АҴАРАЗЫ АСТАТИА 40
«Угәы-уԥсы ирҭаҵәахны иумаз абри иуаҭәашьоу»
«Тимофеи! Угәы-уԥсы ирҭаҵәахны иумаз абри иуаҭәашьоу» (1 ТИМ. 6:20).
АШӘА 29 Ҳанхоит ҳахьӡ ҳҽаԥсатәны
АХҲӘААa
1, 2. Иаҭәашьазеи Тимофеи, 1 Тимофеи иахь 6:20 иану инақәыршәаны?
ЛАССЫ-ЛАССЫ ҳара зыхә ҳшьо акы аӡәы иаҳзиҵәахырц ҳиҳәоит. Иаҳҳәап, аԥара абанк аҿы иаҳҵәахуеит, уа ҳԥара акгьы ахьӡом, аӡәгьы иӷьычуам ҳәа ҳгәыӷуеит. Аӡәы ҳиҳәозар зыхә ҳшьо ак ҳзиҵәахырц, ус анакәха уи ауаҩы игәра ҳгоит.
2 Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:20. Апостол Павел Тимофеи игәалаиршәеит зыхә ҳаракыз ак шиаҭәашьаз — иара Анцәа игәҭакы иазкыз адыррақәа иман, насгьы «аевангелие рылазҳәо иус» анагӡара дҵас идын (2 Тим. 4:2, 5). Павел Тимофеи игәазҭеиҵон иаҭәашьаз ихьчаларц. Тимофеи иеиԥш ҳаргьы зыхә ҳараку ак ҳаҭәашьоуп. Изакәызеи уи? Избан ҳара уи ахә ҳшьалар зҳахәҭоу?
ЗЫХӘ ҲАРАКУ АҴАБЫРГҚӘА ҲАМҬАС ИҲАҬӘАШЬОУП
3, 4. Избан Абиблиа иану аҵабыргқәа рыхә зыҳараку?
3 Иегова ҳамҭас иҳаҭәеишьеит Иажәа Абиблиа иану зыхә ҳараку аҵабыргқәа. Урҭ аҵабыргқәа рыхә ҳаракуп, избанзар урҭ Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара шҳарӷәӷәалаша ҳдырҵоит, насгьы анасыԥ аиура иҳацхраауеит. Абиблиа иану аҵабыргқәа рыгәра ҳгозар, урҭ инарықәыршәаны ҳанхозар, амцҵарақәа ҳаржьалаӡом, насгьы Анцәа ицәымӷу акгьы ҟаҳҵалаӡом (1 Кор. 6:9—11).
4 Рыхә зыҳаракузеи уаҳа Анцәа Иажәа иану аҵабыргқәа? Избанзар урҭ аҵабыргқәа Иегова ахынраалара злоу, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара заур зҭаху роуп иззааиртуа (Аус. 13:48). Дара игәрагоу, иҟәышу атәы иаҳирҵо иақәшаҳаҭуп (Матф. 11:25; 24:45). Ҳара ҳхала урҭ аҵабыргқәа реилкаара ҳалшом. Урҭ аҵабыргқәа реиԥш зыхә ҳараку ак ыҟам (Ажәам. 3:13, 15).
5. Иҳаҭәеишьазеи уаҳа Иегова?
5 Иегова иҳаҭәеишьаз еиҭа ак ыҟоуп: иара иҳадиҵеит ауаа иара изку аҵабырг дҳарҵаларц, насгьы гәҭакыс имоу рзеиҭаҳҳәаларц (Матф. 24:14). Ауаа ирзеиҭаҳҳәо ажәабжь даараӡа ахә ҳаракуп, избанзар уи ауаа ирыцхраауеит Иегова иҭаацәара рыҽрыдкылара, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиура (1 Тим. 4:16). Ажәабжьҳәаратә ус аҿы иҟаҳҵо рацәазаргьы ирацәамзаргьы, ҳара иахьатәи аамҭазы зегь раасҭа ихадоу аус наҳагӡоит (1 Тим. 2:3, 4). Шаҟа ҳаҭыр дуузеи Анцәа аус ицура! (1 Кор. 3:9).
