатәу уҵаиҳәар илшоит. Даҽаӡәы аиҭанеирақәа рыҟаҵашьа уирҵар ауеит. Егьи абиблиатә ҵара ишалагатәу, насгьы уи шымҩаԥгалатәу узеиҭеиҳәар илшоит. Изылшода уеизараҿы уҟазара аиӷьтәра уцхраара? Уи ажәабжьҳәара уицца. Уи шәҩыџьагьы хәарҭа шәзаанагоит, агәырӷьарагьы шәоуеит (Флп. 1:25).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИАҲЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА. ИЕГОВА ИЦХЫРААРА ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА: ҲАИАШЬАРА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Лгәы шԥазҭалҵоз Нита Џьеид аизарақәа рҭаара?
Избан имҩаԥуго абиблиатә ҵарахьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааԥхьара руҭалар зхадоу?
Ауаҩы Христос иҵаҩ иакәны аҟалара аизара зегь ицхраауеит
Еицырзеиԥшызи Џьеиди Абигеили?
Ирҿуҵаар улшозеи ажәабжь зцуҳәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи?