АҴАРАЗЫ АСТАТИА 42
Насыԥ рымоуп Иегова иҿаԥхьа ицқьоу ауаа
«Насыԥ рымоуп... ацқьара зыхьчо, Иегова изакәан ала инхо» (АԤСАЛ. 119:1).
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
АХҲӘААa
Иегова иреиҳаӡоу имчра иахьадгыло азы абахҭа иҭакыз, ма уажәраанӡагьы иҭаку, агәымшәара злоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)
1, 2. а) Ишԥарзыҟоу тәылақәак рҿы аиҳабыра Иегова ишаҳаҭцәа, аха рхы шԥамҩаԥырго дара? б) Ишԥаҳалшо ишҳашьҭашәарыцогьы насыԥ ҳамазар? (Шәрыхәаԥш ацәаҿы иану апатреҭқәа.)
ИАХЬАТӘИ аамҭазы 30 тәылеи территориеи инареиҳаны рҿы Иегова ишаҳаҭцәа инарыгӡо аус зинқәак амаӡам, мамзаргьы зынӡа мап ацәкуп. Тәылақәак рҿы Иегова ишаҳаҭцәа абахҭа иҭакуп. Цәгьарас иҟарҵазеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи? Иегова игәаанагарала — акгьы. Дара Абиблиа иаԥхьон, иҭырҵаауан, зыгәра рго егьырҭ ирзеиҭарҳәон, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи дареи аизарақәа рҿы еизон. Уи адагьы, аӡә иган аанкыланы аполитика аҽалархәра мап ацәыркит. Урҭ Анцәа имаҵзуҩцәа аҿагылара ӷәӷәақәа ишрықәшәогьы, ишыцқьоу иаанхоит, Иегова гәыкала ишизыҟоугьы шьақәдырӷәӷәоит. Шаҟа гәырӷьара дуузеи уи дара рзы!
2 Ари ажурнал ацәаҿы иану апатреҭқәа уаанӡагьы ижәбахьазар ҟаларын. Ҳәарада, шәара игәашәҭеит агәымшәара злоу арҭ Иегова ишаҳаҭцәа рхы-рҿы шеихаччо. Дара гәырӷьоит, избанзар ирдыруеит: ицқьаны иахьаанхо Иегова игәы ҟанаҵоит (Аԥсал. 15:1, 2). Иисус иҳәеит: «Насыԥ рымоуп аиашара азы изышьҭашәарыцо... [...] Шәыччала, шәгәырӷьала, избанзар... аҳамҭа ду шәзыԥшуп» (Матф. 5:10—12, АдҾ).
ҲАРА ҲЗЫ АҾЫРԤШЫ
Пиотри Иоанни иахьа аӡбарҭа аҿаԥхьа зыгәрахаҵара зыхьчо ақьырсианцәа аҿырԥш бзиа рырҭеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3, 4.)
3. Рхы шԥамҩаԥыргеи апостолцәа ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәа, Аусқәа 4:19, 20 иану инақәыршәаны, насгьы избан?
3 Иахьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ашьҭашәарыцарақәа иахьрықәшәо џьаҳамшьалароуп. Актәи ашәышықәсазгьы апостолцәа убас ирызныҟәон, Христос иӡбахә ауаа иахьрыларҳәоз азы. Иудеиатәи иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы изныкымкәа ирарҳәахьан «Иисус ихьӡала уаҳа аӡәгьы акгьы иашәымҳәалан» ҳәа (Аус. 4:18; 5:27, 28, 40). Иахырҳәаазеи уи апостолцәа? (Шәаԥхьа Аусқәа 4:19, 20.) Дара ирдыруан, Христос иӡбахә ауаа рылаҳәара рыдызҵаз еиҳау амчра змоу шиакәу (Аус. 10:42). Убри аҟынтә Пиотри Иоанни агәымшәара аарԥшны, апостолцәа зегь рыхьӡала ирҳәеит, урҭ аӡбаҩцәа ракәымкәа, Анцәа иҳәатәы шхарҵало, насгьы Иисус иӡбахә аҳәара ишаҟәымҵуа. Даҽакала иуҳәозар, урҭ абас иразҵааит: «Шәара Анцәа иаасҭа амчра шәымоуп ҳәа шәгәы иаанагаҵәҟьома?»