ИЕГОВА ИШӘАҬӘЕИШЬАЗ ШӘЫХЬЧАЛА
Тимофеи ихаан шьоукы Иегова имаҵ аура ишаҟәыҵызгьы, иара анаҩсгьы аҵабырг ихьчалар акәын. (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Иабананагеи ақьырсианцәа шьоукы ираҭәашьаз ахә ашьара иахьаҟәыҵыз?
6 Тимофеи ихаан ақьырсианцәа шьоукы Анцәа аус ицуразы ираҭәашьаз аҳаҭыр ахә ашьара иаҟәыҵит. Димас ари адунеи бзиа ибеит, насгьы Павел амаҵ ицура даҟәыҵит (2 Тим. 4:10). Иҟалап Фигелли Ермогени Павел ишишьҭашәарыцоз анырба, ишәаны ажәабжьҳәара иаҟәыҵзар (2 Тим. 1:15). Именеии, Александри, Филити аҵабырг иацәхьаҵыз рыгәра рган, Иегова имаҵ аура иаҟәыҵит (1 Тим. 1:19, 20; 2 Тим. 2:16—18). Зны дара зегьы доуҳала иӷәӷәазар ауан, аха нас ираҭәашьаз ахә ашьара иаҟәыҵит.
7. Ихы иаирхәозеи Аҩсҭаа ииҭаху ҳирҟаҵарц азы?
7 Дышԥашьҭоу Аҩсҭаа Иегова иҳаҭәеишьаз ахә ашьара ҳаҟәихырц? Ҳахәаԥшып уи азы ихы иаирхәо. Иара ателехәаԥшреи, аинтернети, афильмқәеи, агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи ихы иаирхәоит ҳхәыцшьа иԥсахырц, насгьы иҽеимкәа ҳхы амҩаԥгара ҳалагарц азы, убасала иара иҭахуп Иегова бзиа ибареи изакәанқәа рықәныҟәареи хәыҷы-хәыҷла ҳаҟәыҵырц. Иара убас Аҩсҭаа иҭахуп ҳақәлацәеи ашьҭашәарыцарақәеи ҳрыцәшәаны ажәабжьҳәара ҳаҟәыҵырц. Уи адагьы, иара аҵабырг иацәхьаҵыз «рымц-ҵаратә дыррақәа» ҳхырхырц иҽазишәоит, ҳаргьы аҵабырг аанҳажьырц азы (1 Тим. 6:20, 21).
8. Иаҳнарҵозеи аиашьа Дениел иҿырԥштәы?
8 Агәҽанызаара ааҳмырԥшлар, хәыҷы-хәыҷла аҵабырг зынӡа иаанҳажьыр ҳалшоит. Ҳазхәыцып аиашьа Дениелb иҿырԥштәы. Иара авидеохәмаррақәа бзиа ибон. Дениел еиҭеиҳәоит: «Сара авидеохәмаррақәа рыхәмарра салагеит жәа-шықәса раҟара ансхыҵуаз. Раԥхьа сзыхәмаруаз шәарҭамызт, аха нас хәыҷы-хәыҷла ақәымчреи аспиритизми злаз ахәмаррақәа рахь сианагеит». Убас Дениел мышкы 15 сааҭ дыхәмаруа далагеит. «Ганкахьала сара еилыскаауан урҭ ахәмаррақәа Иеговеи сареи ҳаиҩызара шыбжьырхуаз, урҭ ирацәаӡаны аамҭа ахьрықәсырӡуазгьы шысԥырхагаз. Аха уи абиблиатә принципқәа еиланагаӡом ҳәа схы сжьон». Ишаҳбаз еиԥш, агәҽанызаара ааҳмырԥшлар, аҵабырг ахә ашьара ҳаҟәыҵыр ауеит, Иегова иҳаҭәеишьаз ҳцәыӡыргьы алшоит.
ИЕГОВА ИҲАҬӘЕИШЬАЗ АХЬЧАРА ШҲАЛШО
9. Дызҿирԥшда Павел Тимофеи, 1 Тимофеи иахь 1:18, 19 иану инақәыршәаны?
9 Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 1:18, 19. Павел Тимофеи «аибашьҩы-гәыраз» диҿирԥшит. Аха Павел зыӡбахә иҳәоз аибашьҩыҵәҟьа иакәмызт. Ишԥареиԥшу ақьырсианцәа аибашьцәа? Иарбан ҟазшьақәоу Христос иеибашьцәа раҳасабала еизҳарҳалар ҳахәҭоу? Шәааи Павел иҿырԥштәы иаҳнарҵо 5-урокк еилҳаргап. Урҭ ҳацхраауеит Иегова иҳаҭәеишьаз ахьчара.
10. Избан Анцәа ҳизиашазар зҳахәҭоу?
10 Анцәа иахь азиашара аашәырԥшла. Аибашьҩы бзиа азиашара ааирԥшуеит. Иара бзиа иибо аӡәы, мамзаргьы зыхә ишьо акы ихьчарц азы имчқәа дырмеигӡакәа деибашьуеит. Павел Тимофеи игәазҭеиҵон Анцәа иахь азиашара ааирԥшларц (1 Тим. 4:7). Анцәа шаҟа бзиа даҳбо аҟара, насгьы шаҟа ҳизиашоу аҟара, убриаҟара иҳаҭәашьоу аҵабырг ахьчара ҳҭаххоит (1 Тим. 4:8—10; 6:6).
Аусура ашьҭахь, ҳааԥсаха-ҳкараха ҳаныҟоу, аизарахь ацара ҳзымариамзар ауеит. Аха ҳцар, азылԥхарақәа ҳауеит! (Шәахәаԥш абзац 11.)
11. Избан ииашоу аҟаҵара ҳҽаҳаршьцылалар зҳахәҭоу?
11 Ииашоу аҟаҵара шәҽашәыршьцылала. Аибашьҩы аибашьра дазхиазарц азы еснагь иҽазыҟаиҵалар ауп. Тимофеи адоуҳатә еибашьра еснагь дазхиан, избанзар иара Павел ишиабжьеигоз еиԥш ииашам агәазыҳәарақәа дырҿагылон, аҟазшьа бзиақәа еизирҳауан, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцихигон (2 Тим. 2:22). Уи аҽаршьцылара аҭахын. Ҳаргьы ииашоу аҟаҵара ҳҽаҳаршьцылалароуп, иҽеим агәазыҳәарақәа ҳариааирц азы (Рим. 7:21—25). Иара убас ус ҟаҳҵалароуп уаҩ ҿыцны ҳҟаларц, насгьы аҟазшьа бзиақәа еизҳарҳаларц азы (Еф. 4:22, 24). Аусура ашьҭахь, ҳааԥсаха-ҳкараха ҳаныҟоу, аизарахь ацара ҳзымариамзар ауеит, аха аизара аҭаара ҳҽаршьцыланы ҳаҟазар, ибжьаҳажьӡом (Аур. 10:24, 25).
12. Иҳацхраауазеи Абиблиа еиҳа еиӷьны ахархәара?
12 Аибашьҩы абџьар ибзианы ихы иаирхәаларц азы еснагь иҽазыҟаиҵалароуп. Ҳаргьы Анцәа Иажәа ибзианы ахархәашьа ҳдыруазароуп (2 Тим. 2:15). Убри аҿы аизарақәа ҳацхраауеит. Аха ауаа Абиблиа иану аҵабыргқәа рыхә шыҳараку агәра дҳаргарц ҳҭахызар, ҳхаҭа Абиблиа иааиԥмырҟьаӡакәа иҭаҳҵаалар ауп. Анцәа Иажәа ҳхы иаҳархәалар ауп ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәаларц азы. Аха уи азы баша аԥхьара азхаӡом. Ҳзыԥхьо ҳазхәыцлароуп, насгьы ҳпубликациақәа ҭаҳҵаалароуп, абиблиатә ҵабыргқәа ибзианы ҳхаҭа еилаҳкааларц, ауаагьы идеилҳаркааларц азы (1 Тим. 4:13—15). Убасҟан ауп Анцәа Иажәа ҳхы иархәаны ауаа ҳрыцхраар анҳалшо. Ҳара ауаҩы баша абиблиатә жәеинраала ҳаизаԥхьаӡом. Ҳара иаҳҭахуп уи иаҳәо еиликаарц, насгьы иара ишиҵанакуа ибарц. Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҭаҳҵаалар, Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩу Иажәа ауаа еиӷьны идҳарҵалоит (2 Тим. 3:16, 17).
13. Избан агәеилых бзиа аарԥшра зҳахәҭоу, Ауриацәа рахь 5:14 иану инақәыршәаны?
13 Агәеилых бзиа аашәырԥшла. Аибашьҩы ашәарҭара шыҟоу заа ибароуп, насгьы ихы ацәихьчароуп. Ҳаргьы иаҳҵароуп ашәарҭарақәа заа рбара, насгьы ҳҽырцәаҳахьчалароуп (Ажәам. 22:3; шәаԥхьа Ауриацәа рахь 5:14). Иаҳҳәап, агәырҿыхагақәа аналҳхуа, насгьы ҳаԥсы анаҳшьо, аҟәыӷара ааҳарԥшлароуп. Телехәаԥшралеи афильмқәа рҿи лассы-лассы иламысдоу ахымҩаԥгашьа удырбоит. Ҳара иаҳдыруеит Иегова уи аҩыза ахымҩаԥгашьа шицәымӷу. Уи адагьы, ус зхы мҩаԥызго рыхгьы иазеицәо ҟарҵоит, егьырҭгьы ахьаа рзааргоит. Ҳара ус еиԥш иҟоу агәырҿыхагақәа ҳҽырцәаҳахьчоит, избанзар урҭ Иегова иахь иҳамоу абзиабара дырԥсыҽыр алшоит (Еф. 5:5, 6).
14. Ишԥаицхрааи Дениел агәеилых бзиа?
14 Хыхь зыӡбахә ҳәаз Дениел еиликаауа далагеит ақәымчреи аспиритизми злаз ахәмаррақәа шаҟа ишәарҭаз. Иара аелектронтә библиотека Watchtower Library ихы иархәаны уи ауадаҩра аиааира ицхраауаз аинформациа ԥшааны иҭиҵааит. Ишԥеиныри уи? Дениел Иеговеи иареи реиҩызара бжьызхуаз авидеохәмаррақәа рыхәмарра даҟәыҵит. Уи адагьы, иара иҽҭаҩны дахьыҟаз онлаин-ахәмаррақәа рҟынтә иҽҭигеит, насгьы егьырҭ ахәмарыҩцәа рыцыхәмарра даҟәыҵит. Дениел иҳәоит: «Авидеохәмаррақәа рыхәмарра аҭыԥан, сара аҳауа цқьа сфарц адәахьы сдәылҵуан, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцысхызгон». Уажәы Дениел пионерс амаҵ иуеит, насгьы аизара аиҳабыс дыҟоуп.
15. Избан аҵабырг иацәхьаҵыз рымц зшәарҭоу?
15 Тимофеи иеиԥш ҳаргьы аҵабырг иацәхьаҵыз ақьырсианцәа ауаа ирыладырҵәо аинформациа иаҵоу ашәарҭара ҳбозар ауп (1 Тим. 4:1, 7; 2 Тим. 2:16). Иаҳҳәап, дара аишьцәа ирызкны, мамзаргьы Иегова иорганизациа иазкны ауаа амц рыладырҵәозар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аинформациа ҳагәрахаҵара арԥсыҽыр алшоит. Ҳара уи ашьацҳәа ҳхы аҿаҳмыршәроуп. Избан? Избанзар уи «ибжьысхьоу ахи-ахшыҩи ирхылҵуа, аиаша-ҵабырг ашҟа ус змам» ауаа иртәу информациоуп. Дара хықәкыс ирымоу «ажәеимакрақәа, аиҿыхарақәа» ҳрыларгаларц ауп (1 Тим. 6:4, 5). Урҭ ирҭахуп рымц хаҳҵарц, насгьы ҳашьцәа рыгәра агара ҳаҟәыҵырц.
16. Ҳхы ззаҳмышьҭлар акәзеи ҳара?
16 Ихадоу шәхы азышәышьҭла. «Иисус Христос ируаҩ гәыразк иеиԥш» Тимофеи ихы ззишьҭшаз амаҵзура акәын, аԥара арҳареи егьырҭ ахықәкқәеи ракәымкәа (2 Тим. 2:3, 4). Тимофеи иеиԥш ҳаргьы аԥара арҳара ҳхы азаҳмышьҭлар ауп, насгьы уи ихадоу аус аҿы иаҳԥырхагахартә алҳмыршалароуп. «Амал азхьра» ҳалагар, Иегова иахь иҳамоу абзиабара ԥсыҽхоит, Анцәа Иажәа ахә ашьара ҳаҟәыҵуеит, насгьы ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәара ҳҭаххаӡом (Матф. 13:22). Ҳара амал арҳара ҳашьҭамзароуп, «зегь раԥхьаӡа акәны [ҳ]зышьҭалаша Анцәа Иаҳра» ауп. Уи ауп ҳамчи ҳаамҭеи ззаҳклаша (Матф. 6:22—25, 33).
17, 18. Иҟаҳҵалар акәзеи Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳахьчарц азы?
17 Иаразнак ак аҟаҵара шәазхиаз. Аибашьҩы заа дазхәыцроуп ашәарҭара аныҟалалак ихы шихьчаша. Иегова иҳаҭәеишьаз ҳахьчарц ҳҭахызар, ашәарҭара анаҳбалак иаразнак ак ҟаҳҵароуп. Иҳацхраауазеи уи аҿы? Ҳара заа ихәыцны иҳамазароуп ашәарҭара аныҟало иҟаҳҵаша.
18 Иааҳгап ҿырԥштәык. Аҳаирплан шьҭыԥраанӡа, иҭатәоу ауаа ирзеиҭарҳәоит ашәарҭара аныҟалалак рхы шымҩаԥыргаша, насгьы рааигәа иҟоу адәылҵырҭақәа ддырбоит. Избан? Амашәыр аныҟалалак иаразнак аҳаирплан изҭыҵырц азы. Убас еиԥшҵәҟьа ҳаргьы заа ҳҽазыҟаҵаны ҳаҟазароуп иарбан «дәылҵырҭоу» ҳхы иаҳархәаша ҳдыруазарц азы, иаҳҳәап, афильм аҿы, ателехәаԥшраҿы, ма аинтернет аҿы иҽеим акы ҳалаԥш иҵашәар, мамзаргьы ацәгьоура ӷәӷәақәа удырбозар, ма аҵабырг иацәхьаҵыз иртәу информациак аӡбахә рҳәозар. Ҳазыҟаҵаны ҳаҟазар, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳахьчарц азы, насгьы иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхарц азы иаразнак иаҭаху ҟаҳҵоит (Аԥсал. 101:3; 1 Тим. 4:12).
19. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа, Иегова иҳаҭәеишьаз ахә ҳшьалар?
19 Ҳара рыхә ҳшьалароуп Иегова иҳаҭәеишьаз зыхә ҳараку абиблиатә ҵабыргқәеи урҭ аҵабыргқәа ауаа идҳарҵаларц азы иҳаду адҵеи. Усҟан ҳаламыс цқьазаауеит, ҳаԥсҭазаара аҵакы амазаауеит, насгьы ауаа Иегова деилыркаарц азы ҳгәырӷьаҵәа ҳрыцхраалоит. Иегова дҳацхраалоит иҳаҭәеишьаз ахьчара (1 Тим. 6:12, 19).
АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу
a Ҳара аҵабырг ҳдыруеит, насгьы уи егьырҭ идҳарҵаларц ҳадуп. Уи Иегова иҳаиҭаз зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Ари астатиа ҳацхраауеит уи аҳамҭа ахә ашьара, насгьы ахьчара.
b Ахьӡ ԥсахуп.