«Гәрахаҵарала шәныҟәала, ижәбо ала акәымкәа»
Ақалақь Иерусалим инхоз ауаа ар рыкәшаны иҭадырхаанӡа маҷк шагыз апостол Павел иҩхьан ақьырсианцәа — Христос иеибашьцәа гәымшәақәа — ауадаҩрақәа ирзыԥшызар рыхәҭоуп, насгьы адунеи аҿы аманшәалара иашьҭамлароуп ҳәа (2 Тим. 2:3, 4). Ари ицқьам адунеи иаарласны арыцҳара иҭагылоит аҟынтә, ҳара агәрахаҵара ӷәӷәа ҳамазароуп, насгьы адоуҳатә усқәа ҳхы рзышьҭзароуп (2 Кор. 4:18; 5:7). Афильм «Гәрахаҵарала шәныҟәала, ижәбо ала акәымкәа» шәанахәаԥшло шәазааҭгыл Нахами Авиталеи амал ахь ирымаз абзиабара ишҭанархаз. Анаҩс ҵаҟа иаагоу азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.
1) Иарбану актәи ашәышықәсазы «аҭыԥ цқьаҿы» игылаз «ахәымга», насгьы иахмырԥакәа иҟарҵар ахәҭази Иерусалим инхоз ақьырсианцәа? (Матф. 24:15, 16). 2) Избан ақалақь аҟынтә ирласны ацаразы агәрахаҵара заҭахыз? 3) Мап зцәыркыр акәхазеи урҭ? 4) Избан Нахами Авиталеи аамҭа зыргоз? (Матф. 24:17, 18). 5) Иарбан ԥышәароу Рахьиль дзықәшәаз Иерусалим далҵны данцоз? (Матф. 10:34—37; Марк 10:29, 30). 6) Иарбан ҿырԥш бзиоу Ефан иаҳзынижьыз агәрахаҵареи Иегова иқәгәыӷреи аганахьала? 7) Иарбан уадаҩрақәоу Пелла инхоз ақьырсианцәа зықәшәаз? 8) Ишԥаԥсыҽхеи хәыҷы-хәыҷла Нахами Авиталеи рыгәрахаҵара? 9) Дышԥарыцхраауаз Иегова Пелла инхоз ақьырсианцәа? (Матф. 6:33; 1 Тим. 6:6—8). 10) Ишԥаҳалшо аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Авраами Сарреи рҿыԥшра? (Аур. 11:8—10). 11) Рхы агәра шԥадыргеи Нахами Авиталеи Иерусалимҟа ахынҳәра, насгьы избан рхәыцрақәа зиашамыз? (Лука 21:21). 12) Иарбан ҭагылазаашьаз Иерусалим иҟаз Нахами Авиталеи уахь ианыхынҳә? 13) Избан ҳара ҳагәрахаҵара иахьа иҳарӷәӷәалар зҳахәҭоу, ари ицқьам асистема аҵыхәтәа ааиаанӡа? (Лука 17:31, 32; 21:34—36).
Гәрахаҵарала аныҟәара иаанагоит: 1) Иегова инапхгара агәрагара, 2) зегь рҿы инапхгара ақәныҟәара, насгьы 3) амал аасҭа адоуҳатә усқәа еиҳа пату шрықәаҳҵо аарԥшра. Убри аҟынтә хьамҵрада ҳгәазҭаҳҵап гәрахаҵарала аныҟәара. Абиблиаҿы иануп: «ари аԥсҭазаараҿ уаҩ дхызхша, дзырблаҟьаша рацәоуп, урҭ зегьы мҩасуеит, ииасуеит, Анцәа игәаҳәара назыгӡо — наунагӡа дыҟоуп» (1 Иоанн 2:17). Шәааи арҭ ажәақәа рыгәра ҳгалап.