4. Иарбан ҿырԥшу апостолцәа ииашоу ақьырсианцәа ирзынрыжьыз, насгьы ишԥаҳалшо урҭ ҳарҿыԥшлар? (Аусқәа 5:27—29).
4 Апостолцәа ииашоу ақьырсианцәа зегь зықәныҟәо аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Дара аиҳабыра абас рарҳәеит: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит». (Шәаԥхьа Аусқәа 5:27—29.) Уи иахҟьаны урҭ рыпҟеит, аха дара «асинедрион идәылҵит Иҳақәиҭу Иисус иҵыхәала ирыхҭнырҟьаз ахьрылаӡаз, абарҭ агәаҟрақәа иахьрыԥсахаз иеигәырӷьаны». Уи ашьҭахь ажәабжьҳәара иацырҵеит (Аус. 5:40—42).
5. Иарбан зҵаарақәоу зҭак ҟаҳҵар ҳахәҭоу?
5 Апостолцәа ирҳәаз зҵаарақәак ҳазцәырнагар алшоит. Иаҳҳәап, ишԥаҳалшо «ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩ[лар]», аха убри аамҭазгьы «напхгара ҳзызуа аиҳабыра» ҳарзыӡырҩлар? (Рим. 13:1, АдҾ). Иара убас, ишԥаҳалшо «аиҳабыреи иаԥу егьырҭ амчрақәеи» рҳәатәы ҳақәныҟәалар, аха убри аамҭазгьы иреиҳаӡоу Ҳнапхгаҩы, Анцәа, гәыкала имаҵ ҳаулар? (Тит 3:1).
«НАПХГАРА ҲЗЫЗУА АИҲАБЫРА»
6. а) Иазусҭцәада Римаа рахь 13:1 (АдҾ) аҿы зыӡбахә ҳәоу «напхгара ҳзызуа аиҳабыра», насгьы ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу ҳара урҭ? б) Еицырзеиԥшузеи ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа зегьы?
6 Шәаԥхьа Римаа рахь 13:1 (АдҾ). «Напхгара ҳзызуа аиҳабыра» ҳәа ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа роуп. Ақьырсианцәа урҭ ирзыӡырҩлароуп, избанзар аиҳабыра рыбзоурала ртәылақәа рҿы аиҿкаара ыҟоуп, иара убас дара ауаа азакәанқәа ирықәныҟәоу-ирықәымныҟәоу иацклаԥшуеит, Иегова ишаҳаҭцәа рзинқәа анырыхьчогьы ыҟоуп (Аат. 12:16). Иџьашьатәӡам ҳара урҭ ашәахтәгьы рзаҳшәалар, патугьы рықәаҳҵалар ахьҳахәҭоу (Рим. 13:7). Аха аиҳабыра амчра зрымоу, Иегова уи ахьрылиршаз мацара азоуп. Уи шьақәдырӷәӷәоит Иисус Христос римтәи анапхгаҩы Понти Пилат иеиҳәаз ажәақәа, уи иҿахәы аниҿихуаз. Пилат Иисус доуишьҭыртә, ма дишьыртә амчра шимаз аниҳәа, Иисус иҳәеит: «Уара Сара сҿы мычра уоуамызт, хыхьынтә иуҭамызҭгьы» (Иоанн 19:11). Пилат иаан еиԥш, иахьагьы ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа ирымоу амчра аҳәаа амоуп.
7. Ҳанбарзымӡырҩуеи ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа, насгьы иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи?
7 Ақьырсианцәа ауаҩытәыҩсатә напхгаҩцәа ианырзыӡырҩуа атәыла азакәанқәа Анцәа изакәанқәа ианырҿамгыло ауп. Аха дара Анцәа ззин ҳаимҭо ак аҟаҵара ҳадырцалозар, мамзаргьы Анцәа дҵас иҳаиҭаз аҟаҵара азин ҳарымҭозар, ҳарзыӡырҩӡом. Иаҳҳәап, арԥарцәа арра ицароуп ҳәа анырҳәоb. Мамзаргьы Абиблиа — Адунеи Ҿыц аиҭага, насгьы Абиблиа шьаҭас измоу ҳпубликациақәа рхархәареи, ажәабжь аҳәареи, ҳаизаны Анцәа имаҵ ауреи азин анҳарымҭо. Анапхгаҩцәа ирымоу амчра цәгьашақә рхы иадырхәозар, иаҳҳәап, Христос иҵаҩцәа ирышьҭашәарыцозар, Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит. Иегова зегь ибоит! (Еккл. 5:8).
8. Излеиԥшымзеи Иеговеи «напхгара ҳзызуа аиҳабыр[еи]»?
8 Римаа рахь 13:1 аҿы «аиҳабыра» ҳәа зыӡбахә ҳәоу амчра зегь рнапаҿы иҟаӡам. Абиблиаҿы ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа «напхгара ҳзызуа аиҳабыра» ҳәа рызҳәоуп. Аха уа амчра зегь знапаҿы иҟоу иӡбахәгьы ҳәоуп. Иԥшьоу Аҩыра аҿы Иегова акырынтә «Хыхь иҟоу Анцәа Ду» ҳәа изҳәоуп (Дан. 7:18, 22, 25, 27).
«ХЫХЬ ИҞОУ АНЦӘА ДУ»
9. Иибазеи аԥааимбар Даниил абарақәа рҿы?
9 Аԥааимбар Даниил абарақәа рҿы ибеит Иегова имчра иарбанзаалак даҽа мчрак аасҭа ишеиҳау. Раԥхьа ԥшь-гыгшәыг дуӡӡак амшын иҭыҵит. Урҭ иаадырԥшуеит ажәытәан напхгара зуаз аҳәынҭқаррақәа: Вавилон, Мидо-Персиа, Бырзентәыла, Рим насгьы уи ашьҭахь ицәырҵыз, иахьа уажәраанӡагьы напхгара зуа — Англо-Америкатәи амчра (Дан. 7:1—3, 17). Уи ашьҭахь аԥааимбар жәҩантәи атәарҭаҿы итәоу Иегова дибеит (Дан. 7:9, 10). Даниил уи ашьҭахь иибаз иахьа напхгара зуа анапхгаҩцәа ргәырҽаннаҵароуп.
10. Изиҭода Иегова амчра, адгьыл напхгара азыруларц азы, насгьы иҳаилнаркаауазеи уи иара изкны? (Даниил 7:13, 14, 27, АдҾ).
10 Шәаԥхьа Даниил 7:13, 14, 27 (АдҾ). Анцәа ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа амчра зегь рымхны уи еиҳа иаԥсоу, насгьы еиҳау амч змоу ириҭоит. Иазусҭцәада урҭ? Ауаҩытәыҩса иԥа иеиԥшу аӡәы — Иисус Христос, — насгьы Хыхь иҟоу Анцәа Ду иԥшьоу ижәлар — 144 000-ҩык. Урҭ наӡаӡа напхгара рулоит (Дан. 7:18). Еилкаауп Иегова — Хыхь иҟоу Анцәа Ду шиакәу, избанзар ус еиԥш иҟоу аԥсахрақәа рыҟаҵара амчра змоу иара заҵәык иоуп.
11. Ианиҵазеи иҵегьы Даниил Иегова ажәларқәа рҿаԥхьа имоу амчра иазкны?
11 Даниил абараҿы иибаз уи аԥхьа Анцәа изкны ииҳәаз ажәақәа шьақәдырӷәӷәоит: «Иара... аҳцәа ықәигоит, насгьы аҳцәа ықәиргылоит». Уи адагьы, иара иҩит, Хыхь иҟоу Анцәа Ду ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа рҿаԥхьа амчра шимоу, насгьы уи изиҭаху ишриҭо (Дан. 2:19—21; 4:17). Иҟазма аҭоурых аҿы ахҭысқәа, Иегова анапхгаҩцәа анықәигоз, ма ианықәиргылоз? Ааи, уи зныкымкәа иҟалахьан!
Иегова Валтасар аҳра имхны мидааи аџьамцәеи ириҭеит. (Шәахәаԥш абзац 12.)
12. Иаажәга Иегова аҳцәа шықәигоз узырбо аҿырԥштәқәа. (Шәахәаԥш асахьа.)
12 Иегова зныкымкәа иааирԥшхьеит «напхгара ҳзызуа аиҳабыра» раасҭа амчра шимоу. Еилҳаргап х-ҿырԥштәык. Египеттәи афараон Иегова ижәлар маҵуҩцәас иман, урҭ ауишьҭырцгьы игәы иҭаӡамызт. Аха Иегова урҭ рхы иақәиҭитәит, афараон иакәзар, Амшын ҟаԥшь далажьны дишьит (Ақәҵ. 14:26—28; Аԥсал. 136:15). Вавилонтәи аҳ Валтасар аныҳәа ҟаиҵеит, насгьы уа Анцәа иаасҭа ихы ҳареикуа далагеит. Уи азмырхаӡакәа, исасцәеи иареи Иегова иакәымкәа, ахьи араӡни ирылхыз анцәахәқәа ҳараркуан (Дан. 5:22, 23). Аха Анцәа иԥагьаз уи аҳ длаирҟәит. Уи аухазы Валтасар дыршьит, иаҳра мидааи аџьамцәеи ирыҭан (Дан. 5:28, 30, 31). Палестина аҳ Ирод Агриппа I апостол Иаков дишьит, насгьы апостол Пиотр абахҭа дҭеикит, уигьы убас изиурц азы. Аха Иегова уи игәыхәтәы дахьимыгӡаӡеит. Иегова имаалықь Ирод дишьит (Аус. 12:1—5, 21—23).
13. Иаажәга Иегова анапхгаҩцәа ркоалициа дшаиааиуаз узырбо аҿырԥштәқәа.
13 Иара убас Иегова иааирԥшуан анапхгаҩцәа ркоалициа аасҭа акырӡа амч шимоу. Иара израильаа рзы деибашьуан, насгьы иӷәӷәаз ар реидгыла — 31-ҩык ханаантәи аҳцәа — риааиреи Изқәыргәыӷыз адгьыл абжеиҳара агареи дрыцхрааит (Иис. Н. 11:4—6, 20; 12:1, 7, 24). Уи адагьы, Иегова аҳ Бен-Хадад, насгьы 32-ҩык сириатәи егьырҭ анапхгаҩцәа зхагылаз ар цҟьашәҟьа иқәиҵеит (1 Аҳ. 20:1, 26—29).
14, 15. а) Ирҳәазеи аҳцәа Навуходоносори Дарии Иегова инапхгара иазкны? б) Ииҳәазеи аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова ижәлари иареи ирызкны?
14 Иегова изныкымкәа ишьақәирӷәӷәон иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду шиакәу. Зны вавилонтәи аҳ Навуходоносор ихьӡ-иԥшеи, имч-илшареи дырхыҽхәо далагеит, аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова ирҳаракра аҭыԥан. Уи азы Анцәа уи ихы еилаԥсартә иҟаиҵеит. Навуходоносор ихшыҩ аҭыԥахь ианааи иара Хыхь иҟоу Анцәа Ду дҳареикит, насгьы инапхгара наӡаӡа иҟазаауа анапхгара шакәу иҳәеит. Иара убас иара иҳәеит: «Дыҟаӡам иԥырхагахар зылшо аӡәгьы» (Дан. 4:30, 33—35). Даниил аԥышәара ӷәӷәа анихига, насгьы Иегова алымқәа данырцәихьча ашьҭахь аҳ Дари адҵа ҟаиҵеит, ауаа зыԥсы ҭоу, наӡаӡа иҟоу Даниил Инцәа иҿаԥхьа ишәаӡыӡаларц. Аҳ Иегова изкны абас иҳәеит: «Иаҳра ахаан иқәгахаӡом, инапхгара наӡаӡа иҟазаауеит» (Дан. 6:7—10, 19—22, 26, 27).
15 Аԥсаломшәаҳәаҩ иҳәеит: «Иегова ажәларқәа рыгәҭакқәа хирбгалоит, рхықәкқәа еилеигоит. Насыԥ рымоуп Иегова Нцәас дызмоу ажәлар, иара ихазы иалихыз ауаажәлар» (Аԥсал. 33:10, 12). Ҳара Иегова иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхаларц азы амзызқәа рацәаны иҳамоуп!
АКРЫЗҴАЗКУА АИБАШЬРА
Ажәларқәа ркоалициа Иегова жәҩантәи ир иагьузаҿырԥшӡом. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 17.)
16. Зыгәра ганы ҳаҟоузеи «арыцҳара ду» ҳаназхәыцуа, насгьы избан? (Шәахәаԥш асахьа.)
16 Ҳара еилаҳкааит, Иегова ажәытәан иҟаиҵоз, аха иҟаиҵозеи иара хара имгакәа? Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа ааигәахара иаҿу «арыцҳара ду» аан ишеиқәирхо (Матф. 24:21; Дан. 12:1). Ажәларқәа ркоалициа, Магог аҟынтә Гог, адунеи зегь аҿы инхо Иегова имаҵзуҩцәа рахь рыцҳашьарак аамырԥшӡакәа ианрықәлалак, Анцәа имаҵзуҩцәа ихьчоит. ООН иалахәу 193 ҳәынҭқарра зегь акоалициа иалахәхаргьы, уи уеизгьы Хыхь иҟоу Анцәа Ду, насгьы жәҩантәи ир иузаҿырԥшӡом. Иегова ҳақәиргәыӷуеит: «Сара сҽыҳараскуеит, схы сыԥшьоит, насгьы ажәларқәа жәпакы схы дсырдыруеит, ирдырыр акәхоит сара Иегова шсакәу» (Иез. 38:14—16, 23; Аԥсал. 46:10).
17. Ирзыԥшузеи адгьыл аҳцәа Абиблиа иану инақәыршәаны, насгьы ирзыԥшузеи ауаа цқьақәа?
17 Гог данқәылалак Иегова аамҭа мгакәа аибашьра Армагеддон далагоит. Усҟан «адгьыл аҳцәа зегь» нирҵәоит (Аат. 16:14, 16; 19:19—21). Анцәа иаӷацәа анықәгахалак «ауаа иашақәа роуп адгьыл аҿы инхало, ацқьацәа роуп уа иаанхо» (Ажәам. 2:21).
ШӘЫЦҚЬАНЫ ШӘААНХАЛА
18. Изызхиоузеи ақьырсианцәа аӡәырҩы, насгьы избан? (Даниил 3:28).
18 Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ииашоу ақьырсианцәа аӡәырҩы рхақәиҭра адагьы, рыԥсҭазаарагьы ашәарҭара иҭадыргылон, Иреиҳаӡоу Рнапхгаҩы, Иегова, гәыкала иахьизыҟаз азы. Иегова иҿаԥхьа ицқьоу урҭ ауаа аҵыхәтәанынӡа гәыкала Анцәа имаҵ аура иазхиоуп. Урҭ хҩык ауриацәа, Шадрахи, Мешахи, Аведнегои иреиԥшуп. Дара Хыхь иҟоу Анцәа Ду амца иалигеит, избанзар ицәхьамҵӡеит. (Шәаԥхьа Даниил 3:28.)
19. Дызхәаԥшлозеи Иегова аӡбара амш аан, насгьы иҟаҳҵалар акәзеи ҳара?
19 Аҳ Давид Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхалар шаҟа ихадоу иҳәеит: «Иегова ажәларқәа дрықәыӡбоит. Сус ӡба, Иегова, сиашаралеи сыцқьаралеи» (Аԥсал. 7:8). Даҽа ԥсаломк аҿы иара Иегова диҳәон: «Ацқьареи аиашареи срыхьчалааит» (Аԥсал. 25:21). Иегова гәыкала ҳшизыҟоу аанхареи, иҟалалакгьы иаанмыжьреи еиӷьу акрыҟоума?! Ҳара убас ҟаҳҵозар, аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш иаҳҳәар ҳалшоит: «Насыԥ рымоуп зыԥсҭазаараҿы ацқьара зыхьчо, Иегова изакәан ала инхо» (Аԥсал. 119:1).
АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!
a Абиблиа ақьырсианцәа иранаҳәоит, напхгара ҳзызуа аиҳабыра ирзыӡырҩларц. Аха аиҳабыра рҟынтә шьоукы Иегова имаҵзуҩцәеи иареи ирҿагылоит. Ишԥаҳалшо урҭ ҳарзыӡырҩлар, аха убри аамҭазгьы Иегова иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳаанхалар?
b Шәахәаԥш ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу астатиа «Избан ҳара аибашьрақәа ҳхы зрылаҳмырхәуа, ажәытәан израильаа еибашьуазҭгьы?».