Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 октиабр ад. 20—25
  • Ихы шәышԥаирхәало шәара Иегова?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ихы шәышԥаирхәало шәара Иегова?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЕГОВА ҲШАЗЫҞАИҴО
  • ИЕГОВА АХАЦӘА ИХЫ ИШАИРХӘОЗ
  • ИЕГОВА АҲӘСА ИХЫ ИШАИРХӘОЗ
  • ИЕГОВА ИХЫ ШӘАИРХӘАЛАРЦ ИЛШӘЫРША
  • Лара аҟәышра аалырԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Авигеиеи Давиди
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Ибзианы дыжәдыруама шәара Иегова?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иегова зегь иреиӷьу ахьишәҭо шәеигәырӷьала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 октиабр ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 42

Ихы шәышԥаирхәало шәара Иегова?

«Анцәа... шәыҩнуҵҟа шәгәы-шәыԥсаҿы аусура даҿуп — Иара... агәаҳәара шәиҭоит, ииҭаху шәирҟаҵоит» (ФЛП. 2:13).

АШӘА 104 Иԥшьоу адоуҳа Анцәа иҳамҭоуп

АХҲӘААa

1. Иҟаиҵар илшозеи Иегова игәаԥхара наигӡарц азы?

ИЕГОВА игәҭакы анагӡаразы иаҭаху иакәны дҟалоит. Иаҳҳәап, иара илшоит Рҵаҩыс, ҳгәы зырҭынчуа Абыс, насгьы ажәабжь бзиа ҳазҳәо иакәны дҟалар (Ис. 48:17; 2 Кор. 7:6; Гал. 3:8). Ус шакәугьы, игәаԥхара наигӡарц азы иара лассы-лассы ауаа ихы иаирхәоит (Матф. 24:14; 28:19, 20; 2 Кор. 1:3, 4). Иегова илшоит игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху ҳакәны ҳҟаларц азы аҟәыӷареи амчи ҳаиҭар. Аҵарауаа аӡәырҩы изларҳәо ала, Иегова ихьӡ аҵакы еилыкка иаанарԥшуеит иара уи аҩыза алшара шимоу.

2. а) Избан зны-зынла Иегова ҳазлаихәаша акгьы ыҟам ҳәа ҳгәы иаанагар залшо? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

2 Ҳара зегьы Иегова игәаԥхара анагӡараҿы ихы ҳаирхәалар ҳҭахуп, аха шьоукы ргәы иаанагоит Иегова излаихәаша акгьы ыҟам ҳәа, избанзар рықәреи, рҭагылазаашьақәеи, рылшарақәеи ирыхҟьаны шаҟа рҭаху рзыҟаҵом. Егьырҭ ирыԥхьаӡоит иҟарҵо уеизгьы имаҷым ҳәа. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху зегь ҳаиҭар шилшо. Анаҩс ҳахәаԥшуеит Абиблиаҿы зыӡбахә ану Иегова имаҵ зуаз ауаа — ахацәагьы аҳәсагьы — агәаҳәареи амчи шриҭоз. Уи адагьы, ҳара еилаҳкаауеит Иегова ихы ҳаирхәаларц азы иҟаҳҵар ҳалшо.

ИЕГОВА ҲШАЗЫҞАИҴО

3. Ишԥаилшо Иегова уск анагӡаразы агәаҳәара ҳаиҭар, Филиппаа рахь 2:13 иану инақәыршәаны?

3 Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:13b. Иегова уск аҟаҵара ҳҭаххартә еиԥш агәаҳәара ҳаиҭар илшоит. Ишԥа? Иаҳҳәап, ҳара еилаҳкааит аизараҿы аӡәы ацхыраара шиҭаху, мамзаргьы уск шыҟаҵатәу. Мамзаргьы аизара аиҳабы афилиал аҟынтә асаламшәҟәы данаԥхьоз иҳәеит ҳаизара иаҵанакуа аҭыԥ аҿы акәымкәа, даҽаџьара цхыраарак шаҭаху. Иҟалап уи ашьҭахь ҳхы ҳазҵаазар: «Сышԥарыцхраар сылшо сара?» Мамзаргьы иҟалап имариам дҵак ҳадырҵазар, аха уи ибзианы анагӡара ҳалымшар ҳәа ҳшәозар. Ма Анцәа Иажәа аҟны цыԥҵәахак ҳанаԥхьа ашьҭахь ҳхәыцзар: «Схы иасырхәар шԥасылшо еилыскааз егьырҭ срыцхраарц азы?» Иегова мчыла акгьы ҳирҟаҵаӡом. Аха ацхыраара ҟаҳҵарц шаҳҭаху анибо, Иегова ҳгәы иҭаҳкыз анагӡаразы агәаҳәареи амчи ҳаиҭоит.

4. Ишԥаилшо Иегова уск анагӡаразы иаҭаху амч ҳаиҭар?

4 Иара убас Иегова уск анагӡаразы иаҭаху амч ҳаиҭар илшоит (Ис. 40:29). Иԥшьоу адоуҳа абзоурала иара илшоит иҳалоу аҟазара еиӷьитәыр (Ақәҵ. 35:30—35). Иорганизациа ала Иегова иаҳирҵоит еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡара. Дҵак шынагӡатәу шәзымдыруазар, ацхыраара шәаҳәа, насгьы агәыҭбаара злоу жәҩантәи Ҳаб амч шәиҭарц шәиҳәала (2 Кор. 4:7; Лука 11:13). Абиблиаҿы иаагоуп Иегова ахацәеи аҳәсеи агәаҳәареи амчи шриҭоз ҳзырбо имаҷымкәа аҿырԥштәқәа. Шәааи урҭ рҟынтә ҿырԥштәқәак еилҳаргап, насгьы ҳазхәыцып Иегова урҭ ауаа ихы ишаирхәоз еиԥш ҳаргьы ихы ҳаирхәалар шилшо.

ИЕГОВА АХАЦӘА ИХЫ ИШАИРХӘОЗ

5. Ихы даирхәо данбалагеи Иегова Моисеи Израильаа еиқәирхарц азы, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

5 Иегова ицхыраарала Моисеи Израильаа рхы иақәиҭызтәыз иакәны дҟалеит. Аха данбалагеи Иегова Моисеи ила игәаԥхара анагӡара? Моисеи мысратәи аҵарадырра зегь аниоу, насгьы уи аус анагӡара сазхиоуп ҳәа игәы ианаанагоз аума? (Аус. 7:22—25). Мап. Раԥхьа Иегова Моисеи дицхрааит ахынраалареи аҟәымшәышәреи реизырҳара (Аус. 7:30, 34—36). Иегова Моисеи агәымшәара ииҭеит, мысратәи анапхгаҩцәа иреиҳаз иахь днеирц азы (Ақәҵ. 9:13—19). Иаҳнарҵар алшозеи ҳара Иегова Моисеи ила игәаԥхара шынаигӡоз, насгьы уи аҟаҵара даналагаз? Иегова ихы иаирхәо игәаԥхо аҟазшьақәа аазырԥшуа, насгьы иара иқәгәыӷуа роуп (Флп. 4:13, АдҾ).

6. Иаҳнарҵозеи Иегова аҳ Давид дицхраарц азы Верзелли ихы дахьаирхәаз?

6 Ашәышықәсақәа рышьҭахь Иегова аҳ Давид дицхраарц азы Верзелли ихы даирхәеит. Давид ицызгьы иаргьы Авессалом иҟынтә ибналон, дара ааԥсаха иҟан, амла иакуан, иагьӡышон. Верзелли иқәра акыр ишцахьазгьы, Давид ицхраарц иааз ауаа дрывагыланы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылеит. Верзелли сара уажәшьҭа сажәит, Иегова изы акгьы сзыҟаҵом ҳәа дхәыцуамызт. Уи аҭыԥан иара Анцәа имаҵзуҩцәа дрыцхраарц азы акгьы деигӡомызт (2 Сам. 17:27—29). Иаҳнарҵар алшозеи Верзелли иҿырԥшы? Ҳақәра зеиԥшразаалакгьы, Иегова ихы ҳаирхәар илшоит ҳтәылаҿы, ма даҽа тәылак аҿы инхо амамзаара иаргәаҟуа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи дрыцхраарц азы (Ажәам. 3:27, 28; 19:17). Урҭ хаҭала ҳрыцхраар ҳалымшозаргьы, адунеизегьтәи аус азы хатәгәаԥхарала аԥара алаҳҵар ҳалшоит. Уи абзоурала ацхыраара иаргәаҟуа аишьцәа ианаамҭоу уи роуеит (2 Кор. 8:14, 15; 9:11).

7. Ихы дышԥаирхәоз Иегова Симеон, насгьы избан уи ҳгәы зышьҭнахуа?

7 Иерусалим дыҟан Симеон зыхьӡыз Иегова имаҵ зуаз даараӡа ибыргыз ауаҩы. Иегова Симеон иеиҳәеит Мессиа дибаанӡа аԥсра шимбо. Уи Симеон даараӡа игәы шьҭнахзар ҟалап, избанзар иара Мессиа дизыԥшижьҭеи акыр ҵуан. Иегова уи дизылԥхеит, агәрахаҵареи ахачҳареи ахьааирԥшуаз азы. Ҽнак иԥшьоу адоуҳа Симеон аныҳәарҭахь днеирц игәазҭанаҵеит. Уа иара дибеит асаби Иисус, уи инеиҳангьы, Иегова Симеон игәазҭеиҵеит уи асаби изкыз аԥааимбаражәа иҳәарц. Асаби Христос иакәхараны дыҟан (Лука 2:25—35). Симеон Иисус Анцәа имаҵ аура даналага имбазар ҟалап, аха иара иаҭәашьаз аҳаҭыр деигәырӷьон. Иаԥхьаҟа изыԥшу азылԥхарақәа еиҳагьы еиҳауп! Адунеи ҿыц аҿы иара ибоит Иисус инапхгара аҭаацәарақәа зегьы азылԥхарақәа шырзаанаго (Аҟаз. 12:3). Ҳаргьы иҳалшоит Иегова имаҵзураҿы иҳаҭәеишьо иарбан усзаалак азы аџьшьара ааҳарԥшлар.

8. Ихы ҳаирхәалар шԥалшо Иегова, Варнава иҿырԥштәы излаҳнарбо ала?

8 Актәи ашәышықәсазы х. ҳ. аан дынхон Иосиф зыхьӡыз згәы ҭбааз ауаҩы. Иара дазхиан Иегова игәаԥхара анагӡара (Аус. 4:36, 37). Апостолцәа уи Варнава ихьӡырҵеит, уи ахьӡ иаанагон «угәы зырҭынчуа аԥа». Иҟалап уи аҩыза ахьӡ зирҭаз иара ауаа ргәы шырҭынчтәу ахьидыруаз азы акәызҭгьы. Иаҳҳәап, Савл данқьырсианха аишьцәа аӡәырҩы дрыдыркылар рҭахымызт, избанзар уаанӡа ақьырсианцәа дахьрышьҭашәарыцоз азы ицәшәон. Аха згәы ҭбааз Варнава Савл дицхраарц, насгьы игәы ирҭынчырц иӡбеит. Ҳәара аҭахума, Савл уи даараӡа деигәырӷьеит (Аус. 9:21, 26—28). Ԥыҭрак ашьҭахь Иерусалим иҟаз аизара аиҳабацәа ирыӡбеит Сириатәи Антиохиа иҟаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы шьҭырхырц. Сириатәи Антиохиа Иерусалим акыр иацәыхаран. Ирышьҭыда нас уахь? Варнава! Ибзиангьы иҟарҵеит. Абиблиа иануп Варнава аишьцәа «ргәы-рыԥсы Иҳақәиҭу дҭаҵәахызарц гәаҳәара риҭон» ҳәа (Аус. 11:22—24). Убас еиԥш иахьагьы Иегова аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ргәы шьҭихларц азы ихы ҳаирхәалар илшоит. Иаҳҳәап, иара ихы ҳаирхәар илшоит аӡә дызцәыԥсыз ауаҩы игәы шьҭихырц азы. Мамзаргьы иара иаҳгәаирԥхар ауеит ичмазаҩу ма адепрессиа змоу аӡәы игәы шьҭызхша ак иаҳҳәарц азы сасра ҳизнеирц ма аҭел ҳаизасырц. Илшәыршома шәара Иегова Варнава ихы дшаирхәоз еиԥш ихы шәаирхәаларц? (1 Фес. 5:14).

9. Иаҳнарҵозеи Иегова Васили дахьицхрааз ахьча бзиа иакәны аҟалара?

9 Иегова Васили зыхьӡыз аиашьа дицхрааит ақьырсиантә еизараҿы ахьча бзиа иакәны аҟалара. Аизара аиҳабыс амаҵ аура даналага иара 26 шықәса ихыҵуан. Иара дшәон аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, еиҳарак ауадаҩра ӷәӷәақәа змаз, доуҳала рыцхраара илымшар ҳәа. Аха аԥышәа змаз аизара аиҳабацәеи Иԥшьоу амаҵзура ашколи рыбзоурала аҵара бзиа иоуит. Васили ихы аус адиулон. Иаҳҳәап, иара имч зықәхоз ахықәкқәа ықәиргылон. Хәыҷы-хәыҷла Васили урҭ наигӡон, насгьы имаз ашәара даиааиуан. Иара иҳәоит: «Аԥхьа сзыршәоз уажәы агәырӷьара ду сзаанагоит. Аизараҿы аӡәы игәы зырҭынчуа библиатә жәеинраалак аԥшаара Иегова дансыцхраауа, сгәы ҭгәырӷьаауеит». Аишьцәа, шәаргьы Васили иеиԥш Иегова ихы шәаирхәаларц илшәыршар, еиуеиԥшым аҭакԥхықәрақәа рынагӡаразы амч шәиҭоит.

ИЕГОВА АҲӘСА ИХЫ ИШАИРХӘОЗ

10. Иҟалҵазеи Авигеиа, насгьы иаҳнарҵозеи уи лҿырԥшы?

10 Давид ируааи иареи аҳ Саул иҟынтә рҽанырҵәахуаз ацхыраара рҭахын. Давид ицыз ауаа ибеиаз Навал и́ҳәеит имаз фатә хәыҷык риҭарц. Дара ацәҳәыраҿы ианыҟаз Навал иуасақәа рыхьчон аҟынтә, фатә хәыҷык риҭарц иахьиҳәаз акгьы амамызт. Аха зхада аӡә изымхәыцуаз Навал мап икит. Давид уи игәы ԥнажәеит, иара иӡбеит Навалгьы иҩнаҭаҿы иҟаз ахацәагьы ишьырц (1 Сам. 25:3—13, 22). Аԥшӡара адагьы, аҟәышрагьы злаз Навал иԥҳәыс Авигеиа агәымшәара ду аалырԥшит. Лара Давид диашьапкны диҳәеит ашьакаҭәаразы ахара ихы иадимҵарц. Лара лажәақәа ырхааны Давид иалҳәеит аус Иегова инапы ианиҵарц. Ахынраалареи аҟәыӷареи зныԥшуаз Авигеиа лажәақәеи лусқәеи Давид игәаҵанӡа инеит. Иара Иегова иоуп бысзаазышьҭыз ҳәа леиҳәеит. Ус иагьыҟаҵәҟьан (1 Сам. 25:23—28, 32—34). Авигеиа аҟазшьа бзиақәа ахьеизлырҳаз абзоурала Иегова ихы даирхәалар илшон. Убас еиԥш иахьагьы Иегова ихы иаирхәалар илшоит аҟәыӷара еиззырҳауа, насгьы хаала алабжьара аҭашьа зҵо аиаҳәшьцәа, рҭаацәарақәа ирӷәӷәаларц, насгьы аизараҿы егьырҭ ацхыраара риҭаларц азы (Ажәам. 24:3; Тит 2:3—5).

11. Иарбан усу Шаллум иԥҳацәа инарыгӡоз, насгьы ирҿыԥшуада иахьа урҭ?

11 Акыршықәса рышьҭахь Иегова ижәлар ргәазҭеиҵеит Иерусалим аҭӡамцқәа еиҭашьақәдыргыларц. Уи аус рҽаладырхәит Шаллум иԥҳацәагьы (Неем. 2:20; 3:12). Шаллум дышҭауадызгьы, иԥҳацәа ишәарҭаз, насгьы ихьанҭаз аус рхы иаҭәаршьеит (Неем. 4:15—18). Еицырдыруаз фекоитәи ахацәа ракәзар, аргылара рхы аладмырхәӡеит (Неем. 3:5). Шаҟа иреиԥшымзи урҭ Шаллум иԥҳацәа. Шәазхәыц аҭӡамцқәа 52 мшы рыла ианеиҭашьақәдыргыла, Шаллум иԥҳацәа шаҟа игәырӷьоз! (Неем. 6:15). Ҳаамҭазы ахамеигӡара аазырԥшуа аиаҳәшьцәа гәырӷьаҵәа Иегова имаҵ ахьыруа аҩнқәа рыргылареи рхылаԥшреи рҽаладырхәуеит. Дара ирылоу аҟазареи, ирбо аџьабааи, Анцәа иахь иаадырԥшуа азиашареи рыбзоурала уи аус қәҿиарала ицоит.

12. Ихы ҳаирхәар шԥаилшо Иегова Тавифа ихы дшаирхәоз еиԥш?

12 Тавифа «абзиа ҟазҵоз, арыцҳацәа ирыцхраауаз, игәыҳалалыз аӡә лакәын», еиҳарак лара аҳәсеибацәа дрыцхраауан. Иегова лара уи аҩыза агәаҳәара лиҭон (Аус. 9:36). Тавифа зеиԥшыҟам агәыҭбаареи ақьиареи аалырԥшуан, убри аҟынтә лыԥсра згәы иалсыз рацәаҩхеит. Аха апостол Пиотр Тавифа лыԥсы анҭеиҵа, ргәырӷьара ҳәаак амамызт (Аус. 9:39—41). Иаҳнарҵозеи Тавифа лҿырԥштәы? Ҳхәыҷызаргьы ҳдузаргьы, ҳхаҵазаргьы ҳаԥҳәысзаргьы, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхраалар ҳалшоит (Аур. 13:16).

13. Ихы дышԥаирхәеи Иегова аԥхашьара злаз аиаҳәшьа Руфь, насгьы иарбан лкаау лара иҟалҵаз?

13 Руфь зыхьӡыз иԥхашьоз аиаҳәшьа миссионерс дҟалар лҭахын. Данхбыџыз лара ашыр-шырҳәа аҩнқәа дырхысны абуклетқәа лшон. Лара илҳәоит: «Сара уи даараӡа исгәаԥхон». Аха Руфь даара илцәыцәгьан ауаа рышә дылагыланы Анцәа Иаҳра аӡбахә рзеиҭаҳәара. Руфь аԥхашьара шлылазгьы 18 шықәса анылхыҵуаз апионертә маҵзура далагеит. 1946 шықәсазы лара Ахьчаратә Бааш абиблиатә школ Галаад далгеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Гаваии Иапониеи Анцәа имаҵ луан. Урҭ атәылақәа ажәабжь бзиа рылаирҵәарц азы Иегова уи џьашьахәыла ихы даирхәеит. 80 шықәса раҟара Руфь Иегова имаҵ анылу ашьҭахь илҳәеит: «Иегова еснагь дсыцхраауан. Иара исылаз аԥхашьара аиааира дсыцхрааит. Сара агәра ганы сыҟоуп Иегова иқәгәыӷуа зегьы ихы ишаирхәало».

ИЕГОВА ИХЫ ШӘАИРХӘАЛАРЦ ИЛШӘЫРША

14. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ихы ҳаирхәаларц ҳҭахызар, Кәаласаа рахь 1:29 иану инақәыршәаны?

14 Аҭоурых аҩныҵҟа Иегова имаҵзуҩцәа еиуеиԥшым амыругақәа реиԥш ихы иаирхәон. Ихы шәышԥаирхәало шәара Иегова? Еиҳараӡак уи зхьыԥшу аџьабаа абара шаҟа шәазхиоу ауп. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 1:29.) Аџьабаа абара шәазхиазар, Иегова ибзоурала шәара ишәылшоит агәацԥыҳәара злоу жәабжьҳәаҩны, рҵаҩ бзианы, егьырҭ ргәы арҭынчшьа здыруа уаҩны, аҟазара злоу усуҩны, ҩыза бзианы шәҟалар, мамзаргьы игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху даҽаӡә шәакәхар.

ИЕГОВА «АГӘАҲӘАРА ШӘИҬОИТ, ИИҬАХУ ШӘИРҞАҴОИТ» (ФИЛИППАА РАХЬ 2:13)

Аџьабаа абара шәазхиазар, Иегова ибзоурала шәара ишәылшоит агәацԥыҳәара злоу жәабжьҳәаҩны, рҵаҩ бзианы, егьырҭ ргәы арҭынчшьа здыруа уаҩны, аҟазара злоу усуҩны, ҩыза бзианы шәҟалар, мамзаргьы игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху даҽаӡә шәакәхар (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14—16.)

15. Изызиҳәалар рыхәҭоузеи иқәыԥшу аишьцәа Иегова, 1 Тимофеи иахь 4:12, 15 иану инақәыршәаны?

15 Иаҳҳәар ҳалшозеи зықәра аҭәымҭахь инеиуа иқәыԥшу аишьцәа ишәызкны? Аизарақәа рҿы даара иаҭахуп зхахьы аҭакԥхықәра агара иазхиоу, маҵзуратә цхырааҩцәас амаҵ зулар зылшо, зымч ҭоу аишьцәа рыцхыраара. Аизарақәа жәпакы рҿы аизара аиҳабацәа рхыԥхьаӡара амаҵзуратә цхырааҩцәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳауп. Ишәылшарызма шәара, иқәыԥшу аишьцәа, аизараҿы еиҳаны аџьабаа абаразы агәаҳәара еизшәырҳар? Зны-зынла аишьцәа шьоукы ирҳәоит: «Сара баша жәабжьҳәаҩыс амаҵ аурагьы сгәаԥхоит». Шәаргьы ус шәхәыцуазар, шәиҳәала Иегова амаҵзуратә цхырааҩцәа рзы иҟоу аҭахрақәа рыҽрықәыршәара шәҭаххартә еиԥш дшәыцхраарц, насгьы амаҵзураҿы ишәылшо зегь ҟашәҵалартә еиԥш амч шәиҭарц азы (Еккл. 12:1). Ҳара шәыцхыраара даараӡа иаҳҭахуп! (Шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:12, 15.)

16. Ҳзызиҳәалар ҳахәҭоузеи Иегова, насгьы избан?

16 Иегова игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху шәакәны шәҟалартә еиԥш аҟаҵара илшоит. Убри аҟынтә шәиҳәала Иегова иус анагӡаразы агәаҳәара шәиҭарц. Анаҩс уи анагӡаразы иаҭаху амч шәаҳәала. Шәқәыԥшзаргьы, шәықәра цахьазаргьы, шәаамҭеи, шәымчи, ишәылоу аҟазареи, шәмазареи Иегова дҳарашәкларц азы шәхы иашәырхәала (Еккл. 9:10). Маҷк шәшәозаргьы, шәымчқәа рыгәра шәымгозаргьы, ирылшәмыршан урҭ ацәаныррақәа Иегова имаҵ аураҿы ишәылшо зегь аҟаҵара ишәԥырхагахартә. Ааи, ҳара зеиԥшыҟам аҳаҭыр ҳаҭәашьоуп: ҳара иҳалшоит жәҩантәи Ҳаб дзыԥсоу хьӡи-ԥшеи иоуларц азы иҳалшо аҟаҵара!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ҳашԥазыҟаиҵо Иегова имаҵ аура?

  • Иарбан ҿырԥштәқәоу астатиаҿы иаагоу рҟынтә шәара еиҳарак ишәзааигәоу, насгьы избан?

  • Иарбан гәаҳәароу иқәыԥшу аишьцәа еиздырҳалар рыхәҭоу?

АШӘА 127 Закәытә уаҩны сыҟазарц сыхәҭоу

a Ишәҭахума шәара Иегова изы еиҳаны аҟаҵара? Шәхәыцуама шәара Иегова изы рацәак аҟаҵара шәылшом ҳәа? Мамзаргьы иҟашәҵо азхоит ҳәа шәхәыцуама? Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху ҳакәны ҳҟаларц азы агәаҳәареи амчи ҳаиҭар шилшо.

b Павел асаламшәҟәы ззиҩыз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа шракәызгьы, иажәақәа Иегова имаҵ зуа зегь рахь ирхоуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра