Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w23 октиабр ад. 12—17
  • Иегова амч шәиҭоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова амч шәиҭоит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АМЧ ШӘОУРЦ АЗЫ АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА, НАСГЬЫ АБИБЛИА ҬЫШӘҴААЛА
  • АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РҞНЫ АЦХЫРААРА ШӘАШЬҬАЗ
  • АМЧ ШӘОУРЦ АЗЫ ШӘГӘЫӶРА ШӘАЗХӘЫЦЛА
  • Игхақәа хәарҭа рылихуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Иара агәшаҭара аарԥшышьа иҵеит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Ионеи аԥсыӡ дуӡӡеи
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иона. Ахҳәаа
    Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
w23 октиабр ад. 12—17

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43

Иегова амч шәиҭоит

«[Иегова] шәирӷәӷәоит, амч шәиҭоит, дшәыцхраауеит» (1 ПИОТР 5:10).

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

АХҲӘААa

1. Ирызҭози амч абиблиатә аамҭақәа раан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа?

АБИБЛИАҾЫ ҳара аус џьашьахәқәа ҟазҵоз, Анцәа гәыкала имаҵ зуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ҳаԥхьоит. Аха урҭ рҟынтә зегь раасҭа иӷәӷәазгьы зны-зынла акгьы рылымшозшәа рбон. Иаҳҳәап, аҳ Давид зны-зынла ашьха еиԥш дыӷәӷәазшәа ибон, зны-зынла ашәара ӷәӷәа изцәырҵуан (Аԥсал. 30:7). Самсон Анцәа идоуҳа абзоурала зеиԥшыҟамыз амч шимазгьы, иара еиликаауан Иегова ицхыраарада уи амч шицәыӡуа, насгьы ауаа зегь реиԥш дшыҟало (Аӡб. 14:5, 6; 16:17). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз урҭ ауаа амч зрымаз Иегова уи ахьриҭоз азы акәын.

2. Избан апостол Павел санԥсыҽу ауп саныӷәӷәоу ҳәа зиҳәаз? (2 Коринфаа рахь 12:9, 10).

2 Апостол Павелгьы еиликаауан Иегова имч ада ԥсыхәа шимамыз. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 12:9, 10.) Аӡәырҩы ҳаиԥш, иаргьы агәамбзиара даргәаҟуан (Гал. 4:13, 14). Иара ииашаны ахымҩаԥгара аницәыцәгьазгьы ыҟан (Рим. 7:18, 19). Уи адагьы, зны-зынла аԥхьаҟа изыԥшыз ахьизымдыруаз азы, иҟаиҵара анизымдыруаз ыҟан (2 Кор. 1:8, 9). Аха ус еиԥш иҟаз аамҭақәа раан Иегова ацхыраара ииҭон. Уи абзоурала иара дзықәшәоз аԥышәарақәа зегьы рыхгара илшеит.

3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы зҭак ҳауа?

3 Иегова ҳаргьы амч шҳаиҭо агәра ҳиргоит (1 Пиотр 5:10). Аха ҳаргьы уи азы ак ҟаҳҵароуп. Иааҳгап ҿырԥштәык. Амашьына ныҟәаларц азы аенергиа аҭахуп. Уи аенергиа азҭо арныҟәага ауп. Амашьынаныҟәцаҩ џьара дцарц иҭахызар, агаз дақәыӷәӷәалароуп. Убас ауп ҳаргьы. Иегова амч дахыҵхырҭоуп. Аха уи ҳаурц азы ак ҟаҳҵароуп. Иҳаиҭазеи Иегова амч ҳамазарц азы? Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи уи ҳаурц азы? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит, хҩык Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥшқәа ҳарзааҭгылар. Ҳара ҳалацәажәоит Иегова аԥааимбар Ионеи, Иисус иан Мариеи, апостол Павели амч шриҭоз. Иара убас еилаҳкаауеит Иегова иахьа имаҵзуҩцәа амч шриҭо.

АМЧ ШӘОУРЦ АЗЫ АНЦӘА ШӘИҲӘАЛА, НАСГЬЫ АБИБЛИА ҬЫШӘҴААЛА

4. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова иҟынтә ацхыраара ҳаурц азы?

4 Иегова иҟынтә ацхыраара аиуразы алшарақәа руак — уи иара иҳәара ауп. Анцәа ҳаниҳәо «ауаҩы имч аасҭа еиҳау амч» ҳаиҭар илшоит (2 Кор. 4:7). Уи адагьы, ҳара Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы уи ҳаназхәыцуа ҳамч ҭалоит (Аԥсал. 86:11). Избанзар абиблиатә жәабжь «амч ду амоуп» (Аур. 4:12). Анцәа шәаниҳәо, насгьы Абиблиа шәанаԥхьо аԥышәарақәа рыхгареи, агәырӷьара амырӡреи, имариам дҵак анагӡареи рзы амч шәоуеит. Ҳалацәажәап Иегова аԥааимбар Иона дышицхраауаз.

5. Избан аԥааимбар Иона Иегова иҟынтә ацхыраара зиҭахыз?

5 Аԥааимбар Иона иҭагылазаашьа уадаҩын. Иара Иегова иҟынтә имариамыз адҵа аниоу, дыбналеит. Уи иахҟьаны амшын ӷәӷәала ианыцәқәырԥоз, иара дыԥсырц аԥсык игхеит. Уи адагьы, аӷба иҭаз ауаа рыԥсҭазаарагьы ашәарҭара иҭаиргылеит. Иона аӷба дхырбганы амшын даналарыжь, аԥсыӡ ду дылбаанадеит, убас иара дызқәымгәыӷуаз аҭыԥ — аԥсыӡ амгәа — аҿы дҟалеит. Уаҟа илашьцан, насгьы ушәартә иҟан. Ихы шԥеибоз Иона? Игәы иаанагозма иԥсҭазаара аҵыхәтәахьы инеит ҳәа? Дгәырҩозма Иегова саанижьит ҳәа? Уи зегьы Иона хьаас имазҭгьы ҟаларын.

Асахьақәа реизга: 1) Иона аԥсыӡ амгәа дахьҭоу дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа диҳәоит; 2) аиашьа аиарҭа дықәтәаны дӷьаҵәы-ӷәаҵәуа Анцәа диҳәоит; иааигәара Абиблиеи, аҭели, анаушникқәеи ықәуп.

Ицхрааи аԥааимбар Иона аԥышәара ахгара, насгьы ишԥаҳалшо уи иҿыԥшра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 6—9.)

6. Амч изҭазеи Иона аԥсыӡ амгәа данҭаз? (Иона 2:1, 2, 7).

6 Иона ихы заҵәны, аӡәгьы диҭахымызшәа ибон. Изҭазеи иара агәымшәара? Анцәа иҳәара. (Шәаԥхьа Иона 2:1, 2, 7.) Иона Иегова ииҳәаз шыҟаимҵазгьы, агәра ганы дыҟан Анцәа уи дшахьхәыз шибо, насгьы иҳәара аҭак шыҟаиҵо. Уи адагьы, Иона Анцәа идоуҳала иҩыз ашәҟәқәа дрызхәыцуан. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иона ишәҟәы 2-тәи ахаҿы иану Анцәа иҳәара аҟны Аԥсаломқәа рҟынтә ирацәаны ажәақәеи азхәыцрақәеи ҳԥылоит. (Иаҳҳәап, еиҿшәырԥш Ионеи 2:2, 5 Аԥсаломқәеи 69:1; 86:7.) Излаҳбо ала Иона Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә ацыԥҵәахақәа бзианы идыруан. Урҭ рызхәыцра агәра инаргеит Иегова имч зқәымхо аҭагылазаашьақәа шыҟам, насгьы иара дышицхраауа. Иегова Иона деиқәирхеит. Уи ашьҭахь иара Иегова иҟынтә иҿыцу адҵа адкылара дазхиан (Иона 2:10—3:4).

7, 8. Ицхраауеи Таивань инхо иашьак аԥышәарақәа рыхгара?

7 Иона иҿырԥшы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо иҳацхраар ауеит. Таивань инхо Чжими́нb зыхьӡу аиашьа ачымазара ӷәӷәа имоуп. Уи адагьы, Анцәа дахьхеиҵо азы иҭынхацәа иҽеимкәа изныҟәоит. Чжимин Анцәа иҳәареи Абиблиа аҭҵаареи амч инаҭоит. Иара иҳәоит: «Сара ауадаҩрақәа санрықәшәалак сгәы змырҭынчуа ахәыцрақәа схахьы иааиуеит. Уи иахҟьаны сгәы рҭынчны Абиблиа аҭҵаара сцәыцәгьоуп». Аха Чжимин игәы каижьӡом. Анаҩс иара иҳәоит: «Раԥхьа сара Иегова сиҳәоит. Нас анаушникқәа рыла Аҳра ашәақәа сырзыӡырҩуеит. Зны-зынла сыбжьы рмаҷны сгәы ҭынчхаанӡа ашәақәа ианрыцысҳәогьы ыҟоуп. Анаҩс Абиблиа аҭҵаара салагоит».

8 Чжимин хаҭала Абиблиа анҭиҵаауа еиликаауа лассы-лассы иԥсҭазаараҿы ихәоит. Абар ҿырԥштәык. Иара иӷәӷәоу операциак анихига ашьҭахь маҷк деиӷьхо даналага, амедиаҳәшьа иалҳәеит игемоглобин ахьмаҷу иахҟьаны ашьа илаҵатәхоит ҳәа. Уи аламҭалазы Чжимин ус еиԥш иҟаз аоперациа зхызгаз иаҳәшьак лыӡбахә даԥхьон. Лара ашьалаҵара мап ацәылкит, лгемоглобин иара итәы аасҭа ишмаҷызгьы. Уи аиаҳәшьа дыбзиахеит. Уи ахҭыс Чжимин ицхрааит анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ аура.

9. Иҟашәҵалар шәылшозеи, шәзықәшәаз аԥышәара шәымч шәылнахуазар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Ишәымаз агәырҩа иахҟьаны Анцәа иҳәара анышәцәыцәгьаз, ма Абиблиа аҭҵааразы амч аншәымамыз ыҟазма? Ишәхашәмыршҭлан Иегова зегь раасҭа еиӷьны шәшеиликаауа. Убри аҟынтә шәыҳәара кьаҿзаргьы, Иегова ишәҭахыҵәҟьоу шәиҭоит (Еф. 3:20). Шәцәеижьтә ма шәемоциатә хьаа Анцәа Иажәа аԥхьареи аҭҵаареи ишәԥырхагазар, Абиблиа ма ҳпубликациақәа раудионҵамҭақәа шәырзыӡырҩла. Уи адагьы, асаит jw.org аҿы ашәак шәазыӡырҩыр, ма видеонҵамҭак шәахәаԥшыр ауеит. Шәара Иегова шәиҳәозар, нас иорганизациа иаҳнаҭо адоуҳатә фатә шәхы иашәырхәозар, дшәыцхраарц азы алшара ишәҭоит.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РҞНЫ АЦХЫРААРА ШӘАШЬҬАЗ

10. Ҳдырӷәӷәар шԥарылшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?

10 Иегова ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла ҳирӷәӷәоит. Ҳара аԥышәара ҳанақәшәо, ма имариам дҵак анҳарҭо, ҳҩызцәа ҳгәы шьҭырхыр рылшоит (Кол. 4:10, 11). Иуадаҩу аамҭақәа раан урҭ рыда ԥсыхәа ҳамаӡам (Ажәам. 17:17). Ҳара акгьы ҳалымшошәа анаҳбо, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аус аҿы ҳацхраареи, ҳгәы арҭынчреи, доуҳала ҳарӷәӷәареи иазхиоуп. Шәааи ҳахәаԥшып изакәытә цхыраароу Иисус иан, Мариа, егьырҭ рҟынтә илоуз.

11. Избан Мариа Иегова иҟынтә амч зылҭахыз?

11 Мариа Иегова игәҭакы налыгӡарц азы иара иҟынтә амч лҭахын. Амаалықь Гавриил иҟынтә лара еилылкааит хаҵа дшымцацызгьы лцәалтәымкәа дшыҟалоз. Шәхаҿы иаажәг лара лхы шылбоз, илоуз адҵа шаҟа ихадаз анеилылкаа. Мариа ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥышәа лымаӡамызт, аха Мессиа иакәны иҟалоз ахәыҷы длааӡар акәын! Иара убас лара дызгараны иҟаз Иосиф диацәажәар акәын. Ишԥеизеиҭалҳәари лцәалтәымкәа дызлаҟалаз, ахаҵа дшылымбацызгьы? (Лука 1:26—33).

12. Ишԥалоуи Мариа амч? (Лука 1:39—45).

12 Ишԥалоуи Мариа амч иџьашьахәыз, насгьы аҭакԥхықәра зцыз адҵа анагӡаразы? Лара егьырҭ рҿы ацхыраара дашьҭан. Иаҳҳәап, Гавриил диҳәеит лыдҵа еиӷьны илеилиркаарц (Лука 1:34). Уи ашьҭахь хара имгакәа лара «иудатәи ашьхаҿы ишьҭаз ақалақь» аҟны инхоз лыуа Елизавета лахь дцеит. Ишԥабзиоу лара убас ахьыҟалҵаз! Елизавета Мариа длырҽхәеит, насгьы иираны иҟаз лԥа изкны иԥшьоу адоуҳа аԥааимбаражәа лнарҳәеит. (Шәаԥхьа Лука 1:39—45.) Мариа илҳәеит Иегова «имчала аус дуқәа ҟаиҵеит» ҳәа (Лука 1:46—51). Гавриили Елизаветеи рыла Иегова Мариа дирӷәӷәеит.

13. Ишԥалыцхрааи Боливиа иатәу иаҳәшьак аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

13 Мариа леиԥш шәаргьы Анцәа имаҵзуҩцәа рҟны ацхыраара шәашьҭазар ауеит. Боливиа инхо Дасури́ уи аҩыза ацхыраара лҭахын. Лаб хәышәтәышьа змамыз ачымазара анидырбала, уи ак иглыжьыр лҭахӡамызт, убри аҟынтә ахәышәтәырҭаҿы дааидымҵӡакәа дидтәалан (1 Тим. 5:4). Зны-зынла лара цәгьала дааԥсон. Дасури илҳәоит: «Акырынтә уаҳа насылымшо сҟалахьан». Даҳәозма лара ацхыраара? Раԥхьа даҳәаӡомызт. Лара илҳәоит: «Аишьцәа ауадаҩра иаласҵар сҭахӡамызт. Сгәы иаанагон: Иегова дсымами, уаҳа исҭахыда. Аха нас еилыскааит ацхырааразы аӡәгьы симыҳәозар, уи схала сыуадаҩрақәа рыӡбара сшашьҭоу шаанарԥшуа» (Ажәам. 18:1). Дасури лҩызцәақәак ирзылҩырц, насгьы лҭагылазаашьа рзеиҭалҳәарц лыӡбеит. Лара иацылҵоит: «Ажәала исызҳәом акыр исзаԥсоу сашьцәеи саҳәшьцәеи шаҟа исыцхрааз. Дара ахәышәтәырҭахь афатә сзааргон, насгьы абиблиатә жәеинраалақәа рыла сгәы дырҭынчуан. Шаҟа угәы ҟанаҵозеи ухала ушыҟам ахьудыруа! Уара Иегова иҭаацәара ду уахәҭакуп, уҩызцәа уцхраареи, уцҵәыуареи, иумоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы аҵыхәтәанынӡа увагылареи иазхиоуп».

14. Избан аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә ацхыраара ҳадаҳкылалар зхадоу?

14 Иара убас Иегова дшәыцхраар илшоит аизара ахылаԥшыҩцәа рыла. Урҭ Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Иара иҭахуп дара ижәлар ирыцхрааларц (Ис. 32:1, 2). Убри аҟынтә шәгәы ак ыҵхозар, уи аизара ахылаԥшыҩцәа ирзеиҭашәҳәа. Ацхыраара аншәыдыргало, уи мап ацәышәымклан, аха пату ақәҵаны ишәыдышәкылала. Убас Иегова амч шәиҭоит.

АМЧ ШӘОУРЦ АЗЫ ШӘГӘЫӶРА ШӘАЗХӘЫЦЛА

15. Иарбан зыхә ҳараку гәыӷроу ақьырсианцәа зегьы ирымоу?

15 Абиблиа шьаҭас измоу ҳгәыӷра амч ҳнаҭоит (Рим. 4:3, 18—20). Ақьырсианцәа наӡаӡа анхаразы зеиԥшыҟам алшара рымоуп: шьоукы џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит, даҽа шьоукы жәҩантәи Аҳраҿы. Агәыӷра абзоурала ҳара аԥышәарақәа рыхгаразы, ажәабжь бзиа аҳәаразы, насгьы аизараҿы еиуеиԥшым адҵақәа рынагӡаразы амч ҳамоуп (1 Фес. 1:3). Убри агәыӷра — наӡаӡа анхаразы агәыӷра — ауп апостол Павелгьы амч изҭоз.

16. Избан Павел Анцәа имч ада ԥсыхәа зимамыз?

16 Избан Павел Анцәа имч ада ԥсыхәа зимамыз? Коринфаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иара зыԥҽра мариоу анышәаԥшь иалху амаҭәар ихы аҿирԥшит. Апостол Павел иҳәеит иара ишиқәыӷәӷәо, ишишьҭашәарыцо, насгьы иҟаиҵо изымдыруа дшыҟоу. Иара дыԥсырц маҷк анигызгьы ыҟан (2 Кор. 4:8—10). Павел арҭ ажәақәа иҩит ахԥатәи имиссионертә ныҟәараан. Усҟан иара ихаҿгьы изаагомызт аԥхьаҟа еиҳагьы иуадаҩыз аԥышәарақәа шизыԥшыз: ажәлар дшырыпҟо, ачынуаа дыкны дшырго, дызҭатәо аӷба шӡааҟәрыло, насгьы абахҭа дышҭаркуа.

17. Ицхраауази Павел аԥышәарақәа рыхгара? (2 Коринфаа рахь 4:16—18).

17 Павел аԥышәарақәа рыхгаразы амч иман, избанзар игәыӷра ихаиршҭӡомыз. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 4:16—18.) Иара коринфаа ирзиҩит «цәала-жьыла [д]ажәуазаргьы», игәы шкаимыжьуа. Апостол ԥхьаҟа дыԥшуан. Иара наӡаӡа ажәҩан аҿы анхаразы имаз агәыӷра ахә ишьон, насгьы дзықәшәоз агәаҟрақәа зегьы рыхгара дазхиан. Павел игәыӷра дахьазхәыцуаз абзоурала ауп амч зимаз.

18. Амч шԥарнаҭо агәыӷра Тихомир иҭаацәеи иареи?

18 Болгариа иатәу Тихомир зыхьӡу аиашьа имоу агәыӷра дарӷәӷәоит. Шықәсқәак раԥхьа иашьеиҵбы Здра́вко амҩаду аҿы амашәыр дақәшәан, дҭахеит. Тихомир ихы ахьигара издыруамызт. Уи ахьаа ихеиршҭырц азы иԥшәмаԥҳәыси иҷкәыни иареи аԥсҭалара лассы-лассы иазхәыцуа иалагеит. Тихомир иҳәоит: «Иаҳҳәап, ҳара ҳалацәажәоит Здравко ҳшиԥыло, шаҟа афатә хаақәа ҟаҳҵо, иԥсҭалара иазкызаауа аидтәаларахь ааԥхьара заҳҭо, насгьы аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны изеиҭаҳҳәо». Тихомир иҳәоит агәыӷра ргәы акамыжьреи Иегова Здравко иԥсы анҭеиҵо аамҭа азыԥшреи ишрыцхраауа.

Злымҳа иамаҳауа аиаҳәшьа абыжьҭыгарадатә бызшәала иҟоу «Мы ждём новый мир» захьӡу амузыка зцу авидеонҵамҭа дахәаԥшуеит, насгьы адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо дазхәыцуеит. Лара лхаҿы иаалгоит амузыка азырҳәо егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыдтәаланы авиолончель шалырҳәо.

Шәызҿызаалои адунеи ҿыц аҿы? (Шәахәаԥш абзац 19.)c

19. Ишԥаҳалшо ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы иҳамоу агәыӷра ҳарӷәӷәалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

19 Ишԥаҳалшо ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазку ҳгәыӷра арӷәӷәара? Иаҳҳәап, шәара адгьыл аҿы наӡаӡа анхара шәақәгәыӷуазар, џьанаҭ дгьыл зеиԥшрахо иазкны Абиблиа иану шәаԥхьала (Ис. 25:8; 32:16—18). Уа шәыҟоушәа шәхаҿы иаажәгала. Ижәбода? Ишәаҳауеи? Иарбан цәаныррақәоу ишәымоу? Уи бзианы шәхаҿы иаажәгаларц азы џьанаҭ дгьыл ахьану ҳпубликациақәа рҿы иаагоу асахьақәа шәрыхәаԥшла. Шәрыхәаԥшла амузыка зцу авидеонҵамҭақәа, иаҳҳәап, «Мы ждём новый мир», «Этот день очень близко!», мамзаргьы «Уазхәыц уи аамҭа». Иҳамоу агәыӷра еснагь ҳазхәыцлар, ҳзықәшәо агәаҟрақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ «ирласны ииасуа, имариоу» ак еиԥш ҳрыхәаԥшлоит (2 Кор. 4:17). Иегова ари агәыӷра шәиҭеит шәыӷәӷәазарц азы.

20. Ишәызҭар алшозеи амч, уаҳа шәылымшошәа жәбозар?

20 Зны-зынла уаҳа шәылымшошәа жәбозар, шәгәы кашәмыжьлан. Агәра ганы шәыҟаз Иегова шәыширӷәӷәо (Аԥсал. 108:13). Уи иара иҟынтә амч шәоуларц азы иаҭахыз зегь ҟаиҵахьеит. Убри аҟынтә иҟашәҵалар шәылшозеи иуадаҩу дҵак анагӡаразы, ԥышәарак ахгаразы, ма агәырӷьара амырӡразы? Гәык-ԥсыкала Иегова шәиҳәала, насгьы шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәго инапхгара шәашьҭаз. Шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ишәыдыргало ацхыраара мап ацәышәымклан. Адунеи ҿыц аҿы шәыҟоушәа лассы-лассы шәхаҿы иаажәгала. Убасҟан «амч ду змоу Анцәа дшәыцхраа[уеит], ачҳареи агәырӷьареи аарԥшны, зегь ахгаразы амч шәиҭ[оит]» (Кол. 1:11).

АМЧ ШԤАҲНАҬО...

  • Анцәа иҳәареи Абиблиа аҭҵаареи?

  • аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҳарҭо ацхыраара?

  • агәыӷра?

АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа

a Ари астатиа аԥышәара ӷәӷәақәа ирықәшәаз, ма имариам дҵак зауз ирыцхраауеит. Ҳара еилаҳкаауеит Иегова имаҵзуҩцәа ширӷәӷәо, насгьы иара иҟынтә ацхыраара ҳаурц азы иҟаҵалатәу.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Злымҳа иамаҳауа аиаҳәшьа Абиблиа иану ақәыргәыӷрақәа дрызхәыцуеит, амузыка зцу авидеонҵамҭа дахәаԥшуеит, насгьы адунеи ҿыц аҿы дыҟоушәа лхаҿы иаалгоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра