Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 февраль ад. 26—30
  • Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа шәырҿыԥшла

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа шәырҿыԥшла
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲЗЫЗИАШАЗАР ҲАХӘҬАДА ҲАРА ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ?
  • АНЦӘА ИАХЬ АЗИАШАРЕИ АХЫНРААЛАРЕИ ӶӘӶӘАЛА ЕИДҲӘАЛОУП
  • АНЦӘА ИАХЬ АЗИАШАРА АҚЬИАРА ААРԤШРА ИҲАЦХРААУЕИТ
  • АНЦӘА ҲИЗИАШАНЫ ҲААНХАРЦ АЗЫ, АГӘЫМШӘАРА ҲҬАХУП
  • Иегова шәизиашаны шәыҟаз
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Давид аҳас иҟалара
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 февраль ад. 26—30
Авесса Саул аԥсала дисны адгьыл далаирҟацарц аниҭахыз, Давид дааникылоит

Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа шәырҿыԥшла

«Ииҭахузеи Иегова уара уҟынтә? Иашарыла ухы мҩаԥугаларц, азиашара ааурԥшларц, хынрааларала у-Нцәа уицзарц мацара ауп» (МИХ. [МИХ.] 6:8).

АШӘАҚӘА: 63, 43

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳзызиашазар ҳахәҭада ҳара?

  • Избан Ионафани Авенири Давид ишизыҟаз зеиԥшымыз?

  • Иарбан ҟазшьақәоу Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарц азы иаҳҭаху, насгьы избан?

1, 2. Ишԥааирԥши Давид аҵыхәтәанынӡа Иегова дышизиашоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

САУЛ х-нызқьҩык ируааи иареи иудеитәи ацәҳәыраҿы иаангылеит. Аҵх лашьцара рҽалакны Давиди Авессеи уахь анеира иаҿуп. Абар алагер агәҭаны дара иҭаҳәахаа ицәоу аҳ Саул дырбоит. Иара ари ацәҳәырахь дааит ииулакгьы Давид дыԥшааны дишьырц азы. Авесса ибжьы ныҵакны Давид иеиҳәоит: «Азин сыҭ, зныкала аԥсала сисны адгьыл даласырҟацоит, ҩынтәгьы аҟьара сықәшәаӡом». Давид иҟаиҵаз аҭак џьоушьартә иҟоуп: «Уиламкьысын. Изылшода Анцәа иалихыз иахь анапышьҭыхра, аха хьырхәрада аанхара? [...] Исылимыршааит Иегова иара иалихыз иахь анапышьҭыхра!» (1 Сам. [1 Сам.] 26:8—12).

2 Давид ибзианы еиликаауан Анцәа иахь азиашара аарԥшра иаа́наго. Иара Саул ишьра зынӡа игәгьы иҭамызт. Избан? Давид идыруан Анцәа Саул дшалихыз Израиль аҳас дҟаларц. Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа иара амчра зиҭо пату рықәырҵоит. Ииашаҵәҟьаны, Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы азиашара аадырԥшларц. (Уаԥхьа Михеи [Михей] 6:8.)

3. Ишԥааирԥши Авесса Давид дышизиашаз?

3 Авесса Давид иахь апатуқәҵара ааирԥшуан. Шәазхәыц: Давид Вирсавиа лҿы иҟаиҵаз агәнаҳа иҵәахырц азы, Авесса иашьа Иоав адҵа ииҭеит лхаҵа Уриа аибашьраҿы дҭахартә иҟаиҵарц (2 Сам. [2 Сам.] 11:2—4, 14, 15; 1 Аш. [1 Лет.] 2:16). Иҟалап Авесса уи атәы идыруазҭгьы, аха уеизгьы иара Анцәа иалихыз аҳ Давид иахь апатуқәҵара ааирԥшуан. Уи адагьы, Авесса аруаа дышреиҳабызгьы, аҳра иоурц азы имаз амчра ихы иаирхәомызт. Иара Давид дидгылон, аӷацәеи ачарҳәаҩцәеи рҟынтә дыхьчо (2 Сам. [2 Сам.] 10:10; 20:6; 21:15—17).

4. а) Ишԥааирԥши Давид азиашара аҿырԥшы? б) Иарбан ҿырԥштәқәоу ҳара еиҭа еилҳарго?

4 Саул ишьра мап ацәкны, Давид Иегова дышизиашаз ааирԥшит. Иара данқәыԥшыз агәымшәара аарԥшны «зыԥсы ҭоу Анцәа ируаа» ирхыччоз Голиаф диҿагылеит (1 Сам. [1 Сам.] 17:23, 26, 48—51). Аамҭақәак рышьҭахь, Давид аҳас даныҟалахьаз, агәнаҳа ӷәӷәақәа ҟаиҵеит, акалҭбааԥсреи ауаҩшьреи уахь иналаҵаны. Аха иара аԥааимбар Нафан иҟынтәи ариашара идикылеит, насгьы иҟаиҵаз дахьхәит (2 Сам. [2 Сам.] 12:1—5, 13). Давид иқәрахь даннеигьы, Анцәа дизиашаны даанхон. Иаҳҳәап, Иегова иныҳәарҭа аргыларазы акгьы дамеигӡакәа хатәгәаԥхарала аҭара ҟаиҵеит (1 Аш. [1 Лет.] 29:1—5). Ҳәарада, Давид агха дуқәа ҟаиҵон, аха иара Анцәа дизиашаны даанхон (Аԥсал. 50:6, 12 [51:4, 10, АдҾ]; 85:2 [86:2, АдҾ]). Шәааи Давид иԥсҭазаара иадҳәалоу егьырҭ ахҭысқәеи, насгьы иаамҭазы инхоз егьырҭ ауаа рҿырԥштәқәеи еилҳаргап. Ҳара анаҩстәи азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵоит: ҳзызиашазар ҳахәҭада зегь раԥхьа иргыланы? Иарбан ҟазшьақәоу иҳамазар акәу, Анцәа ҳизиашаны ҳаанхаларц азы?

ҲЗЫЗИАШАЗАР ҲАХӘҬАДА ҲАРА ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАНЫ?

5. Иаҳнарҵозеи ҳара Авесса игха?

5 Авесса Саул илагер ахь даннеи, уи Давид дышизиашоу ааирԥшит. Иара Саул дишьырц иҭахын, аха Давид уи дааникылеит. Давид еиликаауан «Иегова иалихыз иахь анапышьҭыхра» шиашамыз (1 Сам. [1 Сам.] 26:8—11). Ари ахҭыс иаҳнарҵо даараӡа ихадоуп: зегь раԥхьа иргыланы ҳзызиашазар ҳахәҭоу анаҳаӡбо, ҳара ҳазхәыцыр ауп иарбан принципқәоу ҳҭагылазаашьаҿы ҳзықәныҟәар акәу.

6. Иаҳхамышҭлар акәзеи, ҳҭаацәеи ҳҩызцәеи рахь азиашара аарԥшра ҳара ҳзы иаабац ак шакәугьы?

6 Азиашара хыҵхырҭас иамоу агәы ауп, аха уи гьангьашуп (Иер. [Иер.] 17:9). Убри аҟынтә ауаҩы Анцәа дизиашазаргьы, иара даара бзиа дибозар ауеит ииашамкәа зхы мҩаԥызго иҩыза ма иҭынха. Аха Иегова даԥсоуп ҳара зегь раԥхьа иргыланы иара ҳизиашазарц. Еиҳарак уи ҳгәалашәозар ауп, иаҳзааигәоу аӡәы аҵабырг анаанижьуа. (Уаԥхьа Матфеи 22:37.)

7. Ишԥаалырԥши иаҳәшьак Анцәа иахь азиашара имариамыз аҭагылазаашьаҿы?

7 Имариам зегь раԥхьа иргыланы ҳзызиашазар ҳахәҭоу аӡбара, ҳҭаацәараҿы аӡәы аизара даналырцо. Абар Енн1 зыхьӡу аиаҳәшьа дзықәшәаз. Зны аизара иалырцаз лан аҭел дылзасит. Уи Енн дылбарц лҭахын. Лара илҳәеит даараӡа лгәы шлыхьуа, лҭынхацәа рацәажәара ахьлылымшо. Ари аицәажәара Енн лгәы канажьит, насгьы лан илалҳәеит асаламшәҟәы шылзылыҩуа. Уи ашьҭахь Енн абиблиатә принципқәа лгәалалыршәеит (1 Кор. 5:11; 2 Иоанн 9—11). Анаҩс асаламшәҟәы лҩит. Уа лан ирхааны илгәалалыршәеит лҭаацәа рацәажәара алшара ахьылцәыӡыз лхаҭа шлакәу изхароу, избанзар агәнаҳа ӷәӷәа ҟалҵеит, насгьы дахьымхәӡеит. «Бара бхьаа анбыхго, Иегова иахь баныгьежьуа ауп»,— илҩит Енн (Иак. 4:8).

8. Иарбан ҟазшьақәоу Анцәа иахь азиашара аарԥшра иҳацхраауа?

8 Давид иаамҭазы инхоз Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа рҿырԥшы иаҳнарбоит иарбан ҟазшьақәоу иҳамазар акәу, Анцәа иахь азиашара ааҳарԥшларц азы. Урҭ иреиуоуп ахынраалара, ақьиара, агәымшәара. Шәааи урҭ хаз-хазы ҳарзааҭгылап.

АНЦӘА ИАХЬ АЗИАШАРЕИ АХЫНРААЛАРЕИ ӶӘӶӘАЛА ЕИДҲӘАЛОУП

9. Избан Авенир Давид ишьра дзашьҭаз?

9 Саул иԥа Ионафани аруаа реиҳабы Авенири ирбон Давид Голиаф ихы Саул ианизнеигоз. Ионафан Давид иҩыза иакәхеит, насгьы иара иахь азиашара ааирԥшуан (1 Сам. [1 Сам.] 17:57—18:3). Аха Авенир мап. Ԥыҭрак ашьҭахь Саул Давид дишьырц аниҭахха, иара Саул дидгылан. Давид аӷәӷәақәа «сыԥсгьы рыԥшаарц иашьҭоуп» ҳәа иҩуан (Аԥсал. 53:5 [54:3, АдҾ]; 1 Сам. [1 Сам.] 26:1—5). Избан Авенир Ионафан иеиԥш Давид дзизыҟамыз? Авениргьы идыруан Анцәа Давид Израиль аҳас дшалихыз. Саул данԥсы ашьҭахь, Авенир илшон ахынраалареи Анцәа иахь азиашареи ааирԥшыр, Саул иԥа Иевосфеи иакәымкәа, Давид дидгылазҭгьы. Аха иара Саул иуадалықьԥҳәыс цәеижьла дахьылзааигәахаз иаанарԥшит иара ихаҭа аҳра ҭыԥ дашьҭазар шауаз (2 Сам. [2 Сам.] 2:8—10; 3:6—11).

10. Избан Авессалом Анцәа дызизиашамыз?

10 Давид иԥа Авессалом ахынраалара изхомызт, уи Анцәа иахь азиашара аарԥшра иԥырхаган. Абиблиаҿы иануп: «Авессалом аҽыуардыни, аҽқәеи иара иаԥхьа игыланы иҩлар акәыз ҩынҩажәижәабаҩык ауааи еизигеит» (2 Сам. [2 Сам.] 15:1). Иара убас уи израильаа аӡәырҩы ихы ргәарԥханы иганахь ииаигеит, насгьы агәра диргеит иара изиашазарц. Авессалом идыруан Анцәа аҳас Давид дшалихыз, аха уеизгьы, Авенир иеиԥш, уи ишьра дашьҭан (2 Сам. [2 Сам.] 15:13, 14; 17:1—4).

11. Иаҳдырҵозеи Авенири, Авессаломи, Варухи ирызкны Абиблиа иану ахҭысқәа?

11 Авенири Авессаломи рҿырԥшы ишаҳнарбо еиԥш, ауаҩы ихатәы интересқәа зегь раԥхьа иргылозар, уи иԥырхагахоит Анцәа иахь азиашара аарԥшра. Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩцәа рҟынтәи аӡәгьы ихатәы интересқәа раԥхьа иргыланы ииашамкәа ихы мҩаԥигалаӡом. Аха амал арҳареи ари адунеи аҿы акариера аҟаҵареи агәаҳәара ақьырсиан идоуҳара иаԥырхагахар алшоит. Иеремиа иписар Варух иаҳзымдыруа мзызқәак ирыхҟьаны еиҳа ихадаз иаҩижьуа далагеит. Иегова уи иеиҳәеит: «Сара исыргылаз ықәысхуеит, еиҭасҳаз ашьаҭа ианкны иҵысхуеит — адгьыл зегьы. Уара еиҳау уашьҭоуп. Уаҟәыҵ» (Иер. [Иер.] 45:4, 5). Варух ариашара идикылеит. Даараӡа иҟәыӷарахоит арҭ ажәақәа рхамышҭра, избанзар ицқьам ари адунеи аҵыхәтәа иаарласны иҟалоит!

12. Иҳаилшәыркаа ҳхатәы интересқәа ҳанрышьҭоу, Анцәа иахь азиашара аарԥшра ҳаҟәыҵыр шҳалшо.

12 Мексика инхо Даниель зыхьӡу аиашьа иӡбар акәын иалихша: ихатәы интересқәа ракәу, Анцәа иахь азиашара аарԥшра акәу. Иара игәрахаҵара ицеиҩызымшоз ԥҳәысс дигарц иҭахын. Даниель еиҭеиҳәоит: «Сара уи смс-аацҳарақәа лзысышьҭуан пионерс амаҵ аура саналагагьы. Аха нас ахынраалара аарԥшны, аԥышәа змаз аизара аиҳабы ацхырааразы сиҳәеит. Уи иасҳәеит Анцәа изиашареи уи аҭыԥҳа лахь исымаз ацәаныррақәеи сышрыбжьахаз. Иара исеилиркааит Анцәа сизиашаны саанхарц сҭахызар, уи аӡӷаб лзыҩра саҟәыҵыр шакәу. Слаӷырӡышо Анцәа акырынтә саниҳәа ашьҭахь, ус иагьыҟасҵеит. Иаарласны амаҵзура еиҳа агәырӷьара сзаанаго иалагеит». Аамҭа анца, Даниель иқьырсиану аԥҳәызба бзиа ԥҳәысс дигеит, уажәы раионтә хылаԥшҩыс амаҵ иуеит.

АНЦӘА ИАХЬ АЗИАШАРА АҚЬИАРА ААРԤШРА ИҲАЦХРААУЕИТ

Аиаҳәшьа аинтернет аҿы даҽа иаҳәшьак иҽеимыз лпатреҭқәа анылба, ашьаҿақәа ҟалҵоит уи адоуҳатә цхыраара лоурц азы

Шәара қьырсианк агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз еилышәкаар, иаашәырԥшуама иара шәышизиашоу? Игәазҭашәҵома иара аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара иԥшаарц? (Шәахәаԥш абзац 14.)

13. Дышԥаанхеи Нафан Анцәеи Давиди дрызиашаны, Давид агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵа?

13 Зны-зынла Анцәа иахь азиашара ауаа рахь иааҳарԥшуа азиашара ианыруеит. Аԥааимбар Нафан Анцәеи Давиди дрызиашан. Нафан еиликааит Давид Вирсавиа лҿы дышкалҭшьҭаныҟәаз, насгьы лхаҵа аибашьраҿы дҭахартә шыҟаиҵаз. Давид дҿаԥиҽырц азы Иегова Нафан даниишьҭ, уи азыӡырҩра аарԥшны, гәымшәарыла иоуз адҵа наигӡеит, Давид дышизиашазгьы. Нафан Давид аҟәыӷареи ақьиареи аарԥшны диацәажәон. Давид иҟаиҵаз агәнаҳақәа шаҟа иӷәӷәаз иеилиркаарц, Нафан алабҿабатә ҿырԥшы ааигеит. Уи аҿырԥшаҿы иара ауаҩ беиа аӷар иуаса шимихыз атәы еиҭеиҳәеит. Давид уи ауаҩы ӷәӷәала игәы анизыԥжәа, Нафан Давид иеиҳәоит: «Уи ауаҩы уара уоуп!» Давид еиликааит Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз (2 Сам. [2 Сам.] 12:1—7, 13).

14. Ишԥаҳалшо Иеговеи иаҳзааигәоу ауааи ҳрызиашаны аанхара?

14 Зегь раԥхьа иргыланы ҳзызиашазар ҳахәҭоу анаҳаӡбо, ииашоу аӡбара адкылараҿы ақьиара ҳацхраауеит. Иаҳҳәап, шәара еилышәкааит қьырсианк агәнаҳа шыҟаиҵаз. Иҟалап шәара шәгәы иаанагозар иара иахь азиашара аашәырԥшыроуп ҳәа, еиҳарак уи шәҩыза ма шәҭынха иакәзар. Аха иҟаиҵаз шәҵәахыр, Анцәа шәизиашаны шәзаанхом. Ҳәарада, Анцәа иахь азиашара аарԥшра зегь раасҭа ихадазар ауп. Убри аҟынтә Нафан шәиҿыԥшуа, Анцәа шәизыӡырҩла, аха убри аамҭазгьы шәашьцәа рахь ақьиара аашәырԥшла. Игәазҭашәҵа шәҩыза, ма шәҭынха аизара аиҳабацәа рҿы ацхыраара иԥшаарц. Уи ианаамҭоу иҟаимҵар, Анцәа иахь ишәымоу азиашара шәгәазҭанаҵар ауп иҟалаз аизара аиҳабацәа рзеиҭаҳәара. Убас шәара иаашәырԥшуеит Анцәа иахь азиашареи шәҩыза ма шәҭынха иахь ақьиареи, избанзар аизара аиҳабацәа уи ауаҩы ҽыԥныҳәада ириашара рҽазыршәоит. (Урыԥхьа Алевит [Левит] 5:1; Галаҭаа рахь 6:1.)

АНЦӘА ҲИЗИАШАНЫ ҲААНХАРЦ АЗЫ, АГӘЫМШӘАРА ҲҬАХУП

15, 16. Избан Хуси агәымшәара зиҭахыз, Анцәа дизиашаны даанхарц азы?

15 Анцәа дизиашаны даанхарц азы, Хуси агәымшәара ааирԥшыр акәын. Иара Давид изиашаз иҩыза иакәын. Аха уи изиашара ԥышәан, Давид иԥа Авессалом израильаа аӡәырҩы иган ахь ианиаига, насгьы Иерусалими аҳреи инапахьы игарц данашьҭаз (2 Сам. [2 Сам.] 15:13; 16:15). Иԥсҭазаара ихьчарц азы, Давид ақалақь аҟынтәи дыбналеит. Иҟаиҵозеи Хуси? Диасуама иара Авессалом иахь, мамзаргьы зықәрахь инеихьоу аҳ дишьҭалоу? Анцәа иалихыз аҳ дизиашаны дшаанхо ӡбаны, Хуси Ахәшаҵлақәа рышьхаҿы Давид диԥылоит (2 Сам. [2 Сам.] 15:30, 32).

16 Давид Хуси диҳәеит Иерусалимҟа дхынҳәырц, Авессалом иҩыза иакәушәа иҽыҟаиҵарц, насгьы Ахитофел иҟаиҵо алабжьара еилеигарц. Иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, Хуси Иегова дышизиашаз ааирԥшит, аҳ дзызиҳәазгьы наигӡеит. Давид инцәаиҳәара инақәыршәаны, Авессалом Хуси илабжьара еиҳа еиӷьишьеит, Ахитофел итәы аасҭа (2 Сам. [2 Сам.] 15:31; 17:14).

17. Избан ҳара агәымшәара заҳҭаху, Анцәа ҳизиашаны ҳаанхаларц азы?

17 Агәымшәара Иегова ҳизиашаны аанхара иҳацхраауеит. Ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы ус иагьыҟарҵоит, рыуацәеи, аус рыцызуеи, аиҳабырааи шрықәыӷәӷәогьы. Иапониа инхо Таро даныхәыҷыз инаркны еснагь иҭаацәа дырзыӡырҩуан, насгьы дрызиашан. Уи уалс идуп ҳәа акәӡам изыҟаиҵоз: иара иҭахын иҭаацәа иргәырӷьалар. Иегова ишаҳаҭцәа ҩызцәас ианышьҭих, иҭаацәа уи даараӡа иргәамԥхеит. Убри аҟынтә иара ицәыцәгьан аизарақәа рҭаара шиӡбаз раҳәара. Таро еиҭеиҳәоит: «Урҭ даара ргәы ԥжәеит, насгьы дара рахь шықәсыла снарышьҭуамызт. Сара Анцәа агәымшәареи ахачҳареи сиҭарц сиҳәон. Аамҭа анца, сани саби рҽырыԥсахит, уажәы иааиԥмырҟьаӡакәа рбара снеилар сылшоит». (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 29:25.)

18. Иарбан хәарҭоу шәара ари астатиа ишәзаанагаз?

18 Давиди, Ионафани, аԥааимбар Нафани, Хусии реиԥш, ҳаргьы Иегова ҳизиашазар, агәырӷьара ҳауеит. Иара убас иаҳхаҳмыршҭлап Анцәа изиашамыз Авенири Авессаломи рҿырԥштәқәа. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахуп Давид ҳаиҿыԥшуа, гәык-ԥсык ала Анцәа ҳизиашаны ҳаанхаларц. Ҳара ҳнаӡам аҟынтә, агхақәа ҟаҳҵалоит. Аха ҳара иҳалшоит Анцәа иахь азиашара аарԥшра ҳаԥсҭазаараҿы зегь раԥхьаӡа ишгылоу шьақәҳарӷәӷәар.

^ 1 (Абзац 7.) Хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра