Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 28, апунктқәа 1—5
  • Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Ҳара Иҳақәиҭу иуаххьа зазгәаҳҭо
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иҳаилнаркаауазеи имариоу, насгьы иҷыдоу ахҭыс жәҩантәи Ҳаҳ изкны?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Избан ҳара Агәаларшәара ахәылԥаз ҳзаҭаауа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Иегова Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳаҭаарц азы иаҳбо аџьабаа дазылԥхоит
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 28, апунктқәа 1—5
Аурок 28. Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылараҿы ауаа арҵәыга злам ача ачанах ианҵаны еимырдоит.

АУРОК 28

Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа рашәҳәалар шшәылшо

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Шәгәы иахәома аӡәы зыхә ҳараку ҳамҭак аншәиҭо? Ҳәарада, шәгәы иахәоит. Шәара уи аҳамҭа шәеигәырӷьоит, насгьы ишәызҭаз иҭабуп ҳәа иашәҳәоит, шәаргьы ак изыҟашәҵарц шәҭаххар алшоит. Иеговеи Иисуси иҳарҭаз аҳамҭа зегь реиҳа ахә ҳаракуп. Иарбан ҳамҭоу иҳарҭаз, насгьы ишԥаҳалшо уи азы ҭабуп ҳәа раҳҳәалар?

1. Ишԥаҳалшо Анцәеи Христоси иаҳзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳҳәалар?

Абиблиаҿы иануп Иисус дхазҵо дарбанызаалак наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоур шилшо (Иоанн 3:16). Ишԥаҳалшо Иисус дышхаҳҵо аарԥшра? Уи ҳусқәеи ҳаԥсҭазаараҿы иҳадаҳкыло аӡбарақәеи рыла иааҳарԥшлароуп (Иаков 2:17). Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла ҳхаҵара ааҳарԥшуазар, Иисуси, Иеговеи, ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. (Шәаԥхьа Иоанн 14:21.)

2. Иарбан акрызҵазкуа хҭысу Иеговеи Иисуси ҭабуп ҳәа раҳәара иҳацхраауа?

Иисус иԥсра уахык шагыз иҵаҩцәа иԥсы ахьрыхҭниҵо ахә шыршьо аарԥшразы даҽа лшарак шыҟоу реиҳәеит. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит иҷыдоу хҭыск азгәаҭаразы еизарц, Абиблиаҿы «Иҳақәиҭу иуаххьа» ҳәа изышьҭоу; иара убас уи Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ҳәа еицырдыруеит (1 Коринфаа 11:20). Иисус иҭахын, иапостолцәа, нас ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәагьы, иԥсҭазаара ауаа ишрыхҭниҵаз еснагь иргәаладыршәаларц. Иисус уи иазкны ус иҳәеит: «Абри ҟашәҵала салашәгәалашәыршәаларц азы» (Лука 22:19). Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳанаҭаауа, Иеговеи Иисуси ҳара ҳахь иаадырԥшыз абзиабара дуӡӡа ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшуеит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа Иеговеи Иисуси иаадырԥшыз абзиабара дуӡӡа ахә шышәшьо аашәырԥшырц азы иҵегь иҟашәҵар шәылшо, насгьы Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара зхадоу.

3. Ишԥаҳалшо уаҳа Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз ахә шаҳшьо аарԥшра?

Шәхаҿы иаажәг аӡәы шәыԥсҭазаара еиқәирхазшәа. Ишәхашҭрызу уи ишәзыҟаиҵаз? Ҳәарада, мап. Уи ауаҩ иҭабуп ҳәа иашәҳәарц азы алшарақәа шәыԥшаауан, ус ауми?

Иегова ибзоурала ҳара наӡаӡа анхара алшара ҳамоуп. Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8—10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Избан Иисус иԥсхҭынҵара зыхә ҳараку ҳамҭоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

  • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа, Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз шәаназхәыцуа?

Ишԥашәылшо Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳәара? Шәаԥхьа 2 Коринфаа 5:15, насгьы 1 Иоанн 4:11; 5:3. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьалак, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥашәылшо, ари ажәеинраала инақәыршәаны, Иеговеи Иисуси иҟарҵаз ахә шышәшьо аарԥшра?

4. Иисус шәиҿыԥшла

Иеговеи Иисуси иаҳзыҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа раҳәаразы даҽа лшарак ыҟоуп, уи Иисус иҿыԥшра ауп. Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:21, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥашәылшо Иисус ишьҭа шәхыланы ацара?

Иисус Анцәа Иажәа зну ашәҟәеикәарҳә даԥхьоит. Иисус аҵеџь азааигәара самариатәи аԥҳәыс длацәажәоит. Иисус ачымазаҩ дихәышәтәуеит.

Иисус Анцәа Иажәа бзиа ибон, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон, насгьы ауаа дрыцхраауан

5. Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара шәаҭаа

Раԥхьаӡакәны Иисус иԥсра агәаларшәара шымҩаԥысыз еилышәкаарц азы, шәаԥхьа Лука 22:14, 19, 20. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Ишԥазгәарҭоз Иисус иԥсра агәаларшәара?

  • Ҵакыс ирымоузеи ачеи аҩи? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 19, 20.)

Иисус иҭахын иҵаҩцәа есышықәса иԥсра ргәаладыршәаларц. Убри азоуп Иегова ишаҳаҭцәа Иисус ииҳәаз иқәныҟәаны, шықәсык ахь знык еизаны, Христос иԥсра амш зыргәаладыршәо. Ари акрызҵазкуа ахҭыс иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы, шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаара аҭак ҟашәҵа:

АВИДЕОНҴАМҬА: «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара» (1:41)

Авидеонҵамҭа «Иисус Христос иԥсра агәаларшәара» аҟынтә асахьа. Иегова ишаҳаҭцәа еизеит Иисус иԥсра ргәаладыршәарц азы.
  • Ишԥамҩаԥысуеи Иисус иԥсра агәаларшәара?

Арҵәыга злам ача зну ачанахи аҩы зҭоу аҵәцеи.

Ачеи аҩи ак аадырԥшуеит. Ача — Иисус Христос иҳахҭниҵаз инаӡаз ицәеижь аанарԥшуеит. Аҩы — ишьа аанарԥшуеит

Иисус иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылараҿы ауаа арҵәыга злам ача ачанах ианҵаны еимырдоит.

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Уеиқәхарц азы Иисус Христос игәра агара мацарагьы азхоит».

  • Ишԥашәылшо Иоанн 3:16, насгьы Иаков 2:17 шәхы иархәаны, Иисус игәра агара мацара шазымхо ауаҩы иеилшәыркаар?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз ахә шаҳшьо ааҳарԥшуеит данхаҳҵо, насгьы иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара ҳанаҭаауа.

Аиҭахысра

  • Ишԥаҳалшо Иисус дышхаҳҵо аарԥшра?

  • Ишԥашәылшо Иеговеи Иисуси ишәзыҟарҵаз ахә шышәшьо аарԥшра?

  • Избан Иисус Христос иԥсра агәаларшәара иазку аиԥылара аҭаара зхадоу?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ҳгәы зызҭанаҵозеи Христос иԥсра?

«Иисус ицәеижь Иегова дирҳаракларц азы ихы иаирхәон» (9:28)

Изакәызеи ахаҵара, насгьы ишԥаарԥшлатәу уи?

«Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь ахаҵара аашәырԥшла» («Ахьчаратә бааш», октиабр 2016)

Шәаԥхьа астатиа «Меня больше не тяготят прошлые грехи», насгьы еилышәкаа ԥҳәыск Христос иԥсра лара лзы ҵакыс иамоу анеилылкаа, уи хәарҭас илзаанагаз.

«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», август 1, 2011, аурыс)

Еилышәкаа Иисус иԥсра агәаларшәара аан шьоукы ача зырфо, аҩгьы зыржәуа.

«Почему Свидетели Иеговы отмечают Вечерю Господню не так, как это принято в других религиях?» (авеб-статиа)

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра