Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 октиабр ад. 24—28
  • «Ҳгәы каҳмыжьлап»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Ҳгәы каҳмыжьлап»
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ АҚӘҾИАРА ШҲАМОУ УЗЫРБО
  • АУАА АЖӘАБЖЬ АНЫРЗЕИҬАҲҲӘО ҲАЗЗЫԤШЫЗАР ҲАЛШО
  • Ишәыдышәкылома аҵаҩцәа разыҟаҵара ааԥхьара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ишәылшо зегь ҟашәҵома шәара Анцәа имаҵ аураҿы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара шәмырӡлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ажәабжьҳәараҿы агәацԥыҳәара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 октиабр ад. 24—28

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 43

«Ҳгәы каҳмыжьлап»

«Абзиара аныҟаҳҵо, ҳгәы каҳмыжьлап» (ГАЛ. 6:9, АдҾ).

АШӘА 68 Илаҳҵоит Аҳра ажәла

АХҲӘААa

1. Избан Иегова ишаҳаҭцәа ахьҳакәу насыԥны, насгьы ҳаҭыр дуны изыҳаԥхьаӡо?

ИЕГОВА ишаҳаҭ ахьҳакәу насыԥ ду ҳамоуп, насгьы уи ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп! Иаҳху Иегова ихьӡ инақәыршәаны ҳанхоит, насгьы ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи аус ҳҽалаҳархәуеит. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара» зҭаху ауаҩы ҳаницхраауа, насгьы уи Анцәа имаҵзуҩы иакәны даныҟало (Аус. 13:48, АдҾ). Иисус иҵаҩцәа ажәабжьҳәараҿы изықәшәаз ахҭысқәа анизеиҭарҳәоз дышреигәырӷьоз еиԥш, ҳаргьы ҳгәырӷьоит (Лука 10:1, 17, 21).

2. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳмаҵзура ҭакԥхықәрала ҳшазнеиуа?

2 Ҳара ҳмаҵзура ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит. Апостол Павел Тимофеи игәазҭеиҵон: «Еснагь ухы уацклаԥшла, насгьы егьырҭ ишыдурҵо гәаҭала. ...Усҟан ухгьы иузыӡырҩуагьы еиқәурхоит» (1 Тим. 4:16, АдҾ). Ус анакәха, Аҳра иазку ажәабжь ауаа рыԥсҭазаара еиқәнархоит. Убри аҟынтә ҳара еснагь ҳхы ҳацклаԥшлароуп, избанзар ҳара уи Аҳра атәылауааҩцәа ҳауп. Ҳара иаҳҭахуп ҳхымҩаԥгашьала Иегова дҳараҳклар, насгьы иаҳҳәо инақәыршәаны ҳшынхо ауаа ирбалар (Флп. 1:27). Егьырҭ ишыдҳарҵо ҳацклаԥшларц азы ажәабжьҳәара ибзианы ҳҽазыҟаҳҵоит, ацхырааразгьы Иегова ҳиҳәоит.

3. Ишԥазыҟоу зны-зынла ауаа Аҳра иазку ажәабжь? Иаажәга аҿырԥштәы.

3 Аха зны-зынла ирацәаны аџьабаа шаҳбогьы, Аҳра иазку ажәабжь здызкыло маҷҩуп, ма зынӡа иҟаӡам. Иҟалап шәара аиашьа Георг Линдал иҭоурых шәгәалашәозар. 1929 шықәса инаркны 1947 шықәсанӡа иара заҵәык иакәын Исландиа ажәабжь зҳәоз. Георг жәанызқьла ашәҟәқәа рылаирҵәеит, аха аӡәымзар-аӡәы аҵабырг идимкылаӡеит. Иара иҩуан: «Шьоукы аҵабырг иаҿагылеит, аха еиҳараҩык уи хьаасгьы ирымамызт». Анаҩс Исландиаҟа Галаад ашкол аушьҭымҭацәа ааит. Аха жә-шықәса рышьҭахь ауп Исландиа инхоз ауаа Иегова иҽизкны аҽӡаахра ианалагаb.

4. Ҳхы ҳбалар шԥалшо ауаа иаҳҳәо ажәабжь ианазымӡырҩуа, ма доуҳала ианеизымҳауа?

4 Ҳәарада, иаҳҳәо ажәабжь ауаа ианрыдрымкыло, ма Абиблиа зҳарҵо доуҳала ианеизымҳауа ҳгәы каҳауеит. Апостол Павелгьы уи игәы инархьуан, иагьиҳәеит: «Сара сзы даара илахьеиқәроуп, сгәы зегьы еихсыӷьшьа змам гәырҩала иҭәуп» (Рим. 9:1—3). Ус зиҳәаз ауриацәа реиҳараҩык Иисус Мессиа иеиԥш дахьрыдрымкылаз азоуп. Иаҳҳәап, шәара аӡәы Абиблиа ишәырҵоит, ибзианы шәҽазыҟашәҵоит, иара изгьы Анцәа шәиҳәоит, аха уи еиликаауа ихы иаирхәаӡом, убри аҟынтә Абиблиа аҵара ааншәыжьыр акәхоит. Мамзаргьы иҟалап Абиблиа зшәырҵоз рҟынтә аӡәгьы иҽӡааимхызар. Шәара шәоума уи зхароу? Иаанагома уи Иегова ажәабжь шышәҳәо игәаԥхом ҳәа? Ари астатиаҿы ҩ-зҵаарак еилҳаргоит: 1) Иаазырԥшуазеи ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара шҳамоу? 2) Иҳацхраауазеи ажәабжьҳәара ииашаны ҳазыҟазарц?

АЖӘАБЖЬҲӘАРАҾЫ АҚӘҾИАРА ШҲАМОУ УЗЫРБО

5. Избан амаҵзураҿы иаҳбо аџьабаа зны-зынла ҳара ишаҳҭаху еиԥш изаҳԥымло?

5 Абиблиаҿы иануп Анцәа игәаԥхара назыгӡо ауаҩы «иҟаиҵо зегь рҿы ақәҿиара иоуеит» ҳәа (Аԥсал. 1:3). Аха уи иаанагаӡом Иегова имаҵ аураҿы ҳнапы злаҳкуа зегьы ҳара ишаҳҭаху еиԥш иаҳзалҵуеит ҳәа. Ҳанамӡареи егьырҭ рынамӡареи ирыхҟьаны ҳаԥсҭазаара уадаҩрала иҭәуп (Иов 14:1). Уи адагьы, иаҳҿагыло ахьыҟоу азы есымша ажәабжь аартны иҳазҳәаӡом (1 Кор. 16:9; 1 Фес. 2:18). Ианбаиԥхьаӡо нас Иегова ҳмаҵзура ақәҿиара амоуп ҳәа? Ари азҵаара аҭак ҳаурц азы шәааи, библиатә принципқәак еилҳаргап.

Ҩнаҭацыԥхьаӡа ҳныҟәома, асаламшәҟәқәа ҳаҩуама, ма аӡәы ҭелла ҳаизасуама, ажәабжь ҳҳәаларц азы иаҳбо аџьабаа Иегова ахә ишьоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)

6. Ианбаиԥхьаӡо Иегова ҳмаҵзура ақәҿиара амоуп ҳәа?

6 Иегова ибоит гәыкала аџьабаа шаҳбо, насгьы ҳгәы шкаҳмыжьуа. Иара ҳмаҵзура алҵшәа аанагоит ҳәа иԥхьаӡоит, ажәабжь заҳҳәо ауаа уи иазыӡырҩуазаргьы-иазымӡырҩуазаргьы, иара бзиа дахьаҳбо азы уи анаҩсгьы ҳаҿызар. Павел иҳәеит: «Анцәа изалымдароу далаҟам, аиаша-ҵабырг дазгылоуп, уи шәџьабаақәа ракәзааит, Иара иахь ишәымоу абзиабара акәзааит, акы ихашҭны дыҟаӡам, избанзар урҭ Иара изы, ицқьауаа рзы иҟашәҵоит» (Аур. 6:10). Ажәабжь ззеиҭаҳҳәоз рҟынтә аӡәгьы иҽӡааимхызаргьы, Иегова иаҳбаз аџьабааи ҳабзиабареи ихашҭӡом. Уи адагьы, Павел коринфаа иреиҳәеит: «Ижәдыруазааит Иҳақәиҭу иҿаԥхьа ижәбо аџьабаа бжьаӡраны ишыҟам» (1 Кор. 15:58). Арҭ ажәақәа ҳаргьы иҳаҵанакуеит, иаҳбаз аџьабаа ишаҳҭахыз еиԥш алҵшәа аанамгазаргьы.

7. Иаҳнарҵозеи Павел имаҵзура дшазыҟаз?

7 Апостол Павел зеиԥшыҟамыз миссионерын. Иара ицхыраарала ақалақьқәа жәпакы рҿы аизарақәа еиҿкаан. Аха шьоукы уи иакәым изырҳәон, насгьы ирҵаратә ҟазара иахыччон. Аха Павел иҿаԥхьа зхы ҳаразкырц зҭахыз абас реиҳәеит: «Сара еиҳа аџьабаа збон» (2 Кор. 11:23). Павел ирацәаҩны ауаа қьырсианцәахарц дрыцхрааит! Иара уи атәы иҳәар илшон, аха ус ҟаимҵаӡеит. Шәааи Павел иеиԥш иаҳхаҳмыршҭлап Иегова иаҳбо аџьабааи иааҳарԥшуа ахачҳареи еиҳа ахә шишьо.

8. Иаҳгәалаҳаршәалар ҳахәҭоузеи ҳмаҵзура иазкны?

8 Ҳмаҵзура ахаҭа Иегова даргәырӷьоит. Зны Иисус 70-ҩык иҵаҩцәа Аҳра иазку ажәабжь аҳәара ишьҭит. Ажәабжьҳәара аҟынтә урҭ гәырӷьаҵәа ихынҳәит. Избан? Дара Иисус иарҳәеит: «Ухьӡала адҵа аныҟаҳҵауа, аҩысҭаацәаҵәҟьагьы ҳҳәатәы иацныҟәоит». Аха иара еиҳа ихадоу рхы азырышьҭырц реиҳәеит: «Шәара шәзеигәырӷьаша... [«адемонцәа», АдҾ] шәҳәатәы ахьхарҵауа акәым — шәыхьӡқәа ажәҩан иахьану ауп» (Лука 10:17—20). Иисус еиликаауан иҵаҩцәа ажәабжьҳәараҿы есымша урҭ рҩызцәа ахҭысқәа ишрықәымшәалоз. Аиаша ҳҳәозар, ҳара иҳаздырӡом усҟан Иисус иҵаҩцәа ажәабжь ззеиҭарҳәоз рҟынтә шаҟаҩы қьырсианцәахаз. Иисус иҵаҩцәа ихадоу ак еилыркаарц иҭахын: ажәабжьҳәараҿы еиҳа агәырӷьара узаазго ауаа ажәабжь ишазыҟоу акәӡам, аха иаҳбо аџьабаа Иегова игәы шыҟанаҵо ахьаҳдыруа ауп.

9. Иарбан ҳамҭоу иҳауа ажәабжь аҳәара ҳаҟәымҵлар? (Галаҭаа рахь 6:7—9).

9 Ажәабжьҳәара ҳаҟәымҵлар наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит. Згәы ақәкны аҵабырг ажәла лазҵо, насгьы аӡы аҵазҭәо Павел «здоуҳа азыҳәа ажәла зҟьо» ҳәа рзиҳәеит. Даҽакала иуҳәозар, Анцәа иԥшьоу идоуҳа ҳаԥсҭазаара ианырыртә алҳаршоит. Иегова ҳақәиргәыӷуеит: згәы казмыжьуа «ҽаҩрас наӡаӡатәи аԥсҭазаара изыԥҵәоуп». Уи аҳамҭа аӡәы аҽӡаахра ҳицхраазаргьы-ҳаимыцхраазаргьы иҳауеит. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 6:7—9.)

АУАА АЖӘАБЖЬ АНЫРЗЕИҬАҲҲӘО ҲАЗЗЫԤШЫЗАР ҲАЛШО

10. Изхьыԥшузеи зегь раԥхьаӡа ауаа ажәабжь бзиа рыдыркылоу-ирыдрымкылоу?

10 Ауаҩы ажәабжь бзиа идикылоит игәы зеиԥшроу ала. Ари азхәыцра Иисус иҳаилиркааит ажәлаҟьаҩ изкны еиҭеиҳәаз ажәамаанала. Ажәлаҟьаҩ илаиҵаз ажәла еиԥшым адгьылқәа рҿы икаԥсеит. Адгьыл бзиаҿы икаԥсаз мацара роуп аҽаҩра аазгаз (Лука 8:5—8). Иисус иҳәеит еиԥшым адгьылқәа ари Анцәа Иажәа еиԥшымкәа издызкыло ауаа шракәу (Лука 8:11—15). Ажәлаҟьаҩ иеиԥш ҳаргьы ҳџьабаа алҵшәа аанагартә еиԥш акгьы ҳзыҟаҵаӡом. Уи зхьыԥшу иаҳзыӡырҩуа ауаҩы игәы зеиԥшроу ауп. Ҳара ҳус, анаҩсгьы агәырӷьаратә жәабжь ажәла алаҵара ауп. Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш «доусы иџьабаа зеиԥшроу алагьы аҳамҭа иоуеит», иџьабаа иаанагаз алҵшәа ала акәымкәа (1 Кор. 3:8).

Нои акыршықәса ажәабжь шиҳәозгьы, иҭаацәара рыда аӡәгьы аковчег дицҭамлаӡеит. Аха Иегова Нои ииҭаз адҵа бзианы инаигӡеит ҳәа иԥхьаӡеит. (Шәахәаԥш абзац 11.)

11. Избан Иегова Нои ақәҿиара змаз жәабжьҳәаҩын ҳәа дзиԥхьаӡоз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

11 Аҭоурых излаҳнарбо ала, еснагь иҟан Иегова имаҵзуҩцәа ирҳәо хьаас измамыз ауаа. Иаҳҳәап, аиаша-ҵабырг рылазырҵәоз Нои 40—50 шықәса раҟара Иегова иҟынтә ажәабжь ауаа ирылеиҳәон (2 Пиотр 2:5). Нои дгәыӷуан ииҳәоз ажәабжь ауаа ирыдыркылап ҳәа. Аха Иегова уи иазкны Нои акгьы иеимҳәаӡеит. Уи адагьы, аковчег аргыларазы адҵа анииҭоз Иегова Нои иеиҳәеит: «Уара аковчег уҭалоит, уахь иуцҭалоит уҷкәынцәеи, уԥҳәыси, уҭацацәеи» (Аҟаз. 6:18). Аковчег ауреи аҭбаареи злаҟаз ала, иҟалап, Нои еиликаауазҭгьы ииҳәоз ажәабжь здызкыло шмаҷхо (Аҟаз. 6:15). Ишаҳдыруа еиԥш, Нои изыӡырҩыз ҳәа аӡәгьы дҟамлаӡеит (Аҟаз. 7:7). Иԥхьаӡозма Иегова Нои ишахәҭаз ажәабжь изымҳәаӡеит ҳәа? Ҳәарада, мап! Иегова изы Нои ақәҿиара змаз уаҩын, избанзар иеиҳәаз зегь шиеиҳәаҵәҟьаз иҟаиҵеит (Аҟаз. 6:22).

12. Ицхраазеи Иеремиа ажәабжьҳәараҿы агәырӷьара аарԥшра, ауаа ииҳәоз ажәабжь хьаас ишрымамызгьы, насгьы ишиҿагылозгьы?

12 Аԥааимбар Иеремиагьы жәашықәсала ауаа ажәабжь рылаиҳәон, ииҳәоз ажәабжь хьаас ишрымамызгьы, ишиҿагылозгьы. Аамҭак азы иҟоу зегь ахьизырҳәоз, иахьихыччоз ирыхҟьаны убриаҟара игәы каҳаит, зегь каижьырц иӡбеит. Аха Иеремиа ажәабжь мҳәакәа дзымтәаӡеит! (Иер. 20:8, 9). Ицхраазеи иара игәы камыжькәа агәырӷьара аарԥшра? Иара ихадоу ҩ-ҵабыргк дрызхәыцуан (Иер. 29:11). Акы, Анцәа ауаа ирылеиҳәарц иеиҳәаз ажәабжь ауаа ԥхьаҟатәи аԥеиԥши агәыӷреи рзаанагон. Ҩба, Иегова иҟынтә ажәабжь ахьиҳәоз ҳаҭыр дуун (Иер. 15:16). Убас еиԥш иахьагьы, ҳара ари илашьцоу адунеи аҿы инхо ауаа агәыӷра рызҭо ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит. Уи иаҳҳәо ажәабжь Иегова иҟынтә ауп. Арҭ ҩ-ҵабыргк ҳхаҳмыршҭлар, ауаа анаҳзымӡырҩуагьы агәырӷьара ҳцәыӡӡом.

13. Иаҳнарҵозеи Марк 4:26—29 иану Иисус иажәамаана?

13 Ауаҩы хәыҷы-хәыҷла ауп доуҳала ишизҳауа. Уи азхәыцра Марк 4:26—29 (шәаԥхьа) иану Иисус иажәамаана иҳаилнаркаауеит. Ажәлаҟьаҩ дыцәанаҵы, икеиԥсаз ажәла хәыҷы-хәыҷла иазҳауеит. Иара уи аус изырццакӡом. Убас ауп ишыҟоу ауаҩы доуҳала иеизҳарагьы. Уи иузгәамҭаӡакәа хәыҷы-хәыҷла ауп ишизҳауа. Уи адагьы, Абиблиа зҵо доуҳала иеизҳараҿы ҳара ишаҳҭаху еиԥш акәымкәа, иара ихатә темп имазаауеит. Убри аҟынтә ауаҩы иҽиԥсахырц азы шәара шәгәы ишаанагоз акәымкәа еиҳаны аамҭа иҭаххар, шәгәы кашәмыжьын. Аарыхраҿы еиԥш аҵаҩцәа разыҟаҵараҿгьы ачҳара аҭахуп (Иак. 5:7, 8).

14. Иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо ҳмаҵзура алҵшәа ҳбарц азы зны-зынла акыраамҭа ишыԥштәу?

14 Ҭыԥқәак рҿы аӡәы аӡы иҽӡааихаанӡа шықәсырацәала ажәабжь ҳәалатәуп. Уи бзианы иҳаилнаркаауеит ҩыџьа аиҳәшьцәа гәакьақәа Гледиси Рубии Аллен рҭоурых. 1959 шықәсазы дара канадатәи ақалақь хәыҷ Квебек ахь пионерс амаҵ аура ирышьҭитc. Уа инхоз ауаа ргәылацәа ргәаанагара мыцхәы иазхәыцуан, убри аҟынтә Аҳра иазку ажәабжь азыӡырҩра рҭахӡамызт. Уи адагьы, дара акатоликатә уахәама анырра ӷәӷәа рнаҭон. Гледис илгәалалыршәоит: «Ҳара есыҽны ҩнаҭацыԥхьаӡа аа-сааҭк ҳныҟәон, аха ашә аӡәгьы иаҳзааиртуамызт. Убас ҩышықәса дуӡӡа цеит. Ауаа ашә ахь иааиуан, аха ҳанырбалак аԥарда ларышьҭуан. Аха ҳара ҳгәы каҳажьӡомызт». Ԥыҭрак ашьҭахь ауаа Иегова ишаҳаҭцәа еиҳа пату рықәырҵо иалагеит, Абиблиа аҵара иалагазгьы ҟалеит. Уажәы уи ақалақь аҿы х-еизарак ыҟоуп (Ис. 60:22).

15. Еилаҳкаауазеи аҵаҩцәа разыҟаҵара аус иазкны, 1 Коринфаа рахь 3:6, 7 иану аҟынтә?

15 Аҵаҩцәа разыҟаҵаразы зегьы аџьабаа еицырбоит. Ауаҩы иҽӡааихырц азы аизара зегьы ицхраауеит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 3:6, 7.) Иаҳҳәап, иашьак ауаҩы абуклет, ма ажурнал ииҭоит, насгьы даҽазны дшиҭаауа иеиҳәоит, аха анаҩс уи шизалымҵуа анеиликаалак даҽа иашьак диҳәоит уи ауаҩы диҭаарц. Уи аиашьа ауаҩы Абиблиа ирҵара далагоит. Иара абиблиатә ҵарахьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ааԥхьара риҭоит. Дара зегьы Абиблиа зҵо ауаҩы Иегова еиҳа еиӷьны иеилкаара ицхраауеит. Убас ала урҭ аҵабырг ажәла аӡы аҵарҭәоит. Уи ауаҩы аӡы иҽанӡааихлак, илазҵозгьы иҭазгалозгьы иеигәырӷьоит (Иоанн 4:35—38).

16. Иҳацхраауазеи амаҵзураҿы агәырӷьара аарԥшра, уаанӡа еиԥш амчи агәабзиареи ҳамамзаргьы?

16 Ҳабжьара иҟоуп зықәрахь инеихьоу, ма агәамбзиара иаргәаҟуа. Уи иахҟьаны ишаҳҭаху еиԥш ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵара ауси аҽалархәра ҳалшаӡом. Егьа ус иҟазаргьы, зегьы еицаҳзеиԥшу аус ҳахьалахәу ҳаигәырӷьалар ҳалшоит. Иаҳгәалаҳаршәап Давид иԥсҭазаараҿы иҟалаз хҭыск. Амаликаа Давид ижәлари иареи ирықәланы рҭаацәареи рмали рыманы ианца, 600-ҩык ируаа иманы ирхынҳәырц дрышьҭалеит. Аха 200-ҩык аруаа рымчқәа зынӡа икаԥсан, аҵыхәтәанынӡа изымцаӡеит. Ус шакәызгьы Давид аиааира иманы даныхынҳә амаликаа ирымихыз ируаа зегьы еицеиҟараны ирзишеит (1 Сам. 30:21—25). Ари аҭоурых иаҳнарҵо рацәоуп. Аҵабырг амҩа аӡәы дананыло уи аизара зегьы ирыбзоуроуп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, уи аус ҳаргьы ҳшалахәу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.

17. Избан Иегова ҭабуп ҳәа зиаҳҳәо?

17 Ҳара Иегова ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит амаҵзураҿы иҳамоу ақәҿиара ахә ҳаракны иахьишьо. Иара еиликаауеит ауаа Аҳра иазку ажәабжь азыӡырҩреи адкылареи рыдцалара шҳалымшо. Иара изы ҳџьабааи уи ҳзырҟаҵои ауп ихадоу. Убри азоуп дызҳақәныҳәо. Уи адагьы, иара иҳаилиркаауеит амаҵзураҿы инаҳагӡо ароль зеиԥшразаалакгьы уи ҳалагәырӷьалар шҳалшо (Иоанн 14:12). Агәра ганы шәыҟаз: шәгәы кашәмыжьуазар, уи Иегова игәы ҟанаҵоит!

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иаҳнырыр шԥалшо ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь иахьазымӡырҩуа?

  • Иаазырԥшуазеи ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара шҳамоу?

  • Избан аӡӡаахра аҟынӡа шаҟаҩ наҳгаз мыцхәы ҳазымхәыцлар зҳахәҭоу?

АШӘА 67 Уазышаҳаҭла ажәа

a Ҳара ҳаргәырӷьоит ауаа Аҳра иазку ажәабжь анрыдыркыло, аха ианаҳзымӡырҩуа, уи ҳгәы канажьуеит. Иҟалап Абиблиа зшәырҵо ауаа доуҳала ирзымҳауазар, ма аӡӡаахра аҟынӡа аӡәгьы дшәызнамгацзар. Иаанагома уи аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҿы шәара хәарҭа аажәгом ҳәа? Ари астатиа иҳаилнаркаауеит ауаа ҳзыӡырҩуазаргьы-иаҳзымӡырҩуазаргьы ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара ҳамазар, насгьы агәырӷьара ҳмырӡлар шҳалшо.

b Шәахәаԥш 2005 шықәсазы иҭыҵыз «Ежегодник Свидетелей Иеговы», ад. 205—211.

c Шәахәаԥш сентиабр 1, 2002 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану Гледис Аллен лбиографиа «Я ничего не стала бы менять!» захьӡу (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра