АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Гәыкала иҟоу ауаа Христос иҵаҩцәаны аҟалара ҳрыцхраауеит
УИ ЗХАДОУ Иегова аҵабырг ажәлақәа ирызирҳауеит, «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара» зҭаху ауаа рыгәқәа рҿы (Аус. 13:48; 1 Кор. 3:7). Иеговеи ҳареи аусеицура ҳабжьоуп. Убри азы раԥхьаӡа иргыланы адыррақәа зхы иазырхәо ауаа рахь азҿлымҳара ааҳарԥшуеит (1 Кор. 9:26). Урҭ идеилыркаатәуп еиқәхарц азы аӡӡаахра шаҭаху (1 Пиотр 3:21). Абиблиа зҳарҵо ауаа Иисус иҵаҩцәахарц азы рыԥсҭазаараҿы аҽыԥсахрақәа рыҟаҵара ҳрыцхраауеит, ажәабжь аҳәашьеи аҵаҩцәа разыҟаҵашьеи дҳарҵоит, иара убас рыԥсҭазаара Иегова изыркырц ргәазҭаҳҵоит (Матф. 28:19, 20).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Абиблиа зурҵо игәаларшәала ииҵо хықәкыс иамоу, уи еиӷьны Иегова идырра, насгьы еиликааз инақәыршәаны анхара шакәу (Иоанн 17:3).
Доуҳала аизҳара уицхраала: ауадаҩрақәа риааира, иаҳҳәап иҽеим ашьцыларақәа рҿагылараҿы, иара убас аҩызцәа ралхраҿы.
Уицхраала аӡы иҽӡааихаанӡа, иара убас уи ашьҭахьгьы (Аус. 14:22).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АНЦӘА ИЕГОВА УАРА ДУЦХРААУЕИТ», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иԥырхагахар алшозеи ауаҩы Иегова иҽизикырц, насгьы иҽӡааихырц азы?
Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Абиблиа зҵо доуҳала аизҳара рыцхраара?
Еилаҳкаауазеи Иегова изкны Исаиа 41:10 аҟынтә?
Иарбан ҟазшьақәоу ҳшынаӡамгьы Иегова имаҵ аура иҳацхраауа?
Аус шԥаицаҳуеи Иегова аҵаҩцәа разыҟаҵараҿы?