Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 август ад. 14—19
  • Ҳазшаз иахь шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҳазшаз иахь шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АӠӘЫРҨЫ ҲАЗШАЗ ДШЫҞОУ АГӘРА ЗЫРЫМГО
  • ИШӘЫЦХРААУАЗЕИ ҲАЗШАЗ ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА АИЗЫРҲАРА?
  • ШӘЫГӘРАХАҴАРА ԤСЫҼХАРТӘ АЛШӘМЫРШАН!
  • Агәрахаҵара ҳзырӷәӷәо ҟазшьоуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Ҳхаҵара иазырҳа»
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Аҿар, шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала!
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 август ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 32

Ҳазшаз иахь шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәала

«Агәрахаҵара — ари... зыгәра уго шубарҭамгьы, уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп» (АУР. 11:1, АдҾ).

АШӘА 11 Ашамҭа Анцәа дҳаранакуеит

АХҲӘААa

1. Еилышәкаазеи Ҳазшаз изкны?

ШӘАРА Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы ишәызҳазар, Анцәа шәхәыҷаахыс дыжәдыруазар ҟалап. Шәҭаацәа ишәзеиҭарҳәон Иегова адунеи шишаз, илоу аҟазшьа бзиақәа, насгьы ауаа рзы игәы иҭеикыз (Аҟаз. 1:1; Аус. 17:24—27).

2. Ишԥарзыҟоу Ҳазшаз дшыҟоу агәра зго ауаа?

2 Аха аӡәырҩы ауаа Анцәа зегь шишаз агәра агара акәым, уи дыҟоуп ҳәагьы иҟам. Дара ргәаанагарала аԥсҭазаара ахала иҟалеит, насгьы имариоу аԥсҭазааратә формақәа ҳәа изышьҭоу хәыҷы-хәыҷла еиҳа ицәгьоу аԥсҭазааратә формақәа рахь ииасит. Урҭ рҟынтә шьоукы аҵара ду рымоуп. Дара Абиблиа иаҳәо анаука иаҿагылоит ҳәа рҳәозар ауеит, насгьы Ҳазшаз дшыҟоу дхазҵо, аҵара змам зегь рыгәра зго ауаа роуп ҳәа рыԥхьаӡоит.

3. Избан Ҳазшаз дшыҟоу ала ашьақәырӷәӷәарақәа ҳхаҭа иҳаԥшаар зҳахәҭоу?

3 Ирылшома аҵара ду змоу ауаа Ҳазшаз дшыҟоу аганахь ала алак-ҩакра ҳазцәырыргар? Аус злоу Иегова Ҳазшаз шиакәу агәра заҳго ауп. Уи аӡәы иахьҳаиҳәаз азы акәу, мамзаргьы аамҭа алхны ҳхаҭа ашьақәырӷәӷәарақәа ахьаҳаԥшааз азы акәу? (1 Кор. 3:12—15). Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа шықәса ҵуазаалакгьы ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалар ауп. Усҟан «дгьылтәла ишьаҭарку шьоук рымц» алак-ҩакра ҳазцәырнагаӡом (Кәал. 2:8; Аур. 11:6). Убри аҟынтә ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит: 1) аӡәырҩы Ҳазшаз дшыҟоу агәра зырымго; 2) Иегова Ҳазшаз шиакәу агәра агара иҳацхраауа; насгьы 3) ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалар шҳалшо.

АӠӘЫРҨЫ ҲАЗШАЗ ДШЫҞОУ АГӘРА ЗЫРЫМГО

4. Иаанагозеи агәрахаҵараҵәҟьа, Ауриацәа рахь 11:1, АдҾ иану инақәыршәаны?

4 Шьоукы ргәы иаанагоит агәрахаҵара иаа́наго ашьақәырӷәӷәарақәа умаӡамкәа акы агәра ануго ауп ҳәа. Аха Абиблиа излаҳәо ала уи гәрахаҵараӡам. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:1b.) Анцәа Иажәа иҳаилнаркаауеит агәрахаҵара еилыкка иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа шамоу. Ҳара Иеговеи, Иисуси, жәҩантәи Аҳреи ҳбаӡом, аха урҭ шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо рацәоуп (Аур. 11:3). Иегова ишаҳаҭу абиохимик иҳәеит: «Ҳара зыгәра ҳго ҳдыруеит, насгьы анаукатә фактқәа ҳахшыҩ рзаҳашьҭуеит».

5. Избан аӡәырҩы аԥсҭазаара ахала иҟалеит ҳәа ргәы изаанаго?

5 Ицәырҵуеит азҵаара: Зегьзшаз дшыҟоу шьақәзырӷәӷәо ыҟазар, избан аӡәырҩы уи игәра зырымго? Избанзар урҭ ашьақәырӷәӷәарақәа ҭырҵааӡом. Роберт зыхьӡу Иегова ишаҳаҭ иҳәоит: «Ашкол санҭаз Анцәа зегь шишаз атәы аӡәгьы иаҳзеиҭеиҳәаӡомызт, убри аҟынтә уи зегь хыҭҳәаауп ҳәа сгәы иаанагон. 22 шықәса анысхыҵуаз, Иегова ишаҳаҭцәа санрабадыр ауп адунеи Зшаз дшыҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа ансаҳа»c. (Шәахәаԥш арамка «Аҭаацәа рзы».)

Аҭаацәа рзы

Аҭаацәа, шәхәыҷқәа ашкол аҿы иддырҵо жәдыруазароуп. Иҟашәҵар шәылшозеи Анцәа Иажәа иаҿагыло ак ддырҵозар? Иҳамоу апубликациақәа шәхы иархәаны шәхәыҷқәа Абиблиаҿы иаагоу ашьақәырӷәӷәарақәа реилкаара шәрыцхраа. Уи адагьы ибзианы шәазхәыц шәхәыҷы ауниверситет дҭашәҵару дҭашәымҵару, избанзар уа аеволиуциа атеориа идырцалалар, насгьы Анцәа дахьхаиҵо азы ихыччалар алшоит.

6. Избан аӡәырҩы Ҳазшаз дшыҟоу агәра зырымго?

6 Шьоукы Ҳазшаз дахьырымбац азы уи дшыҟоу агәра ргаӡом. Убри аамҭазгьы дара, иаҳҳәап, агравитациа агәра ргоит, уи шубарҭамгьы. Агравитациа ыҟаӡам ҳәа аӡәгьы изҳәаӡом. Убас еиԥшҵәҟьа зыгәра ҳго шубарҭамгьы, уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо рацәоуп. Ааи, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу агәрахаҵара ашьақәырӷәӷәарақәа амоуп (Аур. 11:1). Урҭ ашьақәырӷәӷәарақәа рыҭҵааразы аамҭеи амчи аҭахуп. Аха аӡәырҩы уи азы раамҭеи рымчқәеи иреигӡоит. Ауаҩы уи азҵаара цқьа иҭымҵааӡакәа Анцәа дыҟам ҳәа алкаа ҟаиҵар ауеит.

7. Мап ацәыркуама аҵарауаа зегьы Ҳазшаз дшыҟоу? Иҳаилшәыркаа.

7 Аҵарауаа шьоукы ашьақәырӷәӷәарақәа анҭырҵаа Адунеи Анцәа ишишаз еилыркааитd. Иҟалап раԥхьа даргьы Роберт иеиԥш аҵара дзырҵоз Ҳазшаз дшыҟоу ахьырзеиҭарымҳәоз азы агәра рымгозҭгьы. Ус шакәугьы имаҷҩымкәа аҵарауаа Иегова деилыркааит, бзиагьы дырбеит. Убас ҳаргьы иҳамоу аҵара зеиԥшразаалакгьы Анцәа иахь ҳагәрахаҵара ҳхаҭа еизҳарҳалароуп. Уи ҳара ҳзы аӡәгьы изыҟаҵаӡом.

ИШӘЫЦХРААУАЗЕИ ҲАЗШАЗ ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА АИЗЫРҲАРА?

8, 9. а) Еилҳаргозеи уажәы? б) Хәарҭас иаҳзаанагозеи иааҳакәыршаны иҟоу ашамҭақәа рыҭҵаара?

8 Ишәыцхраауазеи шәара Ҳазшаз иахь агәрахаҵара аизырҳара? Еилҳаргап ԥшь-шьаҿак.

9 Иаашәыкәыршаны иҟоу ашамҭақәа ҭышәҵаала. Аԥстәқәеи, аҵиаақәеи, еҵәала ихҩоу ажәҩани ҳрыхәаԥшларц азы аамҭа алаҳхлар Ҳазшаз дшыҟоу агәра ҳгоит (Аԥсал. 19:1; Ис. 40:26). Уи аҩыза аҭҵаара шаҟа аамҭа азаҳкуа аҟара убриаҟара Иегова Адунеи шишаз агәра ҳгалоит. Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит имаҷымкәа астатиақәа, Иегова ишамҭақәа ирылеиҵаз иааџьоушьартә иҟоу аҷыдарақәа рыӡбахә ахьаҳәо. Урҭ астатиақәа реилкаара шәцәыцәгьазаргьы, ибжьамыжькәа шәрыԥхьала. Иара убас аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟаз арегионалтә конгрессқәа рҿгьы Анцәа ишамҭақәа ирызкыз авидеонҵамҭа ԥшӡақәа ддырбон. Урҭ авидеонҵамҭақәа уажәшьҭа асаит jw.org аҿы иҟоуп. Урҭ шәеиҭарыхәаԥш!

10. Иаажәга иааҳакәыршаны иҟоу адунеи аҟынтә Ҳазшаз дшыҟоу шьақәзырӷәӷәо аҿырԥштәы (Римаа рахь 1:20).

10 Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи анҭышәҵаауа Иегова ишамҭақәа иара изкны иаҳдырҵо шәазхәыцла. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:20.) Иаҳҳәап, Амра. Уи алашареи аԥхарреи ҳнаҭоит, аха ауаҩы иԥырхагахар алшо аультрафиолет аанашьҭуеит. Убри аҟынтә Адгьыл урҭ ашәахәа бааԥсқәа аанызкыло акәырша амоуп. Аультрафиолет шәахәақәа ӷәӷәахацыԥхьаӡа Адгьыл аҿы аозонгьы еиҳахоит. Иҟаларызма уи зегь ахала? Мамзаргьы аӡәы бзиабарала ауаа дреиҷаҳауоу?

11. Иабаҳаԥшаар ҳалшо Анцәа зегь шишаз ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа? (Шәахәаԥш арамка «Изырӷәӷәар алшозеи Ҳазшаз иахь ҳагәрахаҵара?».)

11 Анцәа Адунеи шишаз иазку ашьақәырӷәӷәарақәа еиҳаны еилышәкаарц азы шәхы иашәырхәа «Индекс публикаций Сторожевой башни», мамзаргьы асаит jw.org аҿы иҟоу аԥшааратә цәаҳәа. Шәалагар шәылшоит арубрика «Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» аҿы иаагоу астатиақәеи авидеонҵамҭақәеи рыла. Урҭ кьаҿқәоуп, насгьы аԥстәқәеи егьырҭ Анцәа ишамҭақәеи ирызкны иааџьоушьаша иҟоу афактқәа ртәы рҳәоит. Уи адагьы дара иҳаилдыркаауеит аҵарауаа иҿыцу ак ҭрыжьырц анырыӡбо аԥсабараҿы иҟоу ашамҭақәа рҿыԥшра рыҽшазыршәо.

Изырӷәӷәар алшозеи Ҳазшаз иахь ҳагәрахаҵара?

Аброшиурақәа

«У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа»

«Была ли жизнь создана?»

Ашәҟәқәа

«Существует ли заботливый Творец?»

Ажурналқәа

«Существует ли Творец?» (2006 шықәса сентиабр мзазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» иҷыдоу аҭыжьымҭа)

Авидео

«Чудеса творения прославляют Бога»

Астатиақәа

«Машәыршәа иҟалоу, мамзаргьы аӡәы ишоу?» («Пробудитесь!», насгьы асаит jw.org аҿы иаагоу арубрика)

12. Ҳаззааҭгылалар ҳахәҭоузеи Абиблиа анҭаҳҵаауа?

12 Абиблиа ҭышәҵаала. Хыхь зыӡбахә ҳәаз абиохимик раԥхьа Ҳазшаз дшыҟоу агәра игаӡомызт, аха ԥыҭрак ашьҭахь уи дшыҟаҵәҟьоу агәра игеит. Иара иҳәоит: «Сара сыгәрахаҵара анаукатә ҭҵаарақәа мацара ракәӡамызт шьаҭас иамаз. Сара инарҵауланы Абиблиагьы ҭысҵаауан». Иҟалап шәара абиблиатә ҵарақәа бзианы ижәдыруазар. Аха Ҳазшаз иахь шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәаларц азы Анцәа Иажәа аҭҵаара шәаҟәымҵлароуп (Иис. Н. 1:8; Аԥсал. 119:97). Уи шәанаԥхьо шәазхәыцла абиблиатә шәҟәқәа шеиқәшәо, аҭоурыхтә хҭысқәа шыҟаҵәҟьаз еиԥш ишану, насгьы уа иану аԥааимбаражәақәа шынаӡоз. Ус ҟашәҵалар абзиабареи аҟәыӷареи злоу Анцәа ҳшишаз, насгьы Абиблиа иара идоуҳала ишҩу еиҳа-еиҳа еилышәкаалоитe (2 Тим. 3:14; 2 Пиотр 1:21).

13. Иаажәга абиблиатә лабжьарақәа ахәарҭа шрыҵоу узырбо аҿырԥштәы.

13 Абиблиа анҭышәҵаауа шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәар шәылшо алабжьарақәа алышәкаала. Иаҳҳәап, зқьышықәсақәа раԥхьа уа ианын мыцхәы аԥара бзиа избо ауаҩы ихы шҭаирхо, насгьы «гәаҟрас иҟоу зегьы» дышрықәшәо (1 Тим. 6:9, 10; Ажәам. 28:20; Матф. 6:24). Ухы иаурхәартә иҟоума иахьа уи алабжьара? Ашәҟәы «Эпидемия нарциссизма» аҿы иануп: «Амал мыцхәы бзиа избо ауаа уиаҟара насыԥ рымаӡам, насгьы лассы-лассы адепрессиа рызцәырҵуеит. Аԥара еиҳаны арҳара иашьҭоугьы лассы-лассы ргәабзиара иахашшаауеит, рыпсихикатә гәабзиарагьы ҽеиӡам». Убри азоуп Абиблиа аԥара бзиа иҳамбаларц зҳабжьнаго! Иара убас шәрызхәыц шәыԥсҭазаара еиӷьызтәыр алшо егьырҭ абиблиатә принципқәагьы. Уи абзиабареи аҟәыӷареи злоу Ҳазшаз еиҳагьы иқәгәыӷра ишәыцхраауеит (Иак. 1:5). Иара илабжьарақәа ажәӡом, агәырӷьарагьы ҳзааргоит (Ис. 48:17, 18).

14. Еилаҳкаауазеи Иегова изкны абиблиатә ҵара абзоурала?

14 Иегова еиӷьны деилышәкаала (Иоанн 17:3). Уи ауп Абиблиа анҭышәҵаауа хықәкыс ишәымазар шәыхәҭоу. Убасҟан еилышәкаауеит Абиблиа зҩызи адунеи зшази аӡә шиакәу. Абиблиа Анцәа ихаҭара бзианы иаҳзаанартуеит. Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит иара иҟаҵәҟьоу ахаҭара шиакәу, ауаа ирхәыцыз аӡә иакәымкәа (Ақәҵ. 34:6, 7; Аԥсал. 145:8, 9). Иегова иҟазшьақәа еиҳа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа ҳагәрахаҵареи, ҳабзиабареи, ҳаиҩызареи еиҳа-еиҳа иӷәӷәахалоит.

15. Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Анцәа иӡбахә егьырҭ ианырзеиҭаҳҳәо?

15 Анцәа иӡбахә егьырҭ ирзеиҭашәҳәала. Убас шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәоит. Иҟашәҵар шәылшозеи ажәабжьҳәараҿы шәзацәажәо ауаҩы Ҳазшаз дшыҟоу дақәшаҳаҭымзар, насгьы иашәҳәаша шәзымдыруазар? Шәахәаԥш уи атема иазкны ҳпубликациақәа рҿы иану, насгьы уа иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа, анаҩстәи шәеиқәшәараан еилышәкааз ауаҩы изеиҭашәҳәарц азы (1 Пиотр 3:15). Уи адагьы, аԥышәа змоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхырааразы шәрыҳәар алшоит. Иаажәго ашьақәырӷәӷәарақәа ауаҩы дрықәшаҳаҭымхаргьы, имҩаԥыжәгаз аҭҵаара абзоурала шәыгәрахаҵара ӷәӷәахоит. Убасҟан, иҟәыӷоу реиԥш зхы аазырԥшуа, аха Ҳазшаз дыҟаӡам ҳәа зыԥхьаӡо ауаа ргәаанагара шәԥырхагахаӡом.

ШӘЫГӘРАХАҴАРА ԤСЫҼХАРТӘ АЛШӘМЫРШАН!

16. Иҟалар алшозеи ҳагәрахаҵара ҳмырӷәӷәалар?

16 Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, ҳара зегьы ҳагәрахаҵара аус адаҳулалароуп, уи еизҳарҳалароуп. Ус ҟаҳамҵалар ҳагәрахаҵара ԥсыҽхар ауеит. Хыхь ишаҳҳәахьаз еиԥш, агәрахаҵара шьаҭас иамоу иҟаҵәҟьоу, аха иаҳбарҭам шьақәзырӷәӷәо ауп. Ауаа ирымбо иаразнак ирхашҭуеит. Убри азоуп апостол Павел иԥсыҽу агәрахаҵара «зышьҭа ҳанхало агәнаҳарақәа» изаҿирԥшыз (Аур. 12:1). Ишԥаҳалшо ҳагәрахаҵара ԥсыҽхартә алҳмыршар? (2 Фес. 1:3).

17. Зда ԥсыхәа ҳамамзеи ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалар ҳҭахызар?

17 Актәи, шәааҟәымҵӡакәа Иегова шәиҳәала иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц азы. Избан уи зхадоу? Избанзар агәрахаҵара иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха иԥшьоу адоуҳа ада Ҳазшаз иахь агәрахаҵара ҳзеизырҳаӡом, насгьы уи ҳзырӷәӷәалаӡом. Иегова иԥшьоу адоуҳазы ҳиҳәозар уи хымԥада иҳаиҭоит (Лука 11:13). Ҳара Иегова иаҳҳәалар ауеит: «Ҳхаҵара иазырҳа» (Лука 17:5).

18. Иарбан Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоу Аԥсалом 1:2, 3 аҿы зыӡбахә ҳәоу?

18 Аҩбатәи, Абиблиа аҭҵааразы ишәымоу аихшанҵа шәықәныҟәала. (Шәаԥхьа Аԥсалом 1:2, 3.) Актәи Аԥсалом анҩыз аамҭазы Анцәа Изакәан ахы инаркны аҵыхәанӡа измаз ҩыџьа-хҩык ракәын. Зхатә екземплиар змаз аҳи аԥшьаҩцәеи мацара ракәын. Егьырҭ — ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи, атәымтәылауааи — быжьшықәса рахьтә знык акәын Анцәа Изакәан ишаԥхьоз иазыӡырҩлар анрылшоз (Ҩынтә. 31:10—12). Иисус ихаангьы Аҩыра зныз аикәарҳәқәа змаз ауаа рхыԥхьаӡара маҷын, насгьы урҭ асинагогақәа рҿы иҵәахын. Иахьа аҭагылазаашьа ҽакала иҟоуп. Абиблиа шеибгоу, ма хәҭа-хәҭала адунеи иқәу ауаа реиҳараҩык ирымазар рылшоит. Шәышықәсала ауаа Абиблиа рымаӡамызт, аха ҳара уи ҳамоуп! Ишԥаҳалшо уи азы Иегова ҭабуп ҳәа иаҳәара?

19. Иҟаҳҵалар акәзеи ҳагәрахаҵара ԥсыҽхартә алҳмыршарц азы?

19 Иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа ҳаԥхьалар Иегова иҳарбоит уи ахьҳамоу азы аџьшьара шааҳарԥшуа. Абиблиа аԥхьареи уи аҭҵаареи шьцыларас ишьҭаҳхырц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Ишьақәҳаргылаз аихшанҵа ҳақәныҟәалар ҳагәрахаҵара ԥсыҽхаӡом.

20. Ҳзызхиоузеи ҳара?

20 Иахьа ҳҟәыӷақәоуп ҳәа зхы аазырԥшуа ауаа иаҳзырҳәозаалакгьы, ҳагәрахаҵара Анцәа Иажәаҿы иаагоу ашьақәырӷәӷәарақәа шьаҭас иамоуп (Матф. 11:25, 26). Уи иԥшьоу ашәҟәы аҭҵаара абзоурала ҳара иаҳдыруеит адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа изыцәгьахо, насгьы Иегова аԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу. Убри аҟынтә шәааи ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәалап, насгьы егьырҭгьы Ҳазшаз дшыҟоу агәра агара ҳрыцхраалап (1 Тим. 2:3, 4). Убасҟан ҳара иаҳбоит адгьыл аҿы ауаа зегьы Аатра 4:11 иану ажәақәа анырҳәало аамҭа: «Уара, Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша... [а]дкылара уаҭәоуп, избанзар уара уоуп зегь аԥызҵаз».

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Изакәызеи ииашаҵәҟьоу агәрахаҵара?

  • Ишԥашәылшо Ҳазшаз дшыҟоу ала шәыгәрахаҵара шәырӷәӷәалар?

  • Иҟашәҵалар шәылшозеи шәыгәрахаҵара мԥсыҽхарц азы?

АШӘА 2 Уара иухьӡуп Иегова

a Иԥшьоу Аҩыраҿы еилыкка иануп Анцәа Иегова Зегьзшаз шиакәу. Аха аӡәырҩы уи иақәшаҳаҭӡам, насгьы аԥсҭазаара ахала иҟалеит ҳәа рыԥхьаӡоит. Ҳара Анцәа иахь ҳагәрахаҵареи Абиблиахь иҳамоу ҳагәрагареи ҳарӷәӷәозар, урҭ ргәаанагара ҳԥырхагахаӡом. Ари астатиаҿы уи шыҟаҵалатәу ҳалацәажәоит.

b Ауриацәа рахь 11:1, АдҾ: «Агәрахаҵара — ари узықәгәыӷуа хымԥада ишыҟало агәра узырго, насгьы зыгәра уго шубарҭамгьы, уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп».

c Ашколқәа жәпакы рҿы арҵаҩцәа аҵаҩцәа ирарҳәаӡом адунеи Анцәа ишазаргьы ҟалоит ҳәа, избанзар дара ргәы иаанагоит ус ҟарҵалар, аҵаҩцәа Анцәа игәра ргаларц рыдырцалоит ҳәа.

d «Индекс публикаций Сторожевой башни» ацхыраарала ишәыԥшаар шәылшоит 60-ҩык аспециалистцәа инареиҳаны, аҵарауаагьы уахь иналаҵаны, Ҳазшаз дшыҟоу агәра зырго иазкны ирҳәаз (ихадоу ахеиҵа «Наука», ахеиҵа «Учёные, выражающие веру в сотворение»). Иара убас гәаанагарақәак шәыԥшаар шәылшоит «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы» аҿы (атема «Наука и техника», ахеиҵа «Интервью»).

e Иаҳҳәап, шәаԥхьа февраль 2011 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» аҟны иаагоу астатиа «Согласуется ли Библия с наукой?», насгьы ианвар 1, 2008 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу астатиа «Всё предсказанное Иеговой сбывается» (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